Владимир Ҳараниа: ацәажәара даналаго инаркны ахәыҷы имоуп азин ихатәы бызшәа аҵара

© Фото : Нонна ҬхәазԥҳаАзиндырҩы Владимир Ҳараниа
Азиндырҩы Владимир Ҳараниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азиндырҩы Владимир Ҳараниа аԥсуа бызшәа ахархәараҿы иаҳԥыло ауадаҩрақәа уыӡбар алшоит азакәанԥҵаратә шьаҭала ҳәа имоу агәаанагара ҳацеиҩишеит.

Sputnik, Нонна Ҭхәазԥҳа

Иарбан жәларызаалак рбызшәа ашәарҭадареи рҳәынҭқарра ашәарҭадареи еидҳәалоуп. Иахьа аԥсуа бызшәа ахархәара хьысҳахеит, уи ашәарҭара иҭагылоуп ҳәа згәы иаанаго ауаа ирацәаҩны рыбжьы ақәдыргоит. Ус анакәха ари азҵаараҿ ианаамҭоу, иахәҭоу аусқәа нагӡамзар ҳҳәынҭқаррагь ашәарҭара иҭанаргылоит. Ари апроблема изныкымкәа ҳазааҭгылахьеит, аха иахьа азакәанԥҵаратә хырхарҭала ҳазнеир ҳҭахуп. Азиндырҩы Владимир Ҳараниа игәаанагара ҳацеиҩишеит.

Сара сызалзхәыцуала иахьатәи ҳҭагылазаашьа еиӷьу ала ԥсахшьас иамоу – закәанԥҵарала усқәак мҩаԥгатәуп. Убри аҟынтәи сара аҭаацәаратә закәан еидкыла аби ани ирызку ахәҭаҷқәа срыхәаԥшуа сазкылсит аби ани рыхшара рхатәы бызшәа арҵараҿы агәыгәҭажьра ҟазҵо рзын закәанԥҟарак аԥҵатәуп ҳәа агәаанагара.

Ахәыҷы дани инаркны имоуп ихатәы зинқәа абгьы ангьы убри инаҿырԥшны ирыдуп ауалԥшьақәа – ахәыҷы иааӡараҿы. Ахәыҷы иааӡараҿы рхы иамеигӡозароуп, амла дамкуа ахьҭа дамкуа, маха-шьахала деибганы изҳауа, доуҳала, уаҩышьала уҳәа. 

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҳалбад: ақәԥара аҭахуп арадиоҿы, ателедырраҭараҿы, ашкол аҿы

Уаҩышьала ҳәа сызҿу "нравственность" ҳәа сгәы иаанагоит. Абасала ахәыҷы иааӡара аби ани уалԥшьас ирыдуп.

Иҟоуп азакәан – аҭаацәара алалара, ахшара рааӡара, ахшара рааӡараҿы аҭаацәа руалԥшьақәа рынагӡара уҳәа ирацәаны ахәҭаҷқәа еидызкыло Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭаацәаратә закәанеидкыла. Ари аҭаацәаратә закәанеидкыла Аԥсны жәлар реизара иаднакылеит ԥхынгәы 10, 2009 шықәсазын. Уаҟа иарбоуп аҭаацәарақәа ирыдҳәалоу аԥҟарақәа жәпакы: ахшара риира рааӡара, рзинқәа. Аби ани урҭ рҿаԥхьа ирыду азинқәа. Убарҭ инарықәыршәаны аԥшқа даниуа имилаҭра дызхылҵыз иҭаацәа рыла ишьақәгылоит. Аҭаацәа ируалуп иара ихатәы бызшәа ирҵара. Аха имаҷымкәа аҭаацәарақәа ахәыҷы ициуа изинқәа еиларгоит.

Абарҭ ауалԥшьақәа аби ани ирыднаҵоит ахәыҷы ихатәы бызшәагьы ирҵара. Ихатәы бызшәоуп ҳазҿу, атәым бызшәа акәам. Ацәажәашьа ирҵатәуп ахәыҷы иара ихатәы бызшәала. Иара дзеиуоу амилаҭ рбызшәала. Убри абри ҳҭаацәаратә кодекс аҟны иарбаӡам. Аԥсшәа иҵароуп хымԥада ҳәа иарбаӡам. Иҟоуп даҽа хәҭаҷк уи 71-тәи ауп. Убра иаҳәоит аби ани ишыруалу, руалԥшьақәа нармыгӡозар ирыдлауа ахара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭаацәаратә закәанеидкылаҿы иарбаӡам зхатәы бызшәа зыдмырҵо ахәыҷы иаби иани ирыдло ахарақәа, азинеилагаразы изқәыршәатәу ақәнагақәа ртәы.

Аҳәынҭқарратә ҭаацәаратә закәанеидкыла, урысшәала иуҳәозар "Семеиныи кодекс" 71-тәи ахәҭаҷ актәи апункт аиҭакрақәа алагалазар ахәыҷы ихатәы бызшәа ирҵараҿы изинқәа еиҳа ихьчахоит. Уи иаӡбоит ахәыҷы ибызшәа ахьидмырҵо иахҟьаны ицәырҵуа азҵаарақәа. Аԥхаьҟа аԥсшәа азымдырра ицәырнаго апроблемақәагь мҩақәҵахоит.

Апарламент адепутат Алмас Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Џьапуа: абызшәа азакәан анагӡараз иҟаҵатәу рацәоуп

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭаацәаратә закәан еидкыла 71-тәи ахәҭаҷ аҿы иҟоуп ф-пунктк. Урҭ зегьы ара ҳазлацәажәо иаҵанакӡом акы ада. Сара сазааҭгылоит актәи апункт. Ахәыҷы иаб алимент ҳәа изышьҭоу ахараԥса имшәозар абра азин имырхуеит. Ари ҳара ҳзакәан аурысқәа рзакәан иаҿырԥшны иҟаҵоуп, ҳара  ҳҷыдарақәа имаҷӡан иалоуп, зынӡа иалаӡамзаргьы ҟалоит.

Убри аҟынтә урҭ аб ахәыҷ иааӡараԥса амшәаразын аб имоу азинқәа имхра алшоит ҳәа ирыԥхьаӡозар, ахәыҷы ихатәы бызшәа имырҵара, еиҳа еиҳаӡами? Ари еиҳа еиҳау рыцҳараӡами, еиҳа еиҳау закәанеилагараӡами аби ани рганахьала. Абри 71-тәи ахәҭаҷ актәи апункт аҿы ибжьагылазар ԥшьажәа заҵәык, абри ҳазҿу атемаҿ ҳгәы иҵхо ауадаҩрақәа еиҳа иҭышәынтәалоит ҳәа сгәы иаанагоит.

Аҭаацәа руалԥшьақәа рынагӡара иацәхьаҵуазар, иара убас ихатәы бызшәа идмырҵозар абас ибжьагалазар. Усҟан аби ани азхәыцуеит абызшәа ирҵара аҭакԥхықәра шрыдлауа. Ари иахҟьаны анра абра азин рцәыӡыр шалшо анырдырлакь уи иашьҭалоит. Ҳәарас иаҭахузеи абри аҩыза ахарҭәаара ҟаларгьы ахәыҷқәа аԥсшәа ззымҵаз зегьы рабацәа ранацәа азин рымхра зыҟалаӡом. Сара агәра ганы сыҟоуп абри аҩыза аԥсахра ари азакәан аҿы апарламент ианаднакыла ашкол ахь ицо иҟалаанӡа ахәыҷқәа зегьы рхатәы бызшәа аҷҷаҳәа ирҳәо ишыҟало.

Ацәажәара даналаго инаркны ахәыҷы имоуп азин ихатәы бызшәа аҵара. Аха ԥыҭҩык абацәеи анацәеи убри иԥшьоу азин далхәдатәны иааӡара иалагоит. Ари иахҟьаны иара дышмаҷу ихатәы бызшәа дазрыцҳахоит. Ас иҟоу ахәыҷқәа (еиҳа-еиҳа) рхыԥхьаӡара рацәахо иахьалагаз ақалақьтә школқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбара иазхәыцуа ирымоуп ажәалагалақәа – аԥсшәа бзианы издыруа ахәыҷқәа рзын хазы ҷыдала аклассқәа еиҿкаазарц (ҟаҵазарц). Ари иалоу ахәарҭара ыҟоуп, аха аԥырхага ҟанаҵоит.

Ҳагԥҳа: раԥхьа иргыланы ахдырра еизырҳатәуп

Ихьысҳаны аԥсшәа здыруеи ибзианы аԥсшәа здыруа ахәыҷқәеи рзинқәа еиҟарахарц ашколқәарҿгьы, анҭыҵгьы иаԥҵатәуп абызшәа арҵаразын азыҟаҵаратә курсқәа. Усҟан ашкол аҿы ахәыҷы иҩызцәа ԥырхага рымҭакәа, аԥсышәала иҟоу апрограмма ашьҭыхра илшоит. Иагьыхьчахоит ԥхьаҟатәи изинқәагьы.

Аԥсшәа бзианы издыруа ахәыҷқәа хазы идыртәоит. Абарҭ ахәыҷқәа рхатәы бызшәа ахьырдыруа азыҳәаны ишхәыҷӡақәоу еиҳа аԥыжәара роуа иҟалоит. Избанзар урҭ рылоуп ҳаԥсуа бызшәа еиқәҳархоит ҳәа агәаанагара шыҟоу. Урҭ рыла аԥсуа бызшәа еиқәырхашьа амаӡам. Урҭ маҷхахьеит иахьа. Зхатәы бызшәа бзианы издыруа аԥсуа хәыҷқәа еиҳа еиҵоуп, ақыҭақәа аламҵакәа, ақалақьқәа рҟны.

Убри аҟынтә арҭ ахәыҷқәа ӷыӷеибамгар залшаӡом. Аиҵашьыцра ҟалоит, аибацәымӷра ҟалоит, ҳаӷеимшхара класс-класслагьы аисрақәа цәырҵыр ҟалоит

Сара сгәы ишаанаго ала – ахәыҷқәа аԥсшәа ззымдыруа ракәзар гәыҵхас иҳамоу изыҟалои иаҳҳәап ашкол ахь инарго ихьысҳаны аԥсшәа здыруа зегьы рзын иҷыдоу азыҟаҵарақәа. Школцыԥхьаӡа акурсқәа ҟарҵааит. Ахәыҷқәа ирыцхрааит аԥсшәа рҵарц азыҳәан. Уи ацхыраара ҳәа сызҿу арҵаҩы даҭахуп, ахарџьқәа аҭахуп, аамҭа аҭахуп, аха убырҭгьы аԥсшәа хьысҳаны издыруа аҭаацәа рхарџьала иҟалааит.

Сара схәыҷы ишақәнагаз еиԥш аԥсшәа сзимырҵазар, иара ихҟьаны иҩыза аԥсшәа здыруа дархьысҳауазар, сара ахара сыдзааит ма маҭәашьрала абри ахәыҷы аԥсшәа ахьидырҵауа ахә сара исшәауа. Уигьы административтә қәнагақәыршәарақәа ируакуп. Уи арбаӡам абри азакәан аҿы. Аха ихьысҳау ҳрыцхраан аԥсшәа рдаҵарахьы ҳаиасуазар, ҳәарас иаҭахәузеи ари акодекс аҟны аиҭакра абжьагалатәхоит.

Азакәанԥҵарагьы азгәаҭаны ахәыҷқәа ҷыдала разыҟаҵаразын аиҿкаарақәа аԥҵаны, ишхәыҷу ирызцәырҵуа рхатәы бызшәа ахьырзымдыруа апроблема аӡбара иазнеизар – маҷ-маҷ иалыршахоит аԥсшәа ахархәараҿ иаҳзықәгылоу ауадаҩрақәа раԥыхра. Ицәырнагоит уаҵәтәи ҳԥеиԥш азын агәыӷрагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0