Аԥсуа театр аҳкәажәцәа иреиуаз

© Фото : предоставлены семьей Этери КогонияНародная артистка Абхазии Этери Когония
Народная артистка Абхазии Этери Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 27 адунеижәларбжьаратәи атеатр амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари аныҳәа аҽны Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дылгәалалыршәоит акыр шықәса аԥсуа театр иазааԥсахьаз, атеатр аҳкәажә ҳәа ззырҳәоз, Аԥсны Жәлар рартистка Еҭери Коӷониаԥҳа.

Иаҳхаҳгаз аибашьра хлымӡаах иҳацәнарӡит иреиӷьаҳшьоз, зыԥсҭазаара ҳкультура иузаҟәымҭхо иадҳәалаз ауаа. Маҷгьы мҵыцт уи аахыс, аха иаҳцәыӡыз, ҳиааира иалыхәдаахаз ргәаларшәара хьааны иаанхоит иахьа уажәраанӡагьы.

Елеонора Коӷониаԥҳа: Аԥсуа театр аҳкәажәцәа иреиуаз

Еҭери Коӷониаԥҳа — зеиԥш лыԥшаара уадаҩыз, аҟазареи, аҵареи, аинтеллекти зыԥсабараҿы еилаӡҩаз аԥсуа театр аҳкәажәцәа дреиуан. Аԥсны аиҳабыратәи абжьаратәи абиԥара рахьтә имаҷҩуп уи лыхьӡ ззымдыруа. Еҭери Коӷонаԥха лактрисара анаҩсан, ауаажәларратә ԥсҭазаара далагылан, атеатртә еилазаара напхагара алҭон, убри аҟынтә, лхыԥша рацәан аԥсуа ԥсҭазаараҿы.

© Фото : предоставлены семьей Этери КогонияНародная артистка Абхазии Этери Когония
Народная артистка Абхазии Этери Когония - Sputnik Аҧсны
Народная артистка Абхазии Этери Когония

Исгәалашәоит саныхәыҷыз оумашәа зсахьа еиҿартәыз, зеилаҳәашьа акыр ихыркыз, лан Минадора Зыхәԥҳаи лареи ҳаҩны ишаҭаауаз. Усҟан, аԥсуаа аибабара рыман, ацәгьеи абзиеи рыдагьы, абжьааԥнытәи аԥсҭазаараҿгьы еиҭанааиуан. Маҷк саныҩеидас еилыскаауа салагеит, ҳаҩны сабшала иаауа ани ԥҳаи шактрисацәаз, анаҩсан сара сfҳәшьа Ира атеатр аҿы даннанага, саргьы иансызҳа ҳаиуара инаҷыданы, атеатртә ԥсҭазаар ҳаиднакыло ҳалагеит дареи сареи. Еҭери лани лареи ҳаҩны ианаауаз иныдсыланы ицомызт, саб иҩны иаҵаԥхьон. Ауха шаанӡа сандуи Минадореи ржәытә жәабжьқәа еиҭарҳәон.

Амиран Гамгия - Sputnik Аҧсны
Агәхьаагара зцу агәалашәара

Анкьа, ҳабдуцәа хыхь Ташә илбаа аҳаблаҿ ианынхоз еицырхыргоз аамҭа уадаҩқәа анеибырҳәоз, ҳара ахәыҷқәагьы ҳарзыӡырыҩуан. Зегь реиҳа сара исгәаԥханы сзыцклаԥшуаз ани ԥҳаи реилаҳәашьеи, рцәажәашьеи ракәын. Иубон рҩыџьагьы акультура ду знырны иҟоу шракәыз, аха иара убри аамҭазы, аҭагала аныҟаз, раҳқәажә цәаҩа нышьҭаҵаны амхгьы иҳацалалон.

Еҭери Коӷониаԥҳа аԥсуа сцена дықәлеит 1958 шықәса инаркны. Лара актриса лзанааҭ адагьы, афилологиатә ҵара лыман, ибзиаӡаны илдыруан аԥсшәеи аурысшәеи. Қарҭ атеатртә инститиут данҭазгьы игәарҭахьан актриса қәыԥш аҟазара шлылаз, ааԥхьаргьы лырҭеит Грибоедов ихьӡ зхыз аурыс театр ахь.

Шоҭа Русҭавели ихьӡ зхыз Атеатртә институт астудентка Еҭери Коӷониаԥҳа "Чувствительный мечтатель" (М. Мревлишвили. ареж. Е. Брилль) захьӡыз аспектакль аҿы Нино Чавчаваӡе (А. Грибоедов иԥшәма ԥҳәыс) лроль налыгӡон.

© Фото : предоставлены семьей Этери КогонияНародная артистка Абхазии Этери Когония
Народная артистка Абхазии Этери Когония - Sputnik Аҧсны
Народная артистка Абхазии Этери Когония

Акыр шықәса рышьҭахь схаҭа атеатртә иститут санҭала, сырҵаҩцәа исзеиҭарҳәон Еҭери иналыгӡаз ароль хашҭшьа шырзақәмыз. "Лара ароль анагӡараҿы лҟазара анаҩсангьы, хшыҩла дазнеины ахаҿсахьа аԥылҵон, ахәаԥшцәагьы ахә ҳаракны иршьеит Еҭери лцәырҵра", — рҳәон уи Грибедов ихьӡ зхыу асцнаҿы дызбахьаз ҳарҵаҩцәа.

1958 шықәсазы арежиссиор А. Хорава Аԥсныҟа иааигеит Еҭери дызлаз актиортә гәыԥ ахьыхәмаруаз В. Гиуго иҩымҭа "Анджело" ала иқәыргылаз адипломтә спектакль. Лара лабиԥара иаҵанакуеит усҟантәи аамҭазы аԥсуа театр иаҵагылаз аҩаӡара ду змаз актирцәа: Софа Агәмааԥҳа, Сергеи Сақаниа, Нурбеи Камкиа, Шьалуа Гыцба, Алексеи Ермолов. Урҭ раара ҳтеатр аҟазара акыр ишьҭнахит.

© Фото : предоставлены семьей Этери КогонияНародная артистка Абхазии Этери Когония
Народная артистка Абхазии Этери Когония - Sputnik Аҧсны
Народная артистка Абхазии Этери Когония

Еҭери аԥсуа театраҿ илыхәмарыз иреиуоуп: Аҭаца (Г. Лорка "Ишьаарҵәырахаз ачара" ареж. Хә. Џьапуа), Дамошьна (М. Чамагәуа "Ахьтәы мҩахәасҭа" ареж. Хә Џьапуа), Ашура (Р. Гамзатов "Ашьха ҭыԥҳа" ареж. Д. Кәартаа), Иулиа Джули (Е. Шварц "Агага" ареж Н. Чиковани), Антигона (Ж. Ануи "Антигона" ареж. Н. Чиковани), Ева "Ҳаамҭазтәи атрагедиа" (Р. Ебралидзе ареж Н. Ешба) уҳәа ароль хадақәа 20 рҟынӡа.

© Фото : С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр актрисацәа. Афото: Еҭери Коӷониаԥҳа лҭаацәа рархив аҟнытә. Аԥсуа драматә театр актрисацәа.
Аԥсуа драматә театр актрисацәа.  - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа драматә театр актрисацәа.

Еҭери Коӷниаԥҳа лқәыԥшра аамҭа ҳазааҭгылозар, аразҟы змаз актрисан, аԥсуа театр арепертуар иалганы иган лара иналгӡоз ахаҿсахьақәа, лара илықәҿион адрамтә, иара убас акомедиатә хаҿсахьақәа раԥҵара, ари шамаха иуԥымло цәырҵроуп атеатртә ԥсҭазаараҿы.

Здунеи зыԥсахьо актиор Алексеи Ермолов исзеиҭеиҳәахьан, Еҭери иареи реицыхәмаррақәа рышьҭахь ахәаԥшцәа атеатр ашҭаҿы игыланы ишырзыԥшуаз. "Атеатр аҩныҵҟа егьа ҳаанхаргьы, ҳара ҳдәылҵаанӡа ахәаԥшцәа ҳзыԥшны игылан, ирҭахын иааигәаны иҳахәаԥшырц, ҳнапы ааныркыларц", — игәалаиршәон Ермолов. Сара схаҭа сахаануп Ермолови Еҭери реицыхәмарра (Ж. Шехаде "Брисбентәи аемигрант" ареж В. Ақаҩба). Уаҟа дара хаҵеи ԥҳәыси ррольқәа нарыгӡон. Абри аспектакль акырынтә сахәаԥшхьан, уаҟа ихәмаруан аԥсуа театр акорифеицәа В. Маанԥҳа, Шь. Гыцба, С. Агәмааԥҳа, Н. Камкиа. Зеиӷьыҟамыз актиортә ансамбльын аиашазы. Асценаҿы Еҭери (Мариа) Алексе (Барби) рыхәмарра иахылҵуаз аԥсҭазаара иацу ахыбаареи, аҭаацәаратә еилаҩеиласреи ухаҭа иухҭысуашәа уатәнатәуан.

© Фото : из архива семьи Этери КогонияНародная артистка Абхазии Этери Когония
Народная артистка Абхазии Этери Когония - Sputnik Аҧсны
Народная артистка Абхазии Этери Когония

Иуадаҩуп ақьаад ахь аиагара ииасхьоу аамҭа иацу актиртә хәмаррақәа. Атеатр акино излеиԥшым, иара анымҩаԥысуа аамҭа ауп изтәу, уи иалкааны зхаҿы инхогьы иахәаԥшуаз роуп. Еҭери Коӷониаԥҳа лхы ԥылшәахьан ақәыргылаҩ лаҳасабала. Уи аԥсуа сценаҿы Нелли Ҭарԥҳа лҩымҭа "Амра аԥҳа" захьӡыз алакә-спектакль ықәлыргылеит, акыраамҭагьы аԥсуа театр арепертуар иалан.

Абарҭқәа рнаҩсан, Еҭери Коӷониаԥҳа деиҭагаҩын, аԥсуа театр иаларҵоз иаԥсыуамыз аҩымҭақәа еиҭалгон аԥсшәахь қәҿиарала, урҭ иреиуоуп: А. Чехов "Ажәанҵара", Е. Шварц "Аҳәынҭқар ҟьантаз", О. Иоселиани "Фҩык аҭыџьҳацәеи хаҵаки", П. Когоут "Абри еиԥш абзиабара".

Поэт Таиф Аджба на сухумском причале. - Sputnik Аҧсны
Амҩа иқәуп Таиф Аџьба ицәаҳәа

Еҭери Коӷониаԥҳа иара убас, дыхәмаруан усҟантәи аамҭазы Аԥсны иҭырхуаз афильмқәа рҿы: "Хҭарԥа шкәакәа" (ареж. В. Солвиов), "Созвездие козлатура (ареж М. Фаносиан), "Чегемский детектив" (ареж. А. Светлов) уҳәа рыҟны. Арҭ рахьтә иалаҳкаарц ҳалшоит Б. Шьынқәба иҩымҭала иҭыхыз "Хҭарԥа шкәакәа" аҿы Омар иан- аҳқәажә лхаҿсахьа.

Аиашазы, араҟа иубоит актриса акино адунеиаҿгьы лцәырҵра шыхҭысу. Актриса аԥсҭазаараҿы илымаз аҳкәажә лҭеиҭԥш акион аҿы аӡыргашьа дақәшәеит, ҵакылеи ҟазарылеи ихарҭәааны.

Сызлацәажәо актриса аиҿкаара аусаҿгьы лылшара рацәан, лара акыршықәса дахагылан "Аԥсны атеатр аусуҩцәа реидгыла". Уи лара напхгара алҭон аибашьра иалагаанӡа. Аибашьра аламҭалазы, Еҭери илхыҵуан 60 шықәса. Усҟан Аԥсны ауаажәларратә- политикатә ҭагылазаашьа уадаҩын, зегьы ирыхьӡатәын, лара дрыгхомызт аԥсуа қәгыларақәа, лыбжьы лыргон ақырҭқәа имҩаԥыргоз аполитиказы.

Аамҭа шыуадаҩызгьы, Аԥсны атеатр аусуҩцәа реидгыла Қырҭтәылатәи иалганы хазы иҟалартә дныҟәеит аԥсуа интеллигенциа лыцырхырааны. Абри аамҭазы, аӡәгьы игәиҽанӡамкәа, Аԥсны Жәлар рартиска аԥсуаа рҟынтәи ааха ӷәӷәақәа лоуит.

Зҭәымҭа иҭагылаз актриса аибашьра иалагарц уамк агымкәа, "атәанчахәы қәара ахьбымо аҟынтә, атеатр аҟны бусура аанкылоуп" ҳәа, усҟан атеатр напхагаҩыс иҟаз Валерии Ақаҩба иҟынтә ақәҵара лзааит. Ари лара акыр игәнылгеит. Хаҭала сара атеартә еилазаараҿы снаганы ислырбеит аԥсуа театр асахьаркыратә еилазаара зықәшаҳаҭыз, актриса аусура аҟынтә лхы дшақәиҭтәыз зҳәоз ашәҟәы. "Сыԥхашьоит ари Ваниа исызирбом", — лҳәеит уи лыԥшәма, апоет Иван Ҭарба лтеатр илызнауз ирҳара шылҭахым аарԥшуа. "Бареи сареи- мышрақә Аԥсны ииз, инхаз, Бареи сареи зыԥсы еилымҵуа еилахаз!", — ҳәа апоет Иван Ҭарба иашәакәа ззикуаз, аԥсуа сцена аҳқәажә ас ишлызныҟәаз иаҳар хьымӡӷылшьон лара. Лцәырҵра ҳбоит ҳәа жәларык атеатр ахь изызнеиуаз Жәлар рартистка, ақырҭқәеи аԥсуааи анеиҿагылаз лусура дамырхит аԥсуаа.

Хымԥада, лара илылшон аӡбарҭа иалҭарц, избанзар, актиор изы 60 шықәса ихыҵит ҳәа аусура иамхра ҵаҵӷәымызт, актиор аус иурц илшоит игәы, ихы бзианаҵы. Еҭери абри азы исалҳәеит, аус иалҭар шыԥхалшьо. "Абыржәы ақырҭқәа агәырӷьара иалагоит, атеатр анапхгареи сареи аӡбарҭахь ҳкылнагар", — лҳәеит лара илзыруз шыгәнылгозгьы, ҳаӷацәа рыргәырӷьара шылҭахымыз шьақәырӷәӷәо. Дук хара имгакәа аибашьра иалагеит. Еҭери Коӷониаԥҳаи сареи уаҳа ҳаибамбаӡеит.

© Фото : предоставлены семьей Этери КогонияНародная артистка Абхазии Этери Когония
Народная артистка Абхазии Этери Когония - Sputnik Аҧсны
Народная артистка Абхазии Этери Когония

Иҵӡозеи Еҭери илызкны ажәақәа сҩырц сҭахыишьҭеи, аха иахьанӡа исцәынханы иҟан, игәаӷьыуацәан итрагедиатәу лара лҭоурых алацәажәара.

Аибашьра анцоз 1993 шықәсазы лара дҭахарц ҽнак шагыз сахьнышьҭалаз ԥхыӡ бааԥсык збеит. Еҭери лусурҭа ҭыԥ, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахыбраҿы иҟаз еилаҟәыбаса ицазшәа. Аҭҳарцәҳәа сааԥшит, иагьеилыскааит ҽеи шысмаҳауаз. Ателевизор ахьынаҿаскыз, урыстәылатәи ателехәаԥшрала иҳаларҳәеит аԥсуа театр актриса Еҭери Коӷониаԥҳа Аҟәа аснариад лаахан дашьит ҳәа. Ас сыԥхыӡ лабҿаба бааԥсны иаразнак избоит ҳәа сыҟамызт, избаз шҽеимышыз шыздыруазгьы.

Дҭахеит актриса апрель мза 1 1993 шықәсазы. Лара Аҟәа далаханы дыҟан, усҟан иҭахахьан лашьа иԥацәа Лашеи Алхаси Коӷониаа. Усҟантәи аамҭазы Аҟәа иҟан лани лашьа иҭаацәеи. Минадора Зыхәԥҳа дбыргын усҟан, аӷа инапаҵаҟа иҟаз ҳаҳҭны қалақь лалгара уадаҩхеит.

© Фото : предоставлены семьей Этери КогонияНародная артистка Абхазии Этери Когония
Народная артистка Абхазии Этери Когония - Sputnik Аҧсны
Народная артистка Абхазии Этери Когония

Еҭери лыԥшӡара здыруаз иргәалашәоит аибашьра аамҭазы акыр деицакны, лҭеиҭԥш уаҩы изымдыруа дшыҟалаз. Лара асценаҿгьы, аԥсҭазаараҿгьы иуадаҩыз арольқәа налыгӡар акәхеит. Дҭахеит актриса лысакьаҳәымҭа дышҭагылаз, ахьаа ду дшаҵаз. Зегь реиҳа сгәы иалоу, Жәлар рартиска ақырҭқәа ахы лгәыдырҵаанӡа, аԥсуаа рнапала лгәаҵа ахьыҭшьаахаз ауп. Лара цәгьала игәнылгон лрольқәа змадаз аԥсуа сцена ақәгылара азин ахьлымырхыз… Еҭери лдунеи лыԥсахит 61 шықәса анылхыҵуаз, иахьа дыҟазҭгьы илхыҵуазаарын 85 шықәса.

Бара быда исхагылоу ажәҩан шәшьуп,

Амшгьы, аҵхгьы акгьы иаԥсам, ихәашьуп,

Уаҵәтәи амш ҩаԥхьа абзиа сазыԥшуп,

Аха ибдыруаз-бансыдгылам аҽны сшьуп!

Арҭ ацәаҳәақәа равтор апоет Иван Ҭарба заа ицәа ианырхьазшәа, лара лыда адунеи рацәак игәы ахымлеит, иԥстазаара далҵит 1994 шықәсазы.

© Фото : предоставлены семьей Этери КогонияНародная артистка Абхазии Этери Когония
Народная артистка Абхазии Этери Когония - Sputnik Аҧсны
Народная артистка Абхазии Этери Когония
Ажәабжьқәа зегьы
0