Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иагаз Мижьген Жьиԥҳа ллахьынҵа

© Фото : Сырма АшубаМижьген Жьиԥҳа
Мижьген Жьиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Каиалар ақыҭа инхо, 90 шықәса ирзааигәоу, Аԥснынтә ихырҵәаз, дшыхәыҷыз зыԥсадгьыл иаҟәыгаз, аԥсҭазаараҿы ауадаҩра дуқәа зхызгаз Мижьген Жьиԥҳа, акыр иҵаулоп дызнысыз лҭоурыхтә мҩа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҭоурых иаҿахәҳәагоу, зықәра ыҟоу ажәытә уаа, изхаану, урҭ иргәалашәо ахҭысқәа реиқәырхаразы, рмырӡразы еизҳауа абиԥарақәа ирымардоит, аҵарауаа ракәзар иҭырҵаауеит. Убас еиԥш имаҷҩым, амҳаџьырра иахҟьаны, Ҭырқәтәыла, атәым жәҩан аҵаҟа зынхара ҟалаз аԥсуа хылҵшьҭрақәа. Ирацәоуп уа иҟоу аԥсуа қыҭақәа, имаҷҩым аԥсуа быргцәа. Урҭ раԥсшәа аӡыхь еиԥш ицқьоуп, рыхшыҩ ҵаулоуп, ражәа ҟәыӷоуп. Ихьааргоит аамҭа аӡыблара изҭанаргылахьоу ахынҭаҩынҭарақәа. Ирҭахуп рыԥсы зыҿҳәароу рҭоурыхтә ԥсадгьыл знык иадымхаргьы абла аҭаԥшра. "Нас, ҳаԥсра ԥсроума"- рҳәоит иқәыԥсычҳауа, рыԥхыӡгьы рлабҿабагьы иалоу Аԥсны аӡбахә анырҳәо.

Ердал Гиургаи - Sputnik Аҧсны
Ердал Гиургаи: Аԥсныи Аладатәи Кипри рполитикатә ҭагылазаашьақәа еиԥшуп

Убас еиԥш, Ҭырқәтәыла, Каиалар ақыҭа инхо, 90 шықәса ирзааигәоу, Аԥснынтә ихырҵәаз, дшыхәыҷыз зыԥсадгьыл иаҟәыгаз, аԥсҭазаараҿы ауадаҩра дуқәа зхызгаз Мижьген Жьиԥҳа, акыр иҵаулоп дызнысыз лҭоурыхтә мҩа. Ҭырқәтәыла, лара длықәшәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Арда Ашәба. Урҭ реиҿцәажәара аамҭазы, Мижьген илгәалалыршәеит лабшьҭра аҭоурых. Уи ус шакәыз ҳзеиҭеиҳәеит илыҿцәажәоз аҵарауаҩ.

"Мижьген Жьиԥҳа диит Аԥсынтәыла, Ӷәада ақыҭан. Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ицеижьҭеи 80 шықәса ҵуеит уажәшьҭа. Лабдуцәа, Аԥснынтә ахҵәара ду аныҟалаз Ҭырқәтәылаҟа иагахьан", — ицәажәара нхациркит Арда Ашәба.

Мижьден лаб диит Ҭырқәтәыла, уаҟа изҳаит, аррамаҵзурагьы уа дахысит. Хҭыск аҵыхәала Аԥсныҟа иаауаз иҩызцәа дрыцны дааит. Араҟа дахьааиз иара 20 шықәса инареиҳаны даанхеит, шьҭахьҟа Ҭырқәтәылаҟа дзымцаӡеит.

"Мижьген Жьиԥҳа лаб Аԥсны аҭаацәара далалеит. Багаҭелиаԥҳак дааигеит, лара Гәыԥ дынхон. Багаҭелиа Ламшьаҵә ҳәа дыҟан, убри иаҳәшьа лакәын. Мижьген лани лаби ааҩык ахшара рхылҵит, аӡәгьы дрыԥхеит аамзы лхыҵуаны, дҭыԥҳан", — ахҭыс ссир дагәыланахалан иаҳзеиҭеиҳәоит Ашәба.

Мижьген Жьиԥҳа лаҳәшьеиҳаб 17 шықәса лхыҵуан, лара дреиҵбын, фышықәса ракәын илхыҵуаз Ҭырқәтәылаҟа ианыхҵәоз. Лара излазгәалҭо ала, Ӷәадантәи Очамчыраҟа иргеит, уа хԥа-ԥшьба мзы иаанхеит, леиҳабацәагьы аурысшәагьы рҵеит, лара илзымҵеит. Избанзар, урҭ ашкол иҭалахьан, аҩра аԥхьара рҵахьан, лара ашкол ахь дымцаӡацызт, Ҭырқәтәлоуп ашкол дахьҭалаз.

"Жьиԥҳа лаҳәшьеиҳаб цәгьала аҽқәа лырыҩуан, илырхәмаруан, ара Аԥсны даныҟаз. Ҭырқәтәыла дахьааизгьы арԥарцәа ираԥылго дыҟан. Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ианцоз рмазарагьы ргеит. Амҩан, лан лкәадырчаԥа аурысқәа аӷба ианақәтәоз илымырхит", — абас, аԥҳәыс бырг лгәалашәарақәо ҳацеиҩишон аҵарауаҩ.

Жьиаа рҭаацәара раԥхьа Очамчырантәи Одессаҟа иагеит, уа маҷк иаанхеит, мчыбжьык-жәамш раҟара. Одессантәи ишиашаз Сҭампылҟа иааит. Сҭампыл, Мижьген лаб икәадырчаԥа аҭырқәцәа имырхызаап, дыԥсаанӡагьы ихьааигозаарын.

Адунеизегьтәи VII аԥсуа-абаза конгресс - Sputnik Аҧсны
Џьемаллеҭин Арӡынба: ааӡара, ахьчара згу сабик даҳгәыдкылоуп уи - Аԥсны ауп

"Ҭырқәтәылаҟа иаанӡа, Мижьген ландуи лабдуи ԥсхьан, лангьы ҩышықәсаҟа рышьҭахь лыԥсҭазаара далҵит. Дара усҟан ашкол ахь иныҟәон. Лан даныԥсы, аҭыԥҳацәа ашкол ахь аныҟәара иаҟәыҵит, лашьцәа аҵарақәа рҵеит, иаԥхьеит", — ҳәа азгәеиҭоит Арда Ашәба. 

"Ҭырқәтәылаҟа иагаз сара сабду Зафас ихьӡын, уи иаб Ҭамшә ихьӡын"-абраҟа еиқәылҳәалеит зылаӷырӡқәа зызнымкылаз аԥҳәыс бырг лажәақәа. Уи гәазҭаз Арда Ашәба, ацәажәара шылцәыуадаҩхаз аниба, излацәажәоз ажәабжь даҽакахьы ииаигеит.

Иацтәи амш иаҳзыннажьыз аҭоурых, ус баша иниаӡаа ицаӡом. Иара аҿахәы аҳәоит.

Ҳажәлар ирхыргаз аамҭа уадаҩ иаҿахәҳәагоу ауаа ыҟанаҵы, хымԥада ҳҭоурых еицакра ақәлом. Мижьген Жьиԥҳа леиԥш иҟоу, аамҭа еиҭасрақәа ирылиааз ауаа, хымԥада ражәа адунеи иақәлахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0