Урҭ рыԥсқәа иҳацрымшәо иҳацуп

© Фото : предоставлено Музеем Боевой СлавыОВНА
ОВНА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәытә-натә аахыс Аԥсны зырхыџхыџуаз Маршьанаа дуқәа рхылҵ, аԥсадгьыл ахьчара зхы ахҭнызҵаз Беслан Амаршьан игәаларшәара аҳаҭыраз.

Светлана Ладариаԥҳа, Sputnik

Аԥсны, аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иахәлацәеит иреиӷьӡаз аҵеицәа. Ҳанзырхашаз, ҳаихазҳашаз, ԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа ҳазҭашаз. Раԥхьаӡатәиқәа, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, иреиӷьӡаз ахьырԥар дрылан Беслан Амаршьан. Уи иижәышаз аӡыхь ахы ыҵнамхыцызт, ҭыԥҳаблак дынҭамԥшыцызт, абзиабарагь дахьымӡацызт. Жәытә-натә аахыс Аԥсны зырхыџхыџуаз Маршьанаа дуқәа рхылҵшьҭра…

Ушьыжь-шәаԥшь еиқәаран,

Аха уи збада?

Ухәылԥ-шәаԥшь ааигәамыз,

Аха уи знырда?

Уԥсҭазаара еихаҳан иҟалоит ҳәа

Ҳазыԥшымыз,

Аҩсҭаа аҟырҟыр дыччоит ҳәа

Ҳауҟаз…

Бесик, Беслан, ахәыҷы лаша, ахәыҷы гәыбзыӷ, ахәыҷы ҟәымшәышә. Зыхьӡ макьаназ "ахәыҷы" адҳәалаз. Макьаназ уаҩ дурак иазкымыз, ҽырбашақәгьы иахырҟьацәан еиларымҳәацыз.

Саида Делԥҳа лыстудентә шықәсқәа раан Зеррин Шамԥҳа илзылыҩхьаз асалам шәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Саида Делԥҳа лысалам шәҟәы аҟынтә: сара шәара шәызхәыцра сыцизшәа ауп схы шызбо

Ишԥаццаку анааџьын адунеи ду зну агьаргьаласа. Иқәҵәиаауеит, иқәҵәиаауеит лаԥш ахьымӡо. Иахышәшәоит ахыц ашықәсқәа, ауаатәыҩса рыԥсҭазаарақәа, рыхьыӡқәа, рыжәлақәа, жәларык, шьҭра дук. Урҭ рахьтә џьоукы ажәҩан иҩалҵәрааз еҵәоушәа икәалыкәаџьоит, ажәҩан акалҭ зегьы ырлашан ахықәаҿ инҿыцәаауеит. Ԥсык-ԥсык рыцҭашәоит, гәык-гәык рыцҿахҵәоит.

Бесик, Беслан… ҭынч санаатәо ашьшьыҳәа иааины саԥхьа иаагылало, иакәымк ҟасҵар, иакәымк зур сыламыс аҿахәы сазҳәо. Уара убри аҟара ухаан, ҟазшьала уҟәымшәышәын, угәыбылҩын – дҟаларымашь уеиԥш зеиԥшу аҽаӡәы. Исгәалашәоит ухәыҷра, уҩыҵхахара, уеизҳара. Еҳ, ишԥасҭаху исҳәарц наҟгьы инацҵаны, аха уи Анцәа уахибааит. Зегь ҳахибааит.

Уара зегьы бзиа ҳаубон, угәыбылра зегьы иҳазхон, ухаара зегьы иҳахьӡон. Иахьа уеибганы уҳамазҭгьы, аха…

Зны-зынла санузхәыцуа џьанаҭ ушцаз агәра згоит. Усҟан уареи уҩызцәеи набыцрак нақәымкәа агәра жәгон Аиааира ҳара ишаҳтәхоз, ҳажәлар рыԥсадгьыли дареи шеизынхоз, иахьатәи ҳӷыӷеибагареи ҳаиҵашьыцреи, ҳаилибамкаареи ҭыԥк роуаны иҟалап ҳәа шәыҟамызт. Адунеи кашыррахоит ҳәа агәра жәгон. Уи насыԥын. Шәанҭахозҵәҟьагьы убри анасыԥ шәыцын, шәгәы арӷәӷәон, баша ус шәыԥсҭазаарақәа шҿахымҵәоз жәдыруан, аԥсра абла гәеицамкрыда шәҭанарԥшуан.

Бесик, Беслан, схахәеиларҳә хәыҷ уара, ушҭахоз анудырҵәҟьа дарбанушь убла иаахгылаз? Сара сгәы иаанагом аӡә далкаан дугәалашәеит ҳәа. Уара убзиабара аҳәаақәа убриаҟара иҭбаан, ахи аҵыхәеи еиуыжьын – уи уара иузоужьыз аимгеимцара азхеит ҳәа сыҟам.

Сара исгәалашәоит аибашьра раԥхьатәи амш аҽныҵәҟьа уара хьаҳә-хьачарак ҟамҵакәа аԥсадгьыл ахьчара игылаз ушынарывагылаз. Уара узы Аԥсадгьыл – уламыс акәын, ухәышҭаара акәын, удацԥашә, уабшьҭра, угәеизҳара, угәадура акәын. Уара уԥсы злалаҩгаҩоугоз зегь ааидкыланы хьӡыс иамаз Аԥсадгьыл акәын.

Бесик, Беслан, уара ухы зыхҭнуҵаз ҳамшқәа реиуа иарбанушь? Сара агәра ганы сыҟоуп, ҳара иахьа зыԥсы ҭаны иҟоу зегьы ҳамшқәа, ҳсааҭқәа, ҳминуҭқәа шәара иҭахаз шәыԥсқәа акала ирхоуп ҳәа. Нас азин ҳамоума ҳара, шәара шәыԥсы лашақәа зыхҭну ҳамшқәа руак ада акәымзаргьы ишабалак ахыгара. Урҭ шәара шәыхьыӡқәа ирбаҟаны иаҳхаагар ами.

Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иахәхаз аромантик

Сара агәра згоит шәара иахьатәи ҳацәгьа-ҳабзиа зегь шышәныруа. Зегь рыхьӡалагь исҳәарц сҭахуп: "Ҳаҭашәымҵан" ҳәа. Издыруада мышкызны ҳазҽеихар… Уареи уҩызцәеи анаӡаӡара шәазцеит. Ус лахьынҵас ишәымазар акәхарын. Шәыдгьыл гәакьа шәамадоуп. Ишәзыбымбылуп.

Уара ухьӡ еиҵеиуа абиԥарақәа ирзныжьуп. Аԥсны зегьы еидкыланы, ихьыԥшым, зажәа ԥхылнадо ҳәынҭқарраны иҟазҵарц иашьҭаз аԥсҳа Леон ихьӡ зху аорден уанашьоуп. Уаԥсаны убоуп. Уи ажәлар ргәалашәароуп. Уи анаӡаӡароуп. Ауаҩы дыргәалашәонаҵы зыԥсы ҭоу дрылагылоуп, ируа дацуп, ирҳәо дацуп.

Уара иԥсу рахь уҟаӡам,

Уҳалагылоушәа бала.

Урыцила ес-ииуа,

Анаӡаӡара уазынха.

Ажәабжьқәа зегьы
0