Акәты ашьыга, ашьапхыц иҵнахуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКонституция РА.
Конституция РА. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилаҭ милаҭны иҟазҵо, дара злацәажәо, иныҟәырго рхатәы бызшәоуп, ҳәа агәаанагара лымоу Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аибашьра анеилга Аконституциа анаԥырҵоз иазгәарҭеит крызҵазкуа 6-тәи ахәтаҷ, уаҟа иаҳәоит: "Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәас иҟоу аԥсуа бызшәа заҵәык шакәу. Убри адагьы, ҳара ҳ-закәан хадаҿы иануп, Аԥсны атәыла ахадас дҟалар шалшо милаҭла иаԥсуоу, насгьы аҳәынҭқарратә бызшәа здыруа атәылауаҩ" ҳәа.

Абри Аконституциа ахәҭаҷ ԥсахшьа змам акәны иҟоуп, уи еиԥш аԥҟарақәа аднакылахьеит Жәлар Реизара.

Заседание по стратегическому развитию РА II этап. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Дамениа ақәратә ценз алшарақәеи, иамоу ашәарҭареи иазкны: иҭҵаатәуп

Ҳбызшәа ахьысҳарақәа шамоугьы, насыԥны, иара зыхьчо азакәанқәа ҳамоуп.

Аабыкьа, апартиа "Асоциалтә ҿиаразы Жәлар рыфронт" ажәалагала ҟанаҵеит, апрезидентрахь акандидат изы иҟоу ақәратә ценз ԥсахзарц азы, даҽакала иаҳҳәозар, имаҷуп ҳәа ирыԥхьаӡоит 35 шықәса зхыҵуа Атәыла хадас иҟалара, убри аҟынтә, дара иҳадыргалоит 45 шықәса рҟынӡа ихагалазарц.

Убри адагьы, апартиа "Жәлар рыфронт" иахәҭаны иаԥхьаӡеит азакәан иану 65 шықәса рҟынӡа зхыҵуа дкандиадтхар ҟалоит ҳәа иҟоу- 75 шықәса рахь ахагалара.

Асоциалтә ҳақәа рҿы абри ишалацәажәоз, ицәырҵит абызшәатә ценз атәы. Феисбук ахархәаҩцәа рыбжьара иҟоуп, абызшәатә ценз хәарҭам ҳәа иазгәазҭо. Урҭ аубеџьырқәа ргәаанагарала, "аԥсуаа рахьтә усгьы збызшәа бзианы издыруа маҷҩуп, нас аценз абаҳҭаху".

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ахатәы бызшәазы аӷарра

Ари аҩыза атеориа ҳақәныҟәо ҳалагар, иара усгьы, абызшәа аҿиара зцәыуадаҩу ҳҳәынҭқарраҿы, ҳҳатәы бызшәа аныӡаара амҩа ианылоит. Ахатәы бызшәазы ахдырра анмаҷу, аҳәынҭқарра амаа зку ицәырыргоит азакәантә знеишьақәа. Абарҭқәа гәаҭаны ауп, аибашьра ашьҭахь ҳ-Конституциа анрыдыркылоз "Аԥсны апрезидент даԥсыуазароуп, аԥсшәагьы идыруазароуп" ҳәа занырҵаз.

"Акәты ашьыга ашьапхыц иҵнахуан" ҳәа, зҭаацәа аԥсшәа зыдмырҵаз абиԥара абас иҵакыдоу, ихырҵәагоу аидеиақәа асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырырго иалагеит.

Иҳаздыруам, дарбан генииу, абызшәа ззымдыркәаны, аха Аԥсны ҵәҩанҵәыҟа ихазгаларц зылшо ҳәа дара ицәырыгарц ирҭаху акандидат? Абызшәатә цензи, апрезидент имилаҭи ртәы зну Аконституциа ахәҭаҷ ԥсахшьа амам, убри аҟынтә, ари алацәажәарагьы ҵакыдоуп.

Аԥсны ахадас иалырхуа, даԥсыуазароуп, ибызшәа идыруазароуп. Кандидатс иқәгыло, дҟәышзаргьы, дхазыназаргьы, азакәан инақәыршәаны атәыла анапхгара аҭарахьы анеира азин имаӡам Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа-аԥсшәа изымдыруазар.

Владимир Касландӡиа ишәҟәы - Sputnik Аҧсны
Ачынуаа рзы аликбез

"Митә ианиаз, митә иуит" зырҳәо рҳәеит.

Абызшәатә цензгьы зырхәыцыз, ашәарҭара иҭагыло ҳбызшәа аиқәырхаразы ауп.

Иахьа асоциалтә даҟьа феисбук аҿы ицәырҵуа ацәажәарақәа рыла, макьана шықәсык шыбжьогьы, апрезиденттә алхратә компаниа иалагазшәа иҟоуп. Убри аҟынтә, доусы иара изыманшәалахаша азакәанқәа алеигалар иҭахуп.

Амилаҭ милаҭны иҟазҵо, дара злацәажәо, иныҟәырго рхатәы бызшәоуп. Абызшәатә проблемақәа шҳамоугьы, ари аҩыза ашьаҿа бааԥс аԥшьгара, ҭархага мҩоуп ҳара ҳзы.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0