Алықьса Гогәуа: сызнысхьоу амҩеи сызхаану аамҭеи даара имариамызт

© Sputnik Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча- иԥа Гогәуа
Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы, Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча- иԥа Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа 88 шықәса ихыҵит. Ари ахҭыс инадҳәаланы ишәыдаагалоит Sputnik акорреспондент ашәҟәыҩҩы 86 шықәса анихыҵуаз имҩаԥигаз аиҿцәажәара.

Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа Sputnik Аԥсны акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭеиҳәеит аԥсуа литература иахьатәи аҭагылазаашьа зеиԥшроуи, иара ирҿиара хыҵхырҭақәас иамоуи. 

– Алықьса Ноча-иҧа, иахьатәи аҧсуа литература аҿиара ҷыда ҟазшьақәас иамоузеи егьырҭ апериодқәа ирҿырҧшны шәахәаҧшуазар?

– Иахьа, апостсовет литературақәеи, аԥсуа литературагьы уахь иналаҵаны, адунеизегьтәи асахьаркыратә литературеи реизыҟазаашьақәа, реиҭанеиааирақәа, аиҭагара азҵаарақәа уҳәа апроблемақәа рацәоуп. Макьана ишаҭаху, ишеиӷьу иҟам ҳәа сгәы иаанагоит.

Ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Никәала Кәыҵниа: ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа дрықәнаго дыҟазароуп

Асоветтә ҟазара, алитература аԥхьа инаргылан, уи аидеологиа анапы ианын. Уажәы, ԥасатәи асоветтә тәылақәа рҿы уи азы рхы иоужьуп. Убри аҭагылазаашьа ишеибаку амҩа ҿыц ахь аиагара апроцесс нымҵәац. Ҳәарада, аҟазараҿы, хыла алитератураҿы, иааидкылан акультураҿы, иахьа адунеи зегьы аҿы имҩаԥысуа егьырҭ аиҭакрақәа, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы атехнологиа ҿыц, аинтернет уҳәа рнырра зегьынџьара инаӡоит.

Иахьатәи аԥсуа литература аҿиарагьы убарҭқәагьы аныԥшуеит. Раԥхьа иргылан, иҿиоу алитература, зегьы рҿеиԥш, аԥсуа литературагьы иарҳахьеит ахатәы традициақәа.

Иахьа имҩаԥысуа апроцессқәа, иара адунеизегьтәи аҿиараҟынтәи иааӡо аиҭакрақәа рырҿиара шьаҭас иамоу урҭ роуп. Ҳәарада, убра аҷыдарақәа ыҟоуп. Иаҳҳәап, абжьаратәи абиԥарақәа, ҿыц аҩра иаҿу, ԥаса аасҭа убри ҳаамҭазтәи, адунеизегьтәи аиҭакрақәа, аҷыдарақәа еиҳа ирласны ирылсуеит, имчхоит. Иҟалап, абри аиԥш аҭагылазаашьа иабзоуроу ыҟазар, иахьатәи аԥсуа поезиа даара иубартә еиԥш алирикахь икҿаҳан иахьыҟоу. Ари, ганкахьала, ибзиоуп, аха маҷк атематика арҭшәозар ҟалап, убри "хыхьынтә" иаауеи, еснагь ихадоу ашьаҭақәа рҟынтәи иҩеиуа амчи русеицура иагнамырхарц еснагь иацклаԥшлатәуп. Уажәы уи, маҷк акәзаргьы, иубартә иахьыҟалаз ыҟоуп: ҿыц аҩра иалагаз, апоезиатә, алирикатә хшыҩзцара ҳаракқәа рпоезиатә бызшәа ианрызҭамыгӡо, ианырзаамырбуа. Насгьы, адоуҳатә культура иаиуз ахақәиҭра ианахнаԥаауа ыҟоуп, иԥхеиԥхеиуа иҟоу аԥсҭазаара ахаҭа аматериал ианаҩнаго, ахатәахьы ианиаргаӡо ыҟоуп. Арҭ, ҳәарада, еснагь изхылаԥштәу, еснагь амҩа иашахь иназго амчқәа амазароуп алитература, алитературатә критика раԥхьа инаргылан. Абас, аԥсуа литература, ахатәы традициақәа шьаҭас иҟаҵаны, аҿыцгьы аарбышьа азыԥшаауа, еихсыӷьра змамкәа азҵаарақәа раԥхьа изыргыло аамҭа иаҵамхарц, иахәҭоу аҽышәарақәа еснагь иахьыҟоу, иаҳәоит ҳлитература аҿиара амҩа ишану.

– Уажәтәи алитература аҟны прозала иҩу инеиҵыху арҿиамҭақәа рхыҧхьаӡара акыр еиҵоуп ажәеинраала аформа ала иҩу раасҭа, издышәҳәалои шәара уи?

– Ҳара ҳҩыратә литература Д. И. Гәлиа иажәеинраалақәа реизга ала ахы акит. Аха, иааидкылан уи арҿиара зегьы уахәаԥшыр, апрозагьы апоезиагьы еиҟараны иарбоуп уҳәартә иҟоуп. Иҟан апоезиа ала иалаган, апроза аҟынӡа акраамҭа изымнаӡаз алитературақәагьы. Уи зыхҟьоу иреиуан, афольклор аҿгьы апроза аасҭа ажәеинраала хараӡа еиҳаз аҭыԥ ахьамаз. Аԥсуа фольклор атрадициақәа рҿы акәзар, апрозатә, аиҭаҳәаратә традициақәа ракәын еиҳаз.

Джума Ахуба - Sputnik Аҧсны
Џьума Аҳәба: раԥхьатәи сҩымҭа анылеит ажурнал "Алашара" ахԥатәи аномер

Ашьҭахь, асоветтә период ианамҽханакы, сгәы иаанагоит, апроза аиҵахара мзызс иамақәаз иреиуан ҳәа аҳәынҭқарратә идеологиа иҟанаҵоз ақәыӷәӷәара. Апоезиаҿы, ажәеинраалаҿы, алирикаҿы уи ахьыршшара еиҳа иауан. Уажәы, инханы иҟоу убри атрадициа аинерциа иахҟьогьы рацәоуп. Иара убас, иахьа зегьынџьара аҳәынҭқарратә идеологиа аҟынтәи акультура иаиуз ахақәиҭрагьы иахҟьо ыҟоуп. Асоциалтә ԥсҭазаара иахьеи-уахеи иқәнаргыло азҵаарақәа (социальные заказы) официалла иахьыҟам, аҟазара, асахьаркыра, алитература авнагоит, урҭ рыла имырхьанҭакәа, еиҳа "ицқьоу", еиҳа иԥшӡоу ахь иахоит уҳәартә иҟоуп. Сгәы иаанагоит, ԥаса асоциалтә ҭаххарақәа рдиктат шымыцхәыз, нас аҽшаԥсахыз аиԥш, ари аҩыза аҭагылазаашьагьы аҽаԥсахуеит, асоциалтә активра еиҳахоит ҳәа. Алитература аԥсҭазаара иасаркьа иашан инхароуп. Ҳара ҳлитературагьы уи амҩа ауп изқәу.

– Шәара шәырҿиамҭақәа Аҧсни уи анҭыҵи аҧхьаҩцәа маҷымкәа ирымоуп, шәҩымҭақәа рҟнытә еиҳа ишәзааигәоу, насгьы еиҳа сҿахәы аласҳәеит ҳәа ззышәҳәо ыҟоума?

– Ажәа "аҿахәы" даара иажәа ҭынхоуп. Сҩымҭақәа рҟынтәи акы алхны, абри сҿахәы аласҳәеит ҳәа исыԥхьаӡом. Сҿахәы нагӡаны, сара ишысҭахыҵәҟьаз исҳәеит ҳәагьы сгәы иаанагом. Сзыхьӡазгьы, изыҩхьоу иреиӷьу зегьы еицҵаны ирылсыршаз ауп. Сҿахәы аҳәара сашьҭан, сашьҭоуп, саҿуп, аха ари аԥсҭазаараҿы ауаҩы деимырхха дызку убасҟак ирацәоуп, иара аԥсҭазаарагьы убасҟак аҽунаҭом, изҭахуҵәҟьа зегьы зылшаны иҟазҵахьоу, инҭыркәкәаны изҳәахьоу дыҟоуп ҳәагьы сыҟам. Адуӡӡақәагьы налаҵан. Егьирахь, аҩымҭақәа рахь еиҳа иузааигәоузеи ҳәа азҵаара ансырҭо, ажәабжьқәа рыла салагоит. Аха уи иаанагом егьырҭ еиҵастәуеит ҳәа.

– Шәышҧахәаҧшуеи, иахьа ашколтә программа иалагалатәу асахьаркыратә рҿиамҭақәа ыҟоума, иахәҭоуп ҳәа ишәыҧхьаӡозар иарбан ҩымҭақәоу урҭ?

Ахьӡ-аԥша аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Мушьни Миқаиа: сара сырҿиара амҩаҿы зны схалон, зны сылбаауан

– Ашколтә программа ирлас-ырласны иахәаԥшлатәуп, аамҭа иаанаго акорректурақәеи аҩымҭа ҿыцқәеи алагалалатәуп. Иҭкааҵәҟьаны уа исзымдыруа рацәоуп, аха ишагқәоу аҟара здыруеит. Ҳара ҳҿы, арҵагатә шәҟәқәеи асахьаркыратә литературеи реимадараҿы атрадициа бзиақәа ыҟан, иҟоуп ҳәа сгәыӷуеит. Уи асфераҿы аус руан Д. И. Гәлиа, А. М. Ҷоҷуа, Н. Патеи-иԥа уҳәа ахатәрақәа. Еиҳа аакьыскьа сара издыруа рахь дыҟан М. Нинуа, дыҟоуп В. Ҳалбад. Иҟазар акәхоит иҵегьы иҿоу рахьтәгьы, уажәыҵәҟьа сара уи асфера сацәнасҭхоуп. 

– Адунеитә литературеи аҧсуа литературеи рҟны шәара иалкааны бзиа ижәбо арҿиаҩцәа ыҟоума?

– Абри азҵаара аҭакс абра еиҭазгәасҭоит жәохә шықәса раԥхьа "Абхазия в лицах" арубрикаҿы "Бзиа иубо ашәҟәыҩҩцәа" ҳәа исырҭаз азҵаара аҭакс ианысҵаз: "Урҭ рацәаҩуп. Асахьаркыратә ҩымҭақәа рнаҩсгьы, еснагь срызҿлымҳан аморал-философиатә ҟазшьа змоу аусумҭақәа. Иаҳҳәап, "Марк Аврели игәҭахәыцрақәа",  "Сенека иуаҩра-ламыстә салам шәҟәқәа", Ли Цзи – "Конфуцианра аҵасқәеи ақәҵарақәеи", Ницше – "Абас иҳәон Заратустра", нас ааскьатәи аекзистенциалистцәа, аурыс философ Фиодоров иусумҭақәа, ҳәара аҭахымкәа – Хосе Ортега, Гассет, Камиу рестетика-философиатә усумҭақәа, аԥсуа мифологиа. Ашәҟәыҩҩцәаҵәҟьа рахьтә, рҭгьы рацәаҩуп: Платонов, Буццати, Маркес, Томас Вульф, Иурсенар, Кобе Абе еиҳа данҿазтәи иҩымҭақәа. Насгьы зыжәлар зегьы ртәы еиҳа инарҭбаан, инарҵаулан изҳәоз: Лев Толстои, Данте, Сервантес, Рабле, Свифт, Фолкнер. Апоетцәа рахьтә: Лермонтов, Блок, Рильке, Верлен, Елиот, Хименес, Цветаева, Есенин, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба. Ара ахыԥхьаӡарақәа шырацәоу збоит, аха уаҳа ҳәашьа сзаҭом.

– Алықьса Ноча-иҧа, иаҳзеиҭашәҳәар ҳҭахуп шәара ашәҟәыҩҩра ашҟа шәымҩа шылышәхыз, шәгәы ианбаҭашәеи сышәҟәыҩҩхоит ҳәа?

– Иҟалап убри атәык аханатә сшьа иныҟәнагозҭгьы. Насгьы, саб дажәабжьҳәаҩын, убрыгь схыҵхырҭақәа иреиуоуп. Игәалашәоз, иидыруаз, иссирқәаз даара ирацәан, иҳәашьа алагьы даара дҟаза дуун. Алакә иҟалахьоу аиԥш иҳәон, иҟалахьоу алакә еиԥш. Абри аиԥш аҟазара саргьы снапаҿы иаазгар сҭахын. Иара ишысҭахыҵәҟьаз исзыҟамҵазаргьы, изыҩхьоу даара зхы азышьҭны иаԥхьо игәеимҭакәа зыҟалом уи даара ишаныԥшуа.

Баграт Шьынқәба иԥа, Бенур Шьынқәба. - Sputnik Аҧсны
Шьынқәба: саб иҳәон, аҭоурых зхашҭыз дзыниауа рацәахоит ҳәа

Сышқәыԥшӡаз абри санхәыҷызнатә исаҳауаз, сгәы сзырхьыз, сзыргәырӷьоз, иџьасшьаз ртәы ақьаад ахь аиагара иақәыскит. Аха акраамҭа сгәы ишҭаскуаз аиԥш иалҵуамызт. Иӡыхь-ԥсыхьха инхон. Уи ԥыҭраамҭак саргәаҟуан, аха саргьы саҟәымҵкәа саҿын. Саныҩеидас, ҿырҳәалатәи алитературеи аҩыратәи алитературеи реиԥшымрақәа еилыскаауа салагеит. Хәыҷы-хәыҷла, аушәақә аиҭаҳәаратә ҩышьа сҽацәго, схатәы ҩышьа, схатәы стиль сашьҭалеит. Убарҭқәа акыр рышьҭахь еилыскаауа салагеит абри исылоу иахьынӡаснаҭо аус азура сыԥсҭазаараҿы ишхадоу.

– Раҧхьаӡа шәырҿиамҭа акьыҧхь аҿы ианцәырҵ ишҧашәыдшәкылеи, шәыҩнуҵҟатә ҭагылазаашьа зеиҧшразеи раҧхьаӡа шәҩымҭа знылаз аҭыжьымҭа анаанышәкыла?

– Акьыԥхь анабалак акәым, снапылаҩыра анапыла кьыԥхьга иҵхны иансоулак, аԥхьара сахашәалом. Ари азҵаара усҟак салалом, дарбан шәҟәыҩҩзаалакгьы иҩымҭа акьыԥхь анаба, иара изы ныҳәоуп.

– Арҿиамҭақәа раҧҵаразы иалкааны ҭыҧк шәымоума, насгьы шәҩымҭақәа рира шыҟало атәы маҷк шәалацәажәар ҳҭахуп. Имаҷҩымкәа арҿиаҩцәа ирҳәоны исаҳахьеит рҩымҭақәа аус анрыдыруло, аҷытбжьы рмаҳауазароуп, рхәыцрақәеи дареи еизаанхозароуп ҳәа, шәара аҩымҭа анаҧышәҵо ишҧаҟоу?

– Ҳәарада, ашәҟәыҩҩы хазы ашәарҭа, аусурҭа имазароуп. Иҟан иансымамыз, аха исымоуижьҭеигьы акрааҵуеит. Уа иҟоуп сбиблиотека, сызхатәоу астол, ажәакала, аусуразы иаҭаху. Ашәҟәыҩҩы аус аниуа иахьынӡалшо ихи иареи еизынхароуп, шаҟа иҭынчроу, шаҟа уаҩы диԥырхагам аҟара изеиӷьуп.

– Аҟыбаҩ злоу еиҵагыло аҿар рахьтә аиҳараҩык ажәеинраалақәа рыҩуеит, иҟоуп аклассикатә форма алзхуа, даҽа шьоукы зхы иақәиҭу ацәаҳәақәа еиқәдыршәоит, ирабжьыжәгои аҿар?

– Агәыӷра ыҟоуп ажәеинраалақәа зыҩуа аҿар рахьтә аӡәырҩы апрозахь, адраматургиахьгьы инанагап ҳәа. Ҳаамҭазтәи аԥсҭазаара аиҿыхарҭақәа убас ирацәахеит, реилыргара, реилкаара, ауаҩытәыҩса еиҳа имаҵ еиӷьны излауша алхра убасҟак иуадаҩхеит, уи аарԥшраҿы жанрс иҟоу зегьы адгалатәуп, рымч шәатәуп. Алитература зыԥсҭазаара зегьы аҿы иҿахәҳәаган иҟазҵарц згәы иҭоу ауаҩы урҭқәа зегьы дрызхәыцуазароуп.

Денис Чачхалиа ишәҟә ҿыц аӡыргара мҩаԥысит

Егьирахь, иҟан, иҟоуп зхы иақәиҭу ажәеинраалақәа зыҩуа. Зхы иақәиҭу ажәеинраала аверлибр ҳәа иашьҭоуп, ишдыру аиԥш. Уи, арифма ахьамам анаҩсгьы, аҩнуҵҟатәи аиҿкаашьа, ашьҭыбжьқәа уҳәа русеицушьаҿы ажанртә ҷыдарақәа амоуп. Урҭ зыҩуа идыруазароуп, аречитатив, аритмика мацара зхы иақәиҭу ажәеинраала шалымҵуа. Аԥсуа поезиаҿы аверлибр усҟак атрадициақәа амам. Уи аҿы изҭаххаҵәҟьан зхы ԥызшәо ирыҩлар бзиоуп. Аха, хыла сара сгәы иаанагоит, уи, егьа аҿиара аиургьы, аԥсуа поезиаҿы, иара апоезиатә бызшәа ашьҭыхразы, ажәеинраала абжьы аиӷьтәразы, амч аиҳатәразы уҳәа, арифматә жәеинраала еснагь аԥхьагылара ахәҭоуп ҳәа. 

– Аҧсны Аҳәынҭқарра аргылараҿы имаҷымкәа ауадаҩрақәа ыҟоуп, иарбан мҩоу иахьа ҳазну, ҳтәыла ӷьацарц азы аиҳабыреи ажәлари рхы мҩаҧыргарц шҧахәҭоу?

– Ҳәынҭқаррас иҟоу зегьы ишьақәгылахьоугьы, иӷәӷәахахьоугьы рҿы аҭагылазаашьа мариа ҟалаӡом. Уи ауадаҩрақәа еснагь иацуп. Ҳара ҳҳәынҭқарра, егьа ауадаҩра ахнагахьазаргьы, иахьа иҭагылазаргьы, ашьақәгылараҿы, аҿиараҿы, уеизгьы ԥыҭк инаскьахьеит. Раԥхьа иргылан, убарҭ иҟоу, ицәырҵуа ауадаҩрақәа зыхҟьо еилкааны иҳамазароуп. Изыхҟьо узымдыруа рҽеишьагьы ыҟаӡам. Насгьы, ҳагхақәа раԥыхразы иаҭаху ҳәа иаҳаԥхьаӡо аҿы ҳаиқәымшәарақәа ҳаиӷацәаны ҳҟанамҵароуп. Ҳаизааибаган, аиашахь акылсшьа ҳҵароуп. Уи ада хәшәы ыҟаӡам. Убарҭ зегьы ҳампыҵаманшәалахарц, убарҭ инарываргылан, наџьнатә аџьыкацеиԥш ҳҟаҵаны ҳаидкылан ҳазку зегьы, ҳбызшәагьы иахьахәҭоу инаргылан, еиӷьны ҳнапаҿы иааҳгароуп, иахьаҳцәагхаз иацаҳҵароуп, иҳариашароуп. Убарҭ ҳашьаҭақәа рҿы, аԥсуараҿы, уи агәыцә – аламыс аҿы иарбоуп аҳәынҭқарра ашьақәыргылареи, ажәлар реидкылареи, адунеи ахь ацәырҵраҿы иахәҭоу, зықәныҟәара аҭаху, ҳара еиҳа иаҳзыманшәалоу формоуп. Ажәларгьы, аинтеллигенциагьы, аиҳабырагьы абарҭқәа рҿы рхы агәра анырга, уи аиӷьтәра, арҿиарахьы рҽандырха, убас иарманшәалоит, ҳтәыла анҭыҵ иҟоу аҳәынҭқаррақәагьы, ажәларқәагьы игәарымҭар, ҳагәра днамыргар, ҳаҭыр ақәрымҵар зыҟалом. Ихәыҷы, иду, жәларак рыԥсҭазаашьаҿы абас иаԥсоу акы анрықәҿиа, зегьынџьаразгьы акраанагоит.

Иҭыҵит ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга "Аӡаӡа арыцқәа"

Насгьы, зегьынџьара ҩнапыкла акрура ҳаҿнахроуп!

– Аҧхьаҩцәа ирзеиҭашәҳәар ҳҭахуп иарбан рҿиамҭоу иахьа аус здыжәуло?

– Урҭ ртәы акырџьара изыҩхьеит: сызлымгац, зыбжара инхаз ҩ-романк сымоуп. Убас, иахьагьы-уахагьы сҽырнысшәоит акраамҭа сгәы иҵхо, сзызхәыцхьоу, аха зыҩра сахьымӡац ажәабжьқәа, аессеқәа. Ҳәарада, исҭахын убарҭ рылгара сахьӡар. Убарҭ зегьы рҿы ишьҭыхуп иахьа уажәраанӡа сҽызнысымшәац, аԥсҭазаара иҳаднагало азҵаарақәа акыр. Аха ақәра иара атәы ҟанаҵоит, избап уи иахьынӡаснаҭо.

– Алықьса Ноча-иҧа, 86 шықәса ирылагӡаны аҧсуа литератураҿы ишәылшаз даараӡа ирацәоуп, иҟашәҵараны иҟоугьы маҷӡам. Шәызнысхьоу амҩа шәаназхәыцуа, иҟоума иахьа ишәыҧсахырц ишәҭаху?

– Ари азҵаара ажәа ҭынхоуп. Сызнысхьоу амҩа даара имариамызт, сызхаану аамҭагьы. Урҭ еснагь иныҟәыргоз адрама еснагь ишәарҭан атрагедиахь аиасраз. Ауаҩы имоу-ихӡу уҳәа рганахьала аԥсҭазаара атәы ҳалацәажәарым. Егьирахь, абри амҩаҿы, ауаҩра, аҩызара, аганахьала аума, ажәлар, амилаҭ, аполитика, аҳәынҭқарра рганахьала аума, снапы ианыз аҟазара аганахьала аума – џьара, шьаҿак иадамзаргьы, аганахь иҟасымҵеит, принципла уи сшьаҿа хьаҳәаԥаҳәа амам. Ҳәарада, уи аганахьала изакәызаалак акгьы ԥсахра ақәӡам.

Ажәабжьқәа зегьы
0