Абџьар - аҳәса "рықәхразы"

© Sputnik / Томас ТхайцукТренировка снайперов Южного военного округа
Тренировка снайперов Южного военного округа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа иҳамоу азакәанқәа рҿы, ахацәагьы аҳәсагьы рзинқәа еиҟароуп, иҟам аԥҳәыс лаҳаҭыр лазырҟәуа, лзинқәа ҷыдала еилазго ахәҭаҷқәа. Аха, аԥсабара ахацәа ирнаҭаз амчи, амахәҿаӷәӷәареи иабзоураны рымч аԥҳәыс илықәхагәышьоит, ҳәа лгәаанагара ыҟоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ҳара ҳҳәынҭқарраҿы ахацәагьы аҳәсагьы рзинқәа еиҟароуп. Наџьнатә аахыс аԥсуа культураҿы аԥсуа ԥҳәыс ҳаҭыр лықәын, уи дларҟәны, "ауӷә лықәҵаны" дыҟамызт.

Жәлар рырҿиамҭақәа рахь ҳхьаԥшуазар, аԥҳәыс дхаҵамԥхәысны даарԥшуп. Аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа рҿы Саҭанеи Гәашьа лхаҿсахьала иаҳбоит аԥҳәыс аԥсҭазаараҿы хадара луа, лажәа акраӡбуа иҟалар шауа. Баалоуԥҳа Мадина лтәы ҳҳәозар, абџьар шьҭыхны шьоура дцеит.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ишәарҭоу ацәгьоурақәа рцәаҳәа

Ажәакала, аԥсуа ԥҳәыс ус аҩныԥҳәысра мацара дазкымызт, иҟалон лара дыԥхьагылазаргьы.

Иаҳхаҳгаз Аԥсуа қырҭуа еибашьраҿы 200-ҩык инарынаԥшуа аҭыԥҳацәа ар рымаҭәа ршәырҵан ахацәа ирывагыланы еибашьуан. Аԥҳәыс дхаҵамԥҳәысуп ҳәа лзырҳәозаргьы, зегь акоуп лара лыԥсҭазааратә ҟәымшәышәра, ланра азгәаҭаны илыхзыӡаауан, ишабалакгьы илызныҟәомызт, амцхә аџьабаа рылбарагьы ҳаҭыр ақәмызт. Ала бзиа аԥҳәыс илеишуам рҳәоит аԥсуаа, ус анакәха, аԥҳәыс лаҳаҭыр ҳаркын, уи лацәажәашьеи, лызныҟәашьеи амҽыӷреи агәымбылџьбареи рыцмызт.

Иахьа иҳамоу азакәанқәа рҿы, ахацәагьы аҳәсагьы рзинқәа еиҟароуп, иҟам аԥҳәыс лаҳаҭыр лазырҟәуа, лзинқәа ҷыдала еилазго ахәҭаҷқәа. Аха, аԥсабара ахацәа ирнаҭаз амчи, амахәҿаӷәӷәареи иабзоураны рымч аԥҳәыс илықәхагәышьоит. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахь, аԥсуа ԥҳәыс лроль акыр иуадаҩхеит, аблокадеи имариамыз асоциалтә бзазареи ирыхҟьаны дызҵамлашаз аидара даҵалеит, хәҭакахьала уи иланарҟәит лыстатус, аԥҳәыс аԥарагьы лырҳар акәхеит, иара убас ахшара рааӡарагьы, аҭаацәа рныҟәгарагьы лнапы ианылеит.

Елеонора Коӷониаԥҳа: абџьар аҳәса рықәхразы

Сгәанала, абарҭ ахҭысқәа акыр идыреицакит аԥсуаа ркультураҿы иҟаз аԥҳәыс лаҳаҭыр. Ус акәзаргьы, инеиԥынкыланы иахьатәи аԥсҭазаараҿы аԥҳәыс ус зынӡагьы дларҟәны дыҟам, аха аибашьра иаҳзыннажьыз ауаҩшьыга абџьар иахьатәи аамҭазы аҳәса рныхразы  ахархәара аиуа иалагеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы еиҭагьежьит аибашьра ашьҭахь ицәырҵыз ишакәым абџьар ахархәара апроблема.

Иахьа ахацәа рыцԥхьаӡа ҩба-ҩба, хԥа-хԥа бџьар рымоуп, убри аамҭазы абџьар аӷьырак ашәҟәы иҭагалам, уи ныҟәызго иԥсихика зеиԥшроу азы амедицинатә лкаагьы ыҟам. Шықәсык ахи аҵыхәеи мацара аҳәса шаҟаҩ ршьхьозеи? Ахалахьырхәра аҳәса рганахь аҽеиҵнахуа иалагеит, абџьар ззыршаз аԥҳәыс лышьразы акәушәа иаалызгәааацыԥҳьаӡа аԥҳәыс илықәыркуа иааҟалеит. Ари рбоит ауаажәларарра, ари гәанаҭоит амчра, аха хықәкыла абри атенденциа аҭҵаареи, аԥҳәыс дызланырхуа  абџьар ахархәаразы аԥҟарақәа рҭыԥ ақәҵаразы иџьбароу азнеишьа ҟамлеит. Иԥшуп, инхаз зегь аӡәаӡәала иаҳгәыдҵаны ҳаршьаанӡа.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Аӡысаамҭа иазымыӡәӡәо ахҭысқәа

Адунеижәларбажьаратә аҳәса рымш Март 8 анынаскьаҳго аамҭазы, аҳәса ирызкны аресторанқәа рҿы ахацәа аныҳәаҿақәа анааныркыло аныҳәатә мшқәа раан, Аиааира амҩаду аҿы аԥҳәызба қәыԥш аҟәҟәаҳәа илеихсны дишьуеит ахаҵа. Ари ҟалеит шьыбжьышьҭахь март 11 рзы сыҩны азааигәара.
Исзымдыруаз аԥҳәыс лышьра зыхҟьаз шаасаҳазҵәҟьа сгәы азҩеит, аамҭак аԥхьа зыхшара иааӡаразы  аӡбарҭаҿы ззинқәа зыхьчоз Гульгаз Мамедова шлакәыз. Аиааира апроспект аҿы лгәы ахы ҭазыршәаз лхәыҷ иаб Виктор Џьанба шиакәызгьы здырит, избанзар, уи лҭоурых аинфрмациатә харахәагақәа рҟынтәи ибзианы издыруан, лсоциалтә статус шыхьчамызгьы сгәы азҩон.
Ҳтәылаҿы иҟоуп иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа, аҳәса рассоциациақәа, аха урҭ русура  иалҵшәаны аҳәса рзинқәа рырӷәӷәара ахыԥшагьы ҳбом. Избан изыхьчамзеи иахьа аҳәса рзинқәа ҳтәылаҿы?
 Сгәанала, ихьчам избанзар, иааидкылан ауаатәҩыса зегь рзинқәа хьчам азы, насгьы, аԥсуа ԥсҭазаарҿы шамаха аҭаацәаратә ӷыӷеибагара адәахьы адәылгара уамак адгылара амам, иԥҳәыс лоуп, ииҭахыу лзиуп рҳәозшәа, абри азҵаатәы умак иазхьаԥшом ауаажәларрагьы. Ас иҟоу аусқәа рзы аполитикцәагьы амитингқәа мҩаԥыргом, Жәлар реизараҿгьы аҳәса рзинқәа рыхьчаразы ҷыдала хырхарҭак змоу комитеткгьы ыҟам, иара апроблема ду ҳҿаԥхьа ишықәгылогьы.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Абџьар аҩысҭаа дҭатәоуп

Абар лыԥсҭазаара далхуп, зыҷкәын хәыҷ иааӡара иазгәышьуаз Гульгаз Мамедова, ацәгьоуҩы иакәзар, аԥшеи ақәеи аныбжьаслак, аԥсуа зинхьчаратә система ишаҟазшьа ҷыдоу еиԥш, аҭакразы иқәырҵо рацәамхакәа, хымш рзы ҽнак ҳәа рацәак хара имгакәа, адунеи еиҭа днықәларгьы алшоит. Уи аҩыза аҭагылазаашьа ҳашьцылахьеит.

Аҳәса рзинқәа рыхьчаразы ауаажәларра ақәгыларақәа мҩаԥыргаргьы, зегь акоуп, абџьар ишакәым ахархәара азҵаатәы аҭыԥ ианықәрымҵа, амаҷ азы иааҭырҟьаны ауаа рышьра апроцесс аанкылара уадаҩхоит. Аԥсуа хацәа абџьар ауаа рылгара азҵаатәы иаҿагылоит, «макьана ҳаԥсадгьыл ашәарҭара иҭагылоуп» рҳәоит дара, хауаажәлар Қырҭтәыла ицаны рыҽшырыхәшәтәуа, аилахәҳахәҭреи шҳабжьо рзымдыруашәа.

Иахьа Аԥсны аӡәгьы изгәаҭаӡом,  абџьар аҳәса раныхразы иршазшәа, аамҭа-аамҭала ргәаҵӷа акылжәара ишаҿу…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0