Георги Абыхәба: Аԥсны атәылауаа акредитқәа ргоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмилаҭтә банк акредиттә еилаӡарақәа реиҿкааразы аҟәша аиҳабы Георги Абыхәба
Амилаҭтә банк акредиттә еилаӡарақәа реиҿкааразы аҟәша аиҳабы Георги Абыхәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә банк акредиттә еилаӡарақәа реиҿкааразы аҟәша аиҳабы Георги Абыхәба ҳкорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭеиҳәеит абанктә карта "АԤРА" змоу ауаа акредитқәа шрырҭо атәы.

– Георги, иаҳзеиҭашәҳәа акредит аиуразы иарбан документқәоу еиқәыршәатәу, иабанагатәу?

– Ааигәа Аԥсны Абанк апрограмма ҿыц аланарҵәеит – абанктә картақәа "АԤРА" ахархәарала акредитқәа роушьҭра. Абри апрограмма иалахәуп абанкқәа ҩба: "Аԥсны Аҵәахырҭатә банки" "Сухум-банки". Акредит аиуразы акарҭа змоу ахаҿы ахәдықәҵа дааигароуп, иусураҟынтәи агәраргагашәҟәы ицзароуп, иоуа аулафахәы арбаны. Акредит роур алшоит аулафахә еиԥш атәанчахәы зауагьы.

– Ахатәхаҿқәа акредит ргозар апроцент заҟа ршәар акәуи?

– Мызкахьы ҩ-процентк. Ауаҩы игар илшоит аулафахәқәа фба, мамзаргьы атәанчахәқәа фба. Аамҭала жәаҩа мзы нҵәаанӡа иушәароуп. Уаанӡа ауал архынҳәра зҭаху ианиманшәалоу ирхынҳәыр илшоит.

– Заҟаҩ ауааԥсыра рхы иадырхәахьозеи акредит?

– Апрограмма аус ауеижьҭеи ҩ-нызқьҩык иреиҳауп, иргахьеит 83 миллион мааҭ аԥара кредит ҳасабла. Ауаҩԥсы 20 нызқьмааҭ иоуазар, илшоит 120 нызқь мааҭ кредитҳасабла игарц. Мызкахьы процент ҳасабла ишәоит 2400 мааҭ.

– Ԥхьаҟагьы имҩаԥгахоума ари аҩыза апрограмма?

– Ҳәарада. Уи адагьы иҟоуп ирацәаны апланқәа. Асеиԥш иҟоу апрограммақәа рыцхыраарала Аԥсны ауааԥсыра маҷ-маҷ напынҵадатәи аԥарашәарахь ииаагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0