Матвиенко: аконтрсанкциақәа алабаҟәа еиԥшуп – мышкызны ихынҳәуеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПредседатель Совета Федерации РФ Валентина Матвиенко. Архивное фото
Председатель Совета Федерации РФ Валентина Матвиенко. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афедерациатә хеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко РИА Новости акорреспондент Мариа Балынина-Урбан илзеиҭалҳәеит Урыстәыла аганахь алатәи асанкциақәа рполитикаҿы Мраҭашәара ахшыҩаарԥшра алшоу иалымшоу.

Афедерациатә хеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко РИА Новости акорреспондент Мариа Балынина-Урбан илзеиҭалҳәеит Урыстәыла аганахь алатәи асанкциақәа рполитикаҿы Мраҭашәара ахшыҩаарԥшра алшоу иалымшоу, "Скрипальаа рус" Урыстәыла иахашҭуоу иахамышҭуоу, атәылаҿы иаку абжьыҭира амш еиҭаргоу еиҭарымгоу, уҳәа ртәы.

— Валентина Иван-иԥҳа, ииасыз амчыбжь азы ЕАШ аҳәамҭа ҟанаҵеит Ирани иареи аиадертә программа аганахь ала реилаӡара ишалҵуазы. Убри инадҳәаланы Вашингтон иагәҭакуп Тегеран асанкциақәа адҟанаҵаларц. Иалшозеи абри аҭагылазаашьаҿы Урыстәыла? Иаргьы абри аилаӡара иалахәылоуп. Уи адагьы урыстәылатәи абизнес аинтересқәа Иран ԥкырак роуоу ирмоуоу урҭ асанкциақәа алагалахар?

Московский Кремль. - Sputnik Аҧсны
G7 атәылақәа асанкциақәа ҳарӷәӷәоит ҳәа Урыстәыла адырра арҭеит

— Ирантәи аиадертә программа аганахь ала мҽхакыҭбаалатәи азеиԥш план анапаҵаҩра уаанӡеиԥш иахьагьы адунеижәларбжьаратә дипломатиазы иааира дуны иҟоуп. Аиқәшаҳаҭра аҵак ҷыда амоуп. Раԥхьа инаргыланы аиадертә бџьар аламырҵәаразы. Аиҿцәажәаратә процесс аамҭа рацәа ақәырӡын. Амчгьы ақәырӡын. Аха убри аан алҵшәақәа ҟалеит. Аиқәшаҳаҭра аусура иалагеит. МАГАТЕ Иран ахылаԥшра ӷәӷәа анаҭон уи аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа ишрықәныҟәоз агәаҭараҿы. Иран аганахьгьы абарҭ аамҭақәа рзы иарбанызаалак ҽыԥныҳәак ыҟамызт. Иарбанызаалак еилагарак аӡбахә цәыргамызт. ЕАШ ганкахьыла аиқәшаҳаҭра иахьалҵыз Урыстәылеиԥш егьырҭ атәылақәа реиҳаракгьы игха дуны иахәаԥшуеит. Уи ахҟьа-ԥҟьақәагьы рацәаны иахылҵыр алшоит. Аиадертә бџьар аламырҵәара апроцесс ааха анаҭаргьы алшоит. Зегьы еицырдыруеит Мрагылара ааигәа иҟоу аҳәынҭқаррақәа маҷымкәа аиадертә бџьар аиура мап ацәыркшам. Ҳара азҵаара ықәҳаргылоит, ЕАШ аиқәшаҳаҭра алҵра ҵаҵӷәыс иамозеи ҳәа? Уи аҭакс иара бааԥсуп мацароуп иҳарҳәаз. Уи ада аҽа мзызк рзымԥшааит. Иара убасгьы ирҳәеит Иран аҽа еиқәшаҳаҭрак иалаҵатәуп ҳәа. Америка апрезидент аиқәшаҳаҭра ҿыц аганахь ала хәыцрақәаки гәаанагарақәаки имазаргьы, уи ԥхьаҟа алацәажәара алшоит, иахьазы иҟоу мырбгакәа. Иҟалаз Америка ганкахьыла аиқәшаҳаҭра алҵра мацара акәӡам. Аиқәшаҳаҭра ганрацәала ишьақәгылан. ООН Ашәарҭадаратә хеилак ақәшаҳаҭра аман. Уи иаанаго акрызҵазкуа жәларбжьаратәи документны ишьоуп ауп. Асеиԥш иаауҭахханы алҵра, жәларбжьаратәи азин аилагароуп иаанаго. Сара сгәаанагарала Вашингтон иаҳнарбеит аҭакԥхықәра ишзаҵамгыло. Уи агәыҩбара узцәырнагоит. Ишԥаныруеи абри аҭагылазаашьа КНДРи дареи реиҿцәажәара аламҭалаз? Иҟалома тәылак, ҳәынҭқаррак егьырҭ ирызхьамԥшыкәа хаԥышәала асеиԥш ахы мҩаԥнагара? Еиду Америкатәи Аштатқәа, ООН Ашәарҭадаартә хеилак алахәылак аҳасаб ала адунеи аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргыларазы аҭакԥхықәра адуп. Аха иара асеиԥш ахымҩаԥгара мап ацәнамкуазар, узлақәгәыӷуеи? Асеиԥшқәа рышьҭахь аҽа шәарҭаракгьы ыҟаны сахәаԥшуеит. МАГАТЕ еиԥшу жәларбжьаратәи аинститутқәа рахьгьы агәрагара арӡуеит ас ахымҩаԥгара. Исымҳәахьеи МАГАТЕ Иран ахылаԥшра ӷәӷәа анаҭон ҳәа.

Здания генконсульств США - Sputnik Аҧсны
Аконгрессмен далацәажәеит Урыстәыла асанкциақәа ақәхра шалыршахо атәы

Уажәы ицәырҵуеит азҵаара – МАГАТЕ агәра угар алшома? ҳәа. Абри зегьы ҳкылнагар алшоит азҵаарахь – шықәсырацәала иаԥырҵоз аинститутқәеи жәларбжьаратәи азини еиламҳаӡои ҳәа. Имаҷҩымкәа аекспертцәа иазырыԥхьаӡоит, сгәы иаанагоит иагьшьаҭадам ҳәа, абри аиқәшаҳаҭра алҵра иаанаго Америка Евроеидгыла аекономика ақәыӷәӷәара анаҭоит, иаҵанахалоит, ихьыԥшны иҟанаҵоит. Избанзар ирацәаӡоуп европатәи аилахәырақәа Иран аус зуа. Урҭ абир аиқәшаҳаҭра аԥҟаррақәа инарықәыршәаны иарбанызаалак еилагарак руам. Убасоуп аус шыруа урыстәылатәи аилахәырақәагьы. Урыстәыла апозициа ԥсахрадоуп. Иара иаԥхьаӡоит иҟалаз жәларбжьаратәи азин еиланагоит, агәрагара ҵнашәаауеит, иҟоу аиқәшаҳаҭрагьы аус шауц иаулароуп ҳәа. Аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз атәылақәа зегьы, Ирангьы налаҵаны, аиқәшаҳаҭра аԥҟаррақәа ирықәныҟәалароуп. Иахьазы атәылақәа зегьы уи иақәшаҳаҭуп. Абасеиԥш ԥхьаҟагьы иҟалар, аиқәшаҳаҭра аус аулоит, аиадертә бџьар аларҵәарагьы ԥкхоит, аха анапы аҵазҩыз атәылақәа ЕАШ ақәыӷәӷәара иацәшәар, асанкциақәа ирыдгылар, уи рыцҳарахоит. Урҭ асанкциақәа Иран еиԥш уа аус зуа дара реилахәыра дуқәагьы русура ԥыркуеит. Агәра згар сҭахуп усеиԥш ҟаларым ҳәа, анапаҵаҩра зуз атәылақәа зегьы рхыдҵақәа ирыҵыҵрым ҳәа, аиқәшаҳаҭрагьы аҵак ду змоу жәларбжьаратә документны ишыҟаз еиԥш инхап ҳәа. 

— Европатәи атәылақәа хьаҵру, шәгәы ишԥаанаго?

— Иубарҭаны иҟоуп Европатәи атәылақәа жәпакы Вашингтон аҭахрақәа рышьҭрақәлара рҭахны ишыҟам. Шәахәаԥш ашәахьа иҟаз. Изаҭаххазеи иаалырҟьаны Америка Ацҳаражәҳәарҭа Тель-Авивынтәи Иерусалимҟа аиагара? Иерусалим астатус еиуеиԥшым жәларбжьаратәи актқәеи ООН Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциақәеи иҳәаақәырҵахьеит. Урҭ реилагара аҭахны иҟамызт. Иқәҳаргылап азҵаара: Ацҳаражәҳәарҭа аиагара арегион аҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи шьақәнаргылома? Израили палестинеи рпроблема аҭыԥ иқәнаҵома? Мап. Ҳәарада мап. Иҟаз аҭынчрагьы еиланагеит. Иҭахеит ауаа. Ашьа каҭәеит. Абри азы аӡәы аҭакԥхықәра идзар ами. Европаа ирбоит Вашингтон ахымҩаԥгашьа ула хҩаны ушашьҭамлаша. Уи агәыӷра ҳнаҭоит аиадертә еилаӡара аганахь алагьы Европа ахы арҟәрым ҳәа. Адунеи аҟны аҭынчра ашьақәыргыларазы уи аҵак ду аманы иҟоуп. 

— Урыстәыла ԥхьаҟагьы Америкеи егьырҭ атәылақәеи рсанкциақәа дырӷәӷәар аҭак рыҭара апрактика мҩаԥнагалома?

— Аԥсҭазаара иаҳнарбеит аҭакҟаҵара еснагь хра аманы ишыҟоу. Абумеранг еиԥш шьҭахьҟа игьыжьуеит. ЕАШ аганахь ала аконтрсанкциақәа рзы азакәан иаарласны Аҳәынҭқарратә думаҿ иӡбахоит. Ауадаҩрақәа ирықәшәоит ЕАШ аилахәырақәа, атәыла аекономика ахырхарҭақәак. Азакәан иаҵанакуам ҳуааԥсыра аԥырхага рызҭаша акгьы. Иара анагӡаратә мчқәа рнапқәа ҿанаҳәаӡом, аҭагылазаашьа аҽыԥсахра инақәыршәаны ахымҩаԥгара алнаршоит. Исҳәар сылшоит аконтрсанкциақәа рзы азакәан асеиԥш аҟазшьа змоу раԥхьатәи закәануп ҳәа. Ҳәарада Афедерациа Ахеилак уи адгылара анаҭоит. Адокумент аԥхьатәи аԥхьарала ирыдыркылеит Аҳәынҭқарратә Думаҿ. Аҽазныкгьы иҳәоит: Америка, Мраҭашәаратәи атәылақәа имҩаԥырго асанкциатә политика жәларбжьаратәи азини, ООН аԥҟаԥҵәеи, егьырҭ актқәеи ирҿагылоит ҳәа. Иара адиалог амҩаԥгара ԥнакуеит, аимактә зҵаарақәа рҿы акомпромисс аԥшаара аруадаҩуеит, аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьа арӷыӷкуеит. Адунеитә уаажәларрагьы апроблемақәа рызцәырнагоит. Иахьа иуҳәар алшоит асеиԥш иҟоу аполитика мап ацәктәуп ҳәа. Иара шьаҭазыркызгьы лҵшәак рнаҭо иҟма: иполитикатәума, иекономикатәума, иморалтәума.

Ҳәарада ҳара ҳзы зегь кашырроуп ҳәа ҳазҳәом, аха ҳаҿиара ааннакылоит, жәларбжьаратәи аренаҿы ҳпозициа шьақәнаҟьоит ҳәагьы ҳазҳәом. ЕАШи иара адгылаҩцәеи ркурс аҭымиҭшәарра ишыбжьахаз умбарц алшом. Уи згәамԥхо рацәаҩхеит. Урҭ еиҳа еиҳа рхыԥхьаӡара иацлоит. Агәра аагар ҳҭахуп ахшыҩ аԥыжәара агап ҳәа, Мраҭашәарагьы Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа мап рыцәкхап ҳәа. Асанкциақәа аԥырхыр, ҳаргьы аконтрсанкциақәа мап рцәаҳкып.

Штаб-квартира МАГАТЭ в Вене - Sputnik Аҧсны
МАГАТЕ: Иран ахылаԥшра ӷәӷәа амоуп

— Шәгәы ишԥаанаго, аҟәандарақәа иҟоу инарымаданы Кореиатәи адгьылбжьахаҿы аиӷьра ҟалома? Кореиабжьаратә диалог иаԥырхагахарыма ЕАШ Ирантәи аилаӡара иахьалҵыз?

— Кореиантәи иааҩуа ажәабжьқәа угәы азҭарҵо иҟоуп. Ажра ахықә иацәхьаҵит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аҩ-Кореиакгьы. Абраҟа ҳтәыла, Китаи, егьырҭ адунеи атәылақәа ирылшамҭоу рацәаны избоит. Даар аконфронтациа аҽацәхьакра ада ԥсыхәа шыҟам иааҟәымҵӡакәа ирҳәон. Ибзианы исгәалашәоит КНДРи Аладатәи Кореиеи рпалраментарицәа Петербург ииасыз ашықәс азы реиԥылара, МПС Ассамблеиа амҩаԥысраан. Иаартны ҳаицәажәон. Аиҿцәажәарада аҽа мҩак шыҟам атәы ҳҳәон. Усҟан даара ҳазааигәан аганқәа рыҩбагьы столк реицахартәара. Уажәтәи аиныррақәа ҳдыргәырӷьоит. Ҳгәы иаанагоит алҵшәа бзиақәагьы ҟалап ҳәа. Акы азнеиразы агәреибагара аҭахуп. Шәара ишазгәашәҭаз еиԥш ЕАШ ганкахьала Ирантәи аилаӡара алҵра кореиатәи аиадертә проблема аӡбра иацхраауа иҟам. Ахыдҵақәа рынамыгӡара агәрамгарахь унанагоит.

— " Скрипальраа рус" иахьагьы адунеи амшхәаԥштә азҵаараҿы иаанханы иҟоуп. Ас иабанӡаҟало? Ԥхьаҟазы Урыстәылеи Британиеи реизыҟазаашьақәа аҟәандарахь икылсрыма?

— " Скрипальраа рус" жәларбжьаратәи амшхәаԥштә азҵаарахь Британиоуп икылызгаз. Иарбанызаалак гәраргагак рымамкәаУрыстәыла ахара адырҵеит. Убри аан ихәыцу апровокациа алашә иоуп изымбарц зылшо. Скрипальраа рыҟбахә адунеи иаахырҵәаны, ианырҭахха инышьҭадырцәеит. Ҳара адҵа ҟаҳҵоит абри аус иныҭкааны иҭҵаатәуп ҳәа, ахара здугьы даарԥштәуп ҳәа. Егьа ҟаҳҵазаргьы Скрипальраа ҳарԥылартә иҟамлеит, иҟалаз азы аинформациа аиурагьы ҳқәашьымхеит. Ҳара зегь дара роуп Скрипальраа рыҿцәажәара мап ацәкра ҳагәҭакым. Британиа иауалԥшьоуп ҳдипломатцәа аиаша ахыҵхырҭаҟынтәи ироуртә аҟаҵара. Ирӷьычма? Мамзар иҟоу иахуҳәаари?.

Министр иностранных дел России Сергей Лавров, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Лавров урыстәылатәи адипломатцәеи "Скрипаль иуси" реидҳәалара ахҳәаа аиҭеит

Абасала ҳара ԥхьаҟагьы аус ацрыҵра ҳагәҭакӡам. Иаабоит, иаадыруеит аус ԥаршеирыла ишеиҿкааз. Урыстәылеи Британиеиреизыҟазаашьа акәзар асеиԥш аибарххара уаанӡа аҭыԥ амамзар ҟаларын. Амчраҿы урыстәылаа рцәымӷра згәаҵа иҭоу ауаа ыҟанаҵы аиӷьхара ҟалап ҳәа сыҟам. Тереза Меии лкабинети ыҟанаҵы Урыстәыла ацәымӷра аҳра аулоит. Иара убир аан аҭынч уааԥсыра аизыҟазаашьақәа реиӷьтәроуп ирҭахны иҟоу. Сгәыӷуеит аамҭа бзиақәа ҟалап ҳәа.

— Аҳәынҭқарратә думахь инаргеит афедералтә закәан апроект: зықәра намӡац асанкциа зызум акциақәа ралагаларазы аҭакԥхықәра адлара аизку. Афедерациа Ахеилак абри апроект адгылара анаҭарыма?

— Ҳәарада адгылара аҳҭоит. Иаԥшьгамҭа бзиоуп. Сара уаанӡагьы асеиԥш иҟоу азакәан адкылара хымԥадатәины исшьон. Аҳәынҭқарартә думаҿ макьаназ ирыдрымкылацт, ҳара ҳахьгьы имнеицт, аха аконцепциа здыруеит. Иныҭҵааны аус зыдуло проектны избоит. Иара убас ауп сколлегацәа жәпаҩыкгьы ишыршьо. Ҳпалатаҿ уи адкылараз проблемак ҟалап ҳәа сыҟам. Асанкциа зызум акциақәа раан еиуеиԥшым ашәарҭарақәа цәырҵыр ауеит. Аҿар анырра бааԥс рызҭо ауаагьы ҟалар алшоит. Ахәыҷқәа, аҿар рхыцреи рԥышәеи кьаҿуп, аха рҭаацәа, рырҵаҩцәа иҟало ҟалааит ҳәа урҭ ргәыгәҭажьра азин рымам. Урҭ рыхшыҩ аҟынӡа инагатәуп ашәарҭаарқәа ртәы. Иара убри аан зықәра наӡам, ишәым асеиԥш иҟоу аусқәа ирылазгалогьы рҭакԥхықәра ахәшьара аҭатәуп. Аҿар ахырхарҭа рзалхтәуп, аспорт иадҳәалатәуп. Ашколқәа рҟны ааӡаратә усура хылаԥшра азулатәуп. Аҭаацәа, арҵаҩцәа, аиҳабацәа рахь схы нарханы аҳәара зуеит зықәра намӡац рхырхарҭа ахылаԥшра арҭаларц.

— Алхратә закәанԥҵара аԥсахрақәа алагалатәны иҟоума? Насгьы иаку алхратә мшы аҽа рыцхәк ахь ииагатәызар? Иҟалап арегионқәа рҟны ауаа алхрақәа рахь рымнеира цәыббра аԥсшьараамҭа иахьаҵанакуа акәзар изыхҟьо?

— Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы алхратә закәанԥҵара алагалақәеи аԥсахрақәеи иахәҭан ҳәа иаҳшьар ауеит. Уи ус шакәыз аабеит атәыла Ахада иалхраангьы. Даар иалдыршеит алхрақәа еиҳа иаартны рыҟаҵара., аилагарақәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра. Афедерациа Ахеилак иаԥхьаӡоит аԥсахрақәа арегионалтәи амуниципалтәи лхрақәа рҟынгьы ахархәара роуроуп ҳәа. Иаку абжьыҭиратә мшы арыцхә анахара атәы уҳәозар, ауаа заҟаҩы ыҟоу аҟара агәаанагарақәагьы ыҟоуп. Зегь ирнаалаша арыцхә аԥшаара уадаҩуп. Ԥхьаҟазы ҳекспертцәа иҭырҵаашт, иҵаҵӷәырку алкаақәагьы ҟарҵашт. Адунеиа ҟны иҟам ариашарақәа зҭахым алхратә система. Зегьы гхак-гхак рымоуп. Адунеиаҿ иҟоу аԥышәагьы ҳхы иаҳархәалоит. Иҟалаша шыҟалаша иара аԥсҭазаара ахаҭа иаҳнарбоит.

— Урыстәыла Ахада лаҵарамзатәи иусԥҟа "2024 шықәсанӡа Урыстәылатәи Афедерациа аҿиара амилаҭтә хықәкқәеи астратегиатә усқәеи" аҟны иҳәааҟәҵоуп ахықәкқәеи аусқәеи реиԥш иарбоу азы афедералтә напхгара аусура апрограмма. Иаҭаххарыма аминистрра ҿыцқәа раԥҵара ма иҟоу реилаҵара? Афедералтә закәанԥҵара аԥсахра аҭаххома абри аус азы?

Полиция на улице Castle street британского города Солсбери рядом с местом, где был найден в тяжелом состоянии экс-полковник ГРУ  Сергей Скрипаль - Sputnik Аҧсны
Британиатәи АИХқәа: Скрипальраа ахәшә рырҭеит абанктә ԥхьаӡамҭа анроу ашьҭахь

— Урыстәыла Ахада лаҵарамзатәи иусԥҟа "2024 шықәсанӡа Урыстәылатәи Афедерациа аҿиара амилаҭтә хықәкқәеи астратегиатә усқәеи" ҳәарада инарҭбаау обиективтә документуп. Иара ианыԥшуеит ҳаҿиара агәҭылсара. Акраамҭа аусадулара цон. Уа иарбоу имасштаб дуны иҟоу аусқәа рынагӡаразы азнеишьа ҿыцқәагьы аҭаххашт, аӡбра ҿыцқәагьы аҭаххашт. Уи иаанагом имҩаԥааго ахырхарҭа ԥсахтәуп ҳәа. Ҳаар иахьазы ишьҭаҳхыз ахырхарҭа ихымԥадатәиу, ииашоу акакәны ахы аанарԥшит. Сара зегь раасҭа адокумент аҿы исгәаԥхо – иконкреттәуп. Зегьныҭкааны иарбоуп. Иара убасгьы адокумент аҿы иарбоуп ҳус хада ҳәа иԥхьаӡоу: абарҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа зекономика аҿиара ҳарак амоу атәылақәа хәба рылаԥхьаӡара алыршара. Ари имариоу усӡам. Алшара дуқәагьы аҭахуп. Аиҳабырагьыирылшо инацҵаны иҟарҵар акәхоит, уаҵәы, уаҵәашьҭахь ҳәа зыԥшрак амҭакәа. Аминистрцәа реилазаара аструктура акәзар, уи ара роль дук аманы иҟаӡам. Сгәы иаанагоит шьаҭанкылатә ԥсахрак ҟалом ҳәа. Сара сгәаанагарала Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа рацәаны иҟоуп. Аха уи иара Аԥыза-министр ишазиԥхьаӡоу ауп. Избанзар иара иоуп Аминистрцәа реилазаара аиҿкааразы аҭакԥхықәра здыло. Агәра згоит аилазаара аусура аицәхьамҵуа еилазаарахоит ҳәа. Иԥсахтәу аҽакуп. Аусура астиль ԥсахтәуп. Абиурократиа иацәхьаҵтәуп. Аҵак ду аманы иҟоуп аиҳабыра рҿы хырхарҭак ахь еицынаԥшуа ауаа рыҟазаара. Русурагьы швеицариатәи асааҭ еиԥш еилшәарак амамкәа ианыҟоу зегь мариахоит. Аԥыза-министр акрааҵуеит аилазаара аструктура аус адиулоижьҭеи, аконсультациақәа мҩаԥигоижьҭеи. Иааит аамҭа напеилҳәала аусуразы.

— Асенатор Сулеиман Керимов иганахь ала Афедерациатә хеилак агәаанагара зеиԥшрозеи? Ԥхьаҟа иԥеиԥшузеи? Зегьы ирдыруеит иара аилатәарақәа ихы шрылеимырхәуа, ихыдҵақәа шынеимыгӡо.

— Афедерациатә хеилак Сулеиман Керимов иганахь ала аинформациа ҵаула амоуп. Ҷыдала иареи сареи аицәажәара ҳаман. Асенатор истатус акәзар аус зуа азакәанԥҵараҿы иарбо аиқәыԥхьаӡахь заанаҵы инапынҵақәа рышьҭаҵара алзыршаша аҭагылазаашьақәа ртәы ҳәам.

— Урыстәылеи Мраҭашәаратәи атәылақәа рыбжьара иҟоу аибарххарақәа инарыдҳәаланы иалшоит ҳтәылаҿ имҩаԥысраны иҟоу ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ахь аполитикцәа, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа зымаар. Шәара шәхаҭа шәгәы иҭаӡамиа чемпионат аартра аҽалархәра мамзаргьы ахәмаррақәак рыхәаԥшра?

Сергей Лавров в интервью BBC рассказал о доверии к западным партнерам - Sputnik Аҧсны
Лавров Урыстәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа рзы азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит

— Агәадура ду снаҭоит ҳтәыла ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ишахәҭоу еиԥш аҽазыҟаҵара ахьалшаз. Аусура дуӡӡа мҩаԥган: иргылан астадионқәа, аспорттә обиектқәа. Ҳәарада уи зегь ззырхо ачемпионат ау паха уи анеилгалак иззаанхо ҳауаажәлар роуп. ԥхьаҟазы аспорт аҿиараҿы абарҭ зегьы цхыраагӡа духоит. FIFA иҟаҵоу зегьы ахәшьара ду анаҭеит, арҽхәыԥхьыӡқәа ҳрыԥсахеит. Миллионҩыла асасцәа ҳарзыԥшуп. Иахәҭоуп адкылара бзиа аҟаҵара. Аполитикцәеи аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи аара рҭаххозар, мап ацәаҳкуам. Еиҳагьы ҳаигәырӷьоит. Сгәанала аполитикеи аспорти реиварҟәалара ҟалом. Агәра згоит ачемпионат аспорт ианыҳәа дуны ишыҟало. Зегь ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп.

Сара сакәзар аартра аҽалархәра сгәиҭоуп. Иара убасгьы Петербург— "Зенит-арена" аҟны имҩаԥысуа ахәмаррақәа рбара сҭахуп. Ашьапылампыл сафанатны сыҟамзаргьы "Зенит" ахәмаррақәа рбара еснагь исҭахуп. Ҳкоманда ақәҿиарақәа азеиӷьасшьоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0