Аиҳабацәа рыгха ахшара ирхаратәтәым

Аԥсуа ҭаацәара.
Аԥсуа ҭаацәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуареи иара аԥсуа еилазаараҟны иамоу аҵаки, еиқәырхашьас иамоуи ртәы иалацәажәоит Аԥсны аҵарауаа.

Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа

Азқьышықәсақәа ирылырхәхәан иахьанӡагь аԥсуаа иааргеит инапылаҩырам рдоуҳа хада – Аԥсуара. Ахымҩаԥгашьа инаркны адунеихәаԥшра аҟынӡа аҽаӡәы илазмырҩашьоу.

Аԥсны аҭоурых ахыҵхырҭеи алитературеи рҟынтәи иаабоит Аԥсуара ахаангьы ҩ-хәаԥшышьак шамамыз, избанзар иара еиднакылон иаку, иреиӷьӡоу ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа – ахымҩаԥгашьа, ақьабз, аҵас, ахаҵара, аламыс, ахымҩаԥгашьа, асасдкылашьа, ачҳара, аҳаҭырбара.

Гечԥҳа Севинч - Sputnik Аҧсны
Гьечԥҳа: анкьа аԥсуара ӷәӷәан, даара апату аҳаҭыр ҳаракын

"Ҳара иԥшӡоу, ижәытәӡоу аҵасқәеи, иԥшӡоу, иҭбаау аҩныҵҟатә культуреи змоу ажәлар ҳрыланхоит. Сара даара сгәы сыхьуеит аԥсуаа роума, иара ус ашьхарыуаа роума ирымоу, излабеиоу абарҭ ахазынарақәа ыӡыр ҳәа саназхәыцуа. Ирҳәо рдыруа, ируа рдыруа, рацәак мҳәакәа цәгьеи-бзиеи рылагӡо рхымҩаԥгашьала ирныԥшуеит иҳаракӡоу акультура", ҳәа иҩуан аԥсуа сахьаҭыхыҩ Александр Чачба-Шервашиӡе.

Аԥсуа етикет. "Аихаҵгылара" азакәан

Аԥсуара амҩаԥгара анормақәа иахьагьы Аԥсны имырӡкәа ишыҟац иҟоуп. Егьырҭ амилаҭқәеи ажәларқәеи рхаҭарнакцәа аԥсуа дахьыҟазаалакгьы аҽа уаҩык данихаҵгыло џьашьатәбара ирбоит.

"Аԥсуара аԥҟаррақәа зегьы иаурзеилкаахуа. Ҳаихаҵгылара аума, иааҳарԥшуа аԥхашьара аума аҽаӡәы изы лашьцаран иҟазар, еиҵахараны ибозар алшоит", ҳәа азиԥхьаӡоит аетнограф Валери Бигәаа.

Еихаҵгыларыла аԥсуаа аҳаҭыреиқәҵара аадырԥшуеит.

"Дарбанызаалак зхы ҳаҭыр, пату ақәызҵо ауаҩы аҽаӡәы дихаҵгылоит. Еихаҵгылоит зегьы, захьынџьара. Деиҳабума, деиҵбума, дсасума, даԥшәымоума ҳәа иахьмырԥшыкәа. Иара убри аан дарбанызаалак изхаҵгылаз "шәтәа, шәхы шәмыргәаҟын" ҳәа ҳаҭырла дрыҳәоит" ҳәа иҩуан апрофессор Шалуа Инал-иԥа.

"Ҳуаҩытәыҩсан ҳҽеиқәҳархаргьы, ҳаҵахоит"

"Аԥсуара иарбанызаалак аҽа тәылак аҟны иузаԥҵом, иара аелементқәа улааӡазаргьы. Иҷыдоу аԥсуа культура аныҟәгара ахьулшо уԥсадгьыл заҵәык аҟноуп", ҳәа азиԥхьаӡоит Валери Бигәаа.

Ҳаамҭазтәи ауаажәларратә еилазаараҟны еиҳа-еиҳа иуадаҩхоит аҿар рыбжьара Аԥсуара аҵасқәа реиқәырхара. Ирацәоуп аҭаацәа ирхароу. Ишырҳәо еиԥш "илоуҵо ауп иааурыхуагьы". Аха ирацәоуп аҿар анырра бааԥс рызҭо — ателефон, аинтернет, ателербага уҳәа.

Абаӷԥҳа Севим. - Sputnik Аҧсны
Абаӷбақәа рҭаацәа аԥсуара шныҟәырго

"Аԥсуара шьҭахо иахьалагаз зхароу аиҳабыратә абиԥара роуп, аҿар ракәӡам. Сара соума, саб, сабду роума шәҟәыла иҳалармааӡаӡеит Аԥсуара. Урҭ рыхныҟәгашьа акәын рҵаган иҳамаз. Аԥсуара – раԥхьа инаргыланы абызшәоуп. Абызшәа узымдыруа Аԥсуара аныҟәгара залшом. Гумбольт ианиаамҭаз иҳәон абызшәеи ахымҩаԥгашьеи еидҳәалоуп ҳәа. Ҳара иахьа ҳаԥсуара ҳарӡыр, етникатә акны ҳзыҟалаӡом, ҳморал-етникатә шьаҭа ҵшәаахоит", — иҳәоит Бигәаа.

Аетнограф игәаанагарала ашколқәа рҟны аԥсуа иашаҵәҟьа ихымҩаԥгашьа дырҵалатәуп аҿар.

"Аԥсуара ауаҩы иԥсихологиа иалаҵәоуп, иахәҭакуп. Уи ҳанацәеи ҳабацәеи ирымаадо акакәны иҟоуп. Аиҳабацәа аиҵбацәа рзы иҿырԥшыганы иҟазароуп, амилаҭ акультура иамҩаԥгаҩцәазароуп", ҳәа азиԥхьаӡоит афилологиатә факультет адекан Арда Ашәба.

Иара иазиԥхьаӡоит Аԥсуара аларҵәара мҩаԥгалатәуп ҳәа арҵагашәҟәқәеи, ацхыраагӡақәеи, еиуеиԥшым апрограммақәеи рыцхыраарала, иахьатәи Аԥсны аҿар аиҳабыратә абиԥарақәа иахьынӡарықәшаҳаҭу. Аамҭа зегь аҵанарӡуеит, аӡәгьы, акгьы еилнахӡом, ирыцҳанашьаӡом.

"Сара сзын Аԥсуара ажәлар рморал-етикатә гәыцә акәны иҟоуп. Аԥсуара – ламысуп, ипатууп, бзиабароуп, ҳаҭыреиқәҵароуп. Сара Аԥсуара хымԥада иаларҵәатәуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аибашьра ашьҭахь иаҳцәыӡыз рацәоуп", — иҳәоит амобилтә еимадара аусзуҩ Ҭемур Гәыргәлиа.

Зегьы ирдыруеит Аԥсуара, аха аныҟәгара рҽацәхьаркуеит, ҳәа азылыԥхьаӡоит аиурист Илона Черқьезиаԥҳа.

"Зны-зынла избалоит Аԥсуара ишақәнаго зхы мҩаԥызымго аҿар, аха ианцәажәо "ус иҟалома, уи Аԥсуароума?" рҳәоит ҳәа азгәалҭеит лара.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсуара ыӡит ҳәа аҳәара иашам, аха ус ҳтәар, ҳаԥхьаҟа иаҳцәыӡыр алшоит ҳәа дхәыцуеит лара.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Аԥсуаҭҵааратә Академиа аиҳабы Зураб Џьапуа иазиԥхьаӡоит Аԥсуаразы арҵагашәҟәы аҿар ирзырхазароуп ҳәа.

"Аматериалқәеи азанаҭуааи азхоит Аԥсуаразы ашәҟәы аиқәыршәаразы. Амала "нас" ҳәа инықәҵан акәымкәа иахьазы иҭыжьтәуп, избанзар уаҵәы ихьшәахар алшоит", — иҳәоит Џьапуа.

Афилолог Арда Ашәба иазиԥхьаӡоит апрограмма ҷыдақәа аԥҵалатәуп ҳәа.

"Иалшоит Аԥсуара аҵакы зныԥшуа асахьаркыратәи адокументалтәи фильмқәа раԥҵара аҿар рзы. Ҳаамҭазы ирацәоуп иулуршаша аҿар Аԥсуара аинтерес дыркраҿы, разхьарԥшраҿы. Амала уи апроцесс даара амаршәа кны имҩаԥгалатәуп, аҿагылара амоуртә ирызнагатәуп", — иҳәоит Ашәба.

Аԥсуа даԥсуазтәуа Аԥсуара амырӡразы иҟоуп алшара. Уи ахы иархәатәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0