Калиақ ақыҭаҿы инхо аԥсуаа рҭоурых

© Foto / Нонна ҬхәазԥҳаҬырқәтәылатәи ақыҭа Калиақ
Ҭырқәтәылатәи ақыҭа Калиақ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ақыҭа Калиақ аҿы аԥсуа жәлақәас иҟоуи, урҭ уахь ишнанагази, иара еиҿызкаази ртәы Sputnik аналитик Нонна Тхәазԥҳа лматериал аҟны.

Аҭоурыхтә ӡеибафара иахҟьаны ихырҵәаны Ҭырқәтәылаҟа идәықәҵаз аԥсуаа ахьынхо ақыҭақәа иреиуоуп ақалақь хәыҷы Ҳендеқь иаҵанакуа Калиақ ақыҭа. Иахьа Калиак ақыҭаҿы инхо аԥсуаа хҵәаны раԥхьа уа ианықәнагалаз дара нхеит Орманқьиои ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы, аха уа ашыӡ бааԥс рылаланы иқәнаго иалагеит.

Убри аҟынтә дара ииасит Калиакҟа. Раԥхьа араҟа иааиз аԥсуаа ахьынхаз Алимас ихәы ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿоуп. Анаҩс дара ирҿыҵны шьоукы ақыҭа Ҭагәаареқь ҳәа изышьҭоу еиҿыркааит. Ари ақыҭа еиҿызкааз драԥхьагылан Аӡагәа-иԥа зыжәлаз Маршьанаа рабиԥара иаҵанакуаз ауаҩы. 

Ҭырқәтәыла.Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аӡынаа Ҭырқәтәыла ишықәнагалаз аҭоурых

Раԥхьа аԥсуаа ара ианаанага ашьҭахь Кыџьаа цеит Зиумбылы, Агәымбақәа ԥыҭҩык Ҳарманҭеԥе ақыҭахь ицеит Каилак иаанхеит Бираа.

Бираа рхәы ҳәагь ақыҭаҿы аҳабла ахьӡ амоуп. Бираа Аӡынаа рыжәла иабшьҭроуп. Бир-иԥацәа ирыцынхоит: Шаҭаа, Ҷанаа (Уанагәаа), Ашаа, Ҭагцар ихәы ҳәа иахьашьтоу инхоит Ҭараа, Аншбақәа, Шаҭаа, Уасҵаа. Ауасҵаа аубых аԥсуаа ҳәа ирышьҭоуп. Ауасҵааи Ҭхәазааи абык ихылҵыз абиԥарақәоуп. Калиак иҟоуп Азахә ихәы ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥгьы. 

Абри аҭыԥ аҿоуп Уасҵаа еиҳа иахьырацәаз, аха иахьала иқәҵны ицахьеит, уа инхаз дмаҷуп.

Азахә ихәы ҳәа ахьӡ захырҵазгьы дара Уасҵаа уа иахьеиланхоз азоуп. Уасҵаа рыдагь уаҟа инхоит: Урыс-иԥацәа, Албаҭаа, Хабыуаа.

Калиак ақыҭаҿы иҟоуп аҳабла Ҩ-кылца – уаҟа инхоит Агәымаақәа, Куџаа, Шаҭ-иԥацәа, Кауаиаа, Мшәыдаа, Қымҷаа, Ҳаџьбиаа, Гәасаа (Агәасба), Барҟанаа, Гечаа.

Бат-ихәы ҳәа иахьашьҭоу инхоит Папаа, Џьгьриаа – Ешаа рабиԥара иаҵанакуеит, Гьалдымаа, Гәуасаа (Агәасба), Барҟанаа, Гечаа  Џьгьераа – Ешаа рабиԥара иаҵанакуеит, Гьалдымаа Гәуасаа (Агәасба), Мшәыдаа, Ламырцәаа, Ахаа, Хәымсацәаа.

Иааидкыланы иуҳәозар ақыҭа абас ишоит: Азахә рхәы, Алмас ихәы, Ацшьаа рхәы, Бираа рхәы, Папаа рхәы, Ҭаҭараа рхәы, Урыс-иԥацәа рхәы ҳәа.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуааи абазақәеи реинаалара аҭоурых

Калиак ақыҭаҿы инхо аԥсуаа рыбжаҩык раԥхьа уахь ианықәнагалаз Адаԥазар азааигәара Кандра ахьахьӡу иӡхыҵит, шьоукы Ван ахьырҳәо иӡхыҵит. Шьапыла мацара ауп Калиак ақыҭа аҟынӡа ишцаз. Ирҳәоит ирацәаҩуп амҩаҿы амшын ихыԥсылазгьы ҳәа. Арахь раара зыхҟьаз ҳәа аиҳабацәа ирҳәо, аурыс ҭаха римҭо ианалогоуп, аибашьраҿ иҭахаз ҭахеит, иаанхаз зшьапы инанагоз зегьы ықәымҵыр ада ԥсыхәа рмоуит ҳәа ауп ирҳәо.

Калиак инхо 85 шықәса зхыҵуа Аншба Неџьмеҭҭин Аԥсны Ԥсҳәы Ахчыԥсы ҳақәҵит иҳәоит. Аԥснынтәи уахь иагаз Неџьмеҭҭин иабду иаб иоуп – уи Тытышь ихьӡын. Тытышь иԥа Муса ихьӡын, Муса иԥа Фаиқ ихьӡын.

Фаиқ Неџьмеҭҭин иаб иакәын. Аха Неџьмеҭҭин игәалашәоит Ҭырқәтәыла инанагаз иабду иаб Тытышь иабдугьы иабгьы рыхьӡқәа.

Тытышь иаб Қәабзаи ихьӡын. Қәабзаи иаб Патырзач ихьӡын. Қәыбзачи Патырзачи Аԥсны ижуп.

Калиак ақыҭаҿ инхо ауаа рыҩныҵҟа макьана иуԥылоит Аԥснынтәи уахь инеиз аҭаҳмадацәа ԥыҭҩык рыхьыӡқәа згәалашәо. Аԥснынтәи Калиак ақыҭаҿы инанагаз рҟынтәи рыхьӡ рҳәоит Мшәыды-иԥа Азиз, Шаҭ-иԥа Уамар, Аӡагәа-иԥа Кадыр, Хымсаҵә Али. Ирҳәоит ақыҭа Калиак еиҿызкааз убри Хәымсаҵә Али иоуп ҳәа. 

Калиак ақыҭаҿы инхаз ажәлақәа рахьтә аамсҭа жәлақәаны иԥхьаӡоуп Кәыџаа, Кәаӡаа (Шаҭ-иԥацәа), Мшәыдаа.

Араҟа имаҷымкәа иҟоуп Аԥсны иаанымхаз ажәлақәа. Уи зыхҟьаз дара иахьатәи Аԥсны аҳәаа анҭыҵ Мзымҭа аӡиас аиҩхаақәа рахь иахьынхоз ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0