Даур Ҵәыџьба: аус бзиа уанаҿу адгылаҩцәагьы ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Цвижба
Даур Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра аҿар рцентр "Гиуенос" аус ауеижьҭеи аа-шықәса ирықәуп. Ари аамҭа иалагӡаны изнысыз амҩа, насгьы ԥхьаҟатәи агәҭакқәа дрылацәажәеит аҿар рцентр аиҳабы Даур Ҵәыџьба. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Аинар Ҷыҭанаа.

- Даур Радион-иԥа, ишԥаҟалеи Очамчыра аҿар рцентр аиҿкаара?

Очамчыра араион аҟазацәа рцәыргақәҵа - Sputnik Аҧсны
Очамчыра араион аҟазацәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит ақалақь аԥшаҳәаҿы

— Раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵан 2011-12-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы, ҳазлалагазгьы ақьачақьцәеи алафҳәаҩцәеи рыклуб ала ауп. Усҟантәи аамҭазы ауадагьы ҳамаӡамызт, аха хәыҷ-хәыҷы ацентр аартразы ихымԥадатәииз ақьаадқәа еизганы аусура ҳалагеит. Ҳџьабаа алҵшәақәагьы рацәак ирзыԥштәымхеит: 2013 шықәсазы "Город Мира" захьӡыз ҳара ҳкоманда араионқәа зегьы злахәыз ақьачақьцәа реицлабраҿы аиааира агара рылшеит. Уи ҳара ҳраион аҿар ргәы ҭнагеит, ахы агәрагара рыланаҵеит. Нас иҳауит зегьы ҳаззыԥшыз ахыбрагьы: 2015 шықәсазы еиуеиԥшым аспонсорцәа рыцхыраарала Ақәыԥшра аҩны актәи аихагылаҿы иаҳзоурыжьыз ауада рхианы ҳаҩналеит. Аартра иалахәын Аԥсны ахада, аҭыԥантәи аиҳабыра, насгьы араион иқәынхо аҿар жәпаҩык.

- Шәара шәнапы злаку аус ауадаҩрақәа рацәаны изцу, насгьы аҟәрышь зҭаху усуп. Ишәымоума шәара ацхыраара шәызҭо адгылаҩцәа?

— Аус бзиа уанаҿу, хымԥада адгылаҩгьы дҟалоит. Ииашоуп, алагара кыр ихьанҭан, аха ҳара иҳаман агәаҳәара ду, иҳаман агәрагара. Ацхырааразы ауаа рахь ҳанымҩахыҵуаз Анцәа илаԥш ҳхызшәа ҳгәы иабон, ҳусқәа рҿы ҳагьыманшәалахон. Досу ишрылшоз ала ирацәаҩуп иҳацхрааз, ҳагәҭакы агәра згаз. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп абизнес знапы алаку реиԥш ибжьаратәу ауааԥсырагьы. Иахьагьы аҿар ирызку аусмҩаԥгатәқәа анеиҿаҳкаауа зымҩа игылом, ахарџь рхахьы иргоит. Иара убас Афонтәи иԥшьоу аметрополиеи ҳареи иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра ала имаҷымкәа ацхыраара ҳаухьеит. Ааџьабаа рацәоуп Очамчыра аҿари аспорти рыҟәшагьы. Ҳаиҵабыратә абиԥарақәа рԥеиԥш лашахарц азы ҳарҭ зегьы ҳажәҩахыр еибыҭаны аус ҳуеит.

- Аҿар аус рыдулараан иарбан хықәкы хадоу шәзықәныҟәо?

Газета Апсны - Sputnik Аҧсны
Акьыԥхь ахьаақәа: Очамчыра ашәҟәы ишаԥхьо

— Аханатәгьы ҳара ҳнапы злаку иарбан усзаалак аҿар ԥсуала рааӡара иазкуп, ишҳалшо ала ҳмилаҭ аҷыдарақәеи аԥсуареи ӡыраҳгоит. Ирацәоуп ҳара аус здаҳуло ахырхарҭақәа, аспорт инаркны акультуратә усмҩаԥгатәқәа рҟынӡа. Ақьачақьцәа реицлабра араионтә ҩаӡараҿы есышықәса имҩаԥаҳгоит, ареспубликатә еицлабрақәа рахь ҳақьачақьцәа ҳашьҭуеит. Иаҳҳәап аҵыхәтәантәи ахәмарраҿы Аԥсны зегьы ахьеицлабуаз ԥақәашьааи џьгьардааи актәи аҭыԥ еиҩыршеит. Анаҩсгьы ақәҿиарақәа шырзыԥшу ҩашьаӡом. Есышықәса еиҿаҳкаауеит аҿар аԥсҭазаашьа иаша рылазааӡо, агәабзиарахьчара иазку амарафон.

Хәышықәса раахыс ҳара имҩаԥаҳгоит ашьапылампыл маҷ азы атурнир.

Мини-футбол. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл маҷ азы ахәбатәи аиубилеитә турнир мҩаԥысит Очамчыра

Сынтәа зхы алазырхәыз акомандақәа рхыԥхьаӡара 40 рҟынӡа инаӡеит, Егры инаркны Ԥсоунӡа ашьапылампыл абзиабаҩцәа ҳҭааит. Ақәҿиара ду аманы имҩаԥысыз аицлабра азкын Аԥсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа ргәалашәара, рыхьӡ акамыршәра. Иара убас ҳара имҩаԥаҳгахьеит жәларбжьаратәи аҿар рфорум, зхы алазырхәыз зегьы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны рхы аадырԥшыртә алшара рызҭаз. Уи иаҭааз акультура аусзуҩцәеи арҿиаҩцәеи агәахәара ду роуит, имҩаԥгаз аусқәагьы ахәшьара бзиа арҭеит. Ари иеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны ҳара ҳҿар даҽа зныкгьы еибабоит, иааигәаны еибадыруеит, ргәыбылра шьҭибахуеит. Ҳара уаҩы иимбац-имаҳац акгьы ҳамхәыцӡеит. Аӡәкреи апатуеиқәҵареи аԥсуаа ҳҿы еснагь иҟан. Ҳара иаҳуалу урҭ аҵас ԥшӡақәа еицакра рықәымкәа абиԥарақәы рымадара ауп. Убри ауп хықәкы хадас ҳзықәныҟәогьы.

- Иҟоума ааигәа иҳадышәгалаша агәҭакқәа?

— Лассы аҿар рцентр аԥсҭазаара ҿыц азыԥшуп. Аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы ҳара иаҳзоурыжьит ҳхатәы хыбра, Очамчыра ақалакь агәҭаны. Очамчыра араион иқәынхо аҿар зегьы еицыртәхо ари аҩны шьагәыҭс иаиууеит аԥсуа бызшәа аиқәырхара аидеиа. Уи ҳара ҳзы ихадаратәу азҵаарақәа ируакуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0