Алла Џьниаԥҳа: аибашьра алагаанӡагьы, ақырҭцәа аҿагылара раҳҭон

© Sputnik / Саида ЖибаАлла Джения
Алла Джения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилаҭ хақәиҭратә қәԥара активла иалахәыз, Жәлар рфорум "Аидгылара" Гагра ақалақь ахәбатәи аиланхарҭаҟны еиҿкааз ахәҭаҷ иахагылаз Алла Камидаҭ-иԥҳа Џьниаԥҳа еиҭалҳәеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа, маӡала ҳмилаҭтә интересқәа шырхьчоз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Жәлар рфорум "Аидгылара" аус ду мҩаԥнагон Аԥсны ахыи-аҵыхәи. Гагра араион аҟны 300-ҩык инарзынаԥшуа ахацәеи аҳәсеи алан. Ақырҭцәа иаартны "Аидгылара" активистцәа аиԥыларақәа ддырҟаҵомызт аҟнытә, маӡала аԥсуа школ аҟны аиқәшәарақәа мҩаԥыргон. Ҳмилаҭ ԥхьаҟа ацара иаԥырхагахоз аԥшьгарақәа ҳпатриотцәа аҿагылара зларҭаша иалацәажәон.

Арымарахь итәоу - Ӡаӡу Ҳаҳәыбиа - Sputnik Аҧсны
Ҭамара Жәанԥҳа: ҳхәыҷра лахьеиқәҵарала имҩасит

1990 шықәса, лаҵарамзазы, Қырҭтәыла ахьыԥшымра амш аназгәарҭоз, Гагра иқәынхоз ақырҭцәа рхаҭарнакцәа ирыӡбеит уи аныҳәамш мҽхакы ҭбаала астадион аҟны иазгәарҭарц.

Ажәытәынхацәа ражәақәа рыла, Гагратәи астадион дара рмилаҭ реизарҭа акәӡамызт. Ақырҭцәа рыгәҭакы аԥсуа ҷкәынцәа рлымҳа ианҭас, иазгәарҭоз амш уахык шагыз, Бзыԥҭа аиԥылара мҩаԥганы ирыӡбеит, алозунгқәа рыманы, астадион иҭаланы итәарц, адырҩаҽны рныҳәа иаԥырхагахарц.

"Уи аҽны шәҩыла ажәлар еизеит. Ҩ-милаҭк ашьа рҿибахуа аҟынӡа инеит. Жәлар рфорум "Аидгылара" активист Лиова Гыцба арупор ала, астадион аҿаԥхьа ишьақәыргылоу ашьапылампыласцәа рбаҟа дықәгыланы, ажәлар машәыр ҟарымҵарц азы дрылабжьон. Убасҟан, ақырҭуа ҳәсацәа имҵкласуа, дкажьны ирупор имырхуеит ҳәа иалагеит. Сара сахьгылаз ианысзымычҳа, рыжәҩақәа ианкны, аганахь сынрыхеит. Абираҟқәа кны игылаз егьырҭ ақырҭуа ҳәсацәа, сҩыза ԥҳәыс Валиа Бигәааԥҳа дынрыдххалан, рбираҟ аарымжәааны, иԥылҵәеит", — ахҭыс еиҭалҳәоит Алла Џьниаԥҳа.

Жәлар рфорум "Аидгылара" активистцәа дреиуан Алла лыԥҳа Ирина Сыҷынааԥҳагьы. 1990 шықәсазтәи аԥсуа-ақырҭуа еиҿыхарақәа раан аҭыԥҳа гәымшәарыла ҳаӷацәа дырҿагылеит. Лҩызцәа Леила Коӷониаԥҳаи Фатима Қәпалԥҳаи астадион агәашә илагыланы, ақырҭцәа нарышьҭуамызт. Афырԥҳәызбацәа, зҭаҷкәым раҵәаны ирҿаӷаӷоз ақырҭуа хацәа ирцәымшәакәа, ирықәнагаз аҭак рырҭон.

Астадион аҟны аиҿыхарақәа цонаҵы, гәыԥҩык аԥсуа ҳәсацәеи аҭыԥҳацәеи рашьцәа ирывагыланы, рҽеибаркны ақалақьтә нагӡком ахыбрахь инеит. Уи аиҳабы Кучухиӡе акабинеҭ дыҩнцаны, ишә аӷәгьы аадырхит. "Абрантәи ҳдәылҵӡом, ахыбра ақырҭуа бираҟ ахышәымхыкәа", — ҳәагьы рарҳәеит.

Людмила Сергьегия - Sputnik Аҧсны
Лиудмила Сергьегьиаԥҳа: "Аидгылара" ҳхақәиҭра иашьаҭахеит

"Астадион аҩнуҵҟеи, анҭыҵи ақәибыхра ыҟан. Доусы иԥыхьашәоз, алабеи, аихеи, ахаҳәи рҟьара иаҿын. Убасҟан Гагратәи амилициа аиҳабыс иҟаз, Гогиа зыжәлаз сылаԥш дааҵашәеит. Иара аԥсуа ҷкәынцәа еимлагәа амашьынақәа ирҭартәаны, амилицахь идәықәиҵон, иара итәқәа дынрывс-аарывсуан. Сгәы ианазымчҳа, сиқәымчит, аҩ-милаҭк ҭынч реилыҵра дахьахамҵгылоз азы. Анаҩс, аҩнуҵҟатәи архәҭақәа аабатәи аполк ажәлар еимдырҟьеит", — лҳәоит аибарххарақәа ирылахәыз Алла Џьниаԥҳа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭалаз, ҳтәыла раионцԥхьаӡа амлашьра акциақәагьы мҩаԥыргеит аԥсуа патриотцәа. Гагра ақалақь, акинотеатр аҿаԥхьагьы, амлашьра итәеит "Аидгылара" алахәцәа гәыԥҩык.

"Сҩыза Зита Гьерзмааԥҳаи сареи, акинотеатр авара, абаҭиирҭаҟны аус ҳуан. Амлашьра ахьынӡацоз, адәқьан аҳаркит, "ҳашьцәа гылаанӡа, аус ҳуам" — ҳәа ашә аҟны аҩыра кыдҵаны. Аҷкәынцәа усгьы аҿаҵа рфомызт, аха ахьҭа иамкырц азы ҳархылаԥшуан", — ҳәа азгәалҭоит Алла Камидаҭ-иԥҳа.

Аибашьра уамак шагымыз, Жәлар рфорум "Аидгылара" алахәцәа ацәалашәарақәа роухьан, иаҳхаԥахьаз ақыртцәа рхымҩаԥгашьала иҳабашьырц шыргәиҭоу.

"Маӡалатәи ҳаиԥыларақәа раан, "Аидгылара" ахәҭаҷқәа рхаҭарнакцәа ҳнапы ианын, аԥсуа ҭаацәарақәа ҳрылсны, иԥхасҭамхо афатәи, ахәшәқәеи аидкылара. Лиалиа Сергьегьиаԥҳаи сареи ҳнапала, амашьына акамерақәа ԥҟаны, ашьа нызкылаша аҿаҳәагақәа ҟаҳҵон. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, еидаҳкылахьаз ахәшәқәа ахәшәтәырҭахь иаҳгеит, аамҭакы ашьҭахь, ақырҭцәа рнапахьы ишааргоз агәра анаҳга, иҳалҳаршеит абжеиҳара дәылганы Бзыԥҭаҟа ашьҭра", — илгәалалыршәоит Алла Џьниаԥҳа.

Еиуеиԥшым аамҭақәа раан, ахацәа ирывагыланы, рыжәлар раҳаҭыр рыхьчон ахаҵамԥҳәыс ҳәа ззырҳәоз аҭыԥҳацәа. Убарҭ дреиуан, зыԥсадгьыл иазылашаны иазгылаз Алла Џьниаԥҳа лыԥҳа Ирина Сыҷынааԥҳагьы.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, ԥхынгәы 25, 1993 шықәсазы, Аҩадатәи Ешыра, Гәымсҭатәи афронт аштаб амҩақәҵаҩ, 27 шықәса зхыҵуаз, зқәыԥшра зегьы амилаҭ хақәиҭратә қәԥара иазызкыз, аԥсадгьыл ашьаарҵәыра ианҭагыла, зашьцәа ирывагылаз Ирина Сыҷынааԥҳа лыжәлар дрыԥҳоит.

Аԥсуа ԥҳәыс Алла Џьниаԥҳа ҿырԥшыгара луан хәҩык лыхшара рзы. Ахәыҷқәа ран илҿырҵааит аҭакԥхықәра, аԥсадгьыл ахь абзиабара, иаҭаххар уи азы ахамеигӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0