Ердал Гиургаи: Аԥсныи Аладатәи Кипри рполитикатә ҭагылазаашьақәа еиԥшуп

© Фото : предоставлено Сырмой Ашуба Ердал Гиургаи
Ердал Гиургаи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩадатәи Кипр аекономикатә система ашьақәгылашьа, уи ихадоу ахырхарҭақәа ртәы дазааҭгылоит Ааигәа Мрагыларатәи ауниверситет аекономика ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ҳџьынџьуаҩ Ердал Гиургаи.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҩадатәи Аладатәи Кипр инхо Кавказаа иреиуоу даараӡа ирацәоуп, урҭ зегьы уааҟа ачерқьесцәа ҳәа ирышьҭоуп. Иҟоуп ақыҭақәагьы дара рыда аӡәгьы дахьнымхо.

Хылҵшьҭрала иаԥсыуоу Ердал Гиургаи, Аҩадатәи Кипр Ааигәа Мрагыларатәи ауниверситет аекономика ҭҵаарадыррақәа докторс дыҟоуп. Аҩада Кипртәи "AS BANK" адиректорцәа реилазаара далахәылоуп.

Ҭырқәтәыла инхо Кьечба Сезаи, уи иԥшәмаԥҳәыс Бирсен Абыхәԥҳаи - Sputnik Аҧсны
Сезаи Кьечба: Аԥсны сцаны саанӡа акагь сумырхьын сҳәон, сгәаҳәарагь наӡеит

"Аладатәи Кипр аполитикатә ҭагылазаашьа акырӡа еиԥшуп Аԥсны аҳәынҭқарра аполитикатә ҭагылазаашьа аҿиара. Сара сшазхәыцуа ала, аимак-аиҿакқәа, аибашьрақәа ахьымҩаԥысуазаалакгьы ирымоуп рхатә ҷыдарақәа, аиԥшымзаарақәа", — ҳәа ҳаиҿцәажәара хациркит.

Аиҿагылара зхылҵыз азҵаара, ганрацәала иҭҵааны имҩақәҵатәуп. Акыр шықәса аҳәынҭқарраҿы иҟоу аконфликт, макьана ихыркәшоуп ҳәа азуҳәартә алшара ыҟам. Уи адунеижәларбжьаратәи аиҿкаарақәа изларыӡбаз ала, Аладатәи Кипр аекономикеи, аполитикеи рҭагылазаашьа еиҳа иарманшәалоит. Ас еиԥш узҳәаӡом Аҩадатәи Кипр азы. Аҩадатәи Кипр азхаҵоуп ҳәынҭқаррак ала, уи Ҭырқәтәылатәи Ареспублика ауп. Ердал Гиургаи дазааҭгылоит Аҩадатәи Кипр аекономикатә система ашьақәгылашьа.

"Аҳәынҭқарраҿы аекономика шьақәгылоит ххырхарҭак рыла: атуризм, иреиҳау аҵараиура, ахәаахәҭра. Абарҭ зегьы еидкыланы 25% абиуџьет шьақәнаргылоит. Абра иазгәаҭатәуп атуризм аҿы ахәҭа шырацәо аказеноқәа инрыжьуа ахашәала. Урҭ Кипр асасааирҭақәа зегьы рҿы иҟоуп. Аказеноқәа рҭаара азин рымаӡам Кипр атәылауаа. Урҭ аус руеит аԥсшьара ҳәа Кипрҟа иаауа рзы", — иҳәеит Ердал Гиургаи.

Аҩадатәи Кипр иреиҳау аҵараиурҭақәа рхыԥхьаӡара жәаха рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьтә аҳәынҭқарратә ҵараиурҭақәа ҩба, ахатәы ҵараиурҭақәа жәеиза.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Альԥер Бганба: Аԥсны аизҳара амҩа иануп, сгәы дуны схынҳәуеит Ҭырқәтәылаҟа

"Атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтә иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭо астудентцәа рхыԥхьаӡара хынҩажәа нызқь ыҟоуп. Иҟоуп Аԥснынтә аҵара зҵо астудентцәагьы. Аҵара зҵо азин рымоуп рхы ианақәиҭу аамҭазы аусура", — ҳәа азгәеиҭоит аҵарауаҩ.

Ақыҭанхамҩа аусхк аҿы ирацәоуп ауадаҩрақәа. Уи аиҿкааразы аҳәынҭқарраҿы иазхаша аӡы ыҟаӡам, убри аҟынтә адгьылқәа рықәаарыхра даараӡа иуадаҩуп. Жәытә-натә аахыс ара иаадрыхуеит ацитрусттә шәырқәа, иара убас иҭрыжьуеит ахшлыҵ. Абарҭ атауарқәа аекспорт ҳәа изышьҭоу, Ҭырқәтәыла ала аҳәаанырцә идәықәырҵоит. Арахә ааӡара акәзар, аԥыжәара амоуп, аха урҭ рныҟәгара ахарџь рацәа ацуп.

"Иааидкыланы, Аҩадатәи Кипр шықәсыктәи абиуџьет иартәоит ԥшьмиллиард доллар. Сгәы иаанагоит аҳәынҭқарраҿы иааиуа ашықәс азы аекономика аҿиара амҽхак арҭбаап ҳәа. Абиуџьет иаиуа ахашәалахәы акыр еиҳахап ҳәа", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0