Жәлар рмузыкатә ҟазара зшьа-зда иалоу арҿиаҩы: Хьымца Хынҭәба иҭоурых

© Foto / Нонна ТхәазԥҳаХьымца Хынҭәба
Хьымца Хынҭәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ааигәанӡа ажәлар рыҩныҵҟа ахархәара рыман амузыкатә арҳәагақәа. Хәи шьхеи, каршәреи ирықәыҩуан урҭ рыбжьы. Иахьа уажәраанӡагьы аԥсуаа рмилаҭтә музыкатә инструментқәа азырҳәо, ансамбль еиҿкааны измо, аҿар аҵара дзырҵо Хьымца Хынҭәба иҭоурых.

Sputnik

Аԥсуаа рыԥсҭазаараҿы имҩаԥысуаз зегьы иацын ашәа: гәырӷьаразар агәырӷьаратә  ашәақәа, хьыӡрацаразар – афырхаҵаратә ашәақәа, гәаҟразар – "Азар", агәаҟашәа. Абас еиԥыршьуан иангәырӷьозгьы, иангәырҩозгьы, рфырхаҵаратъ мҩақәагьы зегьы.

Ашьха ианцозгьы ршәақь агәыцә аҿарпын авҵан. Аԥхьарца ҳгозар уи ахьӡгьы зыдҳәалоу аибашьрақәа роуп.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Егьырҭ ирыламҩашьо аԥсуа культура

Хьыӡрацара ианцоз аԥхьа игылаз аԥхьарца аирҳәон, зегьы еилаӷӷаа еилагылан изыӡырҩуан, уи ала ргәы шьҭыхны амҩа иқәлон. Иара хьаа хҽыган, хьаа ртәаган, гәыҟажаган, гәышьҭыхган. Ахәра змаз ауаҩы уаха шаанӡа изадырҳәон – аԥхьарца. Ааигәа дыҟамзар иазырҳәоз – харантә дааргон. 

Убас аиҳабацәа анеизоз, ԥхьарцала ачымазцәа рыхәра андырӷьоз, урҭ ирыдтәаланы аԥхьарца азырҳәоз аҭаҳмадацәа Шаҷ Чыкәбар, Гәынба Алиас, Сақаниа Маадан, Гьерзмаа Џьгәаҭ уҳәа ирацәаҩны дырхаануп, даныхәыҷыз акырынтә урҭ дырзыӡырҩхьан амилаҭтә шәаҳәареи акәашареи рызҟаза ду Хьымца Хынҭәба.

"Ҳара ҳҭаацәара дуун. Жәаҩа шықәса анысхыҵуаз Дәрыԥшь ашкол сҭарҵеит. Дәрыԥшь инхо Сақаниаа ҳаҳәшьаԥацәа ракәын, уа сагьааӡеит. Уброуп аԥхьарца раԥхьа иахьызбаз. Уа иеизон аҭаҳмадацәа бзиақәа. Дара даара иуаа нырхара дуқәан, иуааԥшӡақәан. Ианцәажәозгьы ирҳәоз ажәа угәаҿынӡа инеиуан, ахаан иухамышҭуа инхон. Ицәажәоз дҩагылан днеи-ааиуан. Нас иҭыԥаҿы длеины длатәон. Даҽаӡәы дҩагыланы ацәажәара далагон. Ажәабжьқәа рҳәон, иҟалахьоу иалацәажәон. Ҭаҳмадак Сақаниа Алгери ҳәа дыҟан аҽы дканажьын, абаҩԥҵәа илан. Аҭаҳмадацәа иҩызцәа еизеит. Абаҩԥҵәа атәы идыруеит Ԥлиа Антон, рҳәан  дааргеит. Аԥхьарца азырҳәо Гьерзмаа Џьгәаҭ иоуп рҳәан дааргеит. Гьерзмаа Џьгәаҭ Хьыбла Гьерзмааԥҳа лабду иоуп.

Абхазская семья. Фотогравюра. - Sputnik Аҧсны
Ирҳәоит аԥсуаа ауаҩы дыԥҵәазар деиԥызшьуа ауаа ҳаман ҳәа

Убас Ажьи Ҭемыр уа даанагеит, Сақани Аҳмаҭ, Сақаниа Маадан аҟазара злақәаз зегьы. Гьерзмаа Џьгәаҭ аԥхьарца иманы дааит. Ари ижәышәаҟьа ԥҵәаны дыҟан аҭаҳмада. Длықәдыртәан ақьафын ааиҩырҟьан, ацхеи ачашылеи еилырхны иҟаҵаны иҿарҳәеит. Иара дахьықәтәаз ус иҳәеит: "Уара аԥхьарца заажәгеи, иашәырҳәарц акәӡами", ҳәа. Ацәарҭаӷәы дықәтәан, аԥхьарца арҳәара ианалага иара дахьықәтәаз ацырӷызра далагеит. Убри аҟара дҟәаҟәан дыҟан, аха ашәа ациҳәеит. Убра акәымзи аԥхьарца ахьызбаз. Нас ани аҭаҳмада даныбзиаха, аԥхьарца сзыҟаҵа ҳәа иасҳәеит. Аԥхьарца сзыҟаиҵеит. Аха, анҭ саҳәшьаԥацәа лалаган уара ашкол уҭоуп. Аԥхьарцарҳәара умаӡеит рҳәан исымырхит, ирҵәахит. Аҭуан иқәырҵеит. Дара џьара ианца амардуан нкыдыргыланы сҩыхәнан аԥхьарца ылбааганы аҩныҟа сааит. Аҩны саан, сладтәаланы анахь-арахь ашьшьыҳәа сара схала исҵеит.

Хьымца Хынҭәба дреиуоуп ҳажәлар ҿаԥыцла еимырдоз адоуҳатә традициа змардаз, уи арахәыц ԥымҵәаӡакәа ҳара ҳҟынӡа иаазгаз, аҟыбаҩ ду змоу аҟазацәа. Иара дышхәыҷыз ргәыблра икит аиҳабацәа рҟынтәи иибаз амузыкатә арҳәагақәа. 13-14-шықәса анихыҵуаз ихала иаирҳәо далагеит аԥхьарца. Уи инаҭаз агәыблра еихаҳауа анаҩс рарҳәара далагеит: аҩымаа, ахымаа, ачамгәыр ажәакала игәабзиара иахьинамҭо азын аҿарпын зарҳәом акәымзар хыхь еиқәаҳаԥхьаӡаз арҳәагатә маҭәахәқәаа зегьы рзын иара двиртуоз дууп ҳәа изуҳәар алшоит.

13-14 шықәса схыҵуа саналага иасырҳәо салагеит. Исзымариахеит, избан сыздыруам. Абас ауп ишадырҳәо ҳәа аӡәгьы исимырбеит. Аԥхьарца ашьҭахь ахымаа асырҳәо салагеит. Акультуратә хәышҭаараҿы ирымсхит. Изҟаҵамҭаз еилыскааит. Ладариа Ҳаџьараҭ иҟаҵамҭоуп рҳәеит. Уажәшьҭа 120 шықәса ахыҵуеит. Нас аҩымаа Лыхны Хынҭәба Максим ҳәа дынхон, дагьыкәашон, дагьышәаҳәаҩын, инапгьы ҟазан. Сара исымоу аҩымаа иара иоуп иҟазҵаз. Аԥхьарцагьы, ахымаагьы, аҩымаагьы, ачамгәыргьы зегьы асырҳәоит сара. Ансамбль аҿгьы идзырҵо сара соуп. 

Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Иахьа иаҳцәыӡуа ҳазлагаз аҭаацәаара аԥҵара атрадициақәа

Иҭамбаӡо ӡыхьны иҟоу ҳажәлар рдоуҳа иарҿиаз аԥҵамҭақәа рынагӡареи, реихаҳареи аџьабаа адызбало аҟаза ду иԥсҭазаара зегьы зыдҳәалоу ажәлар  рашәақәеи, урҭ рарҳәагақәеи роуп. Дара убри аҟара иԥсҭазаара иаласоуп, уск дшаҿу иаанижьуеит, аҵла дықәзар дылбаауеит, амхы дҭазар дҭыҵуеит днеины имузыкатә арҳәагақәа еизганы иахьыҟоу ауадаҿы зны ачамгәыр, нас аҩымаа, ахымаа зегьы анаирҳәалакь игъы рҭынчны иус инациҵоит. Уи ԥсҭазаароуп иара изы ирыдҳәалоу агәыбылрагь ҵыхъа ԥҵәара амаӡам.

Арҳәара мацара акәӡам Хьымца дзызҟазоу, иара ибзианы идыруеит амузыка арҳәагатъ маҭәахәқәа злырхуа аҵлақәа. Зны-зынла инапалагь иҟаиҵоит. Имоуп даҽаӡәы иламҩашьо ихатәы рхиашьа. Архиашьа иаҵанакуа рацәоуп арҳәараҿы ҳәа иԥхьаӡоит иара.

Аԥхьарца аҟаҵара ауаҩы дазкызароуп. Излыухуа удыруазароуп. Излыухуа узымдырыкәан, уаазықәшәалакь акы иалхны иҟауҵар абжьы аиуӡом.

Сара ара ачамгәырқәа ҩба сымоуп — излыху ашәчы ауп. Саргьы ашәчы иалхны аԥхьарца ҟасҵахьеит, даара абжьы ҵарын. Ианаамҭоу аҵла ахҵәара аҭахуп, ианаамҭоу аус адулатәуп. Аа-ҵла иалырхуеит, зегьы реиха иласу аҵла ҳәа иԥхьаӡоуп. Иаҳҳәап аԥша ихнажәаз ал ибзианы иалҵуеит, абҳәаса иалҵуеит. Ашәчы иузалхыр аԥхьарца улымҳа ҭнаҟьоит убас абжьы аиуеит. Аҳаракыраҿы изызҳауа аҵла ианалумх, ани алаҟәыраҿы, аӡы азааигәара иҟоу уи ӡлачуп. Аԥша ихнажәаз ахрусталь рымҳәо, убри иаҩызоуп. Уи убри аҟара иласуп азоуп аԥша изыхнажәа. Аԥхьарцазы зегьы иреиӷьу аа-ҵла, ашәч, ал-ҵла, абарҭ роуп". 

Азиндырҩы Владимир Ҳараниа - Sputnik Аҧсны
Владимир Ҳараниа: ацәажәара даналаго инаркны ахәыҷы имоуп азин ихатәы бызшәа аҵара

Жәлар рмузыкатә ҟазара зшьа, зда иалоу арҿиаҩы Хьымца Хынҭәба 50-шықәса инарзынаԥшуа иҵуеит еиҿкааны имоужьҭеи афольклортә ансамбль. Ари ансамбль ихьӡ ахуп еицырдыруа аԥхьарцарҳәаҩы Жана Аиба – иахьӡуп "Ахымаа". "Ахымаа" арепертуар злашьақәгылоу жәлар рашәақәа рыла мацароуп. Ансамбль иалахәу иадырҳәоит амузыкатә аинструментқәа рацәаны. Аамҭак азы дара иадырҳәон иахьазын имаҷны ирдыруа амузыкатә инструмент "Ауазарҳәага" захьӡу. Дара иадырҳәоз "Ауазаҳәъага" иҟаҵамҭан еицырдыруаз анапҟаза Кәыҷа Лакрба. Ансамбль "Ахымаа" иалоуп қәрала еиҟарам ауаа. Аха дара зегьы еиднакылоит ажәлар рашәаҳәаратә ҟазара ду. Ансамбль "Ахымаа" рылахәхахьеит афестивальқәа рацәаны. Иахьнеилакь иааныркылоит актәи аҭыԥқәа. Иранашьахахьеит аҳамҭақәа маҷымкәа. Урҭ ирылоуп акомпозитор Шопен исахьа зну аҳамҭа. "Ансамбль "Ахымаа" иалоу ауаа алархәны Хьымца Хынҭәба асценари ҩны иҭихит афильм "Аԥеиԥш" захьӡу. Ари афильм рызкуп хҩык аишьцәа. Урҭ руаӡәы абахә дагеит. Аӡәы дҭахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан. Ахԥатәи дыҩнрахеит, аҭаацәара аԥиҵеит, аԥсҭазаара иациҵеит.

Абас, ганрацәала зҟазара еиларсу Хьымца Хынҭәба ансамбль "Ахымаа" аҿы ирҳәогьы, иадырҳәогьы дзырҵо иара иоуп. 

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцозгьы Хьымца дтәамызт. Ишәаҳәацәа иманы иара дрызцон ахрыӷәӷәарҭақәа рҿы итәаз аибашьцәа. Иабацәа иабдуцәа ишыҟарҵоз еиԥш иашәақәа рыла ргъы шьҭихуан аӷа иҿагылаз афырхацәа.

Ҭырқәтәылатәи ақыҭа Калиақ - Sputnik Аҧсны
Калиақ ақыҭаҿы инхо аԥсуаа рҭоурых

Жәлар рҟазара иҭамбаӡо ӡыхьны ишыҟоу агәра ҳзырго, ԥсабарала аҟыбаҩ ду злоу Хьымца Хынҭәба ашәақәа рынагӡареи, аинструментқәа рарҳәареи мацара акәӡам инапы злаку, иара дкомпозиторуп, иҩуеит ашәақәа. Иҟоуп мышкы хашәак аниҩҩуагьы. Иашәақәа анота иани́ҟаӡом, арҳәагатә маҭәахәқәа рҿы иаирҳәоит аус алаиуеит ашәа. Урҭ ажәытә ишырҳәоз даара иазааигәоуп, аԥсахра бзиа ибаӡом.

Хьымца илоуп даҽа ҟазара дукгьы. Уи икәашашьа даҽаӡәы икәашашьа иалаҩашьом. Иара дкәашоит ажәытә аԥсуаа шыкәашоз еиԥш дшьацәхыртәны, дықәгьежьуа. Аҭаҳмадацәа шыкәашоз, ашәа шырҳәоз, аҩымаа, ахымаа, ачамгәыр, аԥхьарца, аҿарпын иадырҳәоз ирацәаҩны избахьаз аҟаза урҭ  рышәаҳәашьа, рыкәашашьа дацәхьаҵӡом. Иахьынӡаилшо дазааигәаны инаигӡоит. Дықәгьежьаауа данаақәлалакь ахәаԥшцәа иаразнак ихикуеит, икәашашьа зегьы ирылыркаауеит даргьы.

Хьымца, ԥсабарала аҟәыӷара ду злаз аҭаҳмадацәа ирҿиҵааз ашәаҳәаратәи акәашаратәи ҟазара ду рылаиааӡоит ахәыҷқәа. Уи аҿы иара акала ихы деигӡом. Еиҳарак аус здиуло ишыҟрҵо ҳарба ҳәа зхала азҿлымҳара ҟаҵаны иара иҿы иааиуа роуп.

Ҩнаҭацыԥхьаӡа ианааилатәалакь ашәа анырҳәоз, ианыкәашоз иаԥырҵоз, идырҿиоз, еихарҳауаз ҳфольклортә ҟазара иахылҵыз ашәақәеи акәашарақәеи амузыкатә арҳәагақәа рарҳәашьеи зыблала избоз аҟаза Хьымца Хынҭәба уи еиқәырханы еиҵагыло аҿар ирымаидоит. Ихаҭагьы дахьынҭыҵуа иашәаҳәареи икәашареи рыла ргъы шьҭихуеит, иршанхоит ахәаԥшцәа зегьы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0