Зураб Сергьегьиа: Мамзышьхантә раԥхьатәи аҭҟәаҩы дылбааҳгеит

© Фото : Саида ЖибаВетеран ОВНА Зураб Сергегия
Ветеран ОВНА Зураб Сергегия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақырҭцәа бџьарла еиқәных ишҳажәлазгьы, аԥсуа хацәа шәақьлеи махәҿылеи аҿагылара рырҭеит, 48 мшы рышьҭахьгьы, ирылдыршеит шьаҭанкыла ампыҵахалаҩ ҳраион иалцара. Ашәарыцага шәақьла, зықалақь гәакьа аӷа хәымга далзцоз дреиуоуп Зураб Сергьегьиа. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит, уи аамҭа хьанҭа атәы.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

1992 шықәсазы нанҳәа 14 аҽны, Зураб Сергьегьиа Бармышь ақыҭан, иҭынха ичара аҽазыҟаҵара даҿын. Жәлар Реидгыла Афорум иалаз изы имаӡаӡамыз, ақырҭцәа хара имгакәа Аԥсны ишақәлоз, аха уи аамҭа анааи, азнык азы ахаҿы аагара уадаҩхеит.

"Руслан Габлиа ичара аҽазыҟаҵара ҳшаҿыз, ашьаԥа ааҳаргылоны еиԥш, аибашьра алагеит ҳәа ажәабжь ааҳалаҩҩит. Ҳазегьы иҟаҳҵара ҳзымдыруа ҳааилауаҭырит. Сара Гагра сынхон аҟнытә, иаразнак сҽааибысҭан ақалақь ахь сдәықәлеит. Араион ахадара ахыбра аҿаԥхьа аԥсуа хацәа еизахьан, устәи аԥсуа школ ахь ҳцеит аилацәажәаразы", — игәалаиршәоит аветеран.

Адырҩаҽны, Цандрыԥшь адесант ӡхыҵит ҳәа адырра аныҟала, абџьар змаз ахацәа уахь еихеит.

"Сара Цандрыԥшь ашкол салгеит аҟнытә, уатәи аҭыԥқәа ибзианы издыруан, аха ашәарыцага шәақьла ҳазҿагылодаз", — иҳәоит Зураб.

Ақырҭцәа Цандрыԥшь ахысра ӷәӷәа ҟарҵеит. Убраҟа дҭадырхеит Иури Қаԥшь. Ҳаибашьцәа шьҭахьҟа ихьамҵыр ада ԥсыхәа ҟамлеит.

"Цандырԥшь ааныжьны, шьхала Гаграҟа сааит. Иаразнак сҭаацәа ақалақь иалызгарц сыӡбеит, аха иамуит. Усҟан сыҷкәын аиҵбы хымз ракәын ихыҵуаз. Изулак, сгәыла урыск сиҳәан, иҩны иҵәахит. Сареи, даҽа гәыԥҩык аԥсуа хацәеи маӡала Ԥсоу аҳәаа ҳаиасит. Адлерынтәи аидара мҩанызгоз аӷбақәа рыла Гәдоуҭаҟа ҳдәықәлеит", — еиҭеиҳәоит аибашьҩы.

Ветеран ОВНА Геннадий Гицба - Sputnik Аҧсны
Геннади Гыцба: аибашьрагьы шьцылароуп

Зураб Сергьегьиа Гәдоуҭантәи Бзыԥҭаҟа дааит. Уи аамҭазы, араҟа, аӷацәа ахьтәоу аҭҵааразы, шьхала Гагра ахырхарҭахь идәықәырҵашаз аԥшыхәцәа ргәыԥ ҷыда аидкылара иаҿын.

"Сара иаразнак агәыԥ саларҵарц азы асиа сҽанысҵеит. Избанзар, урҭ ашьхаҭыԥқәа бзианы издыруан, изныкымкәа шәарыцара сцахьан, насгьы арахә сыманы схалахьан", — ҳәа азгәеиҭеит аветеран.

Ааҩык аҽцәа, Капитон Ӡаԥшьба еиҳабыс днарыцҵаны амҩа иқәлеит.

"Аилашәшәымҭазы Бамбаиашҭа ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны ҳаннеи, аибашьыга машьынақәа ҩба халеит. Ҳаӷацәа шракәыз анеилаҳкаа, ҳҽаҳҵәахит. Ус аамҭакы ашьҭахь, қырҭуак ибжьы иргеит аӡәыр шәыҟоума ҳәа. Снаԥшызар, изныкымкәа ашәарыцараан исҿаҳалоз Шота Цариа иакәын. Иара аԥшыхәразы дхалазаап. Уажәшьҭа исаӷаз ахаҵа сангәеиҭа, ԥшьала даасхагылеит. Схала ашьха саҿаз џьишьеит, аха амаӷра иаалҵыз сҩызеи сареи деимлагәа даанаҳкылеит, иабџьаргьы наимаҳхит", — игәалаиршәоит аветеран.

Зураб иҩызеи иареи ақырҭуа ԥшыхәҩы дырҭҟәеит, аха шьҭахьҟа лбаашьа рымамызт, зегьы рҽеидыркылаанӡа. Убасҟан Шота имхаҳәеит Гагратәи ақырҭцәа Зурик дҭадырхарц ишишьҭаз. Дара ирдыруан, ашәарыцареи ашьханыҟәареи иазҟазаз, аԥшыхәреи аибашьцәа рымҩаԥгареи шилшоз.

"Алада ԥшыхәра дласкьеит Сафер Бганба, аха ақырҭцәа рылаԥш дыҵашәан, дҭадырхеит. Ҳгәыԥ иалаз даҽа еибашьҩык, аԥхьанатә ҳнаӡараны ҳахьыҟаз аҭыԥ ахь деихеит. Уигьы иаԥхьаҟа ақырҭцәа иҿаҳан, иҽиӡар акәхеит. Хымш ааҵуаны ауп шьҭахьҟа ахынҳәра анилша", — иҳәоит аибашьҩы.

Зураб, Шота Цариа диманы Ҟәыџба иашҭанӡа дааит. Араҟа, иҷаԥшьоз аԥсуа гәыԥ аҭҟәаҩы дриҭеит иҿахәы иҿыхразы Бзыԥҭаҟа дыргарц.

"Аҽқәа лбаагатәын азы, ашьхарахь сеиҭахалеит. Бзыԥҭаҟа саныхынҳә, аҭҟәаҩы дышҭадырхаз сарҳәеит. Аиашазы иҿахәы иҿымхкәа дахьыршьыз сгәамԥхеит. Иара иҳәашаз рацәан, зыбла хҩаны ашьха иаҿысуаз иакәын", — игәалаиршәоит Зураб.

Ростислав Кетия - Sputnik Аҧсны
Ростислав Кьетиа: Гагра ахақәиҭтәра аибашьцәа агәыӷра ҳнаҭеит

Аибашьҩы Гагра иалаханы иҟаз иҭаацәа гәнигон. Убасҟан, аԥсуааи ақырҭцәеи реиҭныԥсахлара инапы алакын Мираб Ақырҭаа. Зураб аҳәара ҟаиҵеит, Гәдоуҭатәи аморг ахь иршьҭхьаз Шота иԥсыбаҩи иҭаацәеи реиҭныԥсахларазы аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргарц. Ус иагьыҟалеит, хара имгакәа аҭҟәаҩы иԥсыбаҩи Зураб иҭаацәеи еиҭнырыԥсахлеит.

Жьҭаарамза алагамҭаз, Бзыԥҭатәи ахырӷәӷәарҭа акомандаҟаҵаҩ Сергеи Дбар идҵа инақәыршәаны, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәылара мҩаԥыргеит. Зураб Сергьегьиа дызлахәыз, 15-ҩык аибашьцәа рыла ишьақәгылаз агәыԥ, Алик Ажьиба инапхгарала, ԥхьаҟа ақалақь ахь еихеит.

"Гагра ҳаналала, аиҿахысра ӷәӷәа ҳақәшәеит агәабзиара чаԥарҭатә центр аҿаԥхьа, анаҩс ақалақь ажәытә хәҭаҟны. Иара убрантәи адҵа ҳауит амшын аҟәарахьы ҳалбаарц", — иҳәоит аветеран.

Еицыз агәыԥ амшын аҟәараҿы ианнеи, Зураб илаԥш иҵашәеит аӷа ицәынхаз автомат. Абраҟа иҩышьҭихит раԥхьатәи иабџьар.

"Сышәарыцага шәақь аҭыԥан, сытрофеи аасыҟәнысҵеит", — игәалаиршәоит Зураб.

Аԥсуа еибашьцәа, аԥсшьарҭа ҩны "Украина" аҿаԥхьа ианнеи, адҵа ҟалеит шьыжьынӡа ԥхьаҟара имцарц.

"Аамҭа схы иархәаны, сыҩныҟа сцарц сыӡбеит. Ашҭа санааҭала арҳәцәа, иҳамаз зегьы дәылганы ишыргахьаз збеит", – еиҭеиҳәоит аибашьҩы.

Ветеран ОВНА Вахтанг Дбар - Sputnik Аҧсны
Вахтанг Дбар: аибашьра алагеит анырҳәа, агәра сзымгеит

Адырҩаҽны, Зураб игәыԥ Ԥсоунӡа инаӡеит. Абраҟа ихырқәшан, ажәыларатә аоперациагьы. Гагра араион ахақәиҭтәра ашьҭахь, Зураб Сергьегьиа далалеит Гаидар Иазычба напхгара зиҭоз аҟәарахьчаратә взвод ҷыда.

"Ҳавзвод рышьҭит Аладатәи Ешыра ақыҭахь. Абрантәи аҳҭнықалақь аҭарцәразы имҩаԥаагоз ажәылраҟны дҭахеит ҳкомандаҟаҵаҩ. Сара цәыббрамза раԥхьатәи амшқәа рзы ахәра соуит", — игәалаиршәоит аветеран.

Зураб Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны раԥхьатәи ацхыраара аниоу, иҩызцәа дрыхьӡеит. Аибашьҩы Аиааира даԥылеит Ҵабал.

Зураб Сергьегьиа аибашьраан еиқәирхаз иҷкәынзаҵә Алиас изы, инагӡаны дзымгәырӷьеит. 2016 шықәсазы, 25 шықәса ирҭагылаз абиԥазаҵә иԥсҭазаара далҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0