Агәамсам ахькармыжьуа ауп ацқьара аҳра ахьауа

© Sputnik / Томас ТхайцукЖаркий декабрь в Сухуме
Жаркий декабрь в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы ацқьара акультура ахьынӡаҳараку далацәажәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аибашьра ааилгазар, ҳақалақьқәеи егьырҭ арионқәеи рҿы ацқьара азҵаатәы ӷәӷәала иқәгылоуп. Аԥсны уахьналало инаркны ахыи аҵыхәеи уахысыр, иубоит ауаатәыҩса иахьырԥыхьашәо агәамсам шкарыжьуа. Икарыжьзар ишьҭыхтәуп. Уи зуалу акоммуналтә усбарҭақәа роуп хымԥада. Ирлас-ырласны уи азы ауаажәлара авба рырҭоит агәамсам ақәгара знапы иану аусҳәарҭақәа. Аха, иахьанӡагьы, агәамсам иахьаҭыԥым акажьразы вба змоу тәылауаҩкгьы дыҟам, уеизгьы-уеизгьы иџьбароу закәанкгьы ыҟам ари азы, иахьакәым аҟьамсар казыжьуа дақәукыргьы.

Чайка на горе мусора - Sputnik Аҧсны
Хәмар-хабыҟә: ҳабананаго ҳаԥсабара ҭазырхо амҩа?

Атрадициақәа ҳрылацәажәозар, сара сахьынхоз ақыҭаҿы, сангьы, лгәыла ҳәсақәагьы, рыҩны рыԥссаанӡа, агәарабжьарақәа, ашҭа ахыи аҵхәеи еилдыргон. Абас иалагон усҟантәи ақыҭаҳәсақәа рышьыжь. Усҟан аӡәгьы дыԥшӡамызт ақыҭа администрациа ааны агәамсам шьҭырхып ҳәа. Иказказуа ицқьан санқәыԥшыз аахыс сахьынхо Аҟәагьы. Ажәакала, исгәалашәом усҟан ҳахьынеиааиуаз апаркқәа рҿы дарбанызаалак аӡәы иахьакәым агәамсам каижьуа. Ишыжәдыруа еиԥш, усҟан Аԥсны инхоз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳан уажәы инхо раасҭа. Иҟан аамҭакы, Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа СССР иахьаҵанкуаз ацқьаразы аԥхьагылара анарҭахьаз.

Аибашьра анеилга, аиааира ҳгеит иаҳҭахыу ҟаҳҵоит ҳҳәазшәа, ҳаҩны аԥенџьыр ахышә икылыруаан агәамсам иахьабалак икаҳажьуа ҳалагеит. Агәамсам акажьра анаҩсангьы, апаркқәа рҿы идыргыло арымӡқәа ӡаны ҳаҩнқәа рахь иаҳго аҟынӡагьы ҳнеит. Ажәакала, ҳаҩнқәа рыҩныҵҟа аҽеиҿкаара, аха ҳҳәынҭқарра иатәу аҵакырадгьылқәа ӷамҳәырҭас иҟаҳҵеит. Ашәҭқәа еиҭарҳар иҵжәаны иаҳгоит, арымӡ дыргылар иԥаҳҽуеит, апакетқәа ирҭоу агәасам иахьаҳԥыхьашәо инкажьны, анаҩстәи ҳамҩа иацаҳҵоит. Акалашәа ҳҟалеит аиашазы, ҳапсадгьыл аҿы ҳара ҳаԥшәымцәаны ҳаныҟала ашьҭахь.

© SputnikБабушка поливает цветы на сухумской набережной
Бабушка поливает цветы на сухумской набережной - Sputnik Аҧсны
Бабушка поливает цветы на сухумской набережной

Хымԥада, агәамсам казыжьуа аԥсуаа рымацара ракәхарым, аха ҳара егьырҭ идҳарбо аҿырԥштәы акраҵанкуа џьысшьоит. Иахьа аԥсуа қытақәа рҿгьы иубарҭоуп, иахьакәым агәамсам кажьырҭа еиҿкааны ишрымоу, уаҟа еиқәрыжьуеит ихәарҭам амашьына ахәҭақәа, аҟьамсар уҳәа, рыҩны ирԥырхагоу зегьы. Иабацеи мшәан ҳаҭрадициақәа?

Иуа Коӷониа иҩызцәеи иареи - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа поезиа наунагӡа зышьҭра анызҵаз: Иуа Коӷониа игәаларшәара

Есышьыжь амшын ахь сцоит Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы игылоу ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иԥыххааса иргаз, апоет Иуа Коӷониа ибаҟа аҟәырҷаха ахьгылоу савсны. Уи абаҟа акәша-мыкәша гәамсамла идырҭәуеит уахынла иԥшахьырсуа, ауараш ыжәуа аҟәара иавоу, иара убас, ашьыжь зыҩны апакетқәа ирҭаҵаны агәамсам уа иаанзыжьуа ауаа.

Зехьынџьара авидео камерақәа рықәыргылара алшозҭгьы, иаҳбарҭахон, адәахьала аинтеллигент сахьа зманы, ҩныҵҟала акультура ззымхо ауаа рхаҿсахьақәа рбара. Хымԥада, дара агәамсам ианаамҭоу иқәызгаша акоммуналтә усбарҭақәагьы русура хьысҳазар акәхап, аха атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи ҳара ҳахь усура иаауа агастербаитерцәагьы изырбарызеи ҳара ҳабҩарақәа? Урҭ реилыргашьагьы, ҳара ҳгәамсам кажьшьа иеиԥшуп сара сахьахәаԥшуа. Ишабалакшәа инахысуеит рҳәымсаг хаххалақәа рызқәынҵа ҳамҩадуқәа иахьырну. Ҳарҭ аԥшәмацәа мацқьа-шьацқьа ҳанхозҭгьы, урҭ хыԥхьаӡара рацәала арахь усура иаауагьы маҷхарын, ҳтәыла шьыжь шаанӡа атәым бызшәа ықәыҩуа иҟамларгьы алшон. Аха, ҳара аибашьраҿы аиааира ҳамгахи, ус анакәха, иахьаҳҭахыу агәамсам каҳажьлар ауашәа, ҳаԥсадгьыл хазына ахаҿра ҳареицакуеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукЖаркий декабрь в Сухуме
Жаркий декабрь в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Жаркий декабрь в Сухуме

Ҳаҩнақәа рҿы ҳаҽшеиҿаҳкаауа атәы ҳҳәозар, Европатәи астандартқәа ирықәшәо аремонтқәа ҟаҳҵоит, амала уи иацрыҵуа агәамсам амҩадуқәа инарныжьланы, апаркет цырцыруа изықәчаԥо ҳдашьма хазынақәа рҿы ҳачхьарп хәбабақәа наҳашьаҵаны ҳақәшьқьраауа ҳуадақәа ҳрыҩноуп. Аилкаара ҳцәыуадаҩхеит, аҩны аҩныҵҟагьы, адәахьгьы ҳара ишаҳтәу, ҳаҩны ҳшахӡыӡаауа еиԥш, адәынгьы ахӡыӡаара шаҭахыу. Агәамсам ахькармыжьуа ауп ацқьарагьы аҳра ахьауа, абри аилкаара ҳаԥхьа иргыланы ҳҿынаҳхар, ацқьара ҟалоит ҳтәылаҿы, мамзар, акоммуналтә усбарҭақәа егьа рҽырҟьаргьы, ҳахьӡара рцәыуадаҩхоит…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0