Кама Кациаԥҳа: уаҵәтәи ақыҭа сыргыларц сҭахуп

© SputnikАрхитектор-аиҭашьақәыргылаҩ қәыԥш Кама Кациа.
Архитектор-аиҭашьақәыргылаҩ қәыԥш Кама Кациа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кама Кациаԥҳа – аргылареи архитектуреи рзы Волгоградтәи ауниверситет аушьҭымҭа, Римтәи ауниверситет Roma Tre аспирантка.

Архитектор-аиҭашьақәыргылаҩ қәыԥш Sputnik акорреспондент Асида Кәыҵниаԥҳа илзеиҭалҳәеит архитектор изанааҭ амаӡақәа ртәы.

— Архитекторс аҟалара анбашәҭаххеи? Насгьы избан абри азанааҭ залышәхыз?

— Саныхәыҷыз гәаныла сԥыруа ақалақь сахысуан. Уи адагьы сгәалашәараҿы бразилиатәи асериалқәа руак аҟынтәи аперсонаж даанхеит – уа аԥҳәыс қәыԥш лдизаин-студиаҟны аинтерес змаз апроектқәа аус рыдылулон. Сара уи аидеиа убас исгәаԥхеит, схазы исыӡбеит: сдухар саргьы абас аҟаҵара салагоит ҳәа.

— Шәзанааҭ азы ихадарои? Уадаҩрақәас ишәԥылои?

— Апроект аԥҵаразы архитектор афантазиа бзиа имазароуп, аҵакыра бзианы ихшыҩаҿы иҭихуазароуп. Иара убасгьы иҟоуп агәаанагара – архитектора ԥҳәыс усым ҳәа. Сара уи есыҽны ишиашам ауаа идсырдырырц сҽысшәоит.

АНА - Sputnik Аҧсны
Ажәытәтәи аԥшӡара зцәымӡыц: аҵарауаа рвиллақәа

Ауадаҩрақәа рахь иаҵанакуеит апроект аныҟауҵо аԥшӡара аасҭа убиуџьет уаназхәыцуа. Ҳтәылаҟны иахьазы имаҷуп ух иаурхәаша аматериал. Аобиект аҟны аинтерес змоу акы алоугалар уҭахызар, аматериал аҳәаанырцәынтә иааугароуп.

— Ауаа ртәы ҳалацәажәозар, ишԥарыдыркылои ҳтәылауаа адизаинертә ӡбарақәа?

— Сара исгәаԥхоит ҳаамҭазтәи архитектуреи адизаини. Сгәы иаанагоит аклассика аимитациа азура иагьаҭахым иагьзалшом ҳәа. Ҳара ҳтәылауаа ракәзар аклассика еиҳа ирзааигәоуп, иргәаԥхоит. Аха аклассика бзиа акәымкәа, узхьымԥшыша аклассика. Ауаа аус рыцураангьы апроблемақәа цәырҵуеит. Убас, раԥхьатәи ҳаиԥылараан исҳәоит иҟасҵо шыҟасҵо, ишыҟало авариантқәа. Аха дара азыхиам ирҭаху шырҭаху ада аҽакала азнеира. Анхарҭа ҭыԥқәа рҟны акомпромисс зуеит, избанзар иҟасҵо аҩнаҟны иара иоуп инхо. Уи уа комфортла ихы ибозароуп.

Архитектура аус адулараан сара сгәаанагара ацәхьаҵра сақәшаҳаҭӡам. Аҵыхәтәантәи аӡбарагьы сара истәызароуп. Аргыларақәа ахьымҩаԥааго сакараӡам. Уаҟа игылоуп уаанӡатәи ахыбрақәа, ишьақәгылоуп аҭыԥ. Уи азхьамԥшра азура иашаӡам.

Архитекторцәа аҵакыреиужьра ҽа блак ала иахәаԥшуеит, ус ауаҩы ишибо акәымкәа ирбоит. Анхарҭаҩны аргылараан иара зтәу ауаҩгьы иеилкаара уҽазушәароуп. Уи моралла ианыхьанҭоу ыҟоуп.

Санаторий Смецкого Гулрыпш. - Sputnik Аҧсны
Смецкоираа рҭынха. Актәи ахәҭа

— Инашәыгӡахьоу апроектқәа шәҳазрылацәажәар?

— Уажәазы иҟасҵахьоу аасҭа исыгәҭаку апроектқәа рацәоуп. Иҟасҵахьоу иреиуоуп асасааирҭа "Леони" ахатәы клиника "Илифиеи". Ирацәоуп ахатәы ҩынқәа, Гагра ақалақь аҟны асасааирҭақәа.

Асасааирҭа "Леон" апроект аԥхьа офистә хыбран акәын аус шадулаз. Усҟан уи сара аԥшаҳәа иацәтәымны избон. Апроект аус адулара саналага исҭаххеит ақалақь иахәҭакны иҟасҵарц. Ихәыҷуп ззумҳәаша ари ахыбра еснагь абра игылазшәа иҟаҵатәын. Сара исгәаԥхоит исыргылои иахьсыргыло аҭыԥи анеидысҳәало. Сара даара исгәаԥхоит спроект аргылара шымҩаԥысуа ахәаԥшра – ахы инаркны аҵыхәанӡа.

— Дарбанызаалак архитектор иҭахызар акәхап зегьы дызлеицгәарҭаша ак аргылара. Шәара?

— Зны сырҵаҩи сареи ҳалацәажәон ауаа ақалақьқәа ааныжьны ақыҭақәа рахь ииасуазар ҳара ҳазларыцхраарыз ҳәа. Убасҟан иит сара сгәаҳәара – уаҵәтәи ақыҭа аргылара. Сара сгәаанагарала ара зегьы екологиала ицқьазароуп, иԥсабаратәызароуп.

— Иахьынӡаздыруа ала шәара ААУ аграфикатә дизаин рышәҭоит.

— Ааи. Ҳара ҳҿы ирацәоуп аҟыбаҩ злоу аҿар. Сара игәасҭеит шамахамзар урҭ зегьы аԥшшәы шырныруа. Уи ԥсабаратәны ишрыло. Архитектор, адизаинер изанааҭ акыр иуадаҩуп, ихьанҭоуп. Уи бзиа ибатәу азанааҭқәа ируакуп. Иҟауҵо зегьы бзиа ибаны иҟауҵозароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0