Барцыцԥҳа: сышәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" азы 40 шықәса аматериал еизызгон

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаБелла Барцыцԥҳа
Белла Барцыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоетесса Белла Барцыцԥҳа 40 шықәса аус здылулоз, 37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа раан, харада ахара зыдҵаны ирӡаз, 500 екземплиар иҟоу, Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рхаҭарнакцәа 160-ҩык ргәалашәареи, лхатә ҭаацәаратә гәырҩеи зныԥшуа ашәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" аӡыргара мҩаԥган. Апоетесса еиҭалҳәеит, ашәҟәы аҭыжьразы аматериал шеизылгоз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

"Абааҭа", "абахҭа", "37", "арӡра" — абарҭ ажәақәа дшыхәыҷыз инаркны ллымҳа иҭыҩуан Белла Барцыцԥҳа. Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика ҟьашь, апоетесса лҭаацәа ӷәӷәала ирныԥшит. Арепрессиатә шықәсқәа ирылаӡит, Белла Барцыцԥҳа лаб иашьцәа хҩык Ҳаџьыми, Камыгәи, Шьатыгәи, (реиҵба Қәҭиа ахра дагахьан), лаб Урысҟан 17 мшы дҭакын.

Белла Барцыцԥҳа лыҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Акы, ҩба ҳәа аԥхьаӡашьа сҵаанӡа, ахыԥхьаӡара "37" ибзиаӡаны игәныскылахьан. Ҳаб иаҳәшьа Анҭица лыԥсы ҭанаҵы ашәы лшәылымхит. Уахи ҽни ирӡаз лашьцәа ракәын зыӡбахә лҳәоз", — илгәалалыршәоит апоетесса.

Белла Барцыцԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны

Ҳаџьыми, Камыгәи, Шьаҭыгәи Абааҭатәи абахҭахь ианырга, рашьа Урысҟан ишьҭалеит, иара уи аамҭазы Риҵа дыҟан. Убрантәи алаба ихҟьо, дылбааргеит.

"Саб иҿахәы иҿырхарц, абахҭа аиҳабы икабинеҭ ахь данхаргала, дибеит ашьаҟәада зҿашыз, ҭаҳмадак. Ԥарцхалаӡе зыжәлаз чынуаҩык, ацәца аазна аҩы идигалазаап уи, "ухы уақәиҭаҳтәуеит аныҳәаҿа ҳәаны иужәыр" ҳәа. Зыԥсы зылшәшәо игылаз абаандаҩы идырит, ацәца иҭаз ашьа шакәыз. "Гагра анцәахәы, суҳәоит, абри ашьа зылхыу игәнаҳа ахаангьы ирзымгааит иахьа ҳзыргәаҟуа" иҳәазаап иара. Саб, ицәажәоз ибжьы аниаҳа ауп ианеиликаа, иаԥхьа игылаз иашьа Ҳаџьым шиакәыз. Шәара шәазхәыз, ахаҵа шаҟа ааха дадыргаз, иқәра узеилымкаауа, уи моу иашьа гәакьа дызымдырратәы", — лҳәоит Белла Барцыцԥҳа.

Урысҟан ила шааԥшуаз, Ҳаџьым ишьацәхыԥ аҭиграф ахаҵаны, амардуанҿаԥса ихы шанҟьоз, наӡаӡа дындәылганы дыргеит.

"Уара ахьчаҩ, ашәи, ацхеи ҳзааугалоит, уца, ухы уақәиҭуп" — ҳәа наиаҳәаны доурыжьит Урысҟан. Аха, зашьа идгылаз, дабажәго ҳәа иҳәҳәаз ахаҵа, иҿы еихаркарц, аиха ршны игәы кылырблааит. Ахьаа иагоз Урысҟан, акабинеҭ ашә аартны ианигәҭас, дахькаҳазгьы аҵәы илалеит. Уи аамҭазы, зашьцәа рхәы аазгаз Анҭица, ижәҩа данкны, шьапыла мацара шьхала рыҩныҟа Бзыԥҭаҟа длыманы дцеит.

Абраҟа, Гагра, Абааҭатәи абахҭаҟны наӡаӡа аишьцәа еиԥырҵит.

Анҭица Барцыцԥҳа лҩыза Лида Агрԥҳа длыманы, зегь акоуп, лассы-лассы абахҭахь даауан, џьара ӡбахәык раҳауазар ҳәа.

© Sputnik / Саида ЖибаБелла Барцыцԥҳа лышәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа"
Белла Барцыцԥҳа лышәҟәы Абааҭатәи аццышәқәа - Sputnik Аҧсны
Белла Барцыцԥҳа лышәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа"

Абааҭатәи абахҭа аҿаԥхьа акьырҭрақәа хԥа ыҟан. Аетап иақәшәоз абаандаҩцәа Сибраҟа иршьҭуазҭгьы, иаанхоз, Гагрыԥшь аиҩхааҟны, ақырҭуа ҭаацәа Арқаниаа рыҩнаҵаҟа рыхқәа хҵәаны, ахаҳәқәа рцырҳәаны аӡы иханамгаларазы, амшын иарҭон, рхәамцқәа ракәзар, убарҭ акьырҭрақәа рҟны ирбылуан. Анҭицеи Лидеи, изныкымкәа уи агыгшәыгра рбахьан.

Урысҟан, акыр шықәса аҭаацәара далаломызт. Иаҳәшьа Анҭица, "Сталини Бериеи ргәы ҟауҵома, ҳашәи ҳгәашәи шакуа убмаӡои" ҳәа ихы иҭагало, аԥҳәыс дааиларгеит. Урысҟан диразҟхеит Наталиа (Хьимор) Дбарԥҳа. Барцыцаа рҭаацәараҟны иит хәҩык ахшара, хҩык аԥацәеи, ҩыџьа аԥҳацәеи.

Анҭица, ахәыҷқәа рааӡараҿы аџьабаа ду лбеит, уахи ҽни лҭаца длывагылан.

Екатерина Бебия - Sputnik Аҧсны
Бебиаԥҳа арепрессиа иалаӡыз ирызку ашәҟәы иазкны: аҭыжьразы аԥара аҭахуп

Апоетесса илгәалалыршәоит, ианыхәыҷыз, лассы-лассы "ахәреи, ахәреи еибарӷьоит" — ҳәа, 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡаз рҭаацәа дара рахь ишааилоз.

"Ҳаб иаҳәшьа илыдтәаланы, арепрессиатә шықәсқәа ирзаанагаз агәырҩа атәы акәын ирҳәоз", — еиҭалҳәоит лара.

Барцыцаа рахь имҩахыҵуаз дреиуан аҵарауаҩ Шьалуа Инал-иԥа. Иара асаӡтә ҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ҭиҵауаан. Усҟан ашкол иҭалахьаз Белла, лаҳәшьаду дҵас илылҭеит, рысас еиԥш, ларгьы илаҳауа ақьаад ианылҵаларц. Убас ауп, асаӡтә ҿаԥыцтә ҳәамҭақәеи, 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡаз рҭоурыхқәеи ииуа ишалагаз.

1992 шықәсазы, Белла Барцыцԥҳа, Абааҭатәи абахҭа иҭакызи, иҭаршьызи, уантәи Сибраҟа иахыргази ирызкны аматериал еидкыланы, ашәҟәы аҭыжьра иазлырхиеит. Аха ишаҳдыруа еиԥш, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеит.

"Гагра араион ахақәиҭтәра мчыбжьык шагыз, ақалақь ҳалымҵар амуа аҭагылазаашьа ҟалеит. Убасҟан сдиванқәа ҩба рыҵаҟа иҭасҵеит, 37-тәи ашықәсқәа ирызкны еидыскылаз, ашәҟәы злыҵшаз 420 акьыԥхь даҟьа иҟаз аматериалқәа, жәаа акьыԥхь даҟьа апоезиеи, асаӡтә ҿаԥыцтә ҳәамҭақәеи, апублицистикатә ҩымҭақәеи, ажәытә патреҭқәеи, аус здулатәыз аҩымҭақәеи. Ақалақь аӷа даналцаха, сашҭа сааҭалазар, снапала еиҭасҳахьаз араҵла амҵан, рызегьы еизганы, амца рыцраҵан. Анцәа саҭаимҵааит, аха убасҟан, саргьы зԥа дҭахаз ан схы лыдыскылеит, ари даара ицәыӡ духеит", — лҳәоит апоетесса.

Араҵла амҵан иблыз, Белла Барцыцԥҳа хә-змаӡам лусумҭақәа, лгәылара инхоз, 1989 шықәса инаркны, аԥсуаа ирҿагылоз Ткебучава зыжәлаз лгәыла ақырҭуа хаҵа иакәын изырҿиаз.

"Амца анацреиҵа, ԥыҭраамҭак ашьҭахь ақәа леизаап. Акра еиқәхазар ҳәа снапала саналала, ихәыҷны зыԥсҭазаара иалҵхьаз ҩыџьа сыԥҳацәа рахьтә, руаӡәы Мадина лпатреҭ снапы ианхалеит. Лыблақәа заҵәык ракәын амца зкьымсыз. Убасҟан, схәыҷы лыбла сыхԥшыло, сгәы иҭысҳәааит, ҩаԥхьа исоуз ацәыӡ ашьақәыргылара сшашьҭало. Ус иагьыҟасҵеит", — еиҭалҳәоит ан.

© Sputnik / Саида ЖибаБелла Барцыцԥҳа лышәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа"
Белла Барцыцԥҳа лышәҟәы Абааҭатәи аццышәқәа - Sputnik Аҧсны
Белла Барцыцԥҳа лышәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа"

Белла Барцыцԥҳа 37-тәи ашықәсқәа ирызку аматериал анеизылгалалак, лкалами, лқьаадқәеи, лҟәардәи аашьҭхны, Абааҭатәи абахҭаҟны, аҟарсқәа (карцер) дрыҩнатәаны акәын ишылыҩуаз.

"Ишыжәдыруа еиԥш, арепрессиатә шықәсқәа ирылаӡаз ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа ирызку аҭоурыхқәа реизгара салагеит ашкол санҭаз инаркны. Иара убасҟангьы, аматериал аҩра, аҩны исыцааиӡомызт абахҭа аҭыӡқәа рахь сымнеикәа. Зны аҟарсқәа срыҩнысуан, сӡырҩуан, рыӷзбжьқәа слымҳа иҭыҩуа ианалагалак, скалам аашьҭысхуан", — ҳәа инаҵылшьуеит апоетесса.

Аибашьра ашьҭахь, Белла Барцыцԥҳа, лҽазылшәеит иблыз аматериал ҩаԥхьа шьаҭанкыла аизгара. 160 ҭаацәара дырҭааны, аҭоурыхқәа ҭҵааны, апатреҭқәа ԥшааны акьыԥхь иазлырхиеит.

Ҳақы Заде иҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Диана Задеԥҳа: сандуи сабдуи Сариа Лакоба лзы ашәы ршәуп ҳәа, Аԥсны иахцан

"Хымԥада аибашьра ҟалаанӡа, аматериал аидкылара еиҳа иманшәалан. Избанзар, ирӡыз рыуацәа ҿан, рыхшыҩ еилфаҷа иҟан. Ашықәс рацәа анҵы, зыԥсҭазаара иалҵқәаз рацәаҩхеит, иаанхазгьы ргәалашәараҿы иааиуаз ахҭысқәа ԥсыҽхеит. Иуадаҩхеит апатреҭқәа рыԥшаара. Аха уеизгьы, ажәак бжьамыжьқәа, ҟәырҷахала еидыскылеит аматериал", — еиҭалҳәоит Белла Барцыцԥҳа.

Апоетесса лкалам иҵҵхьеит, 37-тәи ашықәсқәа ирызку 40 жәеинраала. Урҭ реиҳарак, лажәенраалақәа реизга ашәҟәы актәи атом ианылахьеит. "Ҳабацәа рыцҳақәа" захьӡу, Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Баграт Багаҭелиа ашәа алиххьан.

Белла Барцыцԥҳа, изныкымкәа арепрессиатә шықәсқәа ирызкны арадиодырраҭара "Ицәажәоит Гагра" аҟны аус анылуоз, имҩаԥылгахьан астол гьежьқәа.

Апоетесса, лгәы иҭоуп, лышәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" ала адокументалтә фильм аҭыхрагьы.

Белла Барцыцԥҳа дравторуп 17 шәҟәы. Ааигәа, ԥшьба ҭыҵраны иҟоуп, убас даҽа ԥшьба аҭыжьра иазыхиоуп.

Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден а-2-тәи аҩаӡара занашьоу Адиле Аббас-оглы - Sputnik Аҧсны
Сталинтәи арепрессиақәа ирцәынхаз: Адиле Аббас-оглы 98 шықәса лхыҵит

"Абааҭатәи аццышәқәа" ашәҟәы аӡыргара иалахәын харада, ахара зыдҵаны ирӡыз рыуацәа, Аԥсны ашәҟәыҩцәеи, ажурналистцәеи Реидгылақәа рхаҭарнакцәа, Гагра араион ахадара, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа. Убас иазԥхьагәаҭоуп ари ашәҟәы, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿгьы аӡыргара.

"Белла Барцыцԥҳа акыр шықәса хрыжь-хрыжь акәзаргьы, аџьабаа ду баны аус здылулоз, еизылгоз, иҭылҵаауаз, апоезиатә ҩымҭақәагьы згәылоу лкапиталтә шәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа аиуразы, аамҭа анааилак ақәыргылара иаԥсоуп. Избан акәзар, ҳҭоурых адаҟьақәа рҿы шьаӡа-гәаӡала иҭәыз аԥсҭазаара хлымӡаах ухәы-ужьы қақаӡа игылартә иаазырԥшуа даҽа шәҟәык уи иаваургылаша макьаназ ҳлитератураҿы иуԥылом. Ари афактгьы, ахаҿы аагара иаԥсоуп", — ҳәа агәаанагара имоуп аҵарауаҩ, алитературатә критик Руслан Қапба.

Ажәабжьқәа зегьы
0