Ираамҭоуп стратегиала ихәыцуа ауаа

© Sputnik / Томас Тхайцукаҭоурыхҭҵааҩ Дмитри Габелиа
аҭоурыхҭҵааҩ Дмитри Габелиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мырзаҟантәи аҧсуаа актәи раҧхьаӡатәи реизара ду алҵшәақәа ртәы дазааҭгылоит аҭоурыхҭҵааҩ Дмитри Габелиа.

Sputnik

Ибзианы исгәалашәоит раҧхьаӡакәны ацыхаӡыхь агьама анызбаз. Амҩадуахь сназгараны иҟаз мҩахәасҭа хәыҷык саманы ажәҩан агәҭа снаганы санаҵанаргылаз. Ажәҩан гәаҩа ду иаҵакәашоз амра ашәахәақәа зқәыҧсоз адгьыл иҵхәрааны аӡыхь аҿаанахон. Сгьама ибандаз аҳәошәа, ашҟа унхьаҧшны уаахьаҧшаанӡа аҽугәылаҭәаны, удақәа ирҭаланы уеимдара иналагоит.

Аҧсабара иацәуҵәахуа кыр умазар, иахьаҧшааз узымдыруа, адунеи иазуҳәарц иуҭахыз ззуҭахыз уҵаҳәауа, ушьапы зықәгылоу адгьыл ҽнак зны ушахылҵыз, анаҩс уара узы уи ҧсадгьылхараны ишыҟаз амаӡақәа зегьы рыцәҳар рхыхра иналагоит.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Дмитри Габелиа: ҳҳәынҭқарра ахьыӡгьы, ахьымӡӷгьы ҳара ҳоуп

Усҟан иаатуеит узжьар зылшо, аха уажәыҵәҟьа узымжьаша ублақәагьы, иаатуеит азаҵәра ззымдыруа, зхала имеисуа угәгьы. Убысҟаноуп уҧсы ушаҧшәымацқьоу анудыруа. Убысҟаноуп уара ишуцу ангәауҭо аҧсы-уаа рдоуҳамч лашара.

Абаржәы, абраҟа агәҽанызаара уқә иануҵанаҳәо. Уи агәҽанызаара зызку узхылҵыз рсахьанҵақәа убла ихгылараны иахьыҟоу ауп. Меигӡарахда асахьанҵа ианылоит, ианыҵуеит афырхацәа, урҭ рфырхаҵарақәа, рыхьӡқәа, рбираҟқәа, рхьыӡрашәақәа рыцны. 

Ацыхаӡыхь иамоу агьама знык иадамхаргьы избаз, дызхылҵыз рҳарҩақәа ихы нарықәкны иҿынеихоит, ихылҵраны иҟоу рзы урҭ ахаҳәқәа даҽа хаҳәк нарықәҵауа. Убри аамҭазы дзызхәыцуа маӡаӡам: ари амҩа иара – аҧсуа ида уаҩы дзаҿысӡом, ари аҳаракыра иара – аҧсуа ида уаҩы дызхалаӡом, арҭ амҵәыжәҩақәа даҽаӡәы ддырҧырӡом, ари адгьыл иара ида уаҩ даабӡом.

Усҟан уи злаирҵабыргуагьы имоуп — иҭоурых. Иара изымҵаа, тәамбашақә дҟаҵа имҩа хызҵәоз, иҩны иҩналоз меигӡарахда арҳәцәа, ақәылаҩцәа, ампыҵахалаҩцәа… Анцәа имчала, иахьа урҭ ыҟаӡам. Иахьа иӡыхьи иареи рхы иақәиҭны еизныжьуп. Аха аҧсуа игәалашәараҿы иҟоуп иҭоурыхтә лахьынҵа изыннажьыз еиуеиҧшым адаҟьақәа. Жәынгьы, ҿангьы дзыргәаҭеиуа урҭ адаҟьақәа хьыӡла иаркны, ҧхьаҟазы игәы зырҭынчуа адаҟьа ҿыцқәа ааиртаанӡа, иҧеиҧш гәыҵхахас ишимоу дцалоит. 

Ииашоуп, аҧсуаа рҭоурых аҿы улахь еиқәызҵо маҷӡам, аха алахьеиқәҵара жәлары ишырлахьынҵам атәы зҳәо рҧеиҧш адаҟьа бзиахәқәагьы рҭыҧ ааныркылоит. 

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Иахьа ҷыдала ҳажәеи ҳуси еимадазароуп

Хымҧада, Аҧсуа жәлар рҿатә ҭоурых адаҟьа бзиақәа ирхуҧхьаӡалартә иҟоуп, ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәы 19 рзы ҳтәыла еиуеиҧшым аполитикатә амчрақәа ргәаанагарақәа еизааибаганы, ҳаҧсуа ҳәынҭқарра ҿыц азы зда ҧсыхәа ыҟам – аҧсуа милаҭ аизгара аус ахьхацдыркыз. Раҧхьаӡа иргыланы, акыршықәса аилибамкаара цәырызгоз Гал араион ауааҧсыра аҧсуа уаажәларра рагәылагалара азҵаара, ицәгьам-бзиам ахы арҽеиуа иахьалагаз. Ари арыцхә аҽны, Гал ақалақь 85 шықәса ахыҵра амшныҳәа азгәаҭаразы еиҿкааз аусмҩаҧгатәқәа иреиуахеит, мырзаҟантәи аҧсуаа актәи раҧхьаӡатәи реизара ду амҩаҧгара.

Ҳәарада, арҭ усмҩаҧгатәқәа мышқәак шрыгыз, қарҭаа дара ртәы ҟарымҵар руазма, — ртелехәаҧшрақәа рыла мырзаҟанаа ааҧхьарақәа рықәрыҧсеит, аныҳәа рхы аладмырхәырц, аизара ду ашҟа имҩахымҵырц. Уи адагьы, зеиуахк уҭаху апровокациақәа раҳасабала, аҳәамҭақәа рацәахеит аинтернетаҿгьы.

Ҿырҧштәыс иааҳгозар, "Автаномтә республика Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет" ахантәаҩы Џьамал Гамахариа аҳәамҭа ҟаиҵеит, "Аҧсны аоккупациа азызуз амчрақәа Гал араион аҿы ухахьы иузаамго аекспериментқәа рымҩаҧгара ишаҿыц иаҿуп" ҳәа.

Уи иажәақәа рыла, Аҧсны аннексиа азура, уи мрагыларатәи ахәҭаҿы инхо ақырҭқәа рмилаҭ рхыхра, уи алагьы "автономтә республика" зегьы рнапахьы аагара иашьҭоуп "аоккупантцәа". Анаҩс иациҵоит: "Аетникатә рыцқьарақәа, агеноцид, абжьаратә шәышықәсақәа рхаан еиҧш ауаҩы изинқәа реилагара, аҭынч уааҧсыра аџьамыҕәа рҭаргылара ҳәаа шамам. Гал араион ауааҧсыра изеиуоу рзымдыруа реицакра рҽазҵәылхны ишашьҭоу ҳбарҭахеит иуль 19 рзы Гал ақалақь "Самырзаҟантәи аҧсуаа рхеилак" имҩаҧнагаз актәи аизара ду аҿы", иҳәоит ақырҭуа шовинизм ҳаамҭазтәи амцаҵаҵаҩ Џь. Гамахариа. Уи иажәақәа урызҿлымҳахар мацара ауеит, аҧсуаа ражәаҧҟа – "аҽы иаҳәаша акәадыр иаҳәоит" даҽазныкгьы ишьақәурыҕәҕәарц уҭахызар.

Даҽа иашак, даҽа лкаак хаҭала сазыҧшымызт, уимоу иазыҧшызгьы дсыздыруам, аҳратәраан, еиҳарак асовет мчра аахыс, Мырзаҟан, анаҩс Аҧсны зегьы ақырҭуатәра иаҿыз ашовинистцәа рааӡамҭа иҟнытә. Араҟа сазааҭгылар сҭахӡам, 1920-1930 – тәи ашықәсқәа раахыс: Сталин, Бериа,  Гетиа, Мгелаӡе, Гамсахәырдиа, Костава уҳәа, зшовинисттәи зфашисттәи гьангьашра ҳәаада Аҧсны иахазырҧоз рыӡбахә.

Уи ҳҭоурыхҭҵааҩцәа азааҭгылахьеит, ҳашәҟәыҩҩцәа ирыҩхьеит, ауаажәларраҿгьы ибзианы ирдыруеит. Иџьоушьаша, аха иџьаҳамшьо даҽакуп, — аетникатә револиуциа рҿианы, уаҩымрас иҟоу зегьы рхы иаҭәашьаны, аҧсуаа ассимилиациатә процесс аӡмыжь иагәылазгалаз ақырҭуа шовинистцәа, рааӡамҭацәа иахьа — ақырҭқәеи аҧсуааи "реибаҭахратә еилаӡҩара" акәын аҭыԥ змамз, уи "аибаҭахра" иацҵатәуп ҳәа, ҿыки бзыки ираҭәарымшьо ҳәынҭқарратә политиканы иахьышьҭырхыз ауп.

Апоет қәыԥш Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Габелиа: акгьы ҳагӡам аидеологиатә хықәкыда

Уи дара ирҟазшьоуп, ирцәаҩоуп, аха иҟарҵалакгьы, ҳара ҳҳәаа иахысны арахь иҭаҳмыжьлароуп ҳгәылацәа ридиологиагьы, рпрапагандагьы. Абри азҵаараҿы, Аҧсны мрагыларатәи аҳәааҿы ишьҭоу араион ауааҧсыра рмилаҭреи, рҟазшьеи, рхәыцшьеи ҳасаб азуны, урҭ ҳҳәынҭқарра астратегиатә хәыцра иақәшәо аҧсуа дунеихәаҧшышьа рыҭара аус иазааҭгылатәуп. Ари аус зегь раасҭа имариахоит шьала, дала ажәытә иаҧсыуаз, аха "уахык ала" иақырҭуартәыз – зыжәлақәа еицаркыз, змилаҭ рыҧсахыз аҧсуа хылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа – мырзаҟанаа рыҩныҵҟа. 

Ишдыру еиҧш, аҧсуа уаажәларраҿы ишьақәгылахьеит агәаанагара – мырзаҟанаа "уахык ала" змилаҭра рыҧсахыз ҧсацәоуп ҳәа. Ахыц излаҭаскыз ала, исҳәарц исҭаху, уи зынӡагьы ус ишыҟам оуп. Ииашоуп, мырзаҟанаа рмилаҭра аамҭа кьаҿк иалагӡаны ирыҧсахит, аха рыцҳарас иҟалаз, ақьаад аҿы аҧсахра аҟынӡа, акыршықәса рыхдырра аҧсахра иаҿын. 

Ари аҩыза ашовинисттә политика иаҿагылоз мырзаҟанаа рхаҭарнакцәа аҧсуаа аӡәырҩы арепрессиақәа рҧеиҧшыртәит. "Ҳара ҳаҧсацәоуп, ҳагырцәаӡам, ҳақырҭцәаӡам! Ҳара ҳаҧсацәоуп!" ҳәа, ақырҭуа политика змаршәа азымҭоз мырзаҟантәи аҧсуаа аӡәырҩы рыҧсҭазаара ҿахырҵәеит. Урҭ аамҭа еиқәаҵәақәа аанкылашьа рымамкәа, еиҳа-еиҳа рымҽхак дырҭбаауан.

Аҧсуаа ракәзар, ртәыла аҩныҵҟатәи амчқәа еизганы, рҽазыршәон ахеиқәырхара. Ажәлар рыҧсадгьылаҿы реиқәырхара хықәкыс ишьҭыхны, убри аамҭазы хаҭала рхы ашәарҭара иҭаргыло, аҧсуа интеллигенциа изныкымкәаны Асовет Еидгыла аиҳабырра рышҟа ааҧхьарақәа ҟарҵон, ашәҟәқәа рыҩуан.

Урҭ ааҧхьаратә шәҟәқәа иреиуоуп февраль мза 1947 шықәсазы аҧсуа ҵарауаа Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл, Баграт Шьынқәба Асовет Еидгыла Акоммунисттә партиа Акомитет Хада ашҟа ирҩыз ашәҟәы. Уи иаҳәон аҧсуа жәлар рзинқәа реилагара, 1937 шықәса раахыс аҧсуа интеллигенциа зҭадыргылаз арепрессиақәа, аҧсуа милаҭ аҟазаареи аҟамзаареи ишрыбжьадыргылаз атәы. Ма иақырҭцәахароуп, ма ихҵәароуп ҳәа аҧсуаа рхатәыбызшәа анрымырхуаз, рыжәлақәа анырыҧсахуаз, рмилаҭра анырхырхуаз, аҭыҧхьыӡқәа анеицаркуаз аамҭа аанарҧшуан. 

Шьаҿа-шьаҿала акыршықәса аус зуаз ашовинисттә программа зхәыцыз рзыҳәан "лҵшәа бзиала" аус ауит, – зықьҩыла аҧсуаа иахьа уажәраанӡа изеиуоу рзымдыруа рыхдырра еилархәеит. Уажәшьҭа урҭ аҧсуаа рыхдырра иаша ашьақәыргыларазы убасҟак аамҭа аҭаххоит, убасҟак алшарақәа аҭаххоит… Амала, аҕа ихы иаирхәоз аметодқәа рыла акәымкәа, азхьарҧшрала, азырхәыцрала, аилыркаарала. Раҧхьаӡа иргыланы, аҧсуа зеиҧш уаажәларреи мырзаҟанааи рыбжьара аимадарақәа бжьаҵатәуп.

Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалра ыҟанаҵ дыҟазаауеит ауаҩгьы

Мырзаҟанаа рыҩныҵҟа иҟоуп зхы здыруа – изхылҵыз, измилаҭу, изықәшәаз аҭоурыхтә мыҟәмабара иазҿлымҳау. Иҟоуп иззымдыруагьы. Аҵыхәтәантәиқәа рзыҳәа, еиҳараӡакгьы аус ауроуп аҧсуа телехәаҧшра, арадио, агазеҭ, ажурнал. Аҭоурыхтә фактқәеи аргументқәеи шьаҭас измоу ҳҵарауаа рыҭҵаамҭақәеи, ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәеи мырзаҟанаа рыхдырра арҽеиразы аус руртә азнеишьа аформақәа рзыҧшаатәуп. Иахьазы зхатәыбызшәа аҵара агәаҳәара змоу уи аҩыза алшара рыҭатәуп, агәаҳәара змамгьы иазҿлымҳахартә аҭагылазаашьа рзаҧҵатәуп ашколқәа рҿеиҧш, абызшәа арҵаратә центрқәа рҿгьы. 

Ҳаамҭазы мырзаҟантәи аҧсуаа рызҵаара ашьҭыхыҩцәа иреиуоу, урҭ рзеиҧш хеилак аҧҵаҩцәа ируаӡәку Боҭа Ажьиба игәаанагара сақәшаҳаҭны иазгәасҭарц сҭахәуп, — аижәлантәқәа реизарақәа, аиашьаратә чарақәа раан, мырзаҟантәи рыжәлантәқәа рыдрыҧхьалаларц, уимоу, ас еиҧш иҟоу аизарақәа мырзаҟанаагьы имҩаҧыргаларц. Аижәлантәқәа, аишьцәа реибабара, реицәажәара, реилибакаара еиҳа аус аур ҟалоит, ҳҳәынҭқарратә политика аасҭа. Убри азы, раҧхьаӡа иргыланы, ҳауаажәлар ираҳәатәуп, рашьцәа – мырзаҟанаа рхы шырхырымбааша, дара реиҧш урҭгьы ажәытә ишаҧсыуааз, ҧхьаҟагьы дара ирыҵамхо иаҧсацәаханы иҟалартә алшара шрымоу.  

"Мырзаҟантәи аҧсуаа рхеилак" ахықәкы хада инақәыршәаны, мырзаҟанаа аҧсуа уаажәларра радҧхьалара, раҧсуара ашьақәыргылара аус хымҧадатәны иҟалароуп ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи уаҵәтәи рҧеиҧш иазхәыцуа зегьы рзы. 

Ҭырқәтәылантә зҭоурыхтә ҧсадгьылахь амҩа зыҧшааз Таифун Арӡынба ишиҳәаз еиҧш, мырзаҟантәи аҧсуааи зыҧсадгьыл аҿы ихдырҵәаз аҧсуа мҳаџьырцәеи лахьынҵала еиҧшхеит, рмилаҭра анрымырх, егьырҭ ажәларқәа рылаӡҩара ианаладырга инаркны. "Ҭырқәтәыла инанагаз аҧсуаа зегьы рбызшәеи рҵаси рзеиқәмырхаӡеит. Уи зылшаз ашьха, аҿаҩа қыҭақәа рҿы инхаз роуп. Аха иџьоушьаша, — мырзаҟанаа рыҧсадгьылаҿы имҳаџьырцәахеит, атәым милаҭ бызшәала, ҵасла ианырхаҧа. егьа ус акәзаргьы, мырзаҟанаа еиқәырхо иааргоит ҳҵастә динхаҵара, ҳқьабзқәа. Уажәшьҭа, аамҭа бааҧсқәа шьҭахьҟа иааныжьны ҳхатә ҳәынҭқарра анҳаргыло аамҭазы, урҭ рыҧсадгьыл нап рыднакылароуп, ирыгәҭамсроуп", иҳәоит Арӡынба.  

Апоет қәыԥш Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Дима Габелиа: аҭоурых агәалашәара ҳацзароуп

Ҳиқәшаҳаҭымхар ҟалаӡом аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба: Ҳмилаҭ хыҧхьаӡарала амаҷхароуп изҭагылоу арыцҳарақәагьы зыхҟьо. Иара убас иаҳҧырхагоуп ҳхы ахьаҳзеилымкаауа, мамзаргьы аилкаара ҳахьашьҭам. Уаанӡа иҳаман Аҧсны еиқәзырхоз адоуҳа. Уи ҳацәмаҷхеит ҳажәлари ҳаешьаратә хылҵшьҭрақәеи,  хыҧхьаӡара иааидкыланы миллионки бжаки рыҧсадгьыл ианықәырца. Урҭ рахьтә 400-500 нызқьҩык рҟынӡа Ҭырқәтәылаҟа иахыргаз аҧсыуаап. Арҭ аҭоурыхтә даҟьақәа ҳдыруазароуп.

Аҭоурыхгьы ҳҵалароуп аҭоурых аҳаҭыразы акәымкәа, даҽазны агха ҳмыхьырцазы», иҩуеит Гәажәба. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, иахьа ахәҭакахьала иазхаҵоу ихьыҧшым ҳҳәынҭқарра аргылара аус иалаҳгалароуп адунеи аҿы еиқәханы иҟоу аҧсуаа зегьы. Аха, ҳшьа, ҳда иалҵыз рыҧшааразы хара ҳцаанӡа, ҳааигәара иҟоу нап рыдаҳкылароуп, аҭоурыхтә цәқәырҧамыжда зхьысыз "ҳхәышәтәыроуп".

Хаҭала иуҳәозар, мырзаҟанаа рмилаҭра ашьақәыргылара алшара рыҭатәуп, ҳҳәынҭқарра атәылауаҩра азин рыҭатәуп, рыжәлақәа рыриашара аҭагылазаашьа рзаҧҵатәуп. Ари азҵаараҿы, даҽазны иеиҧшымкәа, ираамҭоуп стратегиала хара ихәыцуа ауаа. Мырзаҟаана қырҭцәаны ашәҟәы ианызҵоз ашовинизм аидеологцәа ирдыруан, дара ракәымхаргьы, мышкызны урҭ рхылҵ хымҧада ишқырҭцәахоз. Уажәшьҭа ҳаргьы еилаҳкаауазароуп, — мырзаҟанаа раҧсуа хдырра ашьақәыргылара аус ҳаналага, анаҩс урҭ рыхшара шҳацхраауа.

"Мырзаҟантәи аҧсуаа рхеилак" ахантәаҩы Едишер Зыхәба иажәақәа рыла, иахьа Гал араион иқәынхоит хыҧхьаӡарала 40 аҧсуа жәлақәа рхаҭарнакцәа, ҭаацәаныла 1200 ҭӡы, уаҩҧсыла 4500 ҩык. Урҭ рахьтә 31 ҩык (рхатәгәазыҳәара инақәыршәаны) аҳәынҭқарра ахада иусҧҟала, Аҧсны атәылауаҩ ишәҟәы шрыҭоу, раҧсуа милаҭрагьы шышьақәыргылоу иҳәеит мырзаҟантәи аҧсуаа Реизара ду аҿы иқәгылаз Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа.

Уи иажәақәа рыла, Аҧсны аҳәынҭқарра анапхгара мрагыларатәи араион ахадара иадырҵоит мырзаҟанаа аҧсуа етнокультуратә ҧсҭазаара радҧхьаларазы ирылшо зегьы аҟаҵара. Уи иаанагаӡом ари аус адгылара хымҧадатәӡам ҳәа ҳтәыла егьырҭ араионқәа рзы. Ҳазлацәажәо ҳазхылҵызи, иаҳхылҵраны иҟоу абиҧарақәеи ргәаҳәара злакәу ала, ауаажәларра зегьы рхы аладырхәыроуп мырзаҟантәи ҳаҧсуаа ҳмилаҭтә хәыцшьахь рыргьежьра аус.

Убри инадҳәаланы, ихәарҭахоит ҳәа исыҧхьаӡоит, ҳҵарауааи, ҳашәҟәыҩҩцәеи, ҳуаажәларратә усзуҩцәеи, ҳастудентцәеи злахәу аусутә конференциа Аҟәа амҩаҧгара. Мырзаҟантәи аҧсуаа рлахьынҵеи, рҭоурыхи, рҧеиҧши аазырҧшуа ажәахәқәа рыла иқәгыларц аҳәынҭқарратә хәыцшьа змоу, уи аарҧшышьагьы иақәшәо ҳаамҭазтәи аҧсуа ҳәынҭқарра идеологцәа.

Урҭ ажәахәқәа еидызкыло ашәҟәы ҭыжьны, мырзаҟанаа ирбаратәы, ираҳаратәы аҟаҵара. Иара убасгьы, Аҧсны Жәлар Реизара Апарламент ахаҵгылар бзиан "Мырзаҟантәи аҧсуаа рхеилаки" Гал араион ахадареи рзыҳәара, — мырзаҟантәи аҧсуаа рзы Аҧсны атәылауаҩ ишәҟәы аиура иазкны азакәанҧҵра арҽеирақәа ралагара. 

Sputnik Аԥсны арадиостудиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ажьиба: Мырзаҟантәи аԥсуаа рзы иҟаҳҵараны иҟоу рацәоуп

Абраҟа иазгәасҭарц сҭахәуп даҽакгьы, қәҿиарала Гал ақалақь аҿы имҩаҧысыз Аизара ду есышықәса имҩаҧгалазар ииашахон, уи ефективла аус аурц есааира азнеишьа ҿыцқәа аҭауа.            

Аӡәы идамхаргьы, аҧсуа дахьыҟазаалак иҧсадгьыл дадҳәалазароуп, уи аҧеиҧш дахәҭакзароуп. Мшын нырцә дыҟоума, Мырзаҟан дыҟоума иаҧсуара дагәылачаҧазароуп. Уи ус иҟаларцазы аҳәынҭқарра аиҳабыраҿгьы, ауаажәларраҿгьы доусы илшо ааирҧшыроуп.

Избанзар ҳмаҷра иахьа шаҟа иаҳҧырхагоу аҟара, уаҵәы иҵегьы иаҳныҧшуа иалагоит. Абарҭқәа зегьы аҳәоит мырзаҟанаа реизара аҽны Галтәи акультуратә хан аҿы идырбаз, Боҭа Ажьибеи арежиссиор Есма Хәырхәмалҧҳаи рфильм "Мырзаҟанаа". Уи аҭыхразы Аҧсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ацхыраара ахьыҟаиҵазгьы иаҵанакуа рацәоуп.  

Анцәа иҳациҳәааит, ажәытә ишыҟаз еиҧш, мышкызны мырзаҟанаа рашҭақәа аҧсшәа хаакәакәараӡа иҭыҩуа, рыхшара радеда рызҳәаны рчарақәа неиҵыхны ируа, рыҧсадгьыл иалаҽхәартә аҿиареи абеиареи ду аманы. Убысҟаноуп ҳаҧсы ҳшаҧшәымацқьоу анаҳдыруа, ишҳацу ангәаҳҭо аҧсы-уаа рдоуҳамч лашара.

Убысҟаноуп – абаржәы, абраҟа агәҽанызаара ҳақә ианҳаҵанаҳәо. Уи агәҽанызаара зызку ҳазхылҵыз рсахьанҵақәа ҳабла ихгылараны иахьыҟоу ауп. Меигӡарахда асахьанҵа ианылалоит, ианыҵлоит ҳфырхацәа, урҭ рфырхаҵарақәа, рыхьӡқәа, рбираҟқәа. Игалоит ҳхьыӡрашәақәа!

Ажәабжьқәа зегьы
0