Чачхалиаԥҳа: Тҟәарчал иамоуп аҿиаразы аперспектива бзиақәа

© SputnikТҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа
Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа арадио Sputnik астудиаҿы еиҭалҳәеит ақалақь иахьатәи аԥсҭазаара атәы, атуризм аҿиаразы ашьаҭақәеи Аинвестициатә программала еиҭашьақәыргылоуи уҳәа ртәы.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

- Ишԥаԥылоит иахьа Тҟәарчал 75-тәи аиубилеи?

— Тҟәарчал зықәра дуум қалақьуп, аха убри аамҭазы акырӡа аҭоурых змоу қалақьуп. Ақалақь-Фырхаҵа Тҟәарчал 75-тәи ааԥын иаԥылоит. Ауадаҩрақәа иҟоу еилкаауп, зегьы ирдыруа оуп. Иара аныҳәа ахаҭа шымҩаԥааго ҳалацәажәозар, иазгәасҭарц сҭахуп, 2017 шықәса ажьырныҳәамза инаркны ԥхынҷкәынынӡа Тҟәарчал имҩаԥаҳго аусмҩаԥгатәқәа зегьы иазаҳкуеит ақалақь аиубилеи. Аиҿкааратә комитет ақәҵара иаднакылаз ала мшаԥымза 9 рзы ақалақь анаԥҵаз амш аҽны, уи традициан иҟоуп, есымшагьы иазгәаҳҭоит ҭаацәашәала. Нанҳәа 27 рзы ашахтиор имш аҽны инарҭбааны иазгәаҭахоит аиубилеи. Уахь ааԥхьара раҳҭоит Тҟәарчал иалҵыз зегьы, ауаа нагақәа, асасцәа рацәаҩны иҟалоит. Еиҿаҳкаауеит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа. 

Аминистрцәа Реилазаара - Sputnik Аҧсны
Аекономика аминистрра анапаҵаҟантә иҵгоуп аҭаҭын фабрикеи акондитертә фабрикеи

- Асовет аамҭазы Тҟәарчал аус зуаз аусбарҭақәа рацәан. Иахьа ишԥаҟоу Тҟәарчал аҭагылазаашьа? 

— Тҟәарчал иахьатәи аҭагылазаашьа уахәаԥшуазар, аибашьра анеилгаз раԥхьатәи ашықәсқәа аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьын уажәтәи аасҭа. Усҟан аус руан азауадқәа "Аргонавт", "Заря", аремонт-механикатә зауад ҳәа иҟаз. Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаҩ Ҭаифун Арӡынба ибзоурала арацәа аҵхра иалаган, исгәалашәоит абиуџьет профицитны ианыҟазгьы. Иаангылеит арҭ азауадқәа. Ҵыԥх аихшьаалақәа иҟарҵаз удыргәырӷьартә иҟаӡам. 61% рҿынӡоуп иахьынӡанаҳагӡаз ҳбиуџьет. Уи зыхҟьаз арацәа ахә акаҳара, иара аинвестор арацәа аҵхра иаҿыз изыфеидамызт иганы аҭира. Ҳбиуџьеҭ арацәа ала акәын излашьақәгылаз абарҭ ашықәсқәа зегьы. Ҩаԥхьа арацәа аҵхра иалагап ҳәоуп, Донецкнтәи арацәа аҵхыҩцәа ҳҭаараны иҟоуп. Иааны ирбахьеит, апроект хиоуп, даргьы азыхиуоп арацәа аҩныҵҟала уаанӡа ишыҵырхуаз еиԥш убас аҵхра. Уажәраанӡа иҵызхуаз иаарту аҳасабала иҵырхуан. 

- Шаҟаҩы ауаа нхода Тҟәарчал ақалақь уажәы? Шаҟаҩы нходаз аибашьра ҟалаанӡа?

— Аибашьра ҟалаанӡа 30 нызқь инареиҳаны инхон. Уажәы 5-нызқь ҩык роуп инхо. Аха иҭаҩу рацәоуп, егьырҭ ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы инхо. Урҭ асабшеи амҽышалеи Тҟәарчалҟа инеиуеит ҳаҩныҟа ҳәа, убри азыҳәан тҟәарчалаа ирхыҳаԥхьаӡалоит. 

- Иахьатәи Тҟәарчал аԥсҭазаара злеиҿкаауи, анаплакқәа аус руама?  

— Анаплакқәа аус руеит, аргыларатә фирма аус ауеит. Аинвестициатә программа инақәыршәаны аргыларатә усқәа мҩаԥызго Тҟәарчалргылара ауп. Аусуҩцәа рыдыркылеит, русура бзианы ицоит. Азауад "Заря" аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа иҟоу зегьы ҭзыжьуа дара роуп. Урҭгьы аҳәынҭқарра акредит ҳасабала аԥара рырҭеит. Уаҟагьы аусқәа ицәгьамкәа ицоит. Иҟоуп имаҷу анаплакқәа. Аха хашәала дук аазго ҳәа сынтәатәи ала акагьы ыҟаӡам.  

Атәыла Ахада аусутә ныҟәара мҩаԥигеит Тҟәарчал араион аҟны - Sputnik Аҧсны
Атәыла Ахада аусутә ныҟәара мҩаԥигеит Тҟәарчал араион аҟны

 — Тҟәарчалтәи ашколқәа роушьҭымҭацәа еснагь ареспубликатә олимпиадақәа рҿы актәи аҭыԥ ааныркылон, иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалон Аԥсны анҭыҵгьы. Аиашазы Тҟәарчалтәи ашколқәа, аҵаҩцәа, арҵаҩцәа ҳархыҽхәартә ҳаҟоуп. Ҳаушьҭымҭацәа ахьҭало ихьӡырҳәаганы рыхьӡ ҳаҳауеит уи даара ҳаигәырӷьоит. Ишԥаҟоу акультуратә ԥсҭазаара, ишԥаҟоу аспорттә ԥсҭазаара?

— Акультуратә ԥсҭазаара ыҟоуп, ақалақь аҿы иҟоу ахаԥшьгаратә коллективқәа иахьынӡаҳалшо ҳрыцхраауеит. Инаҳаԥхьоит Тҟәарчалҟа ирлас-ырласны Аԥсны иҟоу аҟазаратә коллективқәа, ашәаҳәаҩцәа. Угәы ҿыӷьыртә иҟам. Атеатр аус ауеит. Ҳаспортсменцәа қәыԥшцәа зехьынџьара ҳбиуџьеҭ маҷуп егьиуп ҳәа ҳмахәаԥшӡакәа ахәыҷқәа рзы акагьы ҳаигӡаӡом. Иарбан еицлабразаалакгьы зехьынџьара иҳашьҭуеит, аԥхьахәқәагьы ааргоит, ҳдыргәырӷьоит.

- Даҽа хырхарҭагьы салацәажәар сҭахуп, атуризм аганахьала Тҟәарчал аперспектива ҳәа иамои?

— Тҟәарчал агеографиала ишыҟоу ала, х-хәҭакны ишаны аԥхьаҟа убас еиԥш избоит, ақалақь аҩадатәи ахәҭа ҳәа иахьашьҭоу культуратә центрны иҟазар сҭахуп. Аҟармара аганахь атуризм аизырҳара иара иатәуп зынӡа убраҟа иҟоу аԥсабара аҭагылазаашьа зегьы. Ҳара иҳамоу анаплакқәа ахԥатәи ахәҭа ааглыхра иазкны иҟазарц агәазыҳәара сымоуп. Дара-дара еиԥырхагамхо акы акәны сахәаԥшуеит. Атуризм аганахьалагьы аперспективақәа ыҟоуп. Анаплакы "Здоровье нации" ҳәа иҟоуп 2008 шықәсазы аренда ҳасабала иргеит арадонтә ӡы-хыҵхырҭақәа, асовет аамҭазы даара зыӡбахә наҩхьаз. Ҵыԥх иалагеит аиҭашьақәыргылара, уажә ааигәа аминистрцәа реилазаара ақәҵара азин рырҭеит анедрқәа рхархәаразы. Еиҭашьақәыргыланы иҟалар иаднаԥхьалап ауаа, уа зыԥсы зшьалоу, згәабзиара еихьызтәуа. Уигьы абиуџьет акы ахнаԥхьаӡалап ҳәа ҳгәыӷуеит. Тҟәарчал иаԥну ашьхақәа, аӡхыҽҽақәа абарҭқәа зегьы атуристцәа здызԥхьалаша аҭыԥқәа рацәоуп. Убри аганахьалагьы аинвесторцәа ҳрышьҭоуп. 

- Тҟәарчал ақалақь аҿиараҿы, араион иадырҵаз ақыҭақәа цхыраагӡома шәа шәзы? 

— Аиаша шәасҳәап, аибашьра ашьҭахь араион анеиҿыркаауаз 1994 шықәсазы Очамчыреи Гали араионқәа рҟынтә иадҵан ақыҭақәа 11. Усҟантәи аамҭазы ацхыраара арҭон Тҟәарчал. Иахьатәи ала дара ақыҭақәа рҭагылазаашьа цәгьаӡам, ани ҳҭахуп ари ҳҭахуп ҳәа ақыҭауаа ашә илагылаӡам, дара рхы иахәоит, рыдгьыл иқәаарыхуеит, рхы зланыҟәырго рымоуп. Аџьармыкьахь ак ҭиира иаарымгозар, ус ақалақь излахәо ҳәа акагьы ыҟам. Адгьыл азы ашәахтә иршәо абиуџьеҭ ханарҭәаауеит, 200-нызқь рҟынӡа артәоит шықәсык, ҳзырбеиоу ҳәа акагьы ыҟаӡам. 

- Аинвестициатә программа ала шәусурақәа абанӡанажәгахьо? 

Тҟәарчал араион ахадареи, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни" еиқәшәеит

— Аинвестициатә программа ала ҵыԥх иазгәаҭақәаз аусурақәа зегьы ахыркәшарахь инеиуеит уҳәаратәы иҟоуп. Акызаҵәык иаанхаз, аӡеихшарҭатә бассеин аҿы аусурақәа цоит, 70 процент рҟынӡа нарыгӡахьеит. Сгәы иаанагоит мызкы-ҩымз ирылагӡаны Тҟәарчал араион аӡы апроблема ӡбахоит ҳәа. 

Аинвестициатә программа ала инагӡаз аусурақәа иреиуоуп амҩакәа рыҟаҵара, ақалақь аҩныҵҟа амҩақәа 4 рҿы акатран ақәырҭәара. Ихыркәшоуп Владислав Арӡынба ихьӡ зху апроспект аҿы аусурақәа. 

Иԥсахын аӡымҩангагатә трубақәа, аколлекторқәа рыцқьан, 37 азеиԥштә ҩнқәа рыҵаҟақәа рыцқьан. Сынтәатәила иҵегьы ирацәаны аусурақәа азыԥхьагәаҭоуп. Аинвестициатә программала Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа еиҭашьақәыргылахоит, 2018 ашықәс анҵәамҭазы ахархәарахы ирыҭахарц аҳақьымцәеи ауааԥсыреи. Иара убас Тҟәарчали Агәыбедиеи еимаздо амҩаду акапиталтә ремонт азыҟаҵара азгәаҭоуп. 

Егьыс ареспубликатә биуџьеҭ ахарџьала Тҟәарчалтәи аџьармыкьа аиҭашьақәыргылара. Уажәы аусурақәа цоит ҵаҟа иҟоу аҳабла Чачхалиа ихьӡ зху амҩа аиҭашьақәыргылара. 2-тәи ахәыҷбаҳча 2013 шықәсазы аиҭашьақәыргылара нап аркын, еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны ихыркәшаӡамызт аусурақәа, уажәы иацҵахоит. 

- Тҟәарчалтәи ахшараиурҭаҿы заҟа хәыҷқәа иихьада сынтәа? 

— Ацифра иашан исзымҳәар ауеит, аха уажә ааигәа ҩыџьа аҭыԥҳацәа иит Аҟәарчаԥантәи аҭаацәара рҿы, иацы илырҩаауан Берзениаԥҳацәа.

- Тҟәарчалаа арадио Sputnik иазыӡырҩа ишәымоуп алшара ирыдышәныҳәаларц ақалақь аиубилеи.

— Иҭабуп Sputnik ааԥхьара ахьсышәҭаз, ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит. Тҟәарчалаа зегьы, сытҟәарчалтәуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо ирыдысныҳәалоит ақалақь амш иира. Тҟәарчали тҟәарчалааи ироуааит аизҳазыӷьара. 

Ажәабжьқәа зегьы
0