"Дацәшәоит рҳәеит аҟьатҟьат": иахьатәи аҭацацәа ақыҭа зырҭахым - амифи ареали

© Sputnik Томас ТҳаиҵыкәАԥсуа гәараҭа
Аԥсуа гәараҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭагылоу аамҭазы аҿар ақыҭаҿы аанхара зырҭахым амзызқәа дрылацәажәоит Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

"Адацқәа бзанаҵы аҵла аҧсы ҭоуп". Шәара ижәбахьоума ақалақь аҿы аӡәыр ажьира иманы, аҳаҧшьа изыҵаны, хатәы ҩнызаргьы дзыҩноу? Ҳдоуҳа адацқәа ахьыҟоу ҳқыҭақәа рҟны ауп. Ҳарҭ аҧсуаа зегьы қыҭак иадҳәалам ҳәа аӡәгьы ҳаҟам, еиуеиҧшым аныҳәақәа-аныҳәарақәа рымҩаҧгараан ҳаб игәараҭаҿ ауп ҳахьеизо, иахьазгәаҳҭо. Арҭ аныҳәатә мшқәа рзы ақыҭа аџьџьаҳәа агәы еисуеит, абжьааҧны иқәыҧсычҳауа ахы иазныжьу.

Прогноз - Sputnik Аҧсны
Анхаҩы: ақыҭа агәыгәҭажьра ҳаҟәыҵаанӡа ҳара ҳзыҿиаӡом, ҳзеиқәхаӡом

Аҧсуаа рҟны аҭаацәаратә институт убранӡа иҳаракын 20-25 абиҧара еихылҵыз ҭӡык аҿы еицынхон. Ажәа "аҭаацәа" — "аҭӡы" аҟынтәи иаауеит ҳәа азгәаиҭоит аҭоурыхҭҵааҩ Шалуа Инал-иҧа иусумҭа "Абхазы" аҟны. Иара ишазгәаиҭо алагьы, аб иҧацәа хаз-хазы ишьҭны акәымкәа, аҭыӡқәа еидҟаҵаланы, еизааигәаны инхон аҭаацәара ианалалак нахысгьы. Аӡәы хазы ацара иҭаххаргьы, уи аҳәарагьы дацәшәон. Хазы аиҿыҵра бзиарак иазҳәахом ҳәа иазыҟан. Ажәа "аицала"-гьы (аишьцәа рҭацацәа) "аицынхара" аҟынтәи иаауеит ҳәа дахцәажәоит. Аишәа еиҵыхқәа рыргыларагьы иара абри аицынхара иатәуп. Иахьагьы ақыҭақәа рҿы ирацәоуп аишәа еиҵыхқәа зызгылоу. Аха уи аамҭа аахыижьҭеи акыр аиҭакрақәа ҟалахьеит, аҭаацәаратә институт аҽаҧсахит. Макьанагьы аб иҩны аҳаҭыр аманы ишыҟоугьы, аишьцәа хаз-хазы рҭаацәара анаҧырҵалак ашьҭахь, еиҿыҵны инхо иалагеит. Уаанӡа аишәа еиҵых аҭаацәа ду есыҽны иадтәалозҭгьы, иахьа еидкыланы еидзыртәало ирзаанхаз рабашьҭра иатәу аныҳәақәа роуп.

Аԥсны аҳәсақәа рассоциациа ахантәаҩы Наҭела Акаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Акапԥҳа: ақыҭа ҳцәыӡыр, Аԥсны ҽакхоит

Иахьа изыхҟьазаалакгьы иаҳа-иаҳа ақыҭақәа шҭацәуа бла зхоу имбар залшом. Ицәырҵуа иалагеит убри аҩыза атенденциагьы — ақыҭаҿы инхо арҧыс (аҧсуаа ишаҳҵасу ала, аб иҩнаҿы инхо аҷкәын аиҵбы иоуп) аҭаацәа алалара ицәыуадаҩхо. Арҧарцәа ргәаанагарала, аҧсуа ҭыҧҳацәа ақыҭаҿ нхара рҭахӡам, ақыҭатә ҧсҭазаара иамарам – "илызуам рҳәеит абысҭа, дацәшәоит рҳәеит аҟьатҟьат". Усгьы иааӡом ҳәа урҭ рышьҭаларагь аамҭа ақәмырӡкәа, атәым милаҭ ирхьыҧшуагьы иахьыҟалақәаз ыҟоуп. Мраҭашәарахьала аиҳарак аурысцәа ааргозар, мрагыларахьала — агырцәа ракәхеит. Макьана иаҳа имаҷуп ус иҟоу аҿырҧштәқәа, аха дара убо иахьыҟалазгьы узырхәыцша акоуп. Ас еиҧш иҟоу аҭаацәарақәа рҿы ахәыҷы ан лбызшәа иаҳа ишиҵо ала, аҧсшәа аҧсыҽхарагь убоит.

Аха ишҧаҟоу аҭагылазаашьа ареал аҿы? Иарбан џьабаау аҭыҧҳацәа ақыҭахь ацара ргәазмырҧхо?

Сара сзызҵааз жәаҩык аҭыҧҳацәа рҟынтәи 18 шықәса инадыркны 30 рҟынӡа зхыҵуа – 18-21 шықәса ирҭагылоу ақыҭараҿ аҭаацәара аҧҵара рҭахӡам, 21-25 илак-ҩакуеит, 25-30 – аҭагылазаашьа бзиа рзаҧҵазар инхоит, 30 шықәса нахыс – мап ацәыркуам.

Рызегь еицҿакны ирҳәо ақыҭаҿы рҵаҩыс аусура уаламгозар (уи азанааҭ змоу уакәзар), уаҳа рхы ахьаадырҧшыша ыҟам, насгьы ахшара роур, хымҧада ақалақь ахь иааганы иҭарҵар рҭахуп. Убри аан иалыскаар сҭахуп ақыҭа ҧсҭазаара иацу аџьабаа аӡәгьы иагьшигәалаимыршәоз.

аамҭала аныҳәарақәа мҩаԥызгоз Светлана Алшәындба - Sputnik Аҧсны
Светлана Алшәындба: аҭаца дшырныҳәо еиԥш лыԥсҭазаара шьақәгылоит

Аиашазы, ақыҭа иамаз аџьабаа ажәытәи аҿатәи шьҭа иузеидкылом, убысҟак аҧсахрақәа рыбжьалт. Аҧҳәыс лусгьы аҭаацәара даналанагала нахыс ауадаҩрақәа маҷымкәа иацызҭгьы: уи саси-ҧшәымеи рхаҵгылара инаркны (аҭаацәа рхала сас дрыламкәа иҟазаргьы, аҭаца урҭ дрылатәомызт, хазы акрылфон, лыҧшәмеи лареи аидтәалара акәым аҩны иагьеицыҩнагыломызт, еицәыбналон, аҭаца еснагь лхы ҵакын уҳәа убас ирацәаны) аҩын ус аҟаҵара аҟынӡа (адәахьтәи аус – лынхара иаҵанакуа, аҩныҵҟатәи – аӡахра, асра, арышҳара, лыкҿаҩра уҳәа), иахьа аҭаца ҿарацәа ракәым, дара аиҳабацәа ақыҭараҿ инхогьы анхара аганахьала анкьа еиҧш рхы аџьабаа адырбом, рыбзазара аиҭакрақәа анубаалоит.

Ҳәарас иаҭахузеи, ақыҭеи ақалақь ҧсҭазаареи иауеиҧшыху, аха анхамҩатә џьабаа ара иҽыҵгам. Џьабаас ирзыҟалаз, ақыҭаҿы аҭацацәеи иара дара арҧарцәеи агәҿыӷь иахьаго акәушәа збоит. Агәҿыӷь еиҳау џьабаа ыҟамзар ҟалап. Агәҿыӷь иагаз иҽеим ацәаҩатә ҟазшьақәа шьҭихуа далагоит, дычмазаҩхоит…

Вид на центральный парк в Сухуме - Sputnik Аҧсны
"Аҟәа ахьы ҭоуп"

Иазгәаҭатәуп, са сзызҵааз рыжәаҩыкгьы ақыҭаҿы мацара акәым, даҽа қалақьк аасҭагьы аҧыжәара зырҭо Аҟәа ақалақь шакәу. Иаҳҳәа-иаҳӡа, аӡәгьы гәыбӷан узиҭом зегь Аҟәа ахьрымшу, Аҟәаҟагь иахьеихо – хыбра рызгыламзаргь, хыҵакырҭак рымамзаргь, ишакәхалак Аҟәа инхароуп. Избан? Избанзар аҧсҭазаара ахьеилашуа, хныҟәгарҭак ахьыҟоу, аҿар раамҭа иаҳа лахҿыхрыла ирхыргар ахьрылшо Аҟәа заҵәык ауп. Аҿар моу, иреиҳаугьы рнапы зларкра рзыҧшаауам, усурҭак аиуразы ма аҧсшьацәа ирзыҧшны итәазароуп, ма рыҩнқәа ааныжьны Аҟәа ак рыҧшаароуп. Аҟәа ақалақьнхацәаҵәҟьа игәарҭахьеит аҧсшьарамшқәа рзы Аҟәа аҧшаҳәеи иара ақалақь агәи заҟа иҭынчу, избанзар уи иара анхацәаҵәҟьа ирзынхоит.

Аусурҭа ҭыҧ аҟамзаара анаҩсгьы зҵаара хаданы иҟалеит аҵарадырра арҳара азҵаарагьы. Ҳәарада, аҭаацәа ирҭахуп рхәыҷқәа иреиӷьу аҵара ахьроуа ирышьҭырц, ихҧахазгьы – егьырҭ аҽазыҟаҵарҭақәа (ашәаҳәара, акәашара, аспорт еиуеиҧшым ахкқәа) рҟынгьы рбаҩхатәра ахьаадыртыша рымам.

Аиҳабацәа анааидтәало лассы-лассы ирҳәалоит "анкьа аклубқәа ыҟан, акино ахәаҧшра ҳәа ҳусқәа рышьҭахь хәылбыҽхала ҳаиханы ҳцон. Актиорцәа ҳзаауан." Иахьа ас еиҧш аҧсшьарҭа ҭыҧқәа ақыҭаҿ моу ақалақьқәа рҿгьы иахьыҟам ыҟоуп (Аҟәа аламҵаӡакәа).

Нас иарбан иаҳа имифхаз, мамзаргьы иреалтәхаз аҭацабысҭагь ҭацакаҳуахахьазар ақыҭаҿгьы?

Аҧсуа лакәқәа ирҷыдаҟазшьоуп азҵаара иаартны ааныжьра, саргьы убас еиҧш иаансыжьуеит ара лакәк анҵәамҭа ацыҧҵәаха нацҵаны:

"Анык лҧацәа рыхҩык данырзыӡырҩ ашьҭахь, илӡахыз акаба зықәнагаз дылзымдырит, изысҭарыда ҳәа днаҧшааҧшуа даанхеит. Ианамуӡа, ақыҭан крыздыруаз зегьы дрыҧхьан илыртәеит – иӡыбны абри акаба сыҷкәынцәа ахҩык рыуа изықәнагоу исызишәҭ ҳәа. Аӡбацәа тәаны аӡбра иаҿуп иахьа уажәыраанӡагьы, аха макьана егьырзыҟамҵац. Абри иаҧхьо! Ишубо еиҧш, ари ус хьанҭак акәхеит. Убри аҟнытә, абри зҳәо дуҳәоит, аӡбацәа итәоу ухшыҩ нарылаҵаны, аус урласырцы…".

"Адацқәа бзанаҵы аҵла аҧсы ҭоуп"… — абри ҳхамышҭуазар сҭахуп. Ҳдацқәа ӡышуа иаанхеит, ргәы зырҧсаҳәаша роур, иҵегь ҳадгьыл рҽаларҧсны рдацқәа рҳауан.

Ажәабжьқәа зегьы
0