Апринц Ольденбургтәи иааӡамҭа - Маҳаир Жьиба иҭоурых

© Фото : из архива Саиды ЖибаГагра ашьаҭаркҩы апринц Ольденбургтәи ԥас ииаӡаз, Лӡаатәи арԥыс Маҳаир Алхас-иԥа Жьиба идамра
Гагра ашьаҭаркҩы апринц Ольденбургтәи ԥас ииаӡаз, Лӡаатәи арԥыс Маҳаир Алхас-иԥа Жьиба идамра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасхьоу ажәытә аамҭақәа беиоуп зышьҭа нзыжьыз, иналукааша ҳмилаҭ ахаҿқәа рыла. Аха иахьатәи ҳаамҭазы урҭ рыӡбахә имаҷӡаны ҳалацәажәоит. Ирацәаҩымзаргьы ҟалап Аԥсны, акурорт Гагра ашьаҭаркҩы апринц Ольденбургтәи ԥас ииаӡаз, Лӡаатәи арԥыс Маҳаир Алхас-иԥа Жьиба иҭоурых атәы здыруа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik.

Лӡаа, мамзаргьы Абааҭа ҳәа ажәытәан изышьҭаз аԥсуа қыҭа аԥнуп Пицунда ақалақь. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы, абраҟа адинхаҵаратә школ аҟны аҵара иҵон, анхаҩы иҭаацәараҟны ииз, уамак ала зыхшыҩ ҵарыз, зыԥшра, зсахьа еинаалаз аҷкәын хәыҷы Маҳаир Жьиба.

Акурортологиа ахыбра - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәатә ривиера", мамзар Аԥсны атуризм аҭоурых аҟнытә

Ҽнак зны Пицунда аҵакырадгьылқәа ргәаҭаразы, арахь дымҩахыҵит Николаи II-тәи изааигәаӡаз иҭынха — апринц Ольденбургтәи иԥшәмаԥҳәыс диманы. Аҭыԥантәи ахәыҷқәа аҵара шырҵо ибарц, Маҳаир дызҭаз ашкол даҭааит. Маҳаир Жьиба хаҵеи ԥҳәыси иаразнак ргәы дақәшәеит. Хара имгакәа, иҭаацәа азин рымхны, ааӡатәыс дыргеит.

Апринц иаԥхьа изызҳауаз аҷқәын дшьыцызго иалагаз рацәаҩхеит. "Анхаҩы ихәыҷы еиҳа дызлеиӷьхеи, ҳара ҳтәқәа раасҭа?" ҳәа зҳәақәоз амалуаа ҟалеит.

"Маҳаир, ҩынтә ахәшә иҭаны дыршьырц иақәыркуеит, аха аԥсра дацәцоит. Апринц ҳара иахьынӡаҳаҳахьоу абиолог иҵара иман. Иара илиршеит иԥсы аагара, аха, ахынтә раан ахәшә ирҭар, дшизалымхуаз анеиликаа Петербургҟа диманы дцоит, уаҟа арԥыс дҭеиҵоит акадеттә ҵараиурҭа", — аҭоурых еиҭеиҳәоит Маҳаир иашьа имоҭа Алексеи Жьиба.

Маҳаир арратә ҵараиурҭа даналгалак, иҭаацәа ибарц азы Лӡааҟа даауеит. Иуацәа изларгәалашәо ала, иара даара аҟазара злаз уаҩын. Агитара арҳәауа инаигӡоз аромансқәа ирзыӡырҩырц аҭыԥантәи аҿар есыуаха еизон.

1914 шықәсазы, адунеитә еибашьра аналага аамҭазы, Маҳаир ҩаԥхьа ԥсшьара ҳәа иҩны дааны дыҟан.

"Ҳаиҳабацәа излаҳзеиҭарҳәахьоу ала, Маҳаир аҵыхәтәаны аҩны даныҟаз, аинрал ичын иман. Усҟан иара зынӡа аибашьра ацара игәы иҭаӡамызт. Арратә ус нижьырц иӡбахьан. Аха иуа-иҭынха, "аҩны узҿызаауеи, уара ахԥша бзиа умоуп, арратә ус уазҟазоуп, уцароуп ууалԥшьақәа рынагӡарахь" ҳәа иарҳәазаап. Ачара ду изуны, днаскьаргеит аибашьрахь. Убасҟан иҟалеит иџьоушьаша хҭыск. Маҳаир иныҳәаҿа аанызкылоз, иҭабуп ҳәа реиҳәарц азы аҩы зҭаз ацәца данҩаха, илимпыҵыҩрын ҩ-хәҭакны иааиҩшеит. "Ари жәымбои, абриалагьы еилукаауеит, аибашьра сцар сшымгьежьуа" иҳәазаап, идтәалақәаз "хьаас иумкын, уи машәыршәа иҟалеит, акгьы аанагаӡом", ҳәа наиаҭаркит", — ажәабжь иациҵоит Алексеи.

Маҳаир афронт ахь ддәықәҵан. Аамҭа-аамҭала, аҭаацәа ироуан ифотосахьақәа. Џьарак, афицар имаҭәа ишәҵаны, атапанчеи, аҳәеи иган иаваҵаны дҭыхуп.

© из архива Саиды ЖибаМаҳаир Алхас-иԥа Жьиба
Маҳаир Алхас-иԥа Жьиба - Sputnik Аҧсны
Маҳаир Алхас-иԥа Жьиба

Анаҩс, афронт аҟнытә Маҳаир иӡбахә маауа иалагеит. Ус ишыҟаз, џьоукы ирзаарыцҳаит, аибашьраҟны ахымҩас иқәшәаны дышҭахаз, анышә дшамадоу Румыниа аҳәаа азааигәара.

"Маҳаир иуацәа гәакьацәа иԥсыбаҩ аагаразы амҩа иқәлеит. Аҭыԥ аҟны ианнеи дырԥылеит аинрал ихатәы адиутант. Еицқәаз излеиҭарҳәахьаз ала, аԥсы дызҭаз аҭоубыҭ даара ахә ҳаракын, Маҳаир джын ҳаҭыр иқәҵаны, ачын змоу аибашьҩы ишиаҭәоу еиԥш. Аха зегь акоуп, иуацәа ирыӡбоит, иԥсыбаҩ аҩныҟа аагара. Хымз, ӷбала Аԥсныҟа амҩа иқәын. Новороссииски Кьерчи рбаӷәазақәа рҟны ианнеиуаз, иҭахаз аинрал игәалашәара аҳаҭыр азы асалиутқәа халарҵон", — еиҭеиҳәоит амоҭа.

Аӷба Пицунда ианаанҿас, аԥсы дызҭаз аҭоубыҭ, Маҳаир ихатәы ҽқәа рыла, аруаа ацны аҩныҟа иргеит. Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит ажәҩан ахь ишьҭыз арратә салиут ала.

Аинрал Иуана Туманов - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аҳра аинрал Туманов "дшаԥсыуахаз"

Аинрал анышә дамардеит ахаҳәтә дамраҟны. Шықәсыбжак инарзынаԥшуа, адиутант абраҟа ирратә уалԥшьақәа рынагӡара иациҵеит.

Аибашьраҿы иҭахо зегьы абас еиԥш ҳаҭырла инаскьаргаӡом, уи иаԥсахо рацәаҩӡам. Маҳаир Жьиба ианашьан Гьаргь иџьар. Иара дахьжу ахаҳәтә дамра иахьагьы игылоуп.

"Ари адамра аруаа ракәын изчаԥоз. Уи иахылаԥшуаз адиутант, иуалԥшьақәа анхиркәша, Маҳаир иҭаацәа ирзаанижьит зҭасарҭа ахә ҳаракыз аҳәа, амҳәыр, хкы рацәала ахатәы бџьар.

"Арҭ зегьы Маҳаир имазара ракәын, пату ақәышәҵа, аҭоурых шәмырӡын", — ҳәа нараҳәаны. Маҳаир иашьа Арзамеҭ, аамҭақәак рышьҭахь иӡбоит адамраҟны ижырц, еиҳа еиқәхоит ҳәа иԥхьаӡаны, аха дахьӡом. 37-тәи ашықәсқәа раан, Жьиаа рыҩны агәаҭарақәа мҩаԥыргарц НКВД аусзуҩцәа аауеит. Усҟан аҭаацәа абџьар аӡы иаларыжьуеит, гәыбӷан рмоурц азы, аха зегь акоуп Арзамеҭ дызхдырҟьо ԥшааны, аҭакра иқәырҵоит", — иҳәоит Алексеи.

Маҳаир Жьиба иуацәеи иҭынхацәеи иахьагьы иҭоурых инарҵауланы аҭҵаара иашьҭоуп. Аиҳабацәа ирдыруа ҿыц еиҵагыло абиԥара ирзеиҭарҳәоит.

Маҳаири Арзамеҭи рыхьӡқәа ныҟәыргоит Жьиаа рҭаацәараҟны ииз ахәыҷқәа. Уи алагьы иубоит, шаҟа рхатәы ҭоурых азҿлымҳара арҭо.

Ажәабжьқәа зегьы
0