Ахҭырԥа еиқәнархаз абиԥара

© Sputnik / Саида ЖибаТарас Ажиба
Тарас Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дыҟамзар ҟалап Мгәыӡырхәа қыҭауаҩык, 90 шықәса зхыҵуа Тарас Шьатыгә-иԥа Ажьиба дыззымдыруа. Унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәо, ахшара рацәа зааӡаз, амоҭацәа ирыгәҭылакыу, нхарала аӡә иашьҭахь игылам, ашәышықәса иазааигәахаз абырг ихшыҩ ҵарӡа иҟоуп. Ихатә жьираҟны иҭаацәа шиныҳәо еиԥш, Ацуныҳәақәа раан иуаажәлар рныҳәарагьы инапы ианызаап.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Тарас Шьатыгә-иԥа Ажьиба иабшьҭра Очамчыра араион Аӡыҩбжьа ақыҭантәи иаауеит. Аха анкьа, аҭыԥантәи аамсҭацәеи дареи ирыбжьалаз ауаҩшьра иахҟьаны, Мгәыӡырхәаҟа нхара ииасит.

Амҳаџьырра ашықәсқәа раан, Тарас Ажьиба иабду Хәсини иашьа Ламсаҵәи изынҭаацәаз Ҭырқәтәылаҟа иахнагеит.

Амҩахь, аӷба иахьынӡақәтәаз ачымазара зыхьны зыԥсҭазаара иалҵқәазгьы ҟалеит. Амшын Еиқәа ауп урҭ ирызқәаҭыԥхазгьы.

Хышықәса рышьҭахь Хәсин диоуит аԥа Шьатыгә, аха уи дшысабиаз аб изаамҭанымкәа адунеи иԥсахуеит.

Сыԥхыӡ шлабҿабахаз - Sputnik Аҧсны
Сыԥхыӡ шлабҿабахаз

Ламсаҵә иԥшәмаԥҳәыси ҩыџьа иԥҳацәеи, иҭацеи, мызқәак зхыҵуаз иашьа иԥа Шьатыгәи иманы Аԥсныҟа ахынҳәра иҽазикуеит. Аха, асаби дрымырхуеит ҳәа иалагоит.

Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны, Ламсаҵә махәҿыла ирҳаз аԥара, ачын змаз ҭырқәак инаииҭан, иҭаацәа иманы ииулак аӷба дҭалеит.

"Асаби аҭырқәцәа дрымырхыр алшон, убри аҟнытә, сабду иашьа Ламсаҵә ахҭырԥа даалеиҳәан, диҩыҵаркны аӡәгьы иҽимырбаӡакәа аӷба дҭалеит", — иҭаацәаратә ҭоурых далацәажәоит Тарас Ажьиба.

Ламсаҵә Аԥсныҟа даныхынҳә, Шьатыгә иара дихшазшәа диааӡеит.

"Ламсаҵә ажьира ду дахагылан, инапы иазымдыруази. Ԥшьаала ишьапы дықәгылеит, адгьылқәа маҷымкәа иааихәеит. Инхара-инҵыра уаҩы деилаҳауан", — иабду иашьа дихцәажәоит абырг.

© Фото : предоставлено семьей Тараса АжибаТарас Ажиба
Тарас Ажиба - Sputnik Аҧсны
Тарас Ажиба

Аамҭа анааи, Ламсаҵә иԥа еиԥш ииаӡаз Шьатыгә ԥҳәыс дизааигоит. Арԥыс диразҟхоит Минашь Гәбазԥҳа. Дара ирхылҵуеит хәҩык ахшара, хҩык аԥацәеи, ҩыџьа аԥҳацәеи.

Иахьа зыԥсы ҭаны иҟоу Тарас заҵәык иоуп. Ҳазҭоу ашықәс, ԥхынгәы аказы иара ихыҵит 90 шықәса.

анапҟаза Кәыҷа Лакрба - Sputnik Аҧсны
Ҳдоуҳатә мазара еихазҳауаз, ҳсахьаркыратә напҟазара зырҿиоз: Кәыҷа Лакрба иҭоурых

Абырг иаҳзеиҭеиҳәаз аҭоурых ала, ҳара еилаҳкааит, Ламсаҵә ихҭырԥа абзоурала ишеиқәхаз абиԥара дуӡӡак.

Убасҟан, Шьатыгә аҭырқәцәа дрымрымхызҭгьы, Аԥсны шаҟа ҭаацәара агхозеи…

1960-тәи ашықәсқәа раан, раԥхьаӡакәны рџьынџьдгьыл ршьапы ықәдыргыло иалагеит амҳаџьыраа рхаҭарнакцәа. Усҟан Ҭырқәтәылантәи иааз аделегациа аҩны идикылеит Тарас Ажьиба. Иашьцәеи иареи ачара ду рзыруит.

"Ашҭаҟны ашьаԥа ду ҳаргылеит. Асасцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟаз ажәлақәа Ажьиаа еиҳа иреиҳан, убри аҟнытә, ҳара амҳаџьырра зхызгахьаз ҭаацәан азы гәык ала иҳадаҳкылеит. Исгәалашәоит, Ҭырқәтәылантәи иааз аԥсуаа ҳбоит ҳәа ақыҭа зегь шхыҵыз",  —иҳәоит абырг.

Тарас Ажьибеи иԥшәмаԥҳәыс Зина Хышԥҳаи фҩык ахшара рааӡеит, хҩык аԥацәеи, хҩык аԥҳацәеи.

Аколнхарақәа анышьақәгылоз Асовет Еидгыла аамҭақәа раан, Тараси Зинеи ашьыжь азеиԥш ус иадгылон аҟнытә, уахынла амза рықәҷҷо рымхқәа драшәон. Егьа аџьабаа рбазаргьы, рхәыҷқәа иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылдыргеит, аҩнду дыргылеит, рыбзазара еиҿыркааит.

© Фото : предоставлено семьей Тараса АжибаТарас Ажиба
Тарас Ажиба - Sputnik Аҧсны
1/3
Тарас Ажиба
© Фото : предоставлено семьей Тараса АжибаТарас Ажиба
Тарас Ажиба - Sputnik Аҧсны
2/3
Тарас Ажиба
© Фото : предоставлено семьей Тараса АжибаТарас Ажиба
Тарас Ажиба - Sputnik Аҧсны
3/3
Тарас Ажиба
1/3
Тарас Ажиба
2/3
Тарас Ажиба
3/3
Тарас Ажиба

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, Тарас Ажьиба иԥацәа Баҭали, Арзадини, Џьони хамеигӡарала рыԥсадгьыл рыхьчон.

Аибашьра ашьҭахь, Баҭали Џьони машәырла иҭадырхоит.

Аисель Жьиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ӡынгьы-ԥхынгьы ашҭа, агәара зыршәҭуа: Аисель Жьиԥҳа лбаҩхатәра иазкны

Ари агәырҩа алҵра рцәыуадаҩхеит ани аби. Аха зегь акоуп ргәы ҿарҳәеит, егьырҭ рыхшара раҳаҭыр азы.

Иахьа андуи абдуи хәрарӷьагас ирымоуп ааҩык амоҭацәа.

Абырги ҳареи ҳшеицәажәоз, иҳазгәамҭакәа амра ҭашәеит. Асасцәа аишәахь инашәыԥхьа ҳәа иҭаацәа адҵа нариҭан, иара иҽага аашьҭихын аџьықәреи рашәара дцеит.

Тарас Ажьиба иаб иеиԥш иаргьы шәышықәса дшырҭысуа убаратәы иҟоуп. Абас еиԥш зымаха-зышьаха ӷәӷәоу, зыхшыҩ ҵару абыргцәа ҳагымхааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0