Гәында Кәыҵниаԥҳа: афонд аус узыҵәахӡомызт, уи лабҿаба ауаа ирбон

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа бызшәа аҿиаразы аҳәынҭқарратә фонд уаанӡатәи анапхгаҩы Гәында Кәыҵниаԥҳа
Аԥсуа бызшәа аҿиаразы аҳәынҭқарратә фонд уаанӡатәи анапхгаҩы Гәында Кәыҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 1 2017 шықәса инаркны Аԥсуа бызшәа аҿиаразы аҳәынҭқарратә фонд аусура аанкылан, иадҵоуп Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә хеилак. Афонд 16 шықәса иалагӡаны абызшәа арҿиаразы, аҭагылазаашьа аиӷьтәразы иалшази, инарыӷӡаз апроектқәеи ртәы дазааҭгылеит Гәында Кәыҵниаԥҳа.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

- Гәында Сергеи–иԥҳа  жәаф- шықәса маҷымзар ҟалап узҿу аус лҵшәак аанашьҭразын. Ирацәоума аԥсуа бызшәа аҿиаразы афонд иҟанаҵаз аусқәа? Еиҳа ихадоу ҳәа иалышәкаауеи абри аамҭа иалагӡаны?

— Аԥсуа бызшәа аҿиаразы афонд аԥҵан 2001 шықәсазы, раԥхьатәи Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала. Раԥхьаӡа акәны абызшәа аҿиара апроблемақәа рзы иҷыдоу аорганизациак ҟаҵан. Ииашангьы иҟаҵан ҳәа сгәы иаанагоит. Иара Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо еицырдыруа иҟалеит.

Аԥсуа бызшәа арҿиара аҳәынҭқарратә фонд аҟны амастер-класс мҩаԥысит

Ажәлар ирдыруеит афонд зҿыз аусқәа. Избан акәзар, иара ауснагӡатәқәа узыҵәахӡом, уи лабҿаба иубоит, иуаҳауеит, уахәаԥшуеит, уаԥхьоит. Уи аганахьала иҷыдоу апрограммақәа аус руо иалагеит. Апроекттә система ҟаҳҵеит, сара афонд санахагыла. Избанзар, аусзуҩцәа даараӡа имаҷҩын, аспециалистцәа зынӡа иҟамызт ҩыџьа-хҩык рыда, аха афонд аҭагылазаашьа уадаҩын, афинансқәа даара имаҷын. Аха ес-шықәса еиҳа еиҳа иахьынӡауаз, ҳҳәынҭқарра аҭагылазаашьа зеиԥшроу ала иацырҵон.

Аиашазы имаҷӡан уи зынӡа. Афонд апрограмма ҳара акырӡа иҳарҭбааит, ауаа адаҳгалеит. Анаҩсан, аиқәшаҳатра абжьаҵарала 40-50-ҩык рҟынӡа аспециалистцәеи ҳареи аус еицаҳауан, дара ҳуниверситет аусзуҩцәеи, ҳҵарауааи ракәын, иара убасгьы абызшәадырыҩцәеи, атерминологцәеи, аметодистцәеи, асахьаҭыхҩцәеи. Афильмқәа рдублиаж ҟазҵоз арежиссиорцәа, актиорцәа, уҳәа еиуеиԥшым арҿиаратә усура мҩаԥысуан. 16 шықәса рацәак идуумзаргьы афонд иҟанаҵаз маҷӡам.

Афонд убри аҟара ирылаҵәеит ахьыӡ анырҳәалак ауаа ирдыруан. Ахәыҷбаҳчақәа инадыркны ауниверситет иҭоу рҟынӡа аԥсуа бызшәа ззымдыруа рҵаразы ашәҟәқәа ҭыжьын. Абри аамҭа иалагӡаны иҭҳажьит шә-нызқь еиҳаны ашәҟәқәа. Урҭ  зегьы рекземплиарқәа зқьы цыра инаркны х-нызқь рҟынӡа иҟоуп. Аԥсуа бызшәа иазкыз аиҭаҭыжьрақәа ҟахҵон. Ашәҟәқәа зҭахыз зегьы афонд аҟны иргарц рылшон, ауаа ирдыруан афондахь имҩахыҵуан. Раԥхьаӡа акәны иҟаҳҵаз рацәоуп афонд аҟны.

- Иарбан усхқкәои раԥхьаӡа акәны иҟашәҵаз?

Майа Амичба - Sputnik Аҧсны
Амҷԥҳа: "Ахәыҷкәа рзы аенциклопедиа" ахәычқәа рҭахрақәа рыла еиқәыршәоуп

— Иаҳҳәап, аԥсуа бызшәа аҵаразы аудио-авидео литература апакет ҟаҳҵеит, ателехәаԥшратә урокқәа, раԥхьаӡатәи аудио урокқәа. Абарҭ апроектқәа акыр зҵазкуа ҳәа иҟоуп. Ателехәаԥшра аурокқәа ианрылага нахыс иҟаҳҵеит раԥхьаӡа акәны аԥсуа бызшәа ззымдыруа рҵаразы арҵага шәҟәы, иахьӡын "Ҳаицәажәап аԥсышәала", абри ашәҟәы еицырдыруа аметодистцәа Альдона Ажьиԥҳаи, Адгәыр Шьынқәбеи, Диана Шамԥҳаи, Маиа Амҷԥҳаи реиԥш иҟаз аспециалистцәа аус адырулон.

Иазгәасҭарц сҭахуп ари ашәҟәы хынтә еиҳаны ишҭҳажьыз, иахьазы инҵәахьеит. Ҳара иҟаҳҵо ауаа ишрыхәоз излаҳдыруаз – ашәҟәқәа реиҭаҭыжьра ахьҳақәшәоз акәын. Раԥхьаӡа акәны 24-нызқь шәҟәы акциа ҟаҵаны абжьаратә школқәа ирзаҳшеит. Еиҳарак иҭҳажьуаз, иаҳҳәар ауеит 70 процент хәыда-ԥсада ираҳҭон. Иаҳҭиуаз рацәаӡамыз, ашәҟәыҭиирҭақәеи афонд аҟни. Ауаа аҭагылазаашьа раҳҭон ироуыртә еиԥш ашәҟәқәа зегьы, еиҳарак ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи.

Иҟаҳҵахьаз ауснагӡаҭәқәа иреиоуп — аԥсуа алфавит апостер аҭыжьра, алабҿабатә хархәагақәа зегьы ирҭахуп, аиҭаҭыжьрагьы ахәҭоуп. Иара убас, исҳәарц сҭахуп ахааныз Аԥсны иҭымҵыцызт ахәыҷқәа ирызку аенциклопедиа. Ари ашәҟәы хә-шықәса ҳаҿын, ибзиаӡоу ашәҟәы ҭҳажьит. 

- Гәында Сергеи-иԥҳа шьҭа шәусура ҳәаақәнаҵо иалагоит аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы ахеилак, уахь шәадҵоуп. Аҳәынҭқарратә бызшәа ахылаԥшра арҭозар, шәара шәызҿыз шәусқәагьы уаҟа иацҵахар ҟалоит. Ирымҳәои хшыҩк аасҭа ҩ-хшыҩк еиҳа еиӷьуп ҳәа, еицышәыӡбо аусқәа еиҳа еиҳахар?

Гәында Кәыҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Гәында Кәыҵниаԥҳа: ҳдиаспора ахьынхо рҭаара, сара сзы даара акраҵанакуеит

— Сгәы иаанагоит аԥсуа бызшәа аҳәынҭкарратә политиказы ахеилак аԥызҵоз еилыркаауеит апроблемақәа хымԥада, еиҳа инарҭбааны рыӡбаразы ашьаҿақәа ҟарҵап ҳәа сгәы иаанагоит. Уи акәхап дара хықәкыс ирымазгьы. Аԥсуа бызшәазы еиҳангьы аусқәа ҟауҵозаргьы, иуылшозар еиҳа ибзиами. Аха, аус зуа иарбанзаалак, ишьақәгылахьоу еиҿкаарак имариоуп уи аусура аанкылара. Аҿыц аҟаҵара ауп ицәгьоу, иҟауҵар ауан даҽакала, аусеицура ус имариаӡам уеишьцылаанӡа, аусуратә атмосфера ус имариаӡам аҟаҵара.

Афонд механизмк еиԥш аус ауан, ауаа ашьцылахьан, ирыдуран. Уигьы ус аус ауратәы еиԥш аамҭа аҭахын, аха хәыҷы-хәыҷла аԥышәа бзиа аиуит аусуразы. Убри аҟынтә, иара акомитет анаԥырҵоз аструктуратә ҟәшаны, иара ахатәы ԥҟара аманы иааныжьзар еиҳа еиӷьын ҳәа сгәы иаанагоит.

Избанзар, уи алаӡҩара мариоуп, аха акомитет даҽазныкгьы иҭышәынтәаланы аусура иалагаанӡа аамҭа цоит. Сара хьаас исымоу ҳара ҳазҿыз апроекттә программақәа аанкыланы иҟоуп, убарҭ зегьы аусура ианалаго ҳаздыруам. Афонд шьаҭас иҟаҵаны, акәша мыкәша инарҭбааны ацентрқәа ҟауҵар алшон, иҟарҵаз аилак аҿы аҩнуҵҟа иҟауҵар ауеит аекспертцәеи, акомиссиақәеи, ажәакала еиуеиԥшым аусурақәа еиҿыукаар ҟалоит аҩнуҵҟа.

Аԥсуа бызшәа аҿиаразы аҳәынҭқарратә фонд уаанӡатәи анапхгаҩы Гәында Кәыҵниаԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра 

- Афонд аусура аанкылазаргьы, зегьы акоуп иаԥҵоуп абызшәатә политика еиҳагьы астатус ҳаракуп. Хбызшәа ашьҭыхразы иалнаршаша даараӡа ирацәоуп, аҭакԥхықәра еиҳагьы еиҳауп. Шәара шәԥышәеи, инашәыгӡахьо аусқәеи ааилаҵаны уск аҿы ааира шәылшап ҳәа ҳгәыӷуеит.

— Сгәы иаанагоит ҳазҿыз апроект бзиақәа иаанымкалакәа, аусура алшап ҳәа, еиқәырханы ԥхьаҟа иҟарҵап ҳәа. Арҭ инарываргыланы еиҳа иҭбаау, еиӷьу апроект дуқәа ирылагозар еиҳа еиӷьхон, амала аспециалистцәа бзиақәа  аҭахуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0