Акурорттә сезони аԥсуареи

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳтәыла иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рҽеилаҳәашьеи рхымҩаԥгашьеи ҳара - аҭыԥантәи ауааԥсыра иранаҳажьуа ишадҳәалоу атәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Светлана Ладариа.

Дарбанызаалак Аԥсны иаҭаауа ахааназ ихамшҭуа ихаҿы игәаҿы иаанхоит ашьха кьоукьоуқәа, амшын ҟәанда, адунеи иахыҵәахьоу аԥсуа чеиџьыка, аԥсуа исасдкылара.

Шамахамзар, Аԥсны инхо аӡәгьы аурыс бызшәа изымдыруа дыҟаӡам. Уи аҳәынҭқарратә аԥсуа бызшәа инаваргыланы, аофициалтә бызшәа ҳәа астатус ҳарак аҭаны иҟоуп.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Гарцкиа: аԥсшьаҩцәа амшын аҟәараҿы ршәарҭадара еиҿкаатәуп

Абри аҭагылазаашьа атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи атәыла иадзыԥхьало аҭагылазаашьақәа ируакуп, ирхадақәоу иреиуоуп ҳәа уҳәаргьы алшоит. Аԥсуаа згәы аарту, асас Анцәа ду ираҭәеишьаз иакәны ихәаԥшуеит. Знык-ҩынтә рыҩнаԥхьа имҩасыз аԥсшәа карҵәан иарҳәо иалагоит. Арахь иаауа, ҳа ҳтәы ззымдыруа рзы уи аԥхьа иџьашьатәызаргьы, нас, даара иргәаԥхо милаҭтә ҟазшьаны иҟалоит.

Аетикатә традициа ахыҵхырҭа азқьышықәсақәа ишрылаӡуагьы иахьанӡа иаанханы иҟоуп. Аритм ццакы иашьцылахьоу аԥсшьаҩцәагьы маҷ-маҷ адгьыл агьыжьра рҽақәыршәаны рымшқәа рхырго иналагоит.

Асасдкылара ахааназгьы аԥсуа изы матанеирак еиԥшын – ицқьан, игәырӷьаран, игәыҟаҵаган. Уи инаваргылангьы иахьазы аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа раара аибашьреи аибашьра аамҭеи иҵыршәааз атәыла аекономика ашьақәыргылара иахәҭакны иҟалеит. Аԥсшьаҩы арахь иааиго аҟәрышь атәылаз ихырҳагоуп, ауааԥсыра рзы ихныҟәгагоуп.

Иахьатәи адунеи аҿы ахәаахәҭра аҳра шауагьы, аԥсшьаҩцәа хәыда-ԥсада зчеиџьыка знапы иқәыргыланы ирԥыло маҷыҩӡам. "Ҳабацәеи ҳабдуцәеи ишаҳдырҵахьаз" рҳәоит ас зхы мҩаԥызго ауаа.

Аԥсны – аханатәгьы иарбанызаалак адин аҳаҭыр ахьырбоз тәылан. Араҟа аԥсылманреи, ақьырсианреи, амарҭаҭреи егьырҭ адунеи адинқәаки еимабзианы иҟоуп. Адинқәа зегьы ирынцәахәны ишьоу аԥсуароуп. Ус анакәха атәымуаҩ аԥсуала ишахәҭаҵәҟьоу ихы изныҟәымгозаргьы, иибо иаҳауа рҳәаақәа дырхымсуазароуп.

Изныкымкәа акьыԥхь аҟны иалацәажәахьеит аԥхынраз атәыла иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рҽеилаҳәашьа (иуҳәар ауеит рҽыхтышьа), рхымҩаԥгашьа атәы. Ииашаны угәы иақәшәашагьы маҷуп.

© REUTERS / Amir CohenТель-Авив амшын аҟәара, Ураза-баирам аныҳәа аҽны
Тель-Авив амшын аҟәара, Ураза-баирам аныҳәа аҽны - Sputnik Аҧсны
Тель-Авив амшын аҟәара, Ураза-баирам аныҳәа аҽны

Адунеи зегьы аҟны ишьақәыргылоуп аетикет аҟазшьа. Џьара иаҳа иԥсыҽуп, аҽаџьара уи аҵысра уадаҩуп. Џьара ухы-уҿы аартра ҟалом, аҽаџьара уи аӡбахәгьы уаҳауам. Ус шакәугьы иҟоуп аҩны, адәны зҳәаз еиԥш аҽеилаҳәашьа аформа. Амшын ушааҭыҵыз еиԥш аџьырмыкьахь ацара ара адагьы аҽаџьарагьы ибзиоуп ҳәа ахырҳәаауам.

Аԥсны курорттә тәылоуп. Урҭ рҟынӡа ҳанаӡара акрагзаргьы ҿырԥшыс иаагар ҟалоит иахьазы еицырдыруа Дубаи, Египет, Ҭырқәтәыла уҳәа, еиҳа атуристцәа зҭаауаны иԥхьаӡо атәылақәа рҿырԥшы.

Аԥсуа чеиџьыка - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чеиџьыка агәылаԥшра

Уаҟа, шамахамзар ухатә хымҩаԥгашьа наҟ инышьҭаҵаны узҭааз атәылаҿ иҟоу аԥҟаррақәа урықәныҟәалароуп. Уажә ишмодахаз еиԥш "уи демократиам" ҳәагьы аӡәгьы аҳәарагьы азин имам.

Иаҳҳәап Дубаи, акаҳуажәырҭаҿ аума аресторан аҿы аума, амшын зынӡа иӡыхгылазаргьы урҭ ахыбрақәа, ҵык кьаҿла еиқәа кьаҿла унеир, умаҵ зынӡагьы иуӡом ахәынаҳаҩ. Уи азы лахь аӡәгьы ииҭарангьы дыҟам.

Хыхь еиқәаҳаԥхьаӡаз атәылақәа ҳаамҭазтәи адемократиатә ҳәынҭқаррақәа ракәны ишшьоугьы, ртрадициақәеи рмилаҭтә калорити еиқәырханы ирымоуп, ркультуратә ҭынхагьы уара ишуҭаху уазныҟәар руӡом.

Арахь иааиуа атуристцәагьы ирур-ирҳәар ҟало бзианы ирдыруазароуп, ззин рымоу рдыруазароуп. Урҭ ирхысуа аҭакԥхықәрагьы рыдлозароуп. Абри зегьы атәылақәа официалла дҵаны иқәдыргыло ракәны иҟоуп атуристцәа рҿаԥхьа.

Амалрҳара зегьы ирҭахуп, аха уи шурҳалакгьы амуа иҟазароуп.

Аԥсны акәзар, аԥхынразы ахы инаркны аҵыхәанӡа амшын иаԥшаҳәаны изыԥхьаӡо рацәахоит. Зны-зынла усеиԥш иныҟәо дара ианырхарамгьы ҟалалоит. Аӡәгьы иреимҳәаӡеит асеиԥш ҟашәҵар ҟалом ҳәа.

Сгәы иаанагоит абри азҵаара аҳәынҭқарратә ҟазшьа аҭазар ауеит ҳәа. Арахь иаауа рахьынтәигьы зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы, ирыдыргало аҳәаақәа ирхысуам ҳәа сгәы иаанагоит. Аҳәаа иахысыз аԥсшьаҩцәеи атуристцәеи ирыҭазар алшоит акурортқәеи атуризми рминистрра аус зыднаулаз ашәҟә хәыҷқәа: атәыла, ажәлар рҭоурых, аҵас-ақьабз, ахымҩаԥгашьа уҳәа зегьы ааркьаҿ-ааркьаҿны изнубаалаша. Уа иарбазароуп ахымҩаԥгашьа, аҽеилаҳәашьа уҳәа рзакәанқәагьы.

Аурысқәа иражәаԥҟаны иҟоуп "В Тулу со своим самоваром не ходить". Ус анакәха уи ирдыруа, ираҳахьоу акоуп.

Маӡа-аргама ҳацәгәыршра аасҭа аус шахәҭоу еиҿаҳкаар проблемада ҳаилгоит.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0