Аибабара агәыбылра ацуп: Ҭырқәтәылатәи Џьгьарда ақыҭаҿ аԥснаа ачара шрарҳәаз

© Фото : предоставлено: Сырмой АшубаЦуца Ахуба
Цуца Ахуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭазы узеигәырӷьо хҭысуп, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуааи Аԥснытәи рашьцәеи дареи аимадара ахьрыбжьалаз, рыцәгьеи рыбзиеи ахьеицеиҩыршо. Убас еиԥш, ааигәа, Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол аҟны акыршықәса раахыс аус зуа арҵаҩы Цуца Аҳәԥҳа, аԥсҭазаараҿы дыззыҳәоз лгәыхәтәы наӡеит ҳҳәар ҳалшоит. Шәаԥхьа Сырма Ашәԥҳа иазлырхиаз аматериал.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа жәытә-натә аахыс аибабара пату ақәырҵоит. Уи хымԥада иахылҿиаауан агәыбылра, апатуеиқәҵара. Аҭоурыхтә мзызқәа нырцәи-аарцәи ҳәа еиҩыршаз ҳауаажәлар, егьа аамҭа царгьы еибаԥшаауеит, еигәныҩуеит. Аԥсуа идоуҳа амч ӷәӷәоуп, ишырҳәо еиԥш, ашьа ахала аҽадыруеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы узеигәырӷьо хҭысуп, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуааи Аԥснытәи рашьцәеи дареи аимадара ахьрыбжьалаз, рыцәгьеи рыбзиеи ахьеицеиҩыршо. Убас еиԥш, мышқәак раԥхьа, Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол аҟны акыршықәса раахыс аус зуа арҵаҩы Цуца Аҳәԥҳа, аԥсҭазаараҿы дыззыҳәоз лгәыхәтәы наӡеит ҳҳәар ҳалшоит. Лҭынхацәеи лареи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Џьгьарда инхо Акоӷониақәа ааԥхьара рырҭеит рԥа ичарахь. Хымԥада, ас еиԥш ироуз ааԥхьара иахаҵгылеит, Аԥснынтә рҽааибыҭаны ирызцеит рҭынхацәа.

Прогноз - Sputnik Аҧсны
Ныӡаарас иҟоу тәым дгьылуп, ԥсҭазаарас иҟоу ԥсадгьылуп

"Аиаша шәасҳәап, ааԥхьара анҳарҭа инаркны сгәы хыҭ-хыҭуа сазыԥшын аԥсуа қыҭақәа рҿы аԥсуаа ахьынхо ҳнеины ҳнарылаԥшындаз, рыԥсҭазаашьа ҳбандаз, аԥсшәа ирҳәо ҳаҳандаз, еиқәдырхаз аҵасқәа лабҿаба иаҳбандаз, ҳҭынхацәа рыла ҳанхыԥшыландаз ҳәа", — дгәырӷьаҵәа ҳацәажәара дналагеит Цуца Аҳәԥҳа.

Ачара аура ҩымш шагыз амҩа иқәлеит Ҭырқәтәылаҟа. Аҳаиртә баӷәазаҿы Аԥснынтәи ирзаауаз асасцәа ирзыԥшын аԥшәмацәа. Цуца лан д-Коӷониаԥҳан. Аншьҭра иамоу агәыбылра еилкаау усуп, ас еиԥш иҟаз аибабара иацыз ахьаагареи агәырӷьареи ажәала иузеиҭамҳәозар акәхап, уи дарбанызаалак хаҭала инырроуп.

"Аҩны ҳахьнаргаз ашҭа-агәара ауаа рацәа рыла иҭәын. Аԥснынтә ҳашнеиз заҳаз зегьы еизеит. Уи ақыҭаҿы инхо аԥсуаа рацәаҩуп: Ашәаа, Гындиаа, Цыбаа, Ԥачлиаа, Агәмаақәа, Кәҭалиаа, Жьиаа уҳәа. Хгәазхара ҳзеибабомызт, анаџьалбеит, шаҟа хәыцра хкы узцәырҵуазеи, ирхыргахьоузеи ҳауаажәлар ари аԥсҭазаараҿы", — лхәыцрақәа ҭаха лырҭомызт арҵаҩы.

Шьандуан Ажәанба - Sputnik Аҧсны
"Сҳамҭа - Аԥсноуп, иҳамоу ҳхақәиҭра ауп": Шьандуан Ажәанба игәалашәаразы

Аԥсуараҿы аигәылара пату ақәуп еснагь. Агәыла агәы даҩызоуп шырҳәо еиԥш, урҭ аҟазшьақәа еицакра рықәым Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рыбжьара. Агәыла-азла зегь рыдеизалеит. Рыԥсадгьыли рыуаажәлари ирызкыз азҵаарақәа ҵыхәаԥҵәара рықәмызт, еиҳаракгьы рыжәлантәқәа иразҵаауан.

"Ашҭа ҳанҭыҵны ақыҭа ҳанналаԥш, аиаша шәасҳәоит, Аԥснытәи Џьгьарда сыҟаҵәҟьазшәа сзааит. Убас еиԥшуп ԥсабарала", — лҳәеит Аҳәԥҳа.

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭақәа зегьы рхатә ҭоурыхқәа рымоуп, ақыҭа ашьақәыргылареи, ахьӡи амҳаџьырра иагаз аԥсуаа роуп ишьақәзырӷәӷәаз. Убас еиԥш, Џьгьарда ақыҭагьы иамоуп иара ахатә ҭоурых.

"Ҳара ҳахьыҟаз Акоӷониақәа ран Агындиаԥҳа, аԥсшәа цқьаны илҳәоит, 93шықәса лхыҵуеит. Лгәы бзиоуп, лыхшыҩ еибагоуп, акҿаҩраҟны афатә ҟалҵоит, улеигәырӷьаратәы дыҟоуп. Илдыруа аҭоурыхтә жәабжьқәа рацәоуп. Иҟоуп ҳара иаҳзеиҭалҳәақәазгьы", — лҳәеит Цуца Аҳәԥҳа.

Агындиаԥҳа лажәабжьқәа рахьтә, абар Цуца Аҳәԥҳа иалылкаауа:

"Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ианықәнагала, Сҭампыл агаҿаҟны анхарҭа ҭыԥ рырҭеит, ус рҳәон Агындиаԥҳа лабдуцәа. Аха уа ахныҟәгашьа анырзыҟамҵа, Адаԥазарҟа ихҵәар акәхеит. Адаԥазаргьы ӡҟычран, ауаҩы ихы дзахәо иҟамызт. Нас ахацәа ааидгыланы аҭыӡшәа ҟарҵеит, усҟантәи аҳәынҭқар иабашьит. Анаҩс, иахьышәҭаху шәынха ҳәа реиҳәеит", — илаҳаз ажәабжь ҳзеиҭалҳәон арҵаҩы.

Абас еиԥш, абнараҿы аҭыԥ ылхны, рҽеидкыланы Џьгьарда ақыҭа анхара иалагеит. Ҭырқәшәала Џьгьарда-Сауксу ҳәа иашьҭоуп (аӡы хьшәашәа) ауп иаанаго. Арахә-ашәахә анырҵеит, ауҭра бзиа ҟарҵеит, уахгьы-ҽынгьы аӡы ақәырҭәон, адгьыл мчуп цәгьала.

Геннади Ашәбеи Ирина Ломиаҧҳаи рхәыҷқәа - Sputnik Аҧсны
Аҧсуа ҭаацәа рҿырҧшы: Џьгьарда ақыҭан инхо Ашәаа рҭаацәара ирызкны

"Сахьынаԥшааԥшыз ашәыр рацәа сымбаӡеит. Даараӡа ирацәоуп аԥсақәеи, алакациақәеи. Адгьыл малаҷырроуп, урҭ аҵлахкқәа еиҳа ианаалозар акәхап. Рашҭа-ргәара бабыцк ықәыршәым, шәҭыла иҭалаҳан иҟоуп", — ҳәа азгәалҭеит Аҳәԥҳа.

Цуца Аҳәԥҳа излалҳәо ала, аԥсуа қыҭақәа рҿы рыҩнаҭақәа карыжьӡом. Аҿар аҵаразы, аусуразы ақалақьқәа рахь ицозаргьы, аиҳабацәа рыҩнқәа ирхуп, рыхшара хылаԥшрада иаанрыжьӡом. Рыҩнаҭақәа џьынџьс ирымоуп, акы агыжьны ируӡом.

"Адырҩаҽны шьыбжьон, ачара амш аҽны аҭаца дрыманы иааит. Ԥҳәыс даазгаз арԥыс, аҭацаагацәа ашҭа ианааҭала, амашьына дааҭыҵын иҽиҵәахит, иҩызцәа хҩы-ԥшьҩы ицын. Аҭаца дааргеит, ԥсыуала ишәаҳәеит, икәашеит, иԥшӡаӡа илԥылеит. Ахәылбыҽха иаргьы дааргеит, аԥсшәа ҳаиҳәеит ҷыдала дааин. Ачара даара гәырӷьарыла имҩасит", —лҳәеит Цуца Аҳәԥҳа.

Аԥснынтә ирызнеиз асасцәа Акоӷониақәа даара патуқәҵарыла ирызныҟәеит. Аҭыԥантәи ателехәаԥшратә канал ала иддырбеит, ажурналистцәа рыҿцәажәеит.

"Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара игьежьыз ҳџьынџьуаа рахьтә иҟоуп зыхшара сара сыкласс аҿы итәақәазгьы. Убас еиԥш, Ашәанбақәа, зыԥсшьара мшқәа усҟан Ҭырқәтәыла изхызгоз, телехәаԥшрала ҳарбазаап, рхәыҷы иӡбахә ахьысҳәаз даара ргәы иахәеит", — дҳацәажәон арҵаҩы.

Ҵыҵаа рҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Буленҭ Ҵыҵба: сыԥсҭазаараҿы исымаз ахықәкы наӡеит ҳәа сҳәарц сылшоит

Ҭырқәтәыла аԥсуа чараҿы ахысра ыҟаӡам. Амашәырқәа ҟало ианалага, абыргцәа ааизан ақәҵара рыдыркылеит ахысра шааныркыло ҳәа. Аиҵбацәа, аиҳабацәа ражәа иахыԥаӡом.

"Аиаша шәасҳәоит, доуҳала абас еиԥш сыԥсшьарамшқәа схысымгеижьҭеи акрааҵуан. Сызлаԥшыз аԥсуаа, избаз аԥсуара, исаҳаз аԥсуа бызшәа, уи иацыз агьама, ахаара ахааназы исхашҭуам" — лҳәеит Цуца Аҳәԥҳа.

Цуца Аҳәԥҳа излалҳәаз ала, зҿы иҟаз Акоӷониақәа Аԥсныҟа ааԥхьара рырҭеит, лассы иаараны иҟоуп рыԥсадгьыл ахь, рашьцәа Акоӷониақәа рчарахь. Дара изларҳәо ала, рабшьҭра Кәтол инхон. Хымԥада, ирҭаап урҭ аҭыԥқәа, рабдуцәа зныҵыз рыдгьыл ԥшьа гәыблыла иаднакылап. Знык араҟа изҿыхәаз аӡы агьама ҩаԥхьа Аԥсныҟа рыԥсадгьыл ахь ихьанарԥшып. Зыԥсадгьыл иазыхынҳәуа ҳџьынџьуаа рыдгьыл еснагь гәыблыла ирзыԥшуп. Ҳаимадара Анцәа иумырӡын.

Ажәабжьқәа зегьы
0