Аҭоурыхҭҵааҩ ду, март жәохә-жәафтәи ажәылараан хабарда ибжьаӡыз Витали Быҭәба иҭоурых

Витали Быҭәба
Витали Быҭәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еревантәи Аҳәынҭқарратә университет, аҭоурыхтә факультет иалгаз, анаҩс адиссертациа бзиаӡаны изыхьчаз, Ермантәыла Амрагыларатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы аусура иалагаз, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан март жәохә-жәафтәи ажәылараан хабарда ибжьаӡыз Витали Быҭәба иҭоурых шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аналитик Нонна Тхәазԥҳа илырхиаз анҵамҭаҿы.

Аԥсуа жәлар ргәырҽанӡамкәа 1992 шықәсазын излагаз аибашьра иаҳцәалаӡит усҟантәи аамҭаз еиҵагылан иҟаз абиԥара иреиӷьыз арԥарацәа. Аԥсадгьыл азын ақәԥара аншахоз иацыршазар акәхап ажәлар иреиӷьу аҵеицәа рыԥсы ахҭынҵаны уи ашьақәыргылара. Уи аахыс аамҭа маҷымкәа ишцахьоугьы усҟан ҳажәлар ирцәыӡыз апотенциал иахьа уажәраанӡагь ихаҭәааӡам. Урҭ рҭыԥқәа ҭацәны инханы иҟоуп, ус ишыҟац. Араҟа зыӡбахә ҳамоу ауаҩы дҭоурыхҭҵааҩ дуны дшьақәгылахьан, уи иеиԥш иҟоу ауаа ирлас-ырласны ииӡом ари адунеи аҿы.

Витали Быҭәба ажәытәӡатәи аерманы хыҵхырҭақәа ажәытәтәи аерманы бызшәала дрыԥхьаны аҭоурых ҭиҵаауан. Иара аус здиулоз Мрагыларатәи Кавказтәи аплемиақәа рҭоурых акәын – ахыҵхырҭа "Ашьхарацуиц" ала. Иара далгахьан Еревантәи Аҳәынҭқарратә университет, аҭоурыхтә факультет. Адиссертациа бзиаӡаны ианихьча ашьҭахь иара уа Ермантәыла Амрагыларатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы аусура далагеит. Витали ибзианы идыруан ажәытә аерман бызшәеи, аҿатә аерман бызшәеи.

Аибашьра ианалага днеин ижәлар рыгәҭа дгылеит. Аамҭак азын усҟан ҿыц еиҿыркааз аԥшыхәратә-диверсиатә гәыԥ напхгара аиҭон.

Уи агәыԥахь инеира атәы дазааҭгылоит Зураб Хәарцкиа. 

Родион Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Родион Ҳагба: Аԥсны ахақәиҭра амш аҽны сагьхысуан сагьҵәыуон

"Витали Быҭәбеи сареи аибашьра ҟалаанӡа фышықәса раԥхьа ҳаибадыруан. "Афорум" аҿы дҳацалан. Изныкымкәа, иҩынтәымкәа ҳиацәажәахьан. Изысҳәо, убысҟан игәасҭахьан иара ихәыцшьа, даараӡа исгәаԥхон ихәыцшьа. Иареи сареи пату еиқәаҳҵон. Длаԥшықәҵаны дсыман, абри ихәыцразын мацара. Уи баша исҳәаӡом, аибашьра аныҟала убри ихәыцраз џьара ҳаиднагалеит.

Аибашьра ианалага ашьҭахь иареи сареи ҳанеибабаз аамҭазы командирс сыҟан аԥшыхәратә рота Амиран Берзениа дызхагылаз абаталион аҿы. Убысҟан Витали сызҿыз иаҳахьан, даасыдгылан сга уротахь ҳәа сеиҳәеит. Лафкгьы сҳәеит аиаша ҳҳәозар. Витали хәыҷык ицшәа дыҟан, снацәа наиқәскны ари аҩыза авторитет уманы са сахь уцар уҭахума ҳәа. Аха игәы иалсызшәа збеит, ақәҿимҭӡеит, нас абри зысҳәеи ҳәа саргьы сахьхәит. Аиаша ҳҳәозар сара дызгар сҭахымызт, избанзар сызҿыз аус иара данаалап ҳәа сыҟаӡамызт.

Иареи сареи ҳахьеиқәшәаз еиҭа – уаанӡа абри аԥшыхәратә гәыԥ салалаанӡа Алада Ешыра жәаҩыкҟа аҷкәынцәа сыманы стәан. Зныкымкәа, ҩынтәымкәа аӡы ҳарны Ачадара зегьы ԥшыхәны иҳаман. Ажәабжь Мушьни иҿы инаҳгон. Убра иасҳәахьан ажәылара аныҟало исылшартә сыҟоуп, уа инхақәо егьиқәо ҳаицәажәаны амандаринаҭрақәа ҳхы иархәаны ҳцар ауан. Аҵхыбжьон уаа зықьҩык аӡы ҳарны шьыжь шаанӡа Ачадара ҳнапахьы иааҳгартә ҳаҟан, аха Мушьни аԥшыхәратә-диверсиатә ротахь саннеига, урҭ уманы Уазабаа ухәнароуп иҳәеит.

Хагба Нанули. - Sputnik Аҧсны
Нанули Ҳагԥҳа: зегь раасҭа ирыцҳараз – иҭахоз рыгәҭа сҵаҩцәа ыҟан

Ари ззынсыжьуада, ишԥаҟаҳҵо анысҳәа. Уазхәыц изнаало аӡәы иҭ иҳәеит. Убысҟаноуп Витали данысгәалашәа. Ихшыҩ аналитикатә хшыҩны избеит, аамҭагь сымаӡамызт хҩык ирасҳәеит. Исгәалашәоит, аӡәы аӡә дизымԥшааргьы даҽаӡәы аӡә диԥшаап ҳәа хҩык еибазымдыркәа ирасҳәеит. Аӡәы иара иакәын. Убра дахьгылаз дызцыз ааныжьны, аамҭа мгакәа афырҳәа са сҿы дааит. Сзыуҭахуи аниҳәа: "Уск азын усҭахуп", — сҳәан аҩада ҳхалт. Нас даашьҭысхын Ешыра дылбаазгеит, уантәи аерман ԥшыхәцәа аӡы ирны иааит.

Убри нахыс убра абри иоуп еиҳабыс ишәымоу ҳәа дыдсырбеит, еибасырдырт. Иахьа еиԥш исгәалашәоит ргәырҽанӡамкәа ицқьаӡаны ерман бызшәала драцәажәо даналага даараӡагь уамашәа ирбеит. Абас еибардырны сара сус ахь сгьежьит. Гагратәи ажәылара аныҟала са срыхәит, убри нахыс уаҳа ҳаибамбаӡеит.

Витали Быҭәба март жәохә-жәафтәи ажәылараан хабарда дыбжьаӡит. Иара иеиԥш иҟаз аҵарауаҩ аибашьра даҳцәаламӡыр иахьа уажәраанӡа ишахәҭоу иҭҵаам Аԥсны аҭоурых иазынижьуаз, ҿыц иааиртуаз рацәахон. Аспирантура далган даныгьежьыз акәын, аха аҭоурыхҭҵааҩцәа дуқәа днарываҟәыло дҟалахьан. Ишазгәаҳҭаз еиԥш илшашаз зегьы ус инхеит.

Иара 1978 шықәсазын дҭалоит Еревантәи Аҳәынҭқарратә университет. 1984 шықәса азы иара уи ауниверситет аҿы аерман жәлар рҭоурых акафедраҿы аспирантура дҭалеит. Аспирантура даналга аусура далагеит Ермантәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Мрагыларатәи аинститут аҿы. Адунеи аҿы еицырдыруаз Мрагылараҭҵааҩцәа аус ахьыруаз. Витали Ереван аҵара ициҵон, иагьеиҩызцәа бзиақәан аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәынбеи иареи. Актәи акурс ҳанҭала инаркны иаразнак ибаҩхатәра ааирԥшит.

Ирина Гоцеридзе (нижний ряд, вторая справа). - Sputnik Аҧсны
Ирина Гоцериӡе. Аҟазшьа ҟәымшәышә змаз афырԥҳәызба

Алекциақәа рҿы аума, аконференциақәа рҿы аума, ахшыҩҵар шимаз иныԥшит, аҭоурых аҭҵааразыҳәан даара ибзианы дшазыхиаз. Ихәыцра ҵаулан. Даныстудентызгьы ауаҩы дызҿыԥшыша иакәын. Иԥсҭазаараҿгьы имариоу акгьы дашьҭаӡамызт. Еиҳа зыӡбара цәгьаз убри зыӡбандаз ҳәа дашьҭалон, иагьынаигӡон. Ахшыҩ мацара акәӡам агәамчгьы ӷәӷәаны иман. Уи агәамч иԥсҭазаараҿы иахьабалакь иааирԥшуан.

Ҟазшьала ауаҩы динаалон, аиаша бзиа ибон. Аӡәы ак иашамкәа иҟаиҵар, аиаша ашҟа диаигар иҭахын, иаахтынгьы иҳәон, ус днавс-аавсны дцаӡомызт.

Дахьнеилакь, ихныҟәгашьа, ицәажәашьа, зехьынџьара иламыс, иаԥсуара иныԥшуан. Зеилкаара даара идууз уаҩын. Анализ бзианы иҟаиҵон. Конференциак аҿы ажәахә иман иара Мраҭашәаратәи Кавказ иазкыз. Уа иҟан Мрагыларантәи, Европантәи аҵарауаа дуқәа. Убра иара иажәахә актәи аҭыԥ агеит. Иахцәажәеит иӷәӷәаӡаны уаҟа иҟаз аҵарауаа рацәҩны, иӷәӷәан иажәахә.

Витали иеилкаара, ихәыцшьа, иаԥсуара злаҟаз ала даара дҳагуп. Избан акәзар иахьакәзаалакь иара анализ иҟаиҵоз ӷәӷәан. Анаука аганахьала даара акыр зылшоз аӡәы иакәын. Аԥсуа ҭоурыхҭҵаара ԥхаьҟа изгоз уаҩын. Витали Быҭәбеи Гәырам Гәынбеи Ермантәылаҟа рцараан дрыцхрааит дрыцынгьы дцеит Геннади Аламиа.

– Иарбан шықәсоу сгәалашәаӡом, аха аибашьра аламҭалаз ауп хышықәса, ԥшьышықәса раԥхьа абарҭ аҷкәынцәа рҩыџьагьы сыманы Ермантәылаҟа сцеит. Уаанӡа сҩызцәа срацәажәахьан, шәҟәыла еиқәыршәаны егьины иҳаман. Изгеит ҳәа сызҳәом, аха ҳиццеит. Сҩызцәа даара аҷкәынцәа бзиақәа ыҟан апоетцәа, аерманцәа ренциклопедиа аиҳабы уҳәа ҳуцхраауеит ҳәа сарҳәахьан. Интересс иҟаз убри акәын аерманы бызшәагь рҵо, нас Аԥсны аҭоурых Ермантәылатәи архив ду аус адыруло абри акәын хықәкыс иҟаз.

Ветеран Гурам Хагба. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Гәырам Ҳагба: акгьы ҳхамшҭӡеит, уи аҩыза хашҭшьа амаӡам

Ҳагьнеит абарҭ аҷкәынцәа ирацәажәеит, алакә аҟнеиԥш исгәалашәоит, аҩыџьагь убас иргәаԥхеит, дара аерманцәа аҵарауаа дуқәагь зегьы азин ахьрымам аҵәахырҭа дуқәа ыҟами хыхь заҟа иҟоу аҟара ҵаҟа ухәыҵаланы уцоит, убас идууп. Убрахь алифт ала ҳалбааны ҳнарышьҭыртә еиԥш убас иҟалеит. Уи зыбзоуроу ҳҩызцәа рымацара ракәӡам дара убри аҟара иргәаԥхеит, иззнеиз абри ауп ҳәа ианеилыркаа.

Ҵаҟа ҳахьылбааз Дариан ҳәа академик ианиарҳәа ус иҳәеит: "Сара шәҟәык аԥсуааи Аԥсни ирызкны аерман архив аҟынтәи аматериалқәа рыла ҳәа. Аха уи сара хыхь-хыхьла ихысхыз ауп, иҟоуп егьыс уагәылаԥшыр шәҭоурых зегьы абра иҟоуп. Шәҭоурых еилышәкаарц шәахьааз ҳаигәырӷьеит ҳәа реиҳәеит. Аԥышәарагь дыдмырҭиит, ишиашаз уаҳа џьабаак дмырбаӡакәа иреиӷьыз ауадақәагь ирыҩнарҵеит, рнапы иқәыргылан убас ирбон. Зегь зыбзоураз дара абаҩхатәра ахьрымаз ауп.

Нас акандидатә диссертациа анырхьчозгьы срықәшәеит. Уа ишрыхцәажәоз абра убри аҟара аҵара дҳарҵахьеит, убри аҟараҩык ауҳажьҭхьеит, аха абарҭ рҩызцәа аҵарауаа алҳмыргац ҳәа ирыхцәажәон. Витали аерманцәагьы хәыҷык дреиԥшын, даара дҳаракны убас ихцәажәон.

Зны-зынла иаҳҳәоит, аибашьра имцакәа рхы рыхьчарауааз ҳәа. Ус иҟоу, абаҩхатәра змоу ауаҩы ихы ихьчаӡом. Абаҩхатәра анилалакь ибаҩхатәра зехьынџьара иҟоуп. Иԥсадгьыл ахьчарагь убригьы баҩхатәран илоуп, иҵарадыррагь баҩхатәроуп урҭ зегьы илан иара. Иара иҩызцәа ҳагуп ҳара. Анцәа иҳәааит иус назыгӡо гыло, аха иара иԥсы ҭаны дыҟаны иус даҿызҭгьы ҳара ҳҭоурых аҿы зынӡа ауаҩы игәы  иззаанамгаӡо адаҟьақәа ааиртуан. Аха иара имшьҭа бзиан, дызҿыз аус бзианы ишыҟаз ала агәра згоит ишьҭанеиуагьы дҟалап ҳәа.

Владимир Квеквескири рассказал, как весть о начале войны застала его на гастролях в Греции - Sputnik Аҧсны
Асценаҟынтәи ажәыларахь. Владимир Кәакәасқьыр еибашьраҟны

Витали Быҭәба иҭҵаара Аԥсны аҭоурых мацара акәымкәа Мрагыларатәи ажәларқәа зегьы рҭоурых иазкын. Хыҵхырҭас ишьҭихызгьы аерман географиа а-VII-тәи ашәышықәсазтәи "Ашьхарацуиц" захьӡу. Лымкаала акәымкәа Мрагыларатәи Кавказ ажәларқәа зегьы рҭоурых ҭиҵаауан Аԥсны аҭоурыхгьы уахь иналаҵаны. Идиссертациа азкын абжьаратәи ашәышықәса: "Племена Западного Кавказа" ахьӡын. Атема даара имариамызт, аха ибзиаӡан аҩра илшеит, ахьчарагь дазыҟаҵан.

Аха ақырҭцәа ианакәызаалакь аԥсуа ҵарауаҩык дҟалар ҳәа ишәаны рымҩа рҿаҟәон. Урҭ Виталигьы рҽихьыргӡеит. Иара напхгаҩыс имаз усҟантәи аамҭазтәи Ермантәыла Атҵаарадырра Академиа апрезидент иакәын. Аха ақырҭцәа ашшыԥхьыӡқәа рыҩуа иалагеит. Ари ахьчара ҟалаӡом, ари анишәырхьча шәареи ҳареи ҳаизыҟазаашьа хьшәашәоит ҳәа. Ирулакгьы идмырхьчеит. Нас Витали дрышьҭуеит Москватәи аетнографиатә институт ахь. Убра 1990 шықәса рзын ихьчеит идиссертациа.

Витали идиссертациа хаз шәҟәны иҭрыжьит аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа 2001 шықәсазын.

Аиаша иадгылаҩыз, ижәлари иԥсадгьыли рбзиабара ҳаракны излаз атәым дгьыл аҿы дындырхаӡомызт азын 1990-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭаз Аԥсны ауаажәларратә политикатә уадаҩра ианҭагылаз дгьежьуеит Аԥсныҟа. Аусурагь далагоит Аԥсуаҭҵааратә институти ауниверситети рҟны. Аха нас иҟалеит ахақәиҭратә еибашьра, ихгьы ақәиҵеит ҳаԥсадгьыл аиқәырхара. Иахьа наӡаӡа ирыцзааит еиҵагыло абиԥара.

Ажәабжьқәа зегьы
0