Ашәаҳәаҩ Ерик Миқаа Каисери имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль далахәын

© Sputnik / Томас ТхайцукЕрик Миқаа. Архивтә фото
Ерик Миқаа. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәамза анҵәамҭазы, Ҭырқәтәыла, Каисери ақалақь аҿы имҩаԥысит Кавказ ажәларқәа рхеидкыла 50 шықәса ахыҵра иазкыз Жәларбжьаратәи афестиваль. Аԥснынтә уи далхәын ашәаҳәаҩ, асахьаҭыхҩы Ерик Миқаа. Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит абри иазкны Сырма Ашәԥҳа иазлырхиаз аматериал.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

"Каисери имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль раԥхьаӡа аӡбахә сазҳәаз "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнак Оқтаи Ҷкәатуа иоуп. Иара иҳәеит уа имҩаԥысраны иҟаз аныҳәа салахәхарц шырҭахыз. Саргьы гәцаракрыла сазнеит ари аус, хымԥада сақәшаҳаҭхеит", — ҳәа азгәеиҭеит Ерик Миқаа.

Ҭырқәтәыла изныкымкәа дцахьан Ерик, аха Каисери даҭааны имбацызт. Сҭампылынтәи ҳаирпланла ицатәуп, мамзар машьынала жәа-сааҭк иназынаԥшуа ибжьоуп. Уа еиҳарак инхо ачерқьес диаспора роуп, аԥсуаа рхыԥхьаӡара еиҳа имаҷуп.

Высокогорное село Псху - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла аԥсуа хьыӡқәа: ақыҭақәеи, урҭ рҭагылазаашьеи

"Каисери ҭоурыхла издыруан аӡбахә, аха сыблала исымбацызт, Ҭырқәтәыла агәҭаны ишьҭоуп. Ажәытәтәи ақьырсин ҭыԥқәа рацәоуп, Османтәи аимпериа неиаанӡа, Византиа аимпериа адунеи иахыҵәаны ианыҟаз аамҭа ашьҭақәа еиқәханы иҟоуп. Даара интересс исыман избарц, исаҳарц, ҳџьынџьуаа срыҿцәажәарц, ус иагьыҟалеит", — иҳәеит Ерик.

Ерик, даара гәахәала игәалаиршәоит уа инхо аԥсуа-дыга диаспора гәахәала ишиԥылаз. Аныҳәа акәзар, Ҭырқәтәыла ахыи-аҵыхәеи рыҟнытә еиԥш, уи анҭыҵынтәгьы ауаа рацәа еизнагеит.

"Афестиваль иалахәын Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аиҳабыра, апарламент адепутатцәа. Аныҳәатә хәылԥазы мҩаԥысуан адәны. Иааидкыланы иаҳҳәозар, 50 нызқьҩык инареиҳаны асасцәа еиднакылеит афестиваль. Ирацәаҩын Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рҟынтәи афестиваль иалахәыз ҳашьцәа, аваинахцәа, адыгцәа, ачерқьессҵәа уҳәа. Иорданиантәи иҟан ҳџьынџьуаа, Аԥснынтә сара исыман ааԥхьара", — дҳацәажәон ашәаҳәаҩ.

Кавкз ажәларқәа рхеидкыла 50 шықәса ахыҵра иазкыз афестиваль иалахәыз Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Ерик Миқаа алшара иман ибаҩхатәрала ахәаԥшцәа рхыхра. Инаигӡоз ашәақәа даара бзиа ибаны ирыдыркылеит.

"Аиҿкааратә усқәа анцоз аамҭазы дара иалырхит иззыӡырҩырц ирҭахыз ашәақәа. Раԥхьаӡа ԥсышәала иҭсыжьыз адискқәа ирну ашәақәа уа даара иргәаԥхоит, сара исыздырӡомызт. Дара рҭахрақәа ишрықәшәоз еиԥш саргьы сақәшаҳаҭхеит. Ҩ-дискк рҟынтә еилаԥсаны иалырхит ирҭахыз ашәақәа, сара инасыгӡеит", — ҳәа азгәеиҭоит Ерик Миқаа.

Каисери имҩаԥысуаз афестиваль ихы алаирхәит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа.

"Иазгәасҭарц сҭахуп ари ауаҩ, Ҭырқәтәыла анхаҩы инаиркны аминистр иҟынӡа зегьы рыԥсы дырзалымхуа бзиа дшырбо. Даара дысхаҵгылеит саргьы. Афестиваль ахаҭа мҩаԥысуан мышкы. Аха аҽазыҟаҵарақәа акыраамҭа ицон. Сара ҩымш шыбжьаз снеит Сҭампылынтәи уахь. Есыуаха аиқәшәарақәа, аилацәажәарақәа, ашәаҳәарақәа, акәашарақәа ыҟан. Схы ахьаласырхәқәаз ыҟоуп, сахьахьымӡақәаз ыҟоуп", — дҳацәажәон Миқаа.

Акаҳуажәырҭа «Гагра» аартуп Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
Ачашәи, ачаџьи, ачаҳаржәи: Ҭырқәтәылатәи "Гагра" аҭоурых

Каисерынтәи 170 км бжьоуп афестиваль ахьымҩаԥысуаз аԥсуа қыҭа.

"Аԥсуа қыҭақәа ыҟоуп Каисери, аха ирацәаӡам, ԥшьба-хәба қыҭа рҟынӡа инаӡоит. Аԥсуааи сареи ҳаибабеит, ԥсышәа цқьала ицәажәоз, 80 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз аҭаҳмадацәа ҩыџьа срықәшәеит, шьала-дала аҷкәынцәа реиԥш иԥыр-ԥыруа ауп ишыҟоу. Дара еишьцәоуп, арахә рфермақәа рацәаны ирымоуп, Аргәынқәоуп. Сара исԥылаз, сныҟәызгоз Маана ракәын, ашәуаа, ашьхарыуаа аҷкәынцәагьы ыҟан", — иҳәеит Ерик.

Ерик Миқаа, Каисери иҟазаара иалагӡаны дырҭааит аԥсуа қыҭақәа, аҳаблақәа, ажәытәан аԥсуаа ахьынхоз.

"Аԥсуаа рабацәа рабдуцәа ахьынхоз ажәытәӡатәи рыҩнқәа рҿы рыжәлантәқәа рдамыӷқәа кыдуп, уа уаҩ дынхаӡом уажәы, аҳәынҭқарраҿы аҭакԥхықәра змоу аинститутқәа ирыхьчоит. Кавказынтәи ахҵәара иақәшәаны шәышықәса раԥхьа иааз раԥхьа иахьынхоз рҭыԥқәа рҿы аҩырақәа кыдҩылоуп уахь аҭалара шыҟамло ала", — ҳәа азгәеиҭеит Ерик Миқаа.

Ерик Миқаа иҳәеит, аԥсуаа ажәытәтәи нышәаԥшьла мацара иҟаҵаз рыҩнқәа еиқәханы ишыҟоу.

"Нышәаԥшьла иҟаҵаз ҩнык збеит, аганқәа зегьы еилаҳахьан, аха аԥхьатәи ахәҭа еибган, аԥенџьырқәеи ашәи уажәыгьы иҿан. Уахьыныҩнало асасааирҭа аханыҵәҟьа аҩны зтәыз ижәла адамыӷа кыдуп, снаганы исдырбеит. Узырхәыцша, аҭоурыхтә ҵакы змоу ахҭысқәа даара ирацәоуп", — иҳәеит Ерик.

Каисери иҟоу адыга қыҭақәа рхыԥхьаӡара 30 иназынаԥшуеит. Убарҭ рыбжьароуп аԥсуа қыҭақәагь ахьыҟоу. Ақалақь ахаҭа даара идууп, миллионки быжьшә нызқьҩык рҟынӡа ауаа нхоит.

"Зықәра ыҟоу ауаа ирҳәоит аԥсшәа, аха аҿар адыга бызшәеи аҭырқәшәеи роуп ирдыруа, аԥсшәа рыздырӡом. Даара ирацәаҩуп адыгақәа, насгьы рхеидкыла ӷәӷәоуп даара. Аус ауеит Кавказтәи акультуратә центр. Аԥсуааи дареи зегь рыла рхы еидкыланы иҟоуп, аусмҩаԥгатәқәа зегьы еицазгәарҭоит. Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭкарра Кавказаа ҳаҭырқәҵарыла ирызныҟәоит, аиҳабыратә маҵурақәа рымоуп, иҟоуп арҿиара знапы алаку ауаа", — ҳәа азгәеиҭоит Ерик.

© Фото : предоставлено Сырмой АшубаЖәларбжьаратәи афестиваль Каисери
Жәларбжьаратәи афестиваль Каисери - Sputnik Аҧсны
Жәларбжьаратәи афестиваль Каисери

Жәларбжьаратәи афестиваль аҟны ицәыргақәҵан иара убас Кавказ ажәларқәа ркультура ахаҿра узырбоз амаҭәахәқәа, афатә-ажәтә.

"Уаҟа сара сиқәшәеит 1948 шыақәса рзы Каисерынтәи Франциаҟа иагаз ԥсыуак, иҭаацәагьы Франциа инхоит. Иара иашьа гәакьа иҿы дааны дыҟан, занааҭла данџьныруп, иԥшәмаԥхәыс дҟабардоуп. Даара иџьасшьеит аԥсышәала ицәажәашьа, икәашашьа", — иҳәеит Ерик Миқаа.

Каисери имҩаԥсыуаз Жәларбжьаратәи Кавказ жәлар рфестиваль иалахәыз Ерик Миқаа иҭабуп ҳәа реиҳәоит уахь ицара адгылара азҭаз зегьы, ҷыдала Омер Маан, Мансур Ашәанба, Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0