Инал Гыцба: жәларык ԥхьаҟа изго адырра ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукИнал Гыцба
Инал Гыцба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҭҵаарадырра амш - жьҭаара 30 рзы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аспирант, апоет қәыԥш Инал Гыцба еиҭеиҳәеит аҭҵаарадыррахь инеира шыҟалаз, иахьатәи аамҭазы уи ахырхарҭаҿы инапы злаку, насгьы апоезиеи аҭҵаарадырреи реилагӡара злаилшо.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

 Инал, иугәалауршәар сҭахуп аҭҵаарадырра амҩа залухыз амзызқәа зеиԥшраз, насгьы иаҳзеиҭаҳәа аспирантураҿы уҵаратә процесс шымҩаԥысуа.

— Аҭҵаарадырра зҵакы ҵаулаӡоу терминуп, избан акәзар ҩ-хәҭакны еиларсоуп: аҭҵаареи адырреи. Ганкахьала сара исҳәар сылшоит аҭҵаарадырра машәыршақә сшаланамгалаз. Ари шьаҭас иаиуит ашкол, ауниверситет, убри ашьҭахь аспирантурагьы. Убас иҟалеит, сара аԥсуа литература азҿлымҳара соуит, хәыҷ-хәыҷы скаламгьы акы ыҵысхуа салагеит. Насгьы рҵакы ӷәӷәаӡоуп Ахра Владимир-иԥа Анқәаб иеиԥш исықәшәаз арҵаҩцәа бзиақәа. Дара рабжьгарақәа рылагьы 2017 шықәса рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны алитература аҭҵаара аганахьала аспирантура сҭалеит. Араҟа аҵара аамҭа ԥшьышықәса ирҭаӡоит. Напхгаҩыс дсымоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Уасил Шамониа-иԥа Аҩӡба. Мызқәак ааҵхьаны, иара снапхгаҩы иабжьгарала март акы инаркны алитература аҟәшаҿы анаукатә усзуҩы еиҵбыс аусура салагеит.

Апоет қәыԥш Инал Гыцба Сгәеисра-саамҭа захьӡу иҩымҭақәа реизга ҭыҵит - Sputnik Аҧсны
Апоет қәыԥш Инал Гыцба "Сгәеисра-саамҭа" захьӡу иҩымҭақәа реизга ҭыҵит

Аҭҵаарадырра иадҳәаланы аусура џьоукы ргәаанагарала уадаҩрак аҵаӡам, аха уи хараӡа ус акәым. Раԥхьаӡа инаргыланы, ари ҭакԥхықәра дууп. Аҭҵаараадырра закәи, иабантәааауеи иара? Ауаҩытәыҩса ҟәыш адунеи данықәнагала ихы иаиҭо далагеит азҵаарақәа иара дазусҭоу, дахьынтәаанагаз уҳәа ирыдҳәаланы. Абарҭ азҵаарақәа анцәырҵ инаркны, сара сгәаанагарала аҭҵаарадыррагьы ашьаҭа акит. Нас ишнеи-шнеиуаз уи хадарахеит аҭаацәараҟны, анаҩс аҳәынҭқарраҿгьы. Аҭҵаарадырра аҳәынҭқарра амыруга хадақәа ируакуп. Аҭҵаарадырра ҟамлар аҳәынҭқарра ахаҭагьы зыҟалаӡом. Машәыршақә иҟамлаӡеит аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа аџьабаа дуӡӡа здырбалаз, ахьӡ-аԥша змоу Аԥсуаҭҵааратә институт. Уи аԥызҵоз еилыркаауан аҳәынҭқарраҿы аҭҵаарадырра ԥсыҽхар иара аҳәынҭқарра ахаҭагьы амч шмаҷхо. Аҭҵаарадырра алшара бзиақәа анаанарԥшуа аҳәынҭқаррагьы ианубаалоит, ҽаԥарак иԥоит, избан акәзар жәларык ԥхьаҟа изго адырра ауп. Убри аҟнытә ҳара аԥсуаҭҵаара зегьы раԥхьа иргыланы аҭҵаара ҳаҿызароуп. Абарҭқәа зегьы еиҿыбааны иҟоуп. Хаҭала саргьы уеизгьы-уеизгьы аӡәы иҟаимҵац аус ҟасҵоит ҳәа сгәы иаанагом. Иахьатәи аамҭазы Баграт Шьынқәба ипоезиатә рҿиамҭақәа рсахьаркыратә бызшәа аеволиуциа, насгьы атекстологиатә зҵаарақәа ирызку, алитература аҟәшаҿы ишьақәырӷәӷәаз скандидаттә диссертациа аус адулара саҿуп. Игәасҭаз убри ауп, аҭҵаарадырра инамыцхәны аҽҟьара бзиа иабаӡом. Уи уҽагәылахаланы уаҿызароуп, амаӷеи (аматериал) уашьҭазароуп, иуԥшаароуп. Уи зегьы ахала иҟалаӡом аҟнытә ҳәарада аџьабаагьы батәуп.

 Аинститут ҩнуҵҟала аусура шԥеиҿкаау?

— Аԥсуаҭҵааратә институт ахаҭа ҳгозар аҟәшақәа рыззегьы еидҳәалоуп, акы хазы аус ауа иҟаӡам. Аинститут аиҳабацәас иҟаз зегьы, Владислав Григори-иԥа Арӡынба раԥхьа днаргыланы, иахьа хадас иамоу Арда Енвер-иԥа Ашәба иҟынӡа, зегьы гәык-ԥсык ала аинститут аус азура зҭаху уаауп. Аԥсуа ҭҵаарадырра ахаҭа ҳалацәажәозар ааха ӷәӷәаӡаны иаиухьеит. Аха зегь раасҭа иџьасшьо убри ауп, ҳдоуҳатә хдырра зегьы рӷәыхырц ҳаӷацәа абри аҟара ҳацҟьашәҟьа ҳшықәырҵазгьы, зегьакоуп, ҳажәлар еидгыланы еиқәдырхеит, еиҭеиратәы иҟарҵеит Аԥсуаҭҵааратә институт. Аибашьра еилгеижьҭеи ҳаԥсуа ҭҵаараҿы иҟаҵоу унагәылаԥшыр, еилукаауеит ҩышә-хышә шықәса анаука зырҿио аҳәынҭқаррақәа ҳаҵашьыцыртә аҟынӡа амаҵ шазырухьо. Еиҳараӡакгьы анаука ианазааԥсахьаз асовет мчра аныҟаз ауп. Иахьатәи абиԥара убри шьаҭас иҳамоуп.

 Инал, уара аҭҵаарадырра уазкуп, аха зегь раԥхьаӡагьы уара упоетуп. Аҭҵаарадырреи апоезиеи еиҿҳарԥшуазар, иаҳҳәар ҟалоит акы еиҳа идгьылтәуп егьи еиҳа ижәҩантәуп ҳәа. Уара уахьгьы арахьгьы ушԥаҽахьуугӡо?

Наала Мукба - Sputnik Аҧсны
Наала Мықәԥҳа: аԥсуа бызшәа иҵауланы аҵара алаӷырӡи агәырӷьареи сзацын

— Адгьыл сшықәгылоу ажәҩан саҵаԥшуеит. Иахьа џьоукы-џьоукы ажәҩан шыҟазгьы ҳхашҭит, еиҳа ҳацәыхарахеит, аҵар рашәа ҳаҳаӡом, избан акәзар ҳхәыцрақәа зегьы ҳхатә усқәа ирызкуп. Арҿиареи аҭҵаарадырреи шеинымаало удыруама ҳәа сеиҳәеит пату зқәысҵо шәҟәыҩҩык. Арҿиара ҟамлар иҭҵаатәугьы ҟалаӡом, иҭуҵаауа аныҟамла аҭҵаарадыррагьы баша инхоит ҳәа аҭак исҭеит. Ҩ-напык ҳаимҭеи Ҳазшаз: акы ҳгәы иадуп, аҩбатәи егьи аганахь иҟоуп. Урҭ рыҩбагьы амч рҭоуп. Сгәы иазааигәоу анапы- поезиоуп, сарӷьанапы-ҭҵаарадырроуп ҳәа исыԥхьаӡоит.

Иаҳхысыз амчыбжь аԥсуа бызшәа изламчыбжьыз ала, уи иахҳәаангьы ҩ-ажәак сҳәар сҭахуп. Ҳара ҳаазқәылаз ҳашьцылеит ари аԥсуа бызшәа иамшуп, иамчыбжьуп ҳәа аҳәара. Аԥсуа бызшәа иины адунеи ианықәнагала аахыс иамшуп, есымшагьы иамшзароуп. Атәым культура ашҟа аихара уҳәа, иҟоуп иахьа угәы узырхьша аҭагылазаашьақәа, аха ҳбызшәа уеизгьы-уеизгьы иара амч амоуп. Абызшәа узжьаӡом. Иара амилаҭ арыцқьошәа сгәы иабоит. Амилаҭ анаҳҳәо ҳара ҳазҿу гәык-ԥсык ала зыԥсадгьыл бзиа избо, аԥсышәала ицәажәо ауаа роуп. Аха абызшәа иабозар акәхап аҳәынҭқарра иаԥырхагоу ауаа. Урҭ ирҿашәаӡом, рааигәара иааиӡом, дара иатәарымбошәа ргәы иабоит, аха иароуп дара атәазымбо, наҟ хара ирыдԥо ҳәа сгәы иаанагоит. Раԥхьатәи ҳхада Владислав Арӡынба ишиҳәахьаз еиԥш, абызшәа арҿиаразы ахарџь ду аҭахӡам, иаҭаху уи ала ацәажәара ауп. Шәааи нас, ҳцәажәалап аԥсышәала!

Ажәабжьқәа зегьы
0