Жәаа шықәса "Аԥсны" аредақциаҿы: ажурналист Шьарида Торчуаԥҳа лҭоурых

© Фото : Сырма АшубаШарида Торчуа
Шарида Торчуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәаа шықәса агазеҭ "Аԥсны" аредакциаҿы аус зуа ажурналист Шьарида Торчуаԥҳа дазааҭгылеит аҭаацәаратә ԥсҭазаареи аусуреи аилагӡара шлылшо ртәы.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа

- Жәабран 27, 1919 шықәса рзы иҭыҵит агазеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер. Сынтәа уи иахыҵуеит 99 шықәса. Шьарида, агазеҭ "Аԥсны" аредақциаҿы аусура шԥабшьыԥгеи, насгьы шаҟа шықәса ҵуеи агазеҭ амаҵ азыбуеижьҭеи?

— Агазеҭ "Аԥсны" аредақциаҿы аусура салагеит 2000 шықәса рзы, ажурналистика аҟәша саналга, иаразнак арахь усура сааит. Усҟан агазеҭ "Аԥсны" редақтор хадас дыҟант Борис Ҭыжәба, иԥсҭазаара далҵхьеит, иԥсаҭа бзиахааит. Иахьа, журналистк иаҳсаб ала, акыр сылшоны сыҟазар, абри ауаҩ иҿысҵааз даара ирацәоуп. Ирацәоуп аԥышәа исиҭаз. Мызкы, ҩымз аԥышәара санахыс, корреспондентк лаҳасаб ала аусура срыдыркылеит.

- Иарбан материалқәоу бнапы иҵыбхуа, иарбан жанру еиҳа быззааигәоу?

Агазеҭ Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Агазеҭ "Аԥсны", нас уи аԥхьаҩцәа

— Еиҳараӡак, инеҵыху аматериалқәа раасҭа, аинформациа ажанр аус адызулоит. Иахьа уажәраанӡагьы аинформациа аҟәша аҟны аус зуеит. Агазеҭ аус адулара ахатә ҷыдарақәа амоуп. Хымԥада, урҭ аҷыдарақәа снапаҿы иаазгаанӡа исцәыуадаҩын. Аха, иазгәасҭарц сҭахуп, аредақциаҿы аус шыруаз ауаа хатәрақәа, урҭ ирыбзоуроу акыр ишырацәоу сара сааӡараҿы. Иаҳҳәозар, зыԥсҭазаара иалҵхьоу: Валикәа Ҭаниа, Жора Нарасқәуа, Борис Ҭыжәба, иахьа аус зуа Владимир Қапба, Боирс Қаџьаиа, Вахтанг Аԥҳазоу, Виктор Кәакәасқьыр уҳәа. Абарҭ ажурналистцәа хатәрақәа, абра аҿар иааиз аус ҳадырулон. Аус ҳадулашьа убас иақәшәон, ҳагха ирмаананы иҳаҵарҳәон, ҳгәы иалымсыртә еиԥш, рџьабаазы иҭабуп идуӡӡаны ҳәа расҳәарц сҭахуп.

- Иахьатәи аамҭазы, аредақциа аилазаара шԥашьақәгылоу, иарбан ҟәшақәоу иҟоу?

Аредақциа злашьақәгылоу аҟәшақәа еиуеиԥшым, иҟоуп аинформациа, аекномика, акультура, ашколи аԥсҭазаареи уҳәа. Агазеҭ " Аԥсны" мчыбжьык ахь ҩынтә иҭыҵуеит. Атехника знапы алаку инаиркны арҿиара знапы алаку рҟынӡа иаҳгозар, аус зуа рхыԥхьаӡара 20-ҩык рҟынӡа ыҟоуп. Иҟоуп иҳаԥгылоу ауадаҩрақәагьы.

- Иарбақәан?

— Зегь раԥхьа иргыланы рхыԥхьаӡара маҷуп аҿар. Избанзар, иҟоуп уи зыхҟьо, зегь раԥхьа иргыланы ауалафахәы амаҷра.

- Иааиуа ашықәс азы агазеҭ "Аԥсны" аиреи ашьақәгылареи шәышықәса ахыҵуеит. Иарбан усмҩаԥгатәқәоу абри аганахь иазԥхьагәаҭан ишәымоу? Изаацәазаргьы шәыгәҭакқәа ҳацеиҩышәшарц сҭахуп.

— Хымԥада, аҽазыҟаҵаратә усурақәа ҳнапы рылакуп. Енвер Владимир-иԥа Ажьиба, шықәсык аҟара ҵуеит напхгаҩыс дҳамоуп. Ҩызаҵас, еиҳабык иаҳасаб ала, дҳавагыланы аус еицаҳуеит. Агазеҭ адаҟьақәа рҿы акьыԥхь збаша, ианылаша аматериалқәа ҳарзааҭгылахьеит, ҳшаԥылаша, ишазгәаҳҭаша аилацәажәара ҳаҿуп. Аҳәынҭқарра аганахь ала, цхыраарак ҳарҭозар ҳәа ҳазыԥшуп. Агазеҭ шәышықәса ахыҵра аҵак дуӡӡа амоуп аредақциаҿы аус зуа ҳамацара ҳзы акәымкәа, аԥсуаа зегьы ҳзы. Ари ҳара ҳҭоурых ауп.

- Бара журналистк иаҳасаб ала ибымоуп бзықәныҟәоу бхатә ԥҟарақәа. Иарбақәан?

Газета Апсны - Sputnik Аҧсны
Агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" раԥхьатәи аномер ҭыҵит 95 шықәса раԥхьа

— Зегь раԥхьа исыргылоит обиективла ахҭыс азнеира, аиашаҳәара. Ҳара ҳгазеҭ мчыбжьык ахь ҩынтә излаҭыҵуа ала, ишыжәдыруа еиԥш иҟоуп аԥыжәара лас змоу аинтернет, ателехәаԥшра, арадио уҳәа, маҷк ҳматериалқәа хьшәаны аԥхьаҩ иҟынӡа инеиуазаргьы, аиаша амҳәозар, аԥхьаҩгьы даҳцәыӡуеит, ус ауп нас ажурналистикаҿы ишыҟоу. Ажурналист иарбан ҭыԥу иааникылозаалакгьы, аиаша данацәхьаҵ, ижәлар рыгәрагара ицәыӡуеит.

- Шьарида, бара ҩыџьа ахшара брануп, аҭаацәаратә ԥсҭазаареи аусуреи еилабыгӡоит. Ишԥабылшои, ибцәыуадаҩӡами?

— Иахьынӡасылшо ала еиласыгӡоит. Зегь раԥхьаӡа иргыланы аҭаацәаратә еилибакаара ыҟазароуп, нас уара агәаҳәара ануоу аусура, иулумыршар ауӡом. Бзиа ибаны иҟаҵуҵоу аус уарааԥсаӡом, узықәшәаз ухы анурнаалоит. Ҳредақциаҿы аус ҳацылуеит аԥышәа дду змоу, акыр шықәса аус зухьоу Нелли Николаи-иԥҳа Киут, ара аус сыцызуа ахәыҷқәа змоу анацәеи сареи ҳанеицәажәо, ахәыҷы анахь дгатәуп, арахь даагатәуп, ани ҟаҵатәуп,ари ҟаҵатәуп анаҳҳәо, иџьалшьоит. "Аԥхәыс лҭакԥхықәра шаҟа ирацәоузеи?" лҳәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0