Хатәгәаԥхарала еибашьуаз иԥҳа лгәалашәарақәа: саб сгәазхара дысзымбацызт

© предоставлено Асланбеком МирзоевымКабардинские добровольцы и абхазские ополченцы. Пицунда 1993.
Кабардинские добровольцы и абхазские ополченцы. Пицунда 1993. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра ахҭысқәа, аҩызцәа ргәалашәарақәа, аҭаацәа ражәақәа Cырма Ашәԥҳа лматериалаҿы.

Нхыҵ-Уаԥстәылантә имаҷҩым Аԥсныҟа хатәгәаԥхарала еибашьра иааз арԥарцәа. Урҭ рахьтә иҟоуп иҭахақәазгьы. Ргәалашәара лаша еснагь иҳацзаауеит.

"Хан" ҳәа хьыӡшьарас изарҳәоз Руслан Саниуков, Аԥсныҟа еибашьра данаауаз ихшара усҟан ихәыҷқәан, иахьа ирызҳауеит иара ила иамбац имаҭацәа. Иԥҳа Диана, иара дынҭахоз, быжьшықәса ракәын илхыҵуаз.

Сима Шхагошева - Sputnik Аҧсны
Сима Шхагошева: сыҷкәын сара сзы дышқәыԥшыз даанхеит

Иуадаҩуп ари аҩнаҭаҿы Аԥснынтә инеиз аԥсуаа ҳазлаԥшыз ахҭыс аиҭаҳәара. Уи аҽны, Диана, раԥхьаӡа акәны аԥсуа телехәаԥшра архив аҟынтә илбеит, лаб аибашьра анцоз аамҭазы дызлахәыз авидеоанҵамҭа. Илаҳаит акырӡа игәхьаалгоз ибжьы. Абар, уи иажәақәа:

"Ҳарҭ зегьы Кавказ ҳиит, ҩныҵҟала ҳаӷәӷәоуп, агәаӷь ҳамоуп, ахыларҟәра ҳаҭәам. Ус еиԥш ҳрааӡеит ҳара ҳаиҳабацәа, уи шьҭрала иаауеит. Аԥсҭазаараҿы ауаҩы лахьынҵак имоуп, иаԥхьаҟа дзықәшәо издыруам. Аха аамҭак ааиуеит, ухазы лкаак аҟаҵара анаҭаху, уара узы еиҳа ихадароуп ҳәа иуԥхьаӡоу алухыр анахәҭоу. Уахьыҟазаалакгьы, узҿызаалакгьы, иуду аҭакԥхықәра наугӡароуп, ус еиԥш сазхәыцуеит сара", — иҳәеит аибашьҩы иқәгылараҿы.

Руслан Саниуков иԥҳа лаб ибзианы дылгәалашәом, илҭахын иԥсы ҭаны длывагылазар, иажәа ҟәышқәа рыла длабжьалар. Аха, ус изалыршамхеит.

"Сара саб сгәазхара дысзымбацызт. Аха иара изкны исзеиҭарҳәо рацәоуп, саргьы еснагь сазҿлымҳауп изку ажәабжьқәа, ахҭысқәа. Уаҩык иаҳасабала, иӡбахә зегьы ибзианы ирҳәоит. Даара бзиа сибон, аха уи нагӡара ақәымлеит. Сара раԥхьаӡа акәны дызныз авидеоанҵамҭа збеит, сгәы арԥшааит, исцәыуадаҩуп ажәа аҳәара", — лылаӷырӡқәа лҿаҳәҳәы дҳацәажәон Диана.

Руслан Саниуков ицеибашьуаз иҩызцәа, гәыблыла дыргәаладыршәоит. Иара ҩымчыбжьа инареиҳаны дырзыԥшаауамызт, аӡы даман. Иҭахара зыбла иабоз иҩыза ҳаиҿцәажәараҿы азгәеиҭеит:

"Руслан иажәа ажәан, зыгәра угашаз уаҩын. Нхыҵ-Уаԥстәылантә Аԥсныҟа еибашьра ҳанцоз, ҳаԥхьа дгыланы днеит. Аиҩызара зегь раԥхьа иргылон, пату ақәиҵон. Уи ихәҭоу ажәа аҳәара сара сзы иуадаҩуп. Аӡә ҳшьапы аакыдҟьаргьы, Хан дабаҟоу ҳҳәон, зегьы ҳазнеишьа дақәшәон", — дцәажәон ицеибашьуаз иҩыза Ельбрус Тегкоев.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа: ҳаҷкәынцәа рфырхаҵара аҭоурых иануп

Хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Ельбрус Тегкоев, егьа ицәыуадаҩзаргьы иаҳзеиҭеиҳәеит ахааназы ибла ихымҵуа, Руслан иҭахара иадҳәалаз ахҭыс.

"Гәымысҭа аӡы ҳаицырсуан Хани сареи. Ҳхырӷәӷәарҭа ӷәӷәала еихсуан. Адгьыл зегьы ахҭыԥ иаган, аибашьцәа ҭахон. Еимгеимцарак шааҟалаз, ирласӡаны аӡиас ҳарсырц ҳалагон. Аӡы аҵаулара дуун, хәдацәахьы иааиуан, ус арсрагьы мариамызт, аха ԥсыхәа ҳамамызт. Ҳаԥшызар, ашаха аӡә дахьынҳалоуп, ибжьы ҭганы ацхыраара даҳәон, иубаратәы иҟан имчқәа акаԥсара ишаҿыз, инапқәа зларԥаны иикыз ашаха днамҟьар аӡы дшагоз. Хани сареи ҳаибарыҩны ҳнеит. Хан, егьи аҟәара аганахь дыӡхигарц далагеит, саԥхьагьы иҿынеихеит. Убри аамҭазы аминамиот аҟынтә ахысра иалагеит. Иҭдырҟьаз амина аӡаҿы иԥжәеит, Хан иикыз ашаха наимпыҵҵәраан сыла ишабоз аӡы даанахәеит. Иԥсы ухҭниҵон, усгьы иҟалеит иҭахара", — иҩыза гәыблыла дихцәажәон Ельбрус.

Аԥсҭазаара ауаҩы знык ауп ианиаҭәоу. Уи иагәылгоу амҩа қәнагала ианысыз, ихьӡ наунагӡа аҭоурых ианхалоит. Ус еиԥш афырхаҵара аазырԥшыз аибашьцәа маҷҩым, ҳгәы рыладууп.

Ажәабжьқәа зегьы
0