Аԥсуа иубилеиқәа рҟазшьа: икарахаша зегь анкараха

CC0 / / Занавес
Занавес - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиубилеитә ныҳәақәа рымҩаԥгашьеи урҭ рызнеишьеи иамоу аҟазшьақәа дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аибашьра ааилгазар Аԥсны аиубилеиқәа рымҩаԥгара ахатә традициақәа шьҭнахит, убри аамҭазы ирзынхеит асоветтә системаҿы узмеилаҳауаз аҟазшьақәагьы. 

Сынтәа, Аиааира 25 шықәса анахыҵуа аламҭалазы, ҳтәылаҿы аиубилеиқәа рацәахеит. Уи зыхҟьаз аибашьра ашьҭахь иаԥҵаз аминистррақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ари ашықәсан риубилеиқәа ахьеиқәшәаз ауп. 

Аԥсуа иубилеиқәа рҟазшьа: икарахаша зегь анкараха

Ҳусқәа еиқәышәшәа иҟоушәа, уажәы-уажәы еиуеиԥшым агәырӷьаратә еилатәарақәа мҩаԥыргоит ачынуаа, афилармониа ма атеатр иҩныҩуеит зиубилеи азгәазҭо иҳараку ариторика зцу ражәахәқәа, анапеинҟьабжьқәа, нас аресторанаҿ ақьафуратә хәылԥазқәа ирыцҵахоит. 

Зекономика макьаназы акыр ихьысҳау аԥсуа ҳәынҭқарраҿы абас имҩаԥысуеит аныҳәақәа. 

Аиашазы, иҳаздыруам урҭ заҟа рықәаҳхарџьуа, аха ачынуаа зықәтәоу рмашьына ӷьазӷьазқәагьы налаҵаны, атәылауаа иршәо ашәахтәқәа ишакәым инырхуеит уҳәаратәы иҟоуп. Уамак аматематика адыррагьы аҭахым уи азы. Ачынуаа реиԥш аиубилеиқәа мҩаԥыргоит арҿиарауааи ашәҟәыҩҩцәеи. 

Аиубилеиқәа хымԥада иззымҩаԥгатәу маҷҩым, аԥсуа культура иазааԥсахьоу ҳрызхьаԥшны ҳцәажәозар. Аус злоу урҭ рымҩаԥгашьа ауп. 

Зрители - Sputnik Аҧсны
Атеатр алакҭа иҭамԥшыц

Хаҭала, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа риубилеиқәа рҟазшьа ҳазааҭгылозар, малырны иазынхеит ОБКОМ ахаан, асценаҿы атрибуна ықәыргыланы ажәахә дуқәа раԥхьара. 

Аиашазы, ари акыр игәыԥҵәагоуп апоет ма апрозаик ирҿиара иаҿыгәҳәааны атеатр иаҭаауа рзы. 

Иахьатәи аамҭазы арежиссиорцәа ирыԥшаахьеит еиуеиԥшым, акыр ихырку стильла еиҿкаау аиубилеитә хәылԥазқәа рымҩаԥгашьа аформақәа. 

Хара ицатәым, Аԥсны зегьы ирбо ателеканал "Культура" ала ирлас-ырласны иаҳдырбоит автортә хәылԥазқәа, аҟазацәеи ахәаԥшцәеи реиԥыларақәа, мамзаргьы ашәҟәыҩҩи аԥхьаҩцәеи реиқәшәарақәа, аҟазарауаа риубилеиқәа уҳәа. Уаҟа зиирамш азгәарҭо ирҭоит азҵаарақәа, иара урҭ рҭак ҟаҵо игәалаиршәоит иԥсҭазаара, дрыԥхьоит иҩымҭақәа рцыԥҵәахақәа, ма иажәеинраалақәа. 

Зегь рхәыцхьеит, акы заҵәык иаҭаху – анаԥшааԥшроуп, аамҭа иагахьоу ажәытә стандарҭқәа мап рыцәкроуп иаанхаз, аха абри аганахьала ҳара иахьазы ҳхьысҳауп. 

Сара сгәанала, хаҭала Акультура аминистрра хылаԥшра анаҭароуп, аҳәынҭқарра ахарџь ала имҩаԥырго арҿиарауаа риубилеитә ныҳәақәа. 

Зеиԥшла асахьа ҭухуазар, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа риубилеиқәа рҿы асценаҿы иқәгыоуп атрибуна, амҩаԥгаҩ даацәырҵны ажәа ииҭоит ажәахәҟаҵаҩ, нас 20 ма 25 минуҭ азал аҿы итәоу ауаа аҭҵаарадырратә конференциаҿы итәазшәа иазыӡырҩыроуп инеиҵыху ажәахә ду. 

Аибашьра ашьҭахь Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аҽанеиҩнаша, иҟалеит Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа, ус анакәха, ашәҟәыҩҩцәа-аклассикцәа риубилеиқәа рҿы иҟазароуп ажәахәқәа ҩба, даҽакала ҟалашьас иамоузеи?! Аидгыла ахада данықәгыла, Ассоциациа ахада даанхар ҟалома?! 

Ажәахәқәа ҩба – 40 минуҭ рҟынӡа инаӡо – атеатр аҩныҵҟа рзыӡырҩра имариоу усым, аха аиубилеи аҭааҩцәа ичҳаны итәагәышьоуп. 

Кьаршьал Чачхалиа - Sputnik Аҧсны
Агəаҕьра змаз агении

Зны Баграт Шьынқәба ииубилеи мҩаԥыргон, апоет иажәеинраалақәа раасҭа еиҳан ажәахәҟаҵаҩцәа рықәгылара, иқәгылоз "дара иара бзиа ишибоз, рҩымҭа данаԥхьа иширҽхәаз" уҳәа иаҳмаҳаз иҟоузеи Жәлар рышәҟәыҩҩы ииубилеи аҿы. 

Абарҭқәа рышьҭахь, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа рыԥхьара бзиа ишызбогьы, шамаха риубилетә ныҳәақәа рахь снеиуам, хыхь еиқәысԥхьаӡаз аҵаҵӷәы иахҟьаны. Аха уажә аабыкьа зшәышықәса хыҵра азгәарҭоз апоет ҟаимаҭ Кьыршьал Чачхалиа ииубилеи ахь снеиндаз сгәахәит, избанзар, лымкаала ирҿиамҭақәа сырҿыгәҳәаауеит. Ашәҟәыҩҩцәа риубилеиқәа рфилософиа ԥсахшьа аиур ауазма: араҟагьы ажәахәқәа, гхала иҭәыз, 40 минуҭ ицоз автобиографиатә фильм уҳәа, ауаҩы дзыркароз ахҭысқәа мҩаԥысуан. Ахәылԥаз анҵәамҭа ианазааигәахоз илахҿыхрахеит, избанзар апоет иԥа Денис Чачхалиа даԥхьон иаб иажәеинраала, инарыгӡон Кьыршьал иашәақәа, ажәакала, апоет ирҿиара ахаҭа иазааҭгыо иалагеит, икарахашаз анкараха. 

Исыздыруам, асатирик, алирик Кьыршьал Чачхалиа ииубилеи аиҿкаара, уи асценариа акультура аминистрра алаԥш ахнагоу иахнамгоу, аха абас хылаԥшрада атеатр аҩныҵҟа ахәылԥаз аиҿкаара иашам ҳәа исыԥхьаӡоит. 

Анаҩс азыҳәаноуп ари азҵаатәы залыскаауа, анаҩс иазхәыцтәуп ишыԥсахтәу аԥсуа иубилеиқәа рымҩаԥгашьа, мамзар урҭ ирзаанхоит акоммунистцәа реиҳа ихьысҳаз рҟазшьа.

P. S.: Апоет Кьыршьал Чачхалиа 100 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз иара дахьынхоз иҩнаҿы икыдырҵеит амемориалтә ӷәы, абраҟагьы хылаԥшрада иҟазшәа, иамоуп агха "Абри аҩнаҿы дынхон апоет Кьыршьал Чачхалиа" аҭыԥан иануп "Абри аҩнаҽы дынхон…".  —Ҿ- аҭыԥан, аҩыра анызҵоз —Ҽ- аздырхеит. 

Кьыршьал Чачхалиа ари ибла иабозҭгьы, иара ишиҟазшьаз еиԥш иахьа аҳәынҭқарра амаа зку исатира иаиргарын, акыр алафгьы алыихрын.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0