Атеатртә ҳамҭа аныҳәа аламҭалазы

© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Три высокие женщины"
Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира амш аламҭалазы Аҟәа идырбаз зыхьӡ нагоу москватәи арежиссиор Сергеи Голомазов иқәыргыламҭа "Три высокие женщины" РУСДРАМ аҿы аншлаг шыҟанаҵаз, иара аспектакль ахаҭа агьамеи аҩаӡара ҳараки дырзааҭгылеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Иабашәцәызӡари, сара атеатр бзиа избоит. Схазы аҳамҭа алысхуазар, аԥыжәара асҭоит атеатртә қәыргыламҭа бзиа. 

Абар уажәшьҭа итрадициахеит, Русдрам ахыбраҿы "Москватәи асцена ашедеврқәа" захьӡу апроект амҩаԥгара. Аиааира 25 шықәса ахыҵра аламҭалазы Аҟәа Голомазов иқәыргыламҭа "Три высокие женщины" ацәырҵра зеиӷьыҟам ныҳәоуп атеатр абзиабаҩцәа рзы. 

Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
Аҟәа зыршанхаз: "Три высокие женщины" аԥхьарбара мҩаԥысит

Акультуроуп ауаҩы дҳаразкуа, убри аҟынтә, гьама хыркыла еибыҭоу аспектакль ахәаԥшра агәеизҳара иасимволуп еснагь. Сара сазыԥшын ари аспектакль аҿы ароль хадақәа руак назыгӡо Урыстәыла жәлар рартиска Евгениа Симонова лаара. Лара ҳара даҳдыруеит Урыстәылатәи атеатртә ҟазараҿы аԥхьагылара змоу актрисаны, аха лабҿабала ҳасценаҿы лыхәмаршьа абара жәҩангәашәԥхьароуп. Сыԥшын ианбааиуеи ҳәа уи амш. 

Цәыббра 24, 25 рзы Аҟәатәи аурыс драматә театр аҿы ицәырган Сергеи Голомазов иқәыргыламҭа. Симанова лнаҩсан ари аспектакль аҿы арольқәа нарыгӡон Урыстәылеи Ермантәылеи аҟазара зҽаԥсазтәыз Вера Бабичева, иара убас актриса Зоиа Каидановскаиа. А-20-тәи ашәышықәсазтәи адраматург Едвард Олби иҩымҭа "Хҩык аҳәса ҳаракқәа" ("Три высокие женщины") адраматә ҩымҭа ҟаимаҭқәа ишырҟазшьоу еиԥш, иахьыдурбалак зеилкаара уадаҩым, зегь рыԥсҭазаара иашьашәалоу рҿиамҭоуп.

Хаҭала, сара сазыԥшын Евгениа Симонова лцәырҵра, исҭахын иааигәаӡаны уи лысценатә ԥсыԥлагаҩагара снырырц. Хҩык аҳәса рҭоурых аазырԥшуа аспектакль аҿы, Симонова дыхәмаруеит қәрала зегь иреиҳабу, иуадаҩу аԥсҭазааратә мҩа ианысхьоу абырг лроль. Иазгәасҭарц сҭахуп Голомазов испектакль аҿы ишмаҷу асценатә неиааирақәа, араҟа амҩа амоуп актиортә ҟазараҿ зынагӡара уадаҩу иҭынчу адрамтә стиль. Аспектакль аҿы, џьара-џьара иалагалоу арежиссиортә хьаҵрақәа ракәымзар, хҩык аҳәса тәаны еицәажәоит. 

© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Три высокие женщины"
Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
Спектакль "Три высокие женщины"

Евгениа Симонова аспектакль актәи ахәҭа зегь лбырг ԥсҭазаара аазырԥшышаз апсихологиатә шәыгақәа рыла ахәаԥшҩы «даахәаны длыман». Ас еиԥш иҟоу ақәыргыламҭаҿы, актриса ишьҭылхуа аидара хьанҭоуп, лара илымам алшара аԥсеивгаразы. Симонова лбырг ҳагәылалхалоит зыԥсҭазаара мариам, аилаҩеиласрала ду зцыз аԥҳәыс лдунеи. Симонова лҵәыуашьа, лыччашьа ахәаԥшҩы даршанхон, асценаҿы иубоз актриса шлакәу ухаршҭны, 92 шықәса ирҭагылоу ԥҳәыск лыԥсҭазаара ушацклаԥшуа агәра угоит. Симонова лроли лареи узеиҟәыҭхомызт, ианаму исҳәарц сылшоит, актриса илыхәмаруази лареи реиҩдыраара уадаҩын ҳәа, аӡәын урҭ, дыҟмызт хазы актриса, дыҟан дунеи дук нызҵхьоу аԥҳәыс. Аспектакль актәи ахәҭаҿы лара лакәын аҳра зуаз.  

Аԥсуа драматә театр - Sputnik Аҧсны
Атеатри аменеџьменти

Сгәы иаангоит ҳара ҳактиорцәа рзы ари ахәмарра рҵага шәҟәык иаҩызоуп ҳәа, избанзар, актриса Симонова асценаҿы аҳра луамызт бжьыла, кәашарыла, лара даҳлырбон зыгәра ҳгоз, здунеи ҳзааигәаз ауаҩы театртә ԥсихологиатә шәыгала. Иуадаҩуп даара, аха Анцәа аҟазара ду злеиҵаз лзы имариазар акәхап ари аҩыза ахаҿсахьа аԥҵара. 

Сергеи Голомазов ипсихологиатә-мистикатә қәыргыламҭаҿы хҩык аҳәса рыԥсҭазаара еилаӡҩоуп цәаҳәакны, х-дунеик еизгоуп еишьашәалоу хьыршәыгәны. Аспектакль аҩбатәи ахәҭаҿы, арежиссиор егьырҭ актрисацәа ириҭоит аҽҟьарҭа, урҭ рмонологқәа рыла ҳара ҳзы еилкаахеит, адунеи зегьы аҿы ауааҩытәҩыса ирызцәырҵуа азҵаатәқәа шеишьашәалоу, еидукылар шауа. 

Аурыс театр уи ауха ахәаԥшҩцәа рыла иҭәын кәапеишәа, анапеинҟьабжь рҽаԥсартәит Голомазов иартистцәа. Атеатр ааныжьны сцон схаҭа сыԥсҭазаара сазхәыцуа, иалшома макьанагьы сдунеи аҿы аиҭакрақәа мҩаԥысыр ҳәа азҵаарақәа шьҭыхуа. Сцон аҩныҟа Аиааира амш аламҭалазы исоуз аҳамҭа ду сгәыҵаҳәҳәаны, даҽазныкгьы иҳараку гьамала ихырҷоу атеатртә қәыргыламҭақәа рзыгьежьразы агәаҳәара сыманы.

Ажәабжьқәа зегьы
0