Ирина Ԥлиаԥҳа: Ҭырқәтәылантәи сынасыԥ аауеит ҳәа схгьы иҭашәомызт

© Фото : Предоставлено Саидой ЖибаИрина Пилия
Ирина Пилия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ахырқәшамҭаз, раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәылантәи зџьынџьдгьыл ахь иааз Ҭуран Изеҭ-иԥа Быҭәба иԥсадгьыл аҟны иразҟы шизыԥшыз, уи нахыс араҟа ибзазара шышьақәгылаз атәы еиҭалҳәоит хатә ҩызас изыҟалаз Ирина Ԥлиаԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ирина Шьрыф-иԥҳа Ԥлиаԥҳа диит Гәыԥ ақыҭан. Аракишвили ихьӡ зхыз Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа даналага, 20 шықәса аус луит Очамчыратәи амузыкатә школ ахор адирижиорс. 1990 шықәсазы Ирина лан Лиубовь Маҳҭы-иԥҳа Аҩӡԥҳа амҩатә машәыр аҟны дҭахоит. Уи нахыс лусура ныжьны, ақыҭахь дхынҳәоит. Аҭыԥҳа дылбар акәын Аџьынџьтәалатә еибашьра Дуӡӡа аветеран, зызшьапык змамыз лаб Шьрыф Зосим-иԥа.

Саим Авидзба - Sputnik Аҧсны
Саим Аҩӡба: абызшәа мыӡырц аҳәынҭқарратә программақәа иҵегьы ирҭбаатәуп

Ҭуран Изеҭ-иԥа Аԥсныҟа аара игәы иҭеижьҭеи акрааҵуан. Иаби, иабдуи уи шырхәыцуаз ауп рыԥсҭазаара ишалҵыз. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Ҭуран иашьа гәакьа Низам Быҭәба, хатәгәаԥхарала иџьынџьдгьыл ахь дааны, абџьар шьҭыхны иашьцәа дрывагылеит. Шықәсык аахыс иӡбахә змаҳацыз иашьцәа ргәы хыҭ хыҭуа Аԥснынтәи иӡбахә иазыԥшын. Аҭагылазаашьа аныҟала, Ҭуран Аԥсныҟа иаауоз ҳџьынџьуаа рделегациа дацны дааит. Низами иареи еиқәшәеит. Рдацқәа ахьынтәаауоз, Ҷлоу ақыҭан рыуацәа рыԥшааит.

Атәыла Ахадара аишьцәа Быҭәаа Уарча ақыҭан аҩнқәа рырҭеит, аха аамҭа хьанҭа иарҿиаз ацәгьоурақәа дара изныкымкәа ирныԥшхьан аҟнытә, уи аԥхьаҟа Низам Гагра араион, Лӡаа ақыҭан изалырххьаз анхарҭахь ииасит.

Зхәыҷра аахыс зыԥсадгьыл згәы азыбылуаз Ҭуран, знык иџьынџьдгьыл ишьапы анықәиргыла шьҭахьҟа дшымгьежьуа агәра игеит. Шықәсык анҵы, раԥхьатәи зразҟы зқәыԥшра аан еиԥҟьахьаз Ҭуран, Аԥснытәи иҩызцәа иабжьарго иалагеит аҭаацәара далаларц.

Убас Ирина Ԥлиаԥҳа ибзианы дыздыруаз Ҷолокәуа рҭаацәара ақьаӷьариара уны, Ҭуран даашьҭхны ԥҳәысҳәара Гәыԥҟа ицеит.

"Сҭаацәаратә ҭагылазаашьа иахырҟьаны бзиа избоз сус нсыжьит. Ақыҭаҟны саб дызбон, анхамҩа ныҟәызгон. Ԥхыӡла избаргьы ихасҵомызт, схатәраны ҭацара зуоит ҳәа" — алаф ахҳәаауа илгәалалыршәоит Ирина Шьрыф-иԥҳа.

Махмуд Кушьба - Sputnik Аҧсны
Маҳмуд Қәышьба: ажәыларақәа рахь ҳанцоз ҳалахь еиқәны амҩа ҳақәломызт

Ахҭыс иаршанхаз Ирина, иаразнак мап лкит. Раԥхьаӡакәны лаб дизхәыцит, избанзар лашьа хазы дынхон, еилылкаауан, ахамыхәа ихала нхашьа шимамыз.

"Сара мап скит, аха уамашәа избаратәы, саби, сашьеи, сыуацәеи исабжьарго иалагеит, блахьынҵа бацәхьамҵын, ауаҩы хазына мап ицәыбымкын, баб дызбаша дыҟоуп ҳәа. Снахәыц-аахәыцын, сақәшаҳаҭхеит", — лҳәоит дԥышәарччо Ирина.

Аӡәгьы изы имаӡаӡам, аибашьра ашьҭахь ҳажәлар рыхныҟәгара шыцәгьаз. Ҭурани Иринеи анеибага, Лӡаа аишьцәа еицынхо иалагеит, уи аамҭазы Низамгьы аҭаацәара далалеит. Шықәсыбжак ашьҭахь, Аԥсны аиҳабыра, Ҭуран иԥшәмаԥҳәыси иареи, Низам изааигәара анхарҭа ҭыԥ рырҭеит.

"Аиашазы ҳабзазара ашьақәыргылара даара иаҳцәыуадаҩхеит. Ҭурани сареи ҳамчымхан, аишәа иқәаҳҵоз анҳамамызгьы ыҟан. Иҳарҭаз аҩны акҿаҩреи аҩнымаҭәеи рыла еибыҭатәын. Урҭқәа зегьы зныҭрыс иҳалымшеит. Сабраа рахь ҳцаргьы ҟалон, аха амаҳә иабхәа иахь нхара дааит ҳәа рымҳәарц азы, уалла афатә ажәтә ааҳгон. Изныкымкәа Лӡаа ақыҭанхацәа Руслан Вели-огли, Саша Гәочуеи, даҽа ҩыџьа-хҩыки ԥарала иҳацхраахьан", — илгәалашәоит Ирина Ԥлиа.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Альԥер Бганба: Аԥсны аизҳара амҩа иануп, сгәы дуны схынҳәуеит Ҭырқәтәылаҟа

Ҭуран Быҭәба агәамбзиара иман. Акыр шықәса ҵуан ица ахьаа инаҭоуижьҭеи. "Арыцҳара ахала иааӡом" шырҳәо еиԥш, ахәшәтәырҭа дышьҭамлар амуит.

"Уеизгьы ҳҭагылазаашьа шыуадаҩыз, ҳабӷа даҽа еидарак ықәҳаит. Аха иҟаҳҵарызеи, ҳақәԥар акәын. Сара сыуацәа Очамчыра араион инхон, усҟан адыррагьы рызҭагәышьодаз, иҳацраауаз дыҟамызт. Изызӡарызеи, изныкымкәа апалатаҟны ихацышьҭаз рыфатә анҳацеиҩыршозгьы ыҟан. Аҳақьым-аԥҟаҩы Виачеслав Аргәын иакәзар, егьараан хәыда-ԥсада ҳҿиххьан, илаԥш ҳхын", — ҳәа азгәалҭоит аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭақәа знырыз аԥҳәыс.

Ирина Шьрыф-иԥҳа лабгьы имаҵ луан, аха ариаҟара аџьабаа идылбаломызт. Асаби еиԥш акәын зхы иамыхәоз Ҭуран дшылбоз. Иара ахәшәтәырҭа данҭашәалак мызла дышьҭыҵӡомызт. Егьа дааԥсазаргьы, Ирина зныкгьы лгәы иҭамшәеит, лабраа рахь ахынҳәра. Илразҟхаз ауаҩы диарӷьажәҩаны дизыҟалеит.

"Ҭуран лассы-лассы ихьаа аҽарцәгьон. Ахаан ҳазлымҵшаз ауал ҳақәаҳҵахьан. Убасҟан, схы сгәахәшәаны сшыҟаз, џьоукы исабжьаргеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Руслан Назим-иԥа Иазычба иҟны сцарц. Ус иагьыҟасҵеит. Иара сгәы иҵхоз гәалсрала идикылеит, анаҩс, ҳазҵаара ззынархаз Аԥсны адемографиатә фонд Гагратәи аҟәша аиҳабы Лиудмила Мсураҭ-иԥҳа Сергьегьиаԥҳа лахь сдәықәиҵеит. Излеилкаахаз ала, лара ҳаӡбахә лаҳахьан. Сара ахаан исхашҭуам, шаҟа гәаартыла, илызгәакьаз аӡә леиԥш сышлыдылкылаз. Илбеит сгәы шԥжәоз, схала сыпроблемақәа рыӡбара сымч шақәымхоз. Лиудмила Мсураҭ-иԥҳа хара имгакәа, Руслан Назим-иԥа ҳус аҵыхәала диацәажәеит. Сабхәандеи сареи ҩ-миллионк аԥара ҳауратәы иҟарҵеит", — лҳәоит Ирина Ԥлиаԥҳа.

Аҩ-ҭаацәарак ироуыз аԥара еиҩшаны, рхы иадырхәеит. Ирина иаразнак луалқәа лшәеит, Ҭуран хәшәыла деиқәлыршәеит. Изныкымкәа Быҭәаа рҭаацәара ацхыраара рзаадырԥшхьан, Аџьар ҟаԥшьи, Адемографиатә фонд аҟнытә, ҳџьынџьуаа рырхынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә комитет ҳәа ишьақәгылаз ахаҭарнакцәа Сонер Гәогәуеи, Оқтаи Чкәотуеи, Ерқан Қәҭарбеи.

Аҭагылазаашьа уадаҩ зызхымгоз аԥшәма, Ирина иламҳәакәа рашҭа абжа иҭизаап, ршьапы иқәгыларц. Уи гәалсрала илыдылкылеит, уажәшьҭа зылаԥш рхыз Лиудмила Сергьегьиаԥха. Аха аус ҟаҵан.

Сурея Чаха - Sputnik Аҧсны
Суреиа Чаҳа: Аԥсныҟа смаар срыцҳахон, минуҭкгьы сахьымхәыц

"Ҭуран хар имамкәа даныҟала, ақыҭанхамҩа ҳнапы алаҳкит, акәты ҳааӡеит, ауҭра ҟаҳҵеит. Ҳаҩны асас дҳадаҳкыларатәы ишыҟамызгьы, хәмариала анхарҭа иашьҭаз аԥсшьаҩцәа ҳадҵаало иалагеит. Исгәалашәоит, амшын аҟнытә иаанӡа, ведрала аӡы ансыршуаз аамҭагьы", — рыбзазара шьақәгыло ишалагаз атәы лҳәоит Ирина.

Ахныҟәгара рылшо ианалага, Ҭуран ахәшәтәра дахысит Воркута. Аха абырг ичымазара ицәеижь иаиааит. 2008 шықәсазы Ҭуран иԥшәмаԥҳәыс лнапаҟны адунеи иԥсахит.

Ирина Шьрыф-иԥҳа лхатә ҩыза, аԥсылман динла акәымкәа, аԥсуа ҵасла иԥсыжра еиҿылкааит, ишахәҭаз еиԥш иԥсхәра луит, ашықәсынӡа ацәашьы лблит.

Ирина лыԥшәма иԥсҭазаара далҵит, аха лара иахьагьы гәык ала дырзыҟоуп иуацәеи иҭынхацәеи. Есқьынагьы лнапы еиҵыхны Ҭырқәтәылантәи ианаауа дырԥылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0