"Амшынеиқәатә ривиера", мамзар Аԥсны атуризм аҭоурых аҟнытә

© Sputnik / Илона ХварцкияАкурортологиа ахыбра
Акурортологиа ахыбра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥсшьара иманшәалоу, ипрестижу ԥсшьараны иԥхьаӡан. Аԥхын мацарагьы акәым арахь аԥсшьаҩцәа анаауа, аӡынгьы асасцәа рацәаҩуп. Шәышықәса раԥхьеиԥш иахьагьы урҭ арахь иаауеит Амшын Еиқәа ацәқәырԥа ҟәандақәа рзы, ашәҭ фҩы лаҳа-лаҳақәа гәырҭәыла илбаардарц, амшын аҟәараҟынтәи ашьха цаҩ-цаҩқәа рбарц. Убас есқьынагь иҟазаауеит.

Sputnik, Арифа Капԥҳа

Аԥсны еснагь адунеи иадыруан агәабзиара арзҩыдаратә ҭыԥқәа рыла, арахь иаднаԥхьалон гәыла-ԥсыла зыԥсы зшьар зҭахыз зегьы. Ажәытәтәи римтәи ахсаалақәа рҟны иарбоуп аҭыԥ "Анасыԥ ӡыхьқәа" ҳәа. 1912 шықәса рзы иҭыҵыз, еицырдыруа Маҷаварииани ишәҟәала иаадыруеит ажәытә римтәи аҽыкәабарҭақәа иахьатәи Аҟәа ааигәара, Басла аӡы ахыҵхырҭаҟны а-20-тәи ашәышықәса алагамҭазы ишыԥшааз.

Маҷавариани иҩуеит: "Оумашәа иԥшӡоу аԥсабара агәҭа аминералтә ӡҵәыҵәқәа рыҟазаара ажәытәӡагьы римтәии византиатәии апатрицицәа аднаԥхьалон".

Аԥсшьарҭақәеи аҽыхәышәтәырҭақәеи рышьҭамҭақәа арҭ аҭыԥқәа рыҟны ишжәытәӡатәиугьы Амшын Еиқәа иаԥну Аԥсны аԥшаҳәа ҽыхәышәтәырҭа ҭыԥк еиԥш иазхьаԥшит 19-тәи ашәышықәсазы. Агазеҭ "Кавказ" аҟны ицәырҵуа иалагеит иакымкәа-иҩбамкәа астатиақәа. Урҭ рҟны аҳақьымцәа, аҳауаҭҵааҩцәа, аҵарауаа иеиҭарҳәон Аԥсны иҟоу, иуникалтәу аҳауа атәы. Аиҳаракгьы араҟа зрыԥҳақәа уашәшәыроу рыхәышәтәразы иманшәалоуп ҳәа рыҩуан. 

Усеиԥш ачымазара злаҽыз маҷҩымызт. Урҭ Аԥсныҟа иаауан ԥсшьара ҳәа. 1898 шықәсазы, Аҳақьымцәа жәаҩатәи рдунеижәларбжьаратә еизара ду аҟны ирылаҳәан зрыԥҳақәа зыхьуа рзы Аԥсны иуникалу ҽыхәышәтәырҭа ҭыԥуп ҳәа. Аҟәа мацара иаарласны иргылахеит жәабала аԥсшьарҭаҩнқәа. Арахь иаҵанакуеит  европатәи амонархцәа раҳҭынрақәа угәалазыршәо Смецкои исанаториа, модерн астиль ала иргылаз асанатори "Азра", Кошко, Арзамасов, Меерович рсанаториақәа.

© Фото : из архива Анзора АгумааСанаторий "Азра". 1927 г.
Санаторий Азра. 1927 г. - Sputnik Аҧсны
Санаторий "Азра". 1927 г.

Аҟәа иахьаԥну, асовет аамҭақәа рзы иргылан  усҟантәи аиҳабыра рзы иблахкыгоу аԥсшьарҭа ҩны. Маҷ-маҷ Аԥсныҟа иаауа иалагеит аҽыхәышәтәразы мацара акәымкәа, аԥсшьаразгьы. Иазхәыцуа иалагеит "аҳауатә станциа" аргылара, убри азы иаԥҵан акомиссиа ҷыда. Дара иалырхыр акәын астанциа аргыларҭа аҭыԥ — ари иаанагон акурорт хацыркхоит ҳәа. Иеилкаауп "Урыстәылатәи Ницца" мамзаргьы "Амшынеиқәатә ривиера" ҳамшын аԥшаҳәа аиԥштәра аурыс ҳәынҭқарцәа ирыӡбаз акакәны ишыҟаз. Урҭ ирҭахын араҟа анхара, ари адгьыл атәтәра.

© Фото : из архива Анзора АгумааСмецки исанатори. 1903 г.
Смецки исанатори. 1903 г. - Sputnik Аҧсны
Смецки исанатори. 1903 г.

Абри аус аҟны илагала дууп апринц Александр Пиотр-иԥа Ольденбургски. Раԥхьатәи акурорттә қалақь ҳәа аӡбахә ҳәан Гагра. 

1901 шықәсазы апринц Гагра дааит. Атеплоход "Ледокол" иаԥыларц арахь инеиит Аҟәатәи аокруг аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Зинченко, ҳаҭыр зқәыз аҭыԥантәи абыргцәа. Апринци иара ицыз ауааи ирԥылеит аҭыԥантәи аҵасқәа рыла, ҳаҭыр-пату рықәҵаны. 

Абар уи атәы шиҩуа Станислав Лакоба: "Калдахәараа ишахәҭаз еиԥш асас дахь иԥылеит". Ольденбургски раԥхьатәи амш инаркны иааикәыршан иҟаз аԥсабара даҭҟәеит. Гагратәи абаахьы иныҟәарақәа, Афон Ҿыц аберҭыԥқәеи алимонтә баҳчақәеи, Аҟәа ашәҭааӡаҩ Ноев ишәҭбаҳчақәеи, адача "Синопи" изхара избомызт. Аурыс ҳәынҭқарцәа рхылҵ ишақәнагаз еиԥш ахәшьара аиҭеит иибаз зегьы. 

Илшоз зегьы ҟаиҵеит Гагра курортк аҳасабала аҵакы аизырҳаразы. 1901 шықәса, ҭагалан азы ихацыркын аргыларатә усурақәа. Урҭ агәаҭаразы арахь иааит адгьыли аҳәынҭқарратә мазареи рминистр Ермолов иара убасгьы  афинансқәа рминистр Витте. Абригьы иаҳәон аргыларақәа рҵакы атәы. 

Акурорт аргылара хыркәшахеит 1903 шықәса ажьырныҳәа 9 рзы. Акурорт аартра мҩаԥган аресторан "Гагрыԥшь" аҟны. Аԥхьатәи аԥсшьаҩцәа, акурорт аартра иалахәыз рнапаҟны апринц ириҭеит араӡынтә медалқәа, абри амш азы ҷыдала иҭыжьыз. Иаарласны Гагра франциатәи Ривиера иеԥшхеит уҳәо иҟалеит: апарк, аӡҭачқәа, апалмақәа, убла хыркуан. Аԥсшьарҭаҩны "Гагрыԥшь" ҵәымаӷк адымгалакәа иргылан (аконструкциа ааганы ара еибыҭан). Абри асасааирҭа аресторан аҟноуп акурорт аартрагьы ахьымҩаԥысыз. Ихазы   апринц Ольденбургски иргылеит Жоекәара аиҩхааҿы аҩнду. Аҩны иаакәыршаны иҟаз апарк ҿык-бзык иамҳәо еиҿкаан.

© Sputnik Томас ТхайцукГагрипш.
Гагрипш. - Sputnik Аҧсны
Гагрипш.

Ихази иԥшәмаԥҳәыс апринцесса Евгениа Ольденбургскаиа лзи ашьхар абнара ииргылеит ахан ду. Уаҟа иҟан абаҳча ссир, акскульптурақаә, афонтанқәа, ихыгьежьааӡа агәашәқәа. Аҩныҵҟатәи архиашьа акәзар, еиҳагьы илаԥшхырԥаган. Апринц ашәарыцара бзиа ибон, убри азы хазы иргылеит ашәарыцаратә ҩны. Зехьынџьара иубон Ольденбургскиаа рыжәла агерби авензели. 

Убас ауп ишалагазгьы Гагра акурорт аҭоурых. Аха иазгәаҭатәуп Аԥсныҟа ԥсшьара иаауаз атуристцәа атәыла егьырҭ араионқәа рахьгьы ирыхон. Урҭ рахзьтә иҟан иблахкыгаз Афон Ҿыц. Аԥсуа ҳәынҭқарра ахы ахьакыз Анаҟәаԥиатәи ашьха имнеицыз маҷын. Аԥсны иҭырхуан асовет аамҭақәа рзы Гаидаи ифильмқәа.

Асовет аамҭа ауаҩ изы ажәақәа "Гагра" "Пицунда" ашәак еиԥшын игон. Знык акәзаргьы арахь ԥсшьара имаар, аӡиа Рица рымбар руамызт.

© Sputnik Томас ТхайцукАпсарская крепость
Апсарская крепость - Sputnik Аҧсны
Апсарская крепость

Аха ԥсшьара ҳәа Аԥсныҟа иаауа иара убас апартиақәа раԥхьатәи ахаҿқәа. Аԥсны аԥсшьара бзиа ирбон апартиа анапхгарагьы. Сталин изымацара Аԥсны иргылан аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа хәба – Холоднаиа речка, Афон ҿыц, Аҟәатәи адендропарк, Мысра, аӡиа Рица рҟны.

Аԥсны аԥсшьара иманшәалоу, ипрестижу ԥсшьараны иԥхьаӡан. Аԥхын мацарагьы акәым арахь аԥсшьаҩцәа анаауа, аӡынгьы асасцәа рацәаҩуп. Шәышықәса раԥхьеиԥш иахьагьы урҭ арахь иаауеит Амшын Еиқәа ацәқәырԥа ҟәандақәа рзы, ашәҭ фҩы лаҳа-лаҳақәа гәырҭәыла илбаардарц, амшын аҟәараҟынтәи ашьха цаҩ-цаҩқәа рбарц. Убас есқьынагь иҟазаауеит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0