Аԥсуааи абазақәеи реинаалара аҭоурых

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кавказ Нхыҵ Ашәтәыла инхо ҳашьцәа ашәуаа – иахьа абазақәа ҳәа ҳзышьҭоу ажәытә ҳабдуцәа ашәуаа ҳәа ирышьҭан. Урҭ ахьынхо аҭыԥгьы Ашәтәыла ҳәа иашьҭан. Ара Аԥсынтәыла акәын уа Ашәтәыла акәын. Анкьа арантәи асасцәа ҽыжәлан уахь ицон. Уантәи иҽыжәлан ара иаауан. Sputnik аналитик Нонна Тхәазԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит аинтерес зҵоу ҭоурыхтә хҭыск.

Урҭқәа ирхааныз аҭаҳмадцәа рыԥсы ҭан 30-40 шықәса раԥхьанӡагь. Дара ргәалашәарақәа рҿы инханы иҟан наҟ-ааҟ реиҭанеиааирақәа ртәы. Уи еиҭарҳәон абас:

"Ҳшымгәыӷӡоз жәпаҩык аҽцәа шҭакаҿ агәырқьҳәа еицҽыжәлауан. Иршәыз рцәамаҭәала иҩашьомызт урҭ Ашәтәылатәи ҳашьцәа шракәыз. Лассы аамҭагь рышьҭахьҟа ихынҳуәамызт асасцәа. Рыҩны иҟоушәа ргәы каршәны ақыҭақәа инарылс-аарлысуа инарылалон. Џьоукы – рыуацәа рҭахцәа рахь имҩахыҵуан, џьоукгьы ауацәа ҿыцқәа дырҳауан.

Арсҭаа Наамык - Sputnik Аҧсны
Наамық Арсҭаа: ҳбызшәа аҿы иҵәахуп ҳазхысхьоу азқьышықәсақәа рымаӡа

Ицо ианалагалакь рысасцәа дахьқәа напы мацара ишԥадәықәырҵоз, арахәҭиаа ианркны аҳамҭақәа ранаршьон. Изыхәҭаз ауаа рыцҽыжәлон, аӷызааҳәа ашәа ҳәо, аҟәҟәаҳәа ихысуа Ашәтәыла ахыҵырҭақәа иаарыҵагылон.

Усҟан Ашәтәылаҟа зегьы еицырдыруа хыҵырҭақәас иԥхьаӡан: Гәбаа адәы инаркны Санчара, Ԥсҳәы, Наҳар, Клыхәра, Марыхә уҳәа даҽа акык-ҩбак!

Аԥсуаагь уажә иаазқәылаз иаҟәыҵқәеит акәымзар, ҳабацәа рхаан жәпаҩыла рҽеибарк ласы-лассы сасра ашәтәылаҟа ицалон. Иаҳа имҩаԥҵәароуп, насгьы ашьха акаҵәарақәа рхыҵразы иаҳа иманшәалоуп ҳәа ирыԥхьаӡон Клыхәра ахыҵырҭа. Уи рышьҭахьҟа иааныжьны ишиашоу Ҟарачыҟа илбаауан. Џьара иаамҩахыҵны уахык-ҩаха рыԥсы ршьон, нас уантәи ашәуа қыҭақәа инарылс-аарлысуа, Баҭлаԥшнскнӡа инаӡон. Даҽа џьоукыхгьы уахь мҩас ишьҭымхкәан, Ҟарачы ианалслакь Мрагыларахь рхы дырхон. Урҭ цон Ҟабардаҟа.

Аҽцәа еицхаршьшьы ишнеиуаз, Ҟабардак иашҭа инҭалон агәырқьҳәа илҽыжәҵуан. Аԥшәма иара ишихәҭаз еиԥш бзиала шәаабеит ҳәа дырԥылон. Асасцәа ахьҽыжәҵуаз аҩнаҭа агәыла-азла уҳәа жәпаҩык адеизалон. Иҟан асаси аԥшәмеи мчыбжьык, жәамш ианзеиԥырымҵуазгьы. Чаран, жәран, шәаҳәаран, кәашаран.

Гечԥҳа Севинч - Sputnik Аҧсны
Гьечԥҳа: анкьа аԥсуара ӷәӷәан, даара апату аҳаҭыр ҳаракын

Асасцәа рышьҭахьҟа ианыхынҳәуазгьы напы мацара ақыҭа иалрыжьуамызт. Аԥшәмацәа ҳамҭас иаақәдыргылоз зегьы ирыцкын Нхыҵи-Аахыҵи еицырдыруаз Ҟабардатәи аҽыжәлақәа.

Асасцәа андәықәлоз аҽны ахьырԥар рыцҽыжәлон, аӷызааҳәа ашәа ҳәо, аҟәҟәаҳәа ихысуа, ҳашьхақәа рхыҵырҭақәа рҟынӡа инаскьаргон. Араҟа акаҵәара акыдларҭаҿы саси-ԥшәымеи еиԥырҵуан.

Аха, ҳабацәа ишырҳәахьоу еиԥш, абзиара нагӡагь ҟамлозаап.

Аамҭахәыла зны, уи аныҟалаҵәҟьаз аӡәгьы издырӡом – зынӡа ибашаӡаз уск иахҟьаны аиӷара рыбжьалт шьак еицалҵыз аԥсуааи адыгақәеи.

Ас ианыҟала – аԥсуаа рахьынтәгьы адыгаа рахьынтәгьы, жәҩахырла иалырхуаз, ашьауардын ахшыҩ змаз ҳәа иԥхьаӡаз аҟәыӷақәа, ԥхны мшык азы, шьхак азқәан, ҵла зықәгылаӡамыз дәышкәаӷьазк аҿы рҽеиндыриеит.

" — … Ижәбома уажәраанӡа атәыла зырбгоз аӡхыҽҽақәа иаразнак рыҽшааиқәыркыз, да, шәааӡырҩи, — рышьҭыбжь шәаҳаӡом! Уи змааноу – ашьхақәагьы рлымҳақәа кыдырҵеит, еибаҳҳәо раҳаларц рҭахыуп!", — даацәажәеит еиниаз зегьы қәрала иреиҳабыз ҭаҳмадак.

Ҳагԥҳа: раԥхьа иргыланы ахдырра еизырҳатәуп

" — … Ижәбома, уажәраанӡа аԥсҭҳәақәа зҿашылаз ажәҩан, икеикеиуа ишеилгаз! Ажәҩангьы иаҭахыуп ҳгәалаҟарақәа бзианы аицәажәара ҳалагарц! Иҩашьом, ажәҩангьы иадырит ҩ-жәларык рхаҭарнакцәа ҳақ уск ишеизнагаз!", — ҿааиҭит абырг, ихылԥарч ихыхны, ажәҩан даҵаԥшуа.

" — … Ижәбома, анҭ аҳәыҳәқәа абра ҳанаацәырҵ, даргьы ажәҩан иалхәхәа рҿаархеит, уажәы иаҳагьы илаҟәны ихыгьежьылоит. Ҩ-жәларык рхаҭарнакцәа здаҟам аҟәыӷақәа рыхшыҩ неилаҵаны, анунагӡа ҳаинаалара зырҿиаша ус дук рзыӡбагәышьар, анҭ амҵәыжәҩа ласқәа уи агәырӷьаӡ аамҵарсны ажәҩан иналаӡуеит адунеи иахьыргӡашт, аагылашьак ҟамҵакәа!", — акаҩ-акаҩҳәа ибжьы аарылҩахит зегь раԥхьаӡа ицәажәоз аҭаҳмада.

" — … Адунеи агәнаҳақәа зегьы ирыцкуп, аешьа инапала аешьа иҭархара!", — ҿааиҭит зуапа иҭашьшьы игылаз ахаҵа наӡа-ааӡа.

"- … Зԥа заҵә дҭахаз ан гәаҟ икалҭәо лылабжышқәа убри аҟара ихьанҭоуп, адунеи аҿы урҭ ацәыкәбарқәа капаншьа рымаӡам!", — нациҵеит зжакьа згәыдыҽҽала игылаз абырг.

"- … Дац-ԥашәк ҩ-жәларык ашьа анрыбжьала, ижәдыруазааит, изқәиааз адгьыл аҵысра хҭанакуеит, ишнеи-шнеиуа амшын хатәаларгьы ҟалоит", — иаарылаҩит даҽа хаҵак ибжьы.

"Уанӡа инашәмышьҭын, абааԥсы, уанӡа!", — иааиларԥсеит абыжьқәа.

Мураҭ Иаган (Маан). Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Кавказ шьханхыҵынтә иааз: аҵарауаҩ Мураҭ Иаган (Маан) 105 шықәса ихыҵра иазкны

" — … Ижәбома, анҭ ажәҩан хыла иҵызԥссо, ҳашьха ӡышқәа заҟа рҽеиқәыршәаны игылоу! Анцәа ида аӡәгьы издыруам, урҭ заҟа рхыҵуа, аха ишгылац игылоуп еиқәыӷьазӷьазуа. Хьҭеи, ԥшацәгьеи, дгьылҵысреи акгьы рԥырхагам, еилаарцыруеит, дара-дара еидҽырбалоит! Избанда, рымчхарақәа еиларсоуп, рыжәҩахыр еибыҭоуп! "Ус шәҽеиҟәыҭханы шәымгылан шәаргьы, шәымчхарақәа еилашәҵа, шәыжәҩахыр еибышәҭа!" — абас иҳаԥхьоит ҳашьха гәакьақәа!", — ибжьы нарылҟьеит, аҽыҩҳәагьы илабашьа наирсит раԥхьаӡа ицәажәаз аҭаҳмада.

Убри аамҭазы адәышкәаӷьаз азганк ахь ала еицырхашьшьы иаацәырҵит шәҩык аԥсуа ҳәсақәа, инеиԥынкыланы зегьы кассы шкәакәала рыхқәа ҵакын, зегьы иргәыдкылан агәыԥҳәы иаҵаз асабицәа, урҭ зегьы ҷкәынцәан.

Абарҭ анаацәырҵуаз инақәыршәаны, адәышкәаӷьаз егьи азганк ахь ала рҿаархеит шәҩык адыг ҳәсақәа, урҭгьы кассы шкәакәала рыхқәа ҵакын, урҭгьы иргәыдкылан агәыԥҳәы иаҵаз асабицәа, урҭгьы ҷкәынцәан.

Аԥсуа ҳәсақәа гылеит мраҭашәарахь ала еицырхәоуны, урҭ рҿаԥхьа мрагыларахь ала иаагылеит адыг ҳәсақәа.

Ҩышәҩык асабицәа згәыԥҳәы иадкылаз, ҩышәҩык анацәа еизааигәаӡан, еиҿаԥшуа игылоуп. Асабицәа-амаалықьцәа агәыԥҳәы иаҵазар акәхарын, аҵәыуара акәым, ус қьып-шәыпбжьыкгьы рхылыҩуамызт.

Ус ҩыџьа аныхаԥааҩцәа-абчараҳцәа ҳаракырак иаақәгылан, зысабицәа згәыдкыла ҩыџьараны рҽеиҩша еицрыхәхәа игылаз анацәа иаарылаԥшит.

" —… О, Анцәа ду, шьарда зымчу! Иҳагымзааит улаԥха, угәыԥха!", инеимда-ааимдо иналагеит урҭ аҭоубаныҳәара.

Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа: Аҩӡаа аишьцәа ахәҩык рфырхаҵара

" — … Ҩ-жәларык риешьара зырҿыцуа, еихазҳауа шәакәзааит, шәарҭ анацәа!"

" — … Анкы илхымшаз, аха гәыԥҳәыхшыла еишьцәахаз шәакәхоит, шәарҭ асабицәа маалықьцәа!"

" —… Иахьарнахыс шәарҭ асабицәа шәыбзоурала агәаӷ рыбжьыҵуеит шьҭрак иахылҵыз ҩ-жәларык!"

" —… Иахьарнахыс арҭ асабицәа рыбзоурала рыжәҩахыр еибырҭоит аишьцәа ҩ-жәалырк!"

" —… Иахьарнахыс анкьа аахыс ишыҟаз еиԥш агәреибагара рыбжьалоит аишьцәа ҩ-жәларык!"

" —… О, анасыԥ згымхаша анацәа, наӡаӡа шаҳаҭра шәзырурц ишәзыԥшуп анҭ ҳашьцәа гәакьақәа!"

" —… О, насыԥ згымхаша анацәа! Ижәгәаӷьы, згәаӷьра уадаҩу аҳақ ус!"

Ан лҿаԥхьа игылаз егьи ан лышҟа лысаби дналырххеит, уи ангьы лысаби ари ан лышҟа даалырхеит.

Абас ҩышәҩык анацәа, ҩышәҩык рыӷра иҭшааз рысабицәа наҟ-ааҟ еимырдеит.

Абас еинаалт шьак еицалҵыз ҩыџьа аишьцәа рхаҭарнакцәа аԥсуа адыга жәларқәа.


Ажәабжьқәа зегьы
0