Азеиԥш џьынџь ахьчара игәы азыҳәон

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаВладимир Исыф-иԥа Еныкь
Владимир Исыф-иԥа Еныкь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа еибашьҩы Владимир Еныкь, ахәра шимазгьы Берлинынӡа инаӡаз иҭоурых еиҭалҳәоит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа.

Егьа аамҭа царгьы Асовет Еидгыла аҭоурых аҟны ихадоу аҭыԥ ааннакылалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду. 15 ҳәынҭқарра еидызҳәалоз Асовет Еидгыла ашәарҭара ианҭагыла, уи аиқәырхаразы анемец фашист иҿагылеит миллионҩыла ауаа, милаҭ еилых ҟамҵакәа.

Азеиԥш џьынџь ахьчаразы Аԥснынтәи афронт ахь идәықәҵан 55 нызқьҩык арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, урҭ рахьтә 17 430-ҩык аибашьра хлымӡаах рыԥсы ахҭнырҵеит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Ида Аҩыӡба - Sputnik Аҧсны
Аԥҳәыс хаҿы змоу аибашьра

1941 шықәсазы, Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, жәаа шықәса зхымҵӡацызгьы ргәы азыҳәон, рашьцәеи рҩызцәеи ирывагыларц. Урҭ дыруаӡәкын, Мгәыӡырхәа ақыҭан унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз Исыф Еныкьи Лиза Гыцбеи рҭаацәараҟны ииз иааӡаз, хҩеиҳәшьцәа рашьазаҵә Владимир Еныкь.

"Ҳаб иқәра шаҵанамкуазгьы аҳәара ҟаиҵон еибашьра дрышьҭырц. Аха ашкол далгар акәхеит, нас ауп аррамаҵурахьы ианиԥхьа. Иани иаби рԥазаҵә иакәын аҟнытә, даараӡа ргәы днархьит, аха иҟарҵарызеи, дара ибзианы еилыркаауан, азаҵәқәа змоу зегьы афронт ахь ирышьҭуам ҳәа иалагар, аџьынџьдгьыл ахақәиҭтәра шыуадаҩхоз", — лҳәоит Владимир Еныкь иԥҳа Ҭамара.

Владимир ашкол даналга Гәдоуҭатәи арратә комиссариат аҟнытә арра маҵурахьы иԥхьоит.

1943 шықәса инаркны Владимир Еныкь деибашьуан аԥшьбатәи Украинатәи афронт аҟны, аҳаиртә хыхьчара иатәыз 32-тәи абзарбзантә-ахыԥсаҟьагатә полк аҟны. Раԥхьа иара ахыԥсаҟьагатә ԥхьаӡара акомандаҟаҵаҩс дыҟан, анаҩс авзвод акомандаҟаҵаҩ ицхырааҩс, ихҵан асержант ичын.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥсуа еибашьҩы Владимир Еныкь имедалқәа.
Азеиԥш џьынџь ахьчара игәы азыҳәон - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа еибашьҩы Владимир Еныкь имедалқәа.

1944 шықәсазы Ҟрым, аӡиа Сиваш азааигәара ицоз аиҿыхарақәа рҟны иара аԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкын. Ажәҩан ихалаз хыԥхьаӡара рацәала анемец ҳаирпланқәа ирҿагылеит Асовет еибашьцәа. Усҟан Владимир Еныкь аӷа ихымца дзацәхьамҵеит, игәы кылырблааит арҭҟәацга апхыԥҽыхақәа.

Аибашьҩы игәабзиара шьақәыргыланы, ҩаԥхьа иҩызцәа дрывагылоит. Владимир Еныкь фырхаҵарыла деибашьуан Венгриа, Румыниа, Польша. Днаӡеит Берлинынӡа, уаҟоуп Аиааира дугьы дахьаԥылаз.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаВладимир Исыф-иԥа Еныкь иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы ианашьоу амедалқәа
Азеиԥш џьынџь ахьчара игәы азыҳәон - Sputnik Аҧсны
Владимир Исыф-иԥа Еныкь иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы ианашьоу амедалқәа
"Аеҵәа ҟаԥшь" аорден, "Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден актәи аҩаӡара", "Германиа аиааира агаразы" амедал уҳәа жәпакы.

Аибашьҩы иаб Исыф Еныкь уахи-ҽни иҷкәын дизхьаауан. Иԥсы ҭаны даарыма ҳәа дызизхәыцуаз, игәы иазышьҭымхкәа иԥсҭазаара далҵит.

"Ҳабду есыҽны дыгәжәажәон, иԥазаҵә дизхәыцуан. Игәы хыҭ-хыҭуа иаара дазыԥшын. Аха игәы иалымшеит, ахәыцра еиқәаҵәақәа иҽриҭо далагеит. Илахь еиқәҵаны агәашә дшылаԥшуаз, иԥсҭазаара далҵит", — ҳәа еиҭалҳәоит аԥҳа Ҭамара.

Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга, Владимир иаразнак иԥсадгьыл ахь дыхнымҳәит. 1947 шықәсазы ауп иара иҩныҟа даныгьежьуа, хара имгакәагьы аҭаацәара далалоит. Владимир диразҟхоит Анна Гьерзмаа.

Дара рыҩџьегьы аусура иалагоит Мгәыӡырхәа ақыҭан. Владимир бригадирс, Анна рҵаҩыс. Еицырааӡоит хәҩык ахшара.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаВладимир Еныкь
Азеиԥш џьынџь ахьчара игәы азыҳәон - Sputnik Аҧсны
Владимир Еныкь

"Сара еснагь срылаҽхәон сани саби. Урҭ ақыҭаҟны аҳаҭыр ду рыман, рҳәатәы иацныҟәон. Саргьы уажәшьҭа ԥшьҩык амоҭацәа срандууп, аха лассы-лассы сгәаҵаҿы иааиуеит схәыҷратә шықәсқәа, сгәы иқәыҩуеит сани саби рыбжьы хаа", — ҳәа азгәалҭоит Ҭамара Еныкь.

Владимир Исыф-иԥа Еныкь жәаҩык амоҭацәа имоуп, ирызҳауеит ашьмоҭацәагьы. Ажәакала ихылҵыз анцәа ишиҳәара иҟоуп.

"Сара сабду сихааным, аха саб иҟнытә изныкымкәа исаҳахьеит иӡбахә. Издыруеит фырхаҵарыла дшеибашьуаз, Аиааира Ду аазгаз дшыруаӡәкыу. Ҳарҭ имоҭацәа, ҳабду Владимир Еныкь ҿырԥшыгас дҳамоуп.

Аибашьразы абџьар шьҭаҳхартә еиԥш анцәа иҟаимҵааит, аха ианамуа аҽны, сабду Владимир еиԥш аӡәгьы иашьҭахь сгылом", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит 

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаВладимир Еныкь имоҭа, Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1, а-11-тәи акласс аҵаҩы Рамин Еныкь.
Азеиԥш џьынџь ахьчара игәы азыҳәон - Sputnik Аҧсны
Владимир Еныкь имоҭа, Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1, а-11-тәи акласс аҵаҩы Рамин Еныкь.

Арҭ ажәақәа Владимир Еныкь имоҭа баша ишиимҳәазгьы агәра угаратәы иҟоуп. Рамин есышықәса ихы рылаирхәоит араион аҩнуҵҟеи ареспубликеи рҟны имҩаԥысуа арра-спорттә хәмаррақәа, аибашьратә хысрақәа. Иқәра шмаҷугьы еибашьҩык еиԥш абџьар инапаҿы иааиуеит.

Владимир Исыф-иԥа Еныкь иԥсҭазаара далҵит 1989 шықәсазы.

Асовет Еидгыла аҵеи лаша, ахаан ижәлар дырхашҭуам. Иара иеиԥш иҟоу апатриотцәа ҿырԥшыгоуп еиҵагыло аҿар рзы.

"Мышқәак раԥхьа, ҳаԥылоит Аиааира Дуӡӡа амш. Иахьа зыԥсы ҭаны иҟоу аветеранцәа зегьы ирыдысныҳәалоит, хамеигӡарыла иззықәԥоз амш. Ирзеиӷьасшьоит агәабзиареи агәҭынчреи. Рмоҭацәа рхаан еибашьра ҟамлааит", — адныҳәалара ҟалҵеит Владимир Еныкь иԥҳа Ҭамара.

Ажәабжьқәа зегьы
0