Какалиа: ахшара зааӡо анацәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара роуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аҟны асоциалтә ԥгаԥсеи аусура ахьчареи рфонд ахантәаҩы Амиран Какалиа
Аԥсны аҟны асоциалтә ԥгаԥсеи аусура ахьчареи рфонд ахантәаҩы Амиран Какалиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аус зуа анацәа рзы аԥаратә цхыраагӡақәа 2017 шықәса рашәарамза инаркны 50% ацлоит, иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аҟны асоциалтә ԥгаԥсеи аусура ахьчареи рфонд ахантәаҩы Амиран Какалиа.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

- Ашықәс аҩнуҵҟа асоциалтә бӷаԥсеи, аџьа ахьчареи рфонд абиуџьет шԥашьақәгылоу?

— Ҳара напхгара заҳҭо афонд абиуџьет иҭало аԥара ахьынтәиаауа, раԥхьаӡа иргыланы ашәахтәқәа зшәуа анаплакқәа, насгьы аиуристә хаҿқәа змоу, зхатә ҷыдала иҟоу рҟынтәи иҷыдоу ашәахтә ҳәа иҟоуп убарҭ рыла ишьақәгылоуп. 2016 шықәсазы ҳбиуџьет иазоужьын 125 миллион. Ари 125 рҟынтәи 21 миллион ауал иҟаз уаанӡа ишәаӡамкәа, 104 миллион ашәахтәқәа апроект ала ишьақәырӷәӷәан.

Алкаақәа аныҟаҳҵа иаҳбеит сынтәа аԥара иҭалаз 94 миллиони 878 нызқь мааҭ роуп, ари цәгьаӡам ҳәа ахәшьара арҭоит. Сара исҳәарц исҭаху уи ауп, раԥхьаӡа иргыланы 2016 шықәсазы иҟан азҵаара ан ахәыҷы иааӡара азын аԥсшьара ицаз, шықәсыки бжаки ихыҵаанӡа илзыршәон зықь мааҭ, уи ашьҭахь ишьҭыхын ҩ-нызқь мааҭ аҟынӡа.

Аус зуа анацәа рзы аԥаратә цхыраагӡақәа ирыцлоит - Sputnik Аҧсны
Аус зуа анацәа рзы аԥаратә цхыраагӡақәа ирыцлоит

Аминистрцәа реизараҟны рашәарамза 1 инаркны х-нызқь мааҭ рҟынӡа ихәнаҳгоит. Есымза аус зуа анацәа ахәыҷы шықәсыки бжаки ихыҵаанӡа аԥаратә цхыраагӡақәа аҳасабала ирыҭахоит х-нызқь мааҭ аԥара.

- Шәбиуџьети шәареи шәабанӡеизыбархо?  

— Сара аусураҿы сшьақәырӷәӷәан 2015 шықәсазы, усҟан абиуџьет хьысҳаны ирыдкылан. 21 миллион уалны иҟоугьы ицәгьоуп анаплакқәа арылгара. Инаҵшьны исҳәарц сҭахуп, 21 миллионк рҟынтәи 9 миллионк аԥара рылаагеит. Аусԥҟақәа инарықәыршәаны, закәанла зегьы наҳагӡоит.

- Ацхыраагӡа ззышәшәо анацәа рхыԥхьаӡара шьақәшәыргылахьоума?

— Аԥсуаа ҳгәы иҵхо аҭаацәара аԥҵара, ахшара рацәа аиура азҵаара ауп. Ҵыԥхтәи ашықәсазы ахәыҷы иира иадҳәалоу аус аҿы ҩ-нызқь инацны ауаа ацхыраара афонд аҟынтәи ироуит. Урҭ рахьынтәи 647–ҩык аус зуа анацәа роуп. Егьырҭ афонд аҟынтәи ацхыраара роуит, ахшара зауыз аҭаацәара арзаҳал анроулак ашьҭахь, арзаҳал анырыҩлак жәа-нызқьи ҩышә мааҭ зныктәи ацхыраара ҳәа аҳәынҭқарра аҟнытәи ироуеит.

1300-ҩык инарыцны аԥсуаа рхәыҷқәа роуп. Еиҿҳарԥшозар 2015-2016-тәи ашықәсқәа аира еиҟароуп. Уи адагьы, убас иҟалеит аҭагылазаашьа ҳауаажәлар рзинқәа, аусԥҟақәа еилкааны ирымаӡам, иҟаҳҵаз анализ уи ҳнарбеит. Аинформациа роуӡом.

Аԥсны аҟны асоциалтә ԥгаԥсеи аусура ахьчареи рфонд ахантәаҩы Амиран Какалиа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Абри аԥҟаԥҵәаҿы ус иаҳәоит: "Ахәыҷы данилак анаҩс, фы-мыз рыҩнуҵҟа афонд иадҵаалароуп. Имааир аԥара рзоужьхаӡом". Раамҭа иахымԥарц азы ақыҭақәа рҿы ателехәаԥшрала, арадиоала ирымазар ауп аинформациа. Аԥсны ан хынтә ацхыраара лоуеит, урҭ иарбақәан: ахәыҷы длоуаанӡеи, данлоулак ашьҭахьи аԥара афонд иашәоит. Аҩбатәи — аус зуа ахшара дахьлоуз азын жәаха нызқьи жәыхә-мааҭи лоуеит, анаҩсан ахәыҷы иааӡара азы, шықәсыки бжаки ихыҵаанӡа ацхыраара лоуеит. 

- Иааиуа ашықәс ацхыраара азы иҿыцу проектк аԥшьгара хәа шәфонд акыр шәазхәыцхьоума?

— Ҳара Аԥсынтәыла ҳанхоит, аԥсуа ҳәынҭқарра ҳәа ҳазхаҵоуп. Зегь раԥхьаӡа иргыланы азакәанқәа ҳрықәныҟәаны, ашәахтәқәа аншәатәу ишәаны, ҳҭышәынтәаланы ҳаныҟала, аус зуа ауаагьы акырӡа ацхыраара роуеит. Сынтәа ус ҳгәы иҭоуп, аицәажәарақәа ҳамоуп, ақыҭа арҵаҩы игәабзиара ахьчара азын аԥсшьара ишьҭра. Ари апрограмма проектны анагӡаразы ашәахтәқәа зшәо еилыркаароуп уи ауаа ишырзыхынҳәуа. Сынтәатәи ашықәс иалагӡаны ҳҿаԥхьа иқәыргыланы иҳамоу азҵаарақәа зегьы наҳагӡап ҳәа сгәыӷуеит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0