Избан, изыҟалазеи абас ҳҳәартә еиԥш?

© Sputnik / Томас ТхайцукДетские книги на абхазском языке
Детские книги на абхазском языке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ҳҿахәҳәага, арӡра мариоуп, аха ашьақәыргылара уадаҩуп, иуҳәар ауеит зынӡагьы иагьзалшаӡом ҳәа. Иҟаҵатәузеи аԥсуа бызшәа аиқәырхаразы, ажәлар рхатәы бызшәала ицәажәалартә еиԥш? Абри атәы дазааҭыглоит Светлана Ладариаԥҳа.
Светлана Ладариаԥҳа, Sputnik

Ашьха ӡыхь аиԥш ахьхьа-хьхьаҳәа

Аԥсшәа бзиа избоит сара,

Иамамзааит хьаҳәа-ԥаҳәа

Иқәыҩлааит Аԥсынра….

Б. Шьынқәба

Адунеи аныршоз иацыршеит ажәларқәа милаҭ-милаҭла еихшаны. Анцәа ду ус игәаԥхазар акәхап, усеиԥш ишеит, усеиԥш иӡбеит. Досугьы ириҭеит рҿахәҳәага рбызшәа. Ҽа милаҭк ирылазмырӡуа, ҽа милаҭк иреиԥшзымтәуа. Ариадна лрахәыц еиԥш ахы кны уҿынаухар ахааназ ушьҭа змырӡуа, шеи шықәсала уеиҵазҳауа, уеихазҳауа.

Ашәышықәсақәеи азқьышықәсақәеи ирылыхәхәа иахьанӡагь анцәа имчала иааӡеит аԥсуа бызшәа. Анцәа имчала иахьанӡагь абри адунеи иануп аԥсуа бызшәала згәы иҭоу зҳәо аԥсуа жәлар.

Ҳажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа: алакәқәа, алегендақәа, ажәытә ажәабыжьқәа, еиуеиԥшым ашәақәа, аҭәҳәақәа рбеиара иаҳнардыруеит ажәлар рҟны абызшәа ахархәара аҩаӡара ҳарак, иара аҵаулара.

Ауаҩытәиса амгәарҭа данҭоу инаркны ицшоуп ибызшәагьы. Иара хаҭала иитәу.

Заседание экспертного совета Международного объединения содействия развитию абазино-абхазского этноса Алашара - Sputnik Аҧсны
Чрыгба: шықәсқәак рышьҭахь аԥсуа бызшәа зынӡа иаӡӡаар ҟалоит

Аԥсуа жәлар аҭоурых ӡырҩаш иалган иахьанӡа ԥхасҭа дук амҭакәа иаарыгӡаз рбызшәа аиқәырхареи ахьчареи иахьа ҳаламцәажәар ада ԥсыхәа ыҟамкәа аамҭа ҳҭагылан ҳаҟоуп. Ари даара уаҩ игәы еихьызшьша, уаҩ агәыҵха изҭаша усуп. Ҳабацәеи ҳабдуцәеи аӷа цәгьа, аӷа ӷәӷәа ԥсцаха рымҭакәа дырхаԥаны ишьаҽырц игәы ианҭазгьы рыбла аҷыц еиԥш еиқәдырхон рбызшәа, избанзар агәра ганы иҟан уи ада ишыӡуаз. Аԥсуаа ирымоуп ажәаԥҟа "Зыԥсадгьыл зцәыӡыз зегь ицәыӡит" ҳәа, аха зыԥсадгьыл зцәыӡыз илшоит уи шәышықәса, зқьышықәса рышьҭахьгьы архынҳәра, збызшәа зцәыӡыз аамҭа рацәа имаӡам. Абызшәа аҟара аамҭа иадҳәало аҽак ыҟаӡам. Уи аӡра мариоуп, ашьақәыргылара уадаҩуп, иуҳәар ауеит иагьзалшаӡом ҳәа.

Нас иаҳзыҟалазеи иахьа ҳара, абри аус абраанӡа иаагартә еиԥш ҳҟазҵазеи? Ҟәышра зыгӡамыз аԥсуаа абраҟа иаҳзыҟалазеи? Агәрагара уадаҩуп ҳбызшәа ҳцәыӡыр ҳаргьы милаҭк аҳасабала ҳшыӡуа ҳзеилкаауам ҳәа. Ус шакәу зегьы иаадыруеит. Нас "ӡы иаго ҳәҳәабжь иаҳауам" ҳәа ҳазҿу закәызеи? Ԥсышәак зыҿшәаз уаӷеимшхара данақәдыршәоз, ҳашколқәа анаркыз, шьаҭанкыла ҳаршьаҽырц анрыгәҭакыз аԥсра аӡра ҳхы ацәынҳархазар, иахьа ҳадгьыл ҳара ҳада ԥшәыма дамамкәа ианыҟала, ҳхи ҳареи ҳанеизынха иҳахьзеи?

Абызшәа аиқәырхараз аҳәынҭқарратә программа ҟаҵатәуп ҳәа ҳҳәоит. Аха ижәытәӡатәиу ҳаԥсуа бызшәа аиқәырхараз зныкыр ҳәынҭқарратә ҟазшьала иазнеихьазма? Дара ауаа рхаҭақәа ирдыруан уи ахә. Дара ауаа рхаҭақәа ирдыруан уи ада ԥсыхәа шыҟамыз. Иахьа еергьҳәа, аурысшәа хыбжа-ҿыбжаны издыруа, аха змоҭа урысшәала иацәажәо анду аҳәынҭқарратә программа лыдугалеит ҳәа дарҟәышуама? Ирымоума аҳәынҭқарратә программа збызшәала аҷҷаҳәа ицәажәо Аԥсны инхо аерманцәа, агырцәа, ациганцәа?..  Ҳахдырра алаҟәроуп изыхҟьо зегьы. Адунеи иаану ажәларқәа зегьы рбызшәақәа ирцәыԥхамшьозар, ҳара иаҳзыҟалазеи ҳбызшәа ҳацәыԥхашьан ҳагәҭасыртә еиԥш? Аҵанаа ирызку алегенда баша иҳамамзар?

Диана Ладариа - Sputnik Аҧсны
Диана Ладариаԥҳа: ишыхәмаруа ауп ахәыҷқәа аԥсшәа шырҵо

Сгәы иаанагоит аҳәынҭқарра аганахьала акызаҵәык ауп иҟаҵатәу ҳәа. Уи – дарбанызаалак милаҭла иаԥсуоу, аха аԥсшәа ззымдыруа усхкык иахаргылара ҟамлароуп ҳәа азакәан адкылароуп. Нас, ани Назҳареи уи иани иаби даҽакала рхы мҩаԥыргашт. Ҳәарада, уазхәыцыр иԥхашьара дууп абригьы, избанзар иара ианыԥшуеит ҳахарамԥшра, ҳамҟәышра, ҩныҵҟала, доуҳала даара ихьааугартә еиԥш ҳхьысҳара. Аха иҟоу ыҟоуп. Акгьы узазуам иахьазы. Ажәеинраала ссирқәеи ажәабжь хазынақәеи зыҩуа аб иԥа ма иԥҳа ииҩыз данзамыԥхьо еиҳау рыцҳарас иҟоузеи?

Араҟа исҳәом збызшәа ззымдыруа дуаҩы бааԥсуп, дпатриотым, иԥсадгьыл збызшәа здыруа иеиԥш бзиа избом ҳәа. Мап. Ара иҟоу аҽакуп. Уаҩытәисак иаҳасабала абызшәазымдырра грам, аха иара ауаҩ ихаҭа иҩныҵҟатә доуҳа цыркьуеит, избанзар анапы ма ашьапы змам ауаҩы дәахьыла дышхымхәо анубо угәы данрыцҳанашьо иудыруазар ауп зыҩныҵҟала ихымхәо ауаҩы заҟа дрыцҳашьатәу. Досу инапы ишьапы анцәа ишицишаз ауп иара ихатәы бызшәагьы анцәа ишицишаз. Иара убасҵәҟьоуп уи адагь дышрыцҳау.

Оумашәа изумбарызеи атәым жәҩан иаҵанхо ҳџьынџьуаа рхатәы бызшәа еиқәырханы изеиԥхыӡуа рабацәа рыдгьыл ианазыхынҳәлак, ара инхан иҟоу, ибаӷьаӡа зыԥсадгьыл аҟны инхо-инҵуа аԥсуааи дареи рыбызшәа анеибамкуа. Ауаҩ хымԥада ӡра-ԥсра дахыргар аума иԥсадгьыли ижәлари бзиа ибарцаз? Уарччартә иҟоуп аҵәыуара уамкуазар.

Америкатәи аштатқәа рҟны иарбанызаалак ашкол аҟны ашьыжь аҵарамш ианалаго ишьҭырхуеит аҳәынҭқарратә бираҟ, иадырҳәоит аҳәынҭқарратә гимн. Ахәыҷқәа ес-мшы, ес-сааҭ, ес-минуҭ ирыладырҵәоит аԥсадгьыл абзиабара. Америкатәи ауаҩы адунеи аҟны иреиӷьу иарбан тәылоу ҳәа уиазҵаар дымхәыцӡакәа "Америка" иҳәоит, избанзар уи убриаҟара ицәа-ижьы иалалахьеит. Дҟалашт ари шовинизмроуп ҳәа зҳәогьы. Аха ари аҩыза ашовинизмра аԥсадгьыли, абызшәеи, амилаҭи рахь абзиабара еиқәнархозар, акәзааит.

Арсҭаа Наамык - Sputnik Аҧсны
Наамық Арсҭаа: ҳбызшәа аҿы иҵәахуп ҳазхысхьоу азқьышықәсақәа рымаӡа

Аԥсуа хәыҷы абызшәа раԥхьа иргылан аҩны агәыбылра икуазар ауп, аха нас уи иацхраатәуп. Иҭатәуп иара иқәра иаҵанакуа, ихы-игәаҟны иаанхо ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, алакәқәа. Изҭыжьтәуп зыкра, зхәаԥшра, зыԥхьара игәаԥхо ашәҟәы ԥшӡақәа. Иахьатәи аамҭа иақәшәо, ихәыҷӡоугьы ус днахәаԥшыр инацәа назқәикуа, ииҭаххо. Еихышәшәа ицо Д. Гәлиеи, Б. Шьынқәбеи, Т. Аџьбеи егьырҭ ҳашәҟәыҩҩцәа хазынақәеи ахәыҷқәа ирызкны ирыҩхьо ажәеинраалақәа еидкылан, ирԥшӡан, ихыркны аԥсуа хәыҷы иҳазиҭар хымԥада уи аԥсуа литература дадаҳҳәалоит.

Иахьа Аԥсны иқәынхо реиҳараҩык ҳбираҟи ҳгьерби ирыҵаркуа шырзымдыруа агәра ганы сыҟоуп, агәра ганы сыҟоуп ҳашколхәыҷқәа реиҳараҩык (милаҭла иаԥсуоу) иреиӷьӡаз ҳаҷкәынцәа рхы зқәырҵаз ҳаԥсадгьыл аҭоурых абжеиҵарагь шырзымдыруа. Уи аганахьала маҷк игәырхьгазаргьы иҳамоуп иуникалтәу аҭагылазаашьа. Ҳара иҳамоуп аибашьра мцабз иалҵыз, афырхаҵара, аиҩызара, аидгылара лабҿаба изхызгаз абацәа, абдуцәа. Анцәа иџьшьаны макьана рыԥсы ҭоуп. Иаҭаху акызаҵәык ауп – урҭ ражәа ҟәыӷа азыӡырыҩра.

Школ-цыԥхьаӡа, класс-цыԥхьаӡа мызк ахь знык акәзаргьы иеиҿкаалатәуп аиԥыларақәа (сентиабр зо мацара иахьмырԥшыкәа). Афырхаҵара иашаҵәҟьа атәы еиҭазҳәо ауаҩы ианизыӡырҩуа ахәыҷқәа ииҳәо аҽакала ирыдыркылоит. Мызкахь мышкы имҩаԥырымгааит урокк-урокк класс цыԥхьаӡа (егьамам алгебра ма физика атемак бжьарыжьыр), уи аурок ацынхәрас имҩаԥысааит зыԥсадгьыли збызшәеи, зыҩнреи-згәареи рыхьчаразы зшьа акаҭәара иацәымшәакәа абџьар шьҭызхыз иԥылара, иҿцәажәара. Ирҭаԥшааит уи иблақәа иҭахаз иҩызцәа рҭоурыхқәа данрылацәажәо, ирбааит маӡа ииҵәахуа илаӷырӡқәа. Ирбааит инапыдоугьы, ишьапыдоугьы. Уи дара ргәаҵаҟны иарҿыхоит ахәыцра, агәжәажәара. Урҭ ҳаибашьцәагьы аамҭа риааиуа иааиуеит. Нас, иахьа иҳаманаҵы аҿар рааӡара изалахәымхарызеи? Аҵара аасҭагьы ауаҩроуп ахәыҷқәа ирылааӡатәу. Дҵада ашколқәа рнапхгара асеиԥш аус аиҿкаара иацәхьаҵуазар, ирыдырҵааит аҵара аминистрраҟынтәи.

Аҭоурых арҵаҩцәа егьырҭ арҵаҩцәа зегьы инарылкны ирыдуп ауалԥшьа Аԥсынтәылазы ахәыҷқәа агәадура рыларааӡаларц. Ауаҩы иара иитәу зегь рзы агәадура имазароуп. Насоуп иара ихгьы еиҳа ду беиа ианибо, насоуп иара ихгьы шьҭыхны икыртә агәаҳәара аниуа. Ари иаанагом егьырҭ зегьы урыгәҭас ҳәа. Аха зых пату ззақәымҵо ҽаӡәгьы пату шиқәимҵо идыру усуп.

Анцәа адунеи ауаа шаны ианықәиҵоз адәахьы зегь ԥшрала ишеиԥшимтәыз ауп ҩныҵҟалагь ишеиԥшимтәыз. Ашьагь ахала аҽадыруеит рҳәоит ажәлар. Иахьа ус аҳәо иалагеит анаукагь. Ауаҩ ида иҭаныҟәо ишьа шеишықәсала аҽаԥсахӡом. Шеишықәсала ишьақәгылоит бла иамбо ауаҩ иҩныҵҟатәи идунеи. Абиԥарала еимырдоит ари адунеи. Абраҟа, абри адунеи ашьақәгылараҟны идуӡӡоу аҭыԥ ааннакылоит абызшәа.

Нас ҳхала ҳхы ҳацәымӷьычып. Зыҵкы арахәыц ацәызӷьычыз аԥҳәыс лыҵкы ҵакӡамкәа иаанхеит…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0