Иит аибадырреи агәыбылреи: "Сылашареи" сареи Сҭампыл ҳшеиқәшәаз

© Sputnik / Саида ЖибаҲалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит ақьафурҭа "Сылашара"
Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит ақьафурҭа Сылашара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хышықәса раахыс, "Сылашара" Сҭампыл ақалақь, Азиатәи ахәҭаҟны аԥшӡареи ахаареи рыла аҭааҩцәа хнахуазаап. Аӡбахә Sputnik Аԥсны аинформациатә маҵзуреи, арадиои аҟнытә изаҳаз, агәаҳәара ду соуит, схаҭагьы уи асасдкылара снырырц.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Хышықәса раԥхьа, Сҭампыл ақалақь Азиатәи ахәҭаҟны, ҳџьынџьуаҩ Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс ақьафурҭа "Сылашара". Есышықәса Ҭырқәтәыла ицо, дҵас сҿаԥхьа иқәсыргылон, ари аресторан саҭаароуп ҳәа. Аха ишырҳәо еиԥш, "агәыӷра анагӡара хышықәса уазыԥшызароуп". Ус сыхьит саргьы.

© Sputnik / Саида ЖибаҲалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара»
Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара» - Sputnik Аҧсны
Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара»

Уажәааигәа, Ҭырқәтәыла ҳаҟан сҩыза Зарина Коӷониеи сареи. Хымчыбжь ирылагӡаны зҿы ҳаанҿасыз, аеиҳәшьа леиԥш иаҳзыҟалаз Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа Анкареи, Сақариеи, Измиҭи, Измири, Есқьишьеҳири уҳәа ақалақьқәеи аԥсуаа ахьынхо ақыҭақәеи рахь ҳамҩахылгеит. Зехьынџьара ҳажәлар рхаҭарнакцәа гәаартыла ҳрыдыркылон.

Азнык азы, хымчыбжь, иалаҳгӡаша рацәоуп ҳәа ҳхәыцуан, аха аамҭа инҭыкәкәа ицеит.

© Sputnik / Саида ЖибаҲалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара»
Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара» - Sputnik Аҧсны
Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара»

Аԥсныҟа ҳаанӡа, ҩымш Сҭампылгьы ҳаангыларц ҳаӡбеит. Ус Иуџьаль лмашьынала ақалақь ду ахь амҩа ҳақәлеит.

Схаҿы, Ҭырқәтәыла исхызгаз аамҭа ссир шеилсырхуаз, "Сылашара" аасгәалашәеит. Аиашазы, сгәы сыхьит еиҭах савсны сахьцоз. Ҩ-сааҭк рышьҭахь Сҭампыл ҳалалеит. Шьыбжьхьагьы ааигәахеит. Еицқәаз акы ҳнацҳар цәгьамызт ҳәа ааибаҳҳәан, ақьафурҭа аԥхьа ҳаангылеит.

© Sputnik / Саида ЖибаҲалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара»
Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара» - Sputnik Аҧсны
Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара»

"Саида, бхы шьҭыхны аҩыра баԥхьеи, иану ббап", — ҳәа ҿаалҭит Иуџьаль. Абар ассир! "Сылашара" ашә сылагылоуп, самхагәырӷьаны исҳәо сҿамшәо.

Ус, "бзиала шәаабеит", — ҳәа аԥшәмагьы ибжьы аагеит.

Аԥснынтәи инеиз асасцәа, еиҭаҳәашьа амамкәа ҳидикылеит ақьафурҭа аиҳабы Ҳалуқ Саӡба.

Хара имгакәа, ҳцәажәабжь заҳаз ҩыџьа аҳәса, Аԥснынтәи ҳшааз анеилыркаа иԥхашьа-ԥхаҵо иааҳадгылеит, "ҳаргьы ҳаԥсыуаауп, шәбара ҳаигәырӷьеит" ҳәа.

Ҭырқәтәыла сыҟазаара иалагӡаны, лафны ишырҳәоз саҳахьан "хаҳәык шьҭухыр Ажьибак дхәыҵҵуеит, даҽакы уҩахар Аҩӡбак" ҳәа. Абраацәҟьа уигьы сгәалашәеит. Арҭ аҳәсацәа саҳәшьцәа иреиуан и- Жьиԥҳацәан.

Абас, "Сылашара" аҩнуҵҟа иит аибадырреи агәыбылра ҿыци.

Ҳалуқ Саӡба иазгәеиҭеит, араҟа лассы-лассы аԥсуаа шеизо. Еиқәшәоит шықәсы рацәала еибамбацгьы.

"Уаххьа ашьҭахь, гәыԥҩык аԥсуаа аресторан аҟны ианааизалак, амырзакан арҳәауа, ԥсоуҵасла акәашарақәа еиҿаҳкаауеит. Уи иашьцылахьеит иаҳҭаауа егьырҭ амилаҭқәагьы. Иҟоуп ҷыдала зҽақәыршәаны иааиуа", — иҳәоит аԥшәма.

© Sputnik / Саида ЖибаҲалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара»
Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара» - Sputnik Аҧсны
Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара»

"Сылашара" аӡбахә Сҭампыл измаҳац дыҟам. Ҭырқәтәылатәи ателехәаԥшрақәа ԥшьынтә адырраҭарақәа азыркхьазаап.

"Раԥхьанатә аусура ҳаналага, аԥсуа чыс мацара акәын иҟаҳҵоз. Иахьа аҭырқәеи, европеи рчысхкқәагьы аҭааҩцәа ирыдаагалоит. Аха дара, еиҳа ҳмилаҭ чыс иазхьаԥшуа иалагеит умҳәозар", — ҳәа ҳаилиркааит Ҳалуқ.

© Sputnik / Саида ЖибаҲалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара»
Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара» - Sputnik Аҧсны
Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аԥсуа чыс аресторан «Сылашара»

"Сылашара" ахьӡ адагьы, уанааҩнало иаразнак иудыруеит аԥсуаа ишыртәу. Зехьынџьара ҳмилаҭ ацәа зыҟәну амаҭәарқәа убоит.

Иазгәасҭарц сҭахуп, аресторан аҩнуҵҟа, зегьы ирбаратәы "Бзиала шәаабеит" ҳәа аԥсышәала аҩыра шану.

"Ақьафурҭа ҿыц ианааҳартыз аламҭалазы, Аԥснынтәи иаҳҭааны иҟаз ажурналист Сырма Ашәԥҳа лоуп ианызҵаз. Дҳамбеижьҭеи, дыгәхьааҳгеит" ҳәагьы нациҵеит. Саргьы хара имгакәа, авидеодырраҭарала рыҩџьегьы ааисарцәажәеит.

Абас, "Сылашара" ҳгәы аарлашан, аԥшәмацәеи, саҳәшьцәа Жьиԥҳацәеи ҳарҭ асасцәеи иаарласны ҳаибамбар ада ԥсыхәа шҳамам неибыҳәаны, аамҭала ҳаиԥырҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0