Афотосахьак аҭоурых: Гьаргь иџьарқәа хԥа ирыԥсахаз Виктор иҭоурых

© Фото : из архива семьи Владимира ЖибаВиктор Ампар
Виктор Ампар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
50 шықәса инареиҳаны иҵуеит саб Владимир Жьиба иаҳәшьаду Марица лыԥшәма, Кавказтәи ашәҩык иахәҭакыз Гьаргь иџьарқәа хԥа ирыԥсахаз Виктор ихаҭара ашьақәыргылара дашьҭоуижьҭеи.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Владимир Жьиба иахьынӡеидыруаз, иара идагьы иашьцәеи иаҳәшьцәеи, Виктор ижәлан Амԥар. 50 шықәса раахыс, Владимир иидыруаз, мамзаргьы ҿыц дзабадыруаз Амԥараа, Виктор ифотосахьа дирбон, иӡбахә шәаҳахьоума ҳәа иҭоурых аиҭаҳәара далагон. Аха рыцҳарас иҟалаз, аӡәгьы диздыруамызт.

Ҳақы Заде иҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Диана Задеԥҳа: сандуи сабдуи Сариа Лакоба лзы ашәы ршәуп ҳәа, Аԥсны иахцан

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа, акыр шықәса аԥхьа, иахьа еицаҳдыруа асахьаҭыхыҩ, Афонтәи аберҭыԥ ахылаԥшҩыс иҟаз Андреи (Адгәыр) Амԥар иаб Тарел, иӡбахә саҳахьан ҳәа сеиҳәеит ҳаибадырра аҽны. Ҳҩыџьегьы изааигәаз иуа-иҭынха ҳаԥшаарц ҳгәы ишҭаз, иара машәырла иԥсҭазаара далҵуеит. Уи нахыс сыԥшаарақәа зегьы лҵшәадахеит",-иҳәоит Владимир.

Уажәааигәа, саб иаҳәшьаду Шьамина (Марица леиҵбы) лмоҭацәа рыла еилыскааит, Виктор, Амԥар акәӡам, Чыкәбар ауп ижәлоу, Асовет Еидгыла Афырхаҵа Џыр Чыкәбар иашьа гәакьа иоуп ҳәа.

Виктори Марицеи рықәрақәа шмаҷыз рыԥсҭазаара иалҵит. Хаҵеи ԥҳәыси 30 шықәса инарҭысит ауп. Ахшара дахьрымамыз аҟнытә иуадаҩхеит Виктор ихаҭара ашьақәыргылара.

Мышқәак раԥхьа, Џыр Чыкәбар имоҭа Ада дсыԥшаан, слазҵааит, бабду Џыр, Виктор захьӡыз аиашьа димазма ҳәа. Ааи, лҳәан ифотосахьагьы сзаалышьҭит. Апатреҭқәа анеиҿасырԥшы хаҿсахьакь акәызшәагьы збеит, даара еиԥшын. Афырхаҵа иишәыз амаҭәеи, амедалқәеи еиқәҿырҭуан.

© Фото : из архива семьи ЧукбарВиктор Чукбар
Виктор Чукбар - Sputnik Аҧсны
Виктор Чукбар

Ада, издыруаз аҭоурых атәы анласҳәа, "мап, сабду иашьа дҭаацәараӡамызт, иԥсҭазаара даналҵуаз 23 шықәса ракәын ихыҵуаз, амала Кавказтәи ашәҩык далан, Гьаргь иџьарқәа хԥа ианашьан" лҳәеит.

Абас, ҩаԥхьа Виктор ихаҭара шьақәҳаргылоит ҳәа ҳаналага, ҳгәыӷрақәа еиԥҟьеит.

Анна и Арда Инапха - Sputnik Аҧсны
"Ашьклаԥшыҩцәа": быжьбызшәак здыруа аиҳәшьцәа рҭоурых

Издыруада уажәшьҭа апатреҭ иану ауаҩы ижәла? Иара Виктор акәушь ихьӡу? Нас рхаҿсахьақәа акны изызбеи?

Аха уеизгьы, абри анҵамҭа зылаԥш ақәшәо аҳәара шәысҭоит, аӡәыр Кавказтәи ашәҩык иахәҭакыз, Гьаргь иџьарқәа хԥа занашьаз, Виктор захьӡыз, изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз арԥыс иӡбахә шәаҳахьазар, мамзаргьы џьаракыр ишәаҳауазар, адырра сышәҭарц.

Избан, изҳарӡри аамҭала Аԥсны ахьӡ ҭызгоз, аурыс аԥсҳа изныкымкәа ифырхаҵаразы Аҳәынҭқарратә ҳамҭала иаликаахьаз Виктор иҭоурых.

Ажәабжьқәа зегьы
0