Есма Гәылариа - Чычба: аԥсышәала сахьцәажәоз исзыӡырҩны иҵәыуон

© Фото : предоставлено Эсмой ГуларияЭсма Гулария
Эсма Гулария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есма Гәлариаԥҳа, лыԥшәма Нарҭ Чычба, ҳхылҵшьҭрақәа дреиуоуп. Диит Иорданиа, иахьа дынхоит иԥсадгьыл аҿы.

- Есма, бара уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит бҭаацәароижьҭеи. Базхәыцхьазма ҳџьынџьуаа иреиуоу рахьтә сынасыԥ аӡәы ицеиҩысшап ҳәа?

— Сыԥшәмеи сареи Аҷандара ақыҭа ҳаибадырит. Ҳанеибадыр нахыс, иаарласны ҳаинасыԥхеит. Сызланагалаз аҭаацәа Чычбақәоуп. Сқыҭа Аҷандара иалҵқәаз роуп. Рабду ишьҭра Аҷандаратәқәан, уажәгьы рышьҭра аҟынтә уа инхақәо ыҟоуп.

- Иорданиаҟа ахҵәара ишԥақәшәеи?

Сурея Чаха - Sputnik Аҧсны
Суреиа Чаҳа: Аԥсныҟа смаар срыцҳахон, минуҭкгьы сахьымхәыц

— Сыԥшәма иабду иаб иоуп Аԥснынтә амҳаџьырра иақәшәаз. Убри иҷкәын иоуп сыԥшәма иабду. Муҳаммед ихьӡын абду. Аԥсышәала аҷҷаҳәа дцәажәон, иаҳәшьагьы аԥсшәа лдыруан. Дара Аԥснынтә ахҵәара ианақәшәа Ҭырқәтәылаҟа иагеит, уантә Сириаҟа. Сириантә сабхәа Иорданиаҟа ацара иқәшәеит. Егьырҭ уа Сириа инхоит. Сара сыԥшәма Иорданиа диит. Ҩыџьа аиҳәшьцәеи, ԥшьҩык аишьцәеи ыҟоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ау пиара арахь нхара ҳәа даныхынҳә. Уажәшьҭа 22 шықәса ҵуеит аҭаацәара салалеижьҭеи. Хҩык ахшара ҳамоуп, ҩыџьа аԥҳацәеи, аԥеи, изҳауеит ԥшьымз зхыҵуа смаҭа. Сыԥҳа аҭаацәара далалахьеит, сымаҳә даԥсыуоуп, д-Зыхәбоуп.

- Есма, бара Иорданиа шықәсқәак бынхон. Иббаз-ибаҳаз аԥсуара базааҭгыларц сҭахуп.

— Раԥхьа Аԥснынтә уахь санца, араб бызшәа сыздыруамызт. Сириа сыԥшәма иабду иҩнаҭаҿы снанагеит. Аԥсуа чара сзыруит, аԥсышәала сахьцәажәоз исзыӡырҩны иҵәыуон. Саргьы схәыҷымзи, сгәы ԥшаауан, исзеиҭарҳәоз ажәабжьқәа ус лабжышда узырзыӡырҩуамызт. Сыԥшәма иабду "Шьышь-нани" ашәа акасета ианҵаны иман. Инҵәацыԥхьаӡа еиҭеирҳәон, дааҟәымҵӡакәа дазыӡырҩуан. Сабхәа иаб, сара саннеи 101шықәса ихыҵуан, дыӷәӷәаӡах дыҟан.

- Аԥсны аӡбахә ҳәа иидыруаз ыҟазма?

— Аԥсны аӡбахә игәалашәо маҷуп. Иара дхәыҷын иҭаацәа аныхҵәоз. Аха, иҭаацәа идырҵаз аԥсшәа иҳәон, дцәажәон. Иабшьҭра Аԥснынтә ишықәҵыз идыруан, қыҭала Аҷандара ишатәқәаз.

- Чычаа рацәаҩума Иорданиа инхо?

Махмуд Кушьба - Sputnik Аҧсны
Маҳмуд Қәышьба: ажәыларақәа рахь ҳанцоз ҳалахь еиқәны амҩа ҳақәломызт

— Иорданиа инхо Чычаа фыҭӡык ыҟоуп. Иҟоуп Аԥсныҟа нхара ҳәа ихынҳәқәазгьы. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Зиуар Чычба иҭаацәа иахьа араҟа инхоит. Сыԥшәмеи дареи еишьарала еизааигәоуп.

- Изеиԥшроузеи рҭоуыхтә ԥсадгьыл ахь ирымоу ахдырра?

— Ихаҭәааны ирдыруаз маҷын. Аԥсны аӡбахә иазҵаауан, арахь аара зҭахыз маҷҩмызт. Аԥсуара изацымныҟәар ҳәа ишәоз ыҟан. Саргьы исылшоз ала Аԥсны ӡырызгон. Ус, изларылшо ала ирдыруа аԥсуара ныҟәыргоит. Аҷкәынцәа рабацәа иахьырбо аҭаҭын иахаӡомызт, асасдкылара рылоуп, зегь раԥхьа иргыланы аиҳабы аиҵбы рдыруеит. Сара, Иорданиа хәышықәса сынхон. Усҟантәи аамҭазы аимадарақәа ус иҟамызт, аҭел, аинтернет уҳәа ишуҭахыз еиԥш ухы иузархәомызт.

- Аԥсны шәынхоижьҭеи шаҟа шықәса ҵуеи?

— Уажәшьҭа 16 шықәса ҵуеит Аԥсны ҳанхоижьҭеи. Аԥсыуак дахьынхозаалакгьы Аԥсныҟа даарц сҭахуп. Аԥсадгьыл анумоу еиӷьу иҟоузеи?! Рҭоурых иазҿлымҳазар бзиоуп, рышьҭра рмырӡааит. Аамҭа аӡыблара иаламӡааит. Иахьа, насыԥ сыманы схы сыԥхьаӡоит сыхшара рыԥсадгьыл аҿы иахьынхо, рхатәы бызшәа ахьырҳәо, рыԥсҭазаара ара иахьымҩасуа! Сыԥшәмеи сареи излаҳалшо ала аус ҳуеит, ҳхы ҳахашшаауа ҳаҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0