Агәхьаагара зцу агәалашәара

© Фото : личный архивАмиран Гамгия
Амиран Гамгия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 6 Аԥсуа телехәаԥшра иамшуп. Сынтәа уи иахыҵуеит 39. Акыр шықәса инеиԥынкыланы режиссиор хадас уаҟа аус зуаз Амиран Гамгиа дылгәалалыршәоит аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Сара Аԥсуа телехәаԥшраҿы саннанагаз 11-ҟа шықәса ракәын иахыҵуаз. Уахь снеира машәыршәа иҟалеит, ажурналистрагьы сгәы иҭамызт атеатр аҿы аус зуан актриса лаҳасабала, аха ҽнак зны арежиссиор Нара Ԥлиаԥҳа исыдылгалеит ахәыҷтәы дырраҭара ҳнапы аҳаркырц. Абри аидеиа ҳаманы, ҳҩыџьагьы усҟан режиссиор хадас иҟаз Амиран Гамгиа иҿы ҳнеит.

© Фото : личный архивАмиран Гамгия
Амиран Гамгия  - Sputnik Аҧсны
Амиран Гамгия

Амиран сара дыздыруан наԥшыхақә, симацәажәацызт, амала исарҳәахьан "дуаҩы џьбароуп бгәы бҽаныз" ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, ареиссиор хада саниба азнаказы илаҿы смааит "ари актриса ателехәаԥшра аус зынӡа илыздыруам, ианбалҵо?" ҳәа Нара иналҿаирхьит. Арежиссиор иажәақәа рхы ахьцоз аилкаара уадаҩмызт, аха сгәы камыжькәа Аԥсуа телехәаԥшра саҭаауа салагеит. Сышнеи-шнеиуаз ажәабжьқәа рзы анҵамҭақәа рыҟаҵарагьы салагеит.

© Фото : личный архивАмиран Гамгия
Амиран Гамгия - Sputnik Аҧсны
Амиран Гамгия

Ажәакала, исызгәамҭаӡакәа ателехәаԥшра сыԥсҭазаараҿы ихадаз ароль ааннакылеит. Амирани сареи иҳамбаӡакәа аиҩызара бзиагьы ҳабжьалеит ауаажәларратә еиҿкаара "Жәлар рфорум" имҩаԥнагоз аԥсуа қәгыларақәа рҿы лассы-лассы ҳахьеибабоз иахҟьаны.

Аԥсуа телехәаԥшраҟны акыр шықәса инеиԥынкыланы режиссиор хадас уаҟа аус зуаз Амиран Гамгиа дылгәалалыршәоит аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа
Аԥсуа телехәаԥшра саназхәыцуа, зегь реиҳа игәхьаазго асахьақәа иреиуоуп, арежиссиор Амиран Гамгиа ихаҿра. Даара даԥсыуан, даараӡагьы дҟазан, иара убасҵәҟьа дагьыџьбаран арежиссиор.
© Фото : личный архивАмиран Гамгия
Амиран Гамгия - Sputnik Аҧсны
Амиран Гамгия

Еснагь сыбла ихгылоуп, 89-тәи ашықәсқәс азы авидеокамера зызқәа иқәҵаны ахҭысқәа зегь ирылахәыз, ажакьа ныҟәызгоз, зҭеиҭԥш еиҿкааз Амиран Гамгиа исахьа.

© Фото : личный архивАмиран Гамгия
Амиран Гамгия - Sputnik Аҧсны
Амиран Гамгия

Ҽнак зны аԥсуааи ақырҭқәеи еидыслеит, убраҟа ааха иоуит Амиран, ахәышәтәырҭагьы дҭашәеит. Ари ансаҳа дахьышьҭаз ибара снеит. Абасла "ҳаинаалеит" раԥхьаӡа аусуразы ателехәаԥшраҿы саннеи ахәгьы-аҿгьы сықәзмыргылаз арежиссиори сареи. Абас ҳшыҟаз, аибашьра иалагеит.

Амиран Гамгиа урҭ аамҭақәа рзы аганахь дгылозма, аус иуан иахьеи уахеи. Аамҭак азы, вертолиотла иҩызцәеи иареи Очамчыра арион ахь ишыԥыруаз изықәтәаз ақырҭқәа уи еихсуеит. Аоператор Ахра Акабеи иареи, нас егьырҭ иҭатәазгьы, итҟәаны ҳаӷацәа иргеит. Анаҩс, аџьамыӷәа анырхырга ашьҭахь еиҭнырыԥсахлоит. Урҭ амш хьанҭақәа Амиран ианигәалаиршәоз, ахьаа ду узцәырыгон, избанзар аӷа убырсҟак гәымбылџьбарыла дрызныҟәон. "Есыҽны ҳаԥшын абыржәымзар абыржәы ашьразы ҳдәылыргоит ҳәа", — иҳәон иара итҟәаны ианрымазтәи асахьақәа еиҭаҳәо.

Усҟан иоуз аахақәа, анаҩсан игәабзиара ианымԥшыргьы ауазма, аха Амиран аибашьра шцозгьы ателехәаԥшра ахаҭабзиара дашьҭан, ауаа ирызнагатәыз аинформациа инаҷыданы. Исгәалашәом уи ахаҵа усда дтәаны. Аиашазы, Амиран иџьбарара ашьҭыхра зцәыуадаҩызгьы ыҟан ҳусураҿы, аха аӡәгьы ихаҿы изаагомызт иара ҳтелехәаԥшра дагны. Аибашьра анеилга, Аԥсуа телехәаԥшра ҿыц аԥсҭазаара иалагар акәхеит, ҳахьыгьежьыз еилаҟәыбаса иҟаз ателехәаԥшра аҭыӡҭыԥ еиҭашьақәыргылатәын техникалеи, аусуҩцәа рылеи. Абри зегьы, илаԥш ахын Амиран Гамгиа.

© Фото : личный архивАмиран Гамгия
Амиран Гамгия - Sputnik Аҧсны
Амиран Гамгия

Арежиссиор инапы ианыз аиҿкааратә усқәа инарҷыданы, авторс дрыман еиуеиԥшымыз апроектқәа. Сара сзы ас еиԥш зыҩаӡара ҳаракыз арежиссиор аус ицура гәаӷьыуацәан, аха ҽнак зны насыԥны ажурналист Владимир Занҭариа редакторс дызмаз адырраҭара "Асабша" ахь ааԥхьара сиҭеит. Уи режиссиорс даман Амиран Гамгиа. Абас ала, сзыцәшәоз, аха ҳаҭыр зқәысҵоз арежиссиори сареи аусура ҳаицалагеит. Убри адырраҭара азы асиужетқәа анҭаҳхуаз аамҭазы еилкаахеит Амиран ачымазара ицәа ишалаз. Дшычмазаҩызгьы, иара иусура иациҵон, уи ашьҭахь иареи сареи адырраҭара "Ажәа" аус адаҳулон, иара убас, ишиашоу ицоз аефир "Аамҭа" дахылаԥшуан, аибашьра иазкыз анҵамҭақәа ицҟеиҵон ажурналист Даур Инаԥшьба. Ателехәаԥшра аус анаҩсангьы, Амиран инапы иҵихит ателеновеллақәа "Татчкеи Кьышьуарди", "Абасгьы ҟалахьеит", "Сыхаара Б" уҳәа, иахьагьы ҳархив абеирақәа ирхыԥхьаӡало аусумҭақәа.

Нас, ичымазара зынӡа данкы, иусура аанижьгәышьеит. Аха, иареи сареи ҳаибабара ԥкымызт, ҳара ҭаацәаныла ҳаиҭанаиааиуан, аимадара еснагь иҳаман. Амиран аразҟы змаз уаҩын ҳҳәар ауеит иԥсҭазаараҿы хатә ҩызас ачҳара ду змаз Мзиа Кәакәасқьырԥҳа иҩны дахьыҩнанагалаз. Акыр даргәамҵит арежиссиор ичымазара, аха лара ҿымҭ-ԥсымшьа игәы дамыргаӡакәа дылбон иԥсҭаззаара аҵыхәҭәантәи аминуҭқәа рҟынӡа. Амиран иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 2 2009 шықәсазы. Ҳтелехәаԥшра аусуҩцәа иахьагьы ирҳәоит "Амиран дышԥаҳагу" ҳәа.

Аиашазы, иара данаҳцәыӡ нахыс, ҳахуаадахазшәа ҳааҟалеит, иҳагуп згәаанагара аахтны изҳәоз, абзиеи ацәгьеи еилзыршәшәоз арежиссиор ихыԥша. Наџь-натә аахыс аус зуа анааилатәо иргәаладыршәоит сарказмла иҭәу еицырдыруа Амиран иажәақәа: "Ателехәаԥшраҿы ихадоу аҳасабеилыргаҩцәа роуп" ҳәа. Иара арҭ ажәақәа ихы иаирхәон ҳусураҿы аҟазацәа раҳаҭыр иҵегьы ишьҭыхзарц ахьиҭахыз аҟынтә. Амиран ҟазшьас иман амаҭәар ахьӡ аҳәара, днавала-аавало акәымкәа. Шамахагьы, аусура аганахьала зыбзырӡы иҳәоз дыҟамызт, амала игәаԥхар зегьы ираҳауа ажурналист дирҽхәар илшон.

© Фото : личный архивАмиран Гамгия
Амиран Гамгия - Sputnik Аҧсны
Амиран Гамгия

Амиран аусура данаҟәыҵ ашьҭахь, зны заҵәык Нелли Ешԥҳа илзыскыз адырраҭаразы аҭел дасны исыдиныҳәалеит "сара бшысҵаҩу ҩашьом, баша аџьабаа сымбеит" ҳәа ахҳәаа азуны. Ишәцәызӡом, уи гәадуран, арҽхәаразы имаџьаназ арежиссиор иҟынтәи иахьсаҳахуаз.

Аԥсуа телехәаԥшраҿы зџьабаа сыду рацәаҩуп, аха иахьа ателехәаԥшра амш азы, зегь реиҳа игәхьаазго агәалашәарақәа Амиран Гамгиа идҳәалоуп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0