"Нануи дадуи рхәышҭаара": амоҭацәа ирыгәҭылаку Чуазаа рҭаацәара аҭоурых

© Sputnik / Саида Жибасемья Чуаз
семья Чуаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара акы, ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш ауп. Ари арыцхә инамаданы, Гагра ақалақь, ԥшьҩык ахшара иахьрызҳауа Чуазаа рыҩнаҭа саҭааит сыблала избарц аҭаацәара ду рыбзазара.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Алик Чуази Елена Арсалиаԥҳаи хҩык ахшара рааӡеит. Иахьа дара ақәра ду ишҭагыламгьы, аԥсуаа рҟны ишырҳәо еиԥш иргаша амоҭацәа ирыгәҭылакуп. Аиҳабаӡа Милана Ԥкьынԥҳа 22 шықәса лхыҵуеит, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп, аиҵбаӡа Абрскьыл Амҷба шықәсык ихыҵуеит. 10-ҩык амоҭацәа рахьтә ԥшьҩык, Чуазаа рыжәла иатәуп, дара рԥазаҵә Анри ихылҵит.

Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
"Хаҵа имцо Анцәа дҳаумҭан": ахатә ԥсҭазаара ашьақәыргылара иазку аныҳәара

Ахәыҷқәа иреиҳабу Никита аабатәи акласс аҟны аҵара иҵоит, иара убас абокс асекциахь дныҟәоит. Изныкымкәа Аԥсни аҳәаанхыҵи еиуеиԥшым атурнирқәа рҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа иҽрыԥсаитәахьеит.

Агәабжьанытәи Арина 12 шықәса лхыҵуеит. Ашкол аҟны аҵара бзианы илҵоит, акласс аҿы иреиӷьу аҵаҩы ҳәа дыԥхьаӡоуп. Уи инаваргыланы, Гагратәи ахәыҷҭәы акәашаратә ансамбль "Гагрыԥшь" аҟны ахкынагӡаҩцәа дыруаӡәкыуп, лара акәашара далоуп ԥшьышықәса анылхыҵуаз инаркны, дныҟәоит атеатралтә студиахьгьы.

Фышықәса зхыҵуа Дамеи, сынтәа аҵарадыррахь ишьаҿақәа еихигоит. Иара уажәнатә аспорт аҟны алҵшәа бзиақәа ааирԥшуеит, Гагратәи ахәыҷҭәы ашьапылампылтә команда "Леон" аҟны ахьчаҩс дыҟоуп. Аҷкәын хәыҷы ибаҩхатәра уи аҟны иаанымгылеит. Дамеи дныҟәоит асахьаҭыхратә студиахьгьы. Ахәыҷы иусумҭақәа уаарылаҽхәаратәы иҟоуп.

Чуазаа реиҵбаӡа Соломеиа ҩышықәса лхыҵуеит.

Аҭаацәара ду рышьыжь алагоит асааҭ быжьба рзы. Ани андуи рхатәы уалԥшьақәа рымоуп.

Салаҳ Леиба - Sputnik Аҧсны
Салаҳ Леиба: Шьамтәыла аҭаацәара ду сымоуп, араҟагьы ауа-аҭынха соуит

"Сара аусуреи ашколқәеи рахь ицо зегьы рхәы ҟасҵоит. Аӡәы ақашь иҭахыуп, егьи акәтахь ӡны, ҽаӡәы ачамчамыта. Сааҭк аҩнуҵҟа, хәыҷи-дуи рҽеидыркылаанӡа рыфатә рыжәтә сырмазеиуеит", — ҳәа ҳаиллыркааит анду.

Ан лакәзар, ахәыҷқәа лырҿыхоит, рҿы рнапы шырыӡәӡәо дацклаԥшуеит, еилалҳәоит. Абас аҳәса рҳәоуеиқәшәара, аҭаацәараҟны аиҿкаара иахыҵхырҭоуп.

Иазгәасҭарц сҭахуп, ахәыҷқәа ран Седа Матосиан дшаԥсыуамгьы, ҳҵасқәеи, ҳқьабзқәеи шныҟәылго. Аҭаца лаб Сергеи Матосиан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡгьы ихҵоуп.

"Ҳара ҳҭаца гәык ала ҳалзыҟоуп. Ҳаҩнаҭа дыҩнагылоуижьҭеи гәыхьк зҵоу ажәак еибаҳамҳәацт. Аӡәырҩы уамашәа ирбоит ҳаизыҟазаашьақәа. Аха еиҳабык лаҳасабала исҳәарц исҭаху уи ауп, уара уанбзиаха, уҭацагьы дыбзиахоит. Иубо, иуаҳауа зегьы ахҳәаа азура уалагар, ларгьы лгәы ԥҵәоит, изакәым аҭакгьы улҭоит. Аԥсуаа "аҭаца ала даанамцаӡеит" рҳәоит, ларгьы џьоукы драаӡеит. Уҩнаҭа еизлырҳарц иааиз аҭыԥха, уԥҳа леиԥш дубароуп. Уажәра ԥшӡахар уҭахызар, улывагылароуп, ахәыҷқәа лыцуааӡароуп", — лҳәоит анхәа Елена Арсалиаԥҳа.

Седа, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп. Афилологи, апсихологи рзанааҭқәа лымоуп. Шықәсқәак Гагратәи аԥсуа школ аҟны аусура дахьӡеит, анаҩс ахәыҷқәа рааӡара лҽазылкит.

"Сара сзанааҭқәа ахәыҷқәа рааӡараҿы акырӡа исыхәоит. Аҩны, анреи арҵаҩреи еилазгӡоит. Ишыжәдыруа еиԥш, ахәыҷы зны-зынла алеишәа ҷыда ааирԥшуеит, аха рыԥшьҩык рахьтә аӡәызаҵәыкгьы напыла силамкьысит, апсихолог еиԥш иртәаны срацәажәон. Сааӡаратә методика џьоукгьы иргәаԥхомызт, аха алҵшәа иаанарԥшуеит, амҩа иаша шаласхыз", — ҳәа азгәалҭоит ан.

Ианакәызаалк аҭаацәараҟны ҩыџьа ахәыҷқәа аныҟоу, рани раби ирхымбаакәа, мамзар хәмаргак еимарымккәа иҟамлацт. Ахшара рацәа иахьрызҳауа, апрактика излаанарԥшуа ала, еиҳа аизыӡырҩреи аизыразреи ыҟоуп.

© Sputnik / Саида ЖибаЧуазаа рҭаацәара
Чуазаа рҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Чуазаа рҭаацәара

Никитеи Аринеи реиҵбацәа ирхылаԥшуеит. Џьара цатәык ыҟазар, рани рандуи аурыжьуеит.

Чуазаа рыҩнаҭаҟны есыҽны илахҿыхроуп, шәаҳәароуп, кәашароуп. Аҭаацәара рабду Алик, Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз" напхгара аиҭоит. Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ихуп.

"Есыуаха, ҳабду ауадаҟны ҳаизигоит. Агитара аирҳәоит, аԥсуа ашәақәа ҳзынаигӡоит. Нас саҳәшьеи сареи ҳаицыкәашоит", — иҳәоит аҩнаҭатәи амоҭа еиҳабы Никита.

Чуазаа рҭаацәара ду ҿырԥшыгоуп зегь рыла. Ахацәа аусқәа руоит, аҳәса аҩнра ныҟәыргоит.

Чуазаа рыҩни рыдәни акырӡа еиҿкаауп, "нануи дадуи рхәышҭаара" ҳәа иашьҭоуп рыԥҳацәа ирхылҵыз амоҭацәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0