Аполлон Шьынқәба: азакәанқәа раҵкыс ҳжәытә ҵасқәа ҳрыхьчоит

© Sputnik Бадрак АвидзбаАԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩ ҿыц Аполлон Шьынқәба.
Аԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩ ҿыц Аполлон Шьынқәба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩ ҿыц Аполлон Шьынқәба дазааҭгылеит иуысураҿы хықәкыс ишьҭихуа азҵаарақәа ртәы.

Sputnik, Бадраҟ Аҩыӡба

Аполлон Шьынқәба иажәақәа рыла, Аԥсны иҟоу ауадаҩрақәа риааира азыҳәан иаҭахуп ажәлар рыҩнуҵҟа аҳәоуеиқәшәара.

– Аполлон Есҭаҭ-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәар ҳҭахуп ааигәа напхгаҩыс шәзырҭаз Аԥсны абыргцәа Рхеилак аҿаԥхьа иқәшәыргыло азҵаарақәа ртәы.

– Ааигәанӡа Константин Константин-иԥа Озган хадара зиҭоз абыргцәа Рхеилак аизара мҩаԥыргеит, убраҟа сыӡбахә рҳәеит, сагьалырхит ахеилак анапхгаҩыс. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ахеилакқәа ахьеиҿкаау ақыҭақәа, ақалақьқәа рҟны алхра ҿыцқәа ҟалоит, аиҳабыра ҿыц алырхуеит, мамзаргьы иҟоу нрыжьуеит. Уи инаҷыдангьы, Аԥсны анҭыҵгьы аԥсуаа ахьынхо, Ҭырқәтәыла, Сириа, Иоарданиа, Германиа уҳәа атәылақәа рҿы ҳгәы иҭоуп абыргцәа рхеидкылақәа реиҿкаара.

Оқтаи Ҷкотуа. - Sputnik Аҧсны
Оқҭаи Ҷкотуа: ҳара ҳажәлары ӷәӷәоуп, ҳаззымиааиуа ус ыҟаӡам

Уи адагьы ԥсыхәа ҳамаӡам, убри аҟнытә апрезидент иҿаԥхьа азҵаара ықәсыргылеит сара схаҭыԥуаҩыс, цхырааҩык иаҳасаб ала Октаи Чкотуа дыҟазарц, уи аҳәынҭқарра ахада дақәшаҳаҭхеит. Октаи Чкотуа адиаспора дырхаҭарнакуп, уи арахь даахьан аибашьра алагаанӡагьы, Аԥсны бзиаӡаны идыруеит, аԥсшәа, аԥсуа иҵас иқьабз идыруеит. Ахеилак ашҟа иааҳаԥхьо ауаҩы зҭаацәараҿы ааӡара бзиа зауз, иԥсҭазаара зегьы хәашьырада иныҟәызгаз, хьымӡӷы змам, ауаҩы ихахьы изаамго ацәгьара ҟазымҵац роуп.

Изеицәааӡарызеи, иахьа иҟоуп абыргцәа реизарақәа ирылахәу, аха ажәлар рыҟны аҳаҭыр змам. Ауаҩы ақәра имазар ауеит, аха ижәлар рҿаԥхьа пату иқәзар ауп, уи бзиа деицырбозар ауп. Ажәларқәа зегьы шьагәыҭс ирымоу рҭоурых, рбызшәа, рҵас ауп.

Иџьоушьаратә иҟоуп ҳара аӡәгьы ҳахьиламҩашьо. Ажәытәуаа ус рҳәоит аԥсабара иақәнагоу ауаагьы ахылҵуеит, ҳәа. Иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара, амшын, ашьха, аӡиас уҳәа иаабо аԥшӡара иҳазгәаҭом акәымзар ҳара ҳдоуҳа иацуп, уи ҳара иаҳмырдырӡакәа аҟазшьақәа ҳаланаҵоит. Ҳазшаз анцәа абри еиԥш иҟоу амал ҳаҭәеишьеит, аха ҳара пату ҳзақәҵаӡом. Ҳара азакәан аҵкыс ҳжәытә ҵасқәа ҳрыхьчоит, ҳаҭыр рықәаҳҵар. Аҩыра аныҟала уажәааигәа ауп, аха аҩыра аныҟамызгьы аԥсуаа адунеи иқәымзи.

– Иахьатәи ҳаԥсҭазаашьа аҟны ихырҳагам, ҳаҿиара иаԥырхагоу ҳәа ишәыԥхьаӡаша ыҟоума?

– Зегь реиҳа ҳара уадаҩрас иҳамоу аҳәоуеиқәымшәара ауп, ҳҳәоу еиқәшәар ауп, аӡә игәаԥхо егьи игәаԥхаӡом, аха сара исгәаԥхо мацара ҳәа азнеира ҟалом, аҳәынҭқаргьы ус ихы ныҟәигар иашам ҳәа исыԥхьаӡоит. Уи дазхәыцуазар ауп ижәлар ирҭаху, урҭ ргәы иҵхо, дрыхӡыӡаауазар ауп. Иахьа аԥсыцәгьара ҳиааины иҳәуа адәы иқәуп, уи ахәыҷы, аду, аԥҳәыс ҳәа еилых амаӡам. Аԥсыцәгьара — аԥсадгьыл уцәнарӡуеит, аԥсыраӡара — аԥсадгьыл еиқәнархоит, уи ҳаҭыр ақәҵаны иныҟәугар. Ҳаԥсадгьыл иамоу амал, ҳара ҳеиԥш иҟоу ажәлар хәыҷы ракәым, миллионҩыла иҟоу ажәларқәа ныҟәнагартә иҟоуп. Аха шьоукы-шьоукы Аԥсны абжа рыуҭаргьы ирызхом, уи аиашахь ҳкылнагаӡом.  

– Ҳажәлар жәытә-натә имырӡқәа иаарго аҵасқәа рхархәара еиҳа-еиҳа ихьысҳахоит, шәышԥахәаԥшуа, изыхҟьеи абри аҭагылазаашьа?

– Еиҭахгьы исҳәар сҭахуп, иахьа ҳажәлар рыҿиара иаԥырхагоу аԥсыцәгьара ауп. Аԥсуа ҭоурыхла ахаан дыхәаахәҭыҩӡамызт, аԥсуа даарыхуазар иара изхоз идыруан, ашәыр еиҭеиҳауазаргьы, мыцхәы еиҭеиҳаӡомызт, изхаша исасхәы, иҭаацәа рхәы, игәылацәа рхәы.   Ҳара уажәы ахәаахәҭрахь ҳхы ҳархеит, ҳара ҳкультура ҵызшәшәаауа ахәаахәҭра ауп. Егьырҭ атәылақәа рҿы ахәаахәҭра знапы алаку арыцҳацәа, заагарҭа маҷу ауаа ирыцхраауеит, ҳара иҳарҳауа зегьы ҳџьыба ишҭаҳҵогьы иҳазхаӡом. Ауаҩы ирыцҳашьара ҳацәмаҷуп.  

– Жәытә-натә аахыс абыргцәа ражәа Аԥсны ҳаҭыр ақәын, иахьа урҭ ирҳәо ахаҵгылара абанӡамоу?

–  Аиашазы, абыргцәа ражәа ахаҵгылара амазарц азыҳәа, дара абыргцәа цқьазар ауп, ҽԥныҳәа рымамзар ауп. Иҟоуп быргцәақәак, ԥсыуа маҭәала рҽеиларҳәоит, аха уи ала даԥсыуахаӡом ауаҩы. Иҩнуҵҟала дыцқьазар ауп абырг, уи иашарыла ихы мҩаԥигозар ауп ихаҭа, иҭаацәа рҿгьы, игәылараҿгьы, иԥсадгьыл аҿаԥхьагьы вба имамзар ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0