Ашәба: Уасил Аҩӡба алитератураҭҵаараҿы илиршаз маҷым

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа литератураҭҵааҩы, афилологиатә наукақәа ркандидат Уасил Аҩӡба
Аԥсуа литератураҭҵааҩы, афилологиатә наукақәа ркандидат Уасил Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵарамза 14, 60 шықәса ихыҵит аԥсуа литератураҭҵааҩы, афилологиатә наукақәа ркандидат Уасил Аҩӡба.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Абҵарамза 14, 60 шықәса ихыҵит аԥсуа литератураҭҵааҩы, афилологиатә наукақәа ркандидат Уасил Аҩӡба. Иара аԥсуа жәлар ибжьаратәиу рышықәснҵыра макьана ԥыҭк дацәыхароуп, аха уи аамҭа иҭагӡаны алитератураҭҵаараҿы илиршаз маҷым.

Владимир Ацнария - Sputnik Аҧсны
Зыхшыҩ зызрыцҳараз аинтеллигент

Уасил Шамон-иԥа Аҩӡба диит абҵара 14 1958 шықәсазы, Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. 1976 шықәсазы далгоит К.Ф. ихьӡ зху Аҟәатәи 1-тәи ашкол-интернат. 1977-1979 шықәсқәа рзы аррамаҵзура анынаигӡа ашьҭахь, 1984 шықәса рзы ибзиаӡаны далгоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет афилологиатә факультет. Убри аамҭазы ААУ аҭҵааратә ҟәшаҿы анаукатә усзуҩы еиҵбыс аусура далагоит. 1988-1991-тәи ашықәсқәа рыбжьара- Горьки ихьӡ зху Адунеизегьтәи Алитература Аинститут аспирант.

1991-1994 шықәсқәа рзы Уасил Шамон-иԥа ААУ алитература акафедраҿы алеқциақәа дрыԥхьон. Далахәын 1992-93 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра ашьҭахь инаркны иахьа уажәраанӡагьы аус азиуеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, кыр шықәса напхгарагьы аиҭон. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгаҩы, афольклорист Арда Ашәба иажәақәа рыла Уасил Шамон-иԥа директорк иаҳасабалагьы, аԥсуа хаҵак иаҳасабалагьы Аџьынџьтәылатә еибашьраан иццышәыртәыз архивтә нҵамҭақәа, ахыбра ахаҭа уҳәа реиҭашьақәыргыларазы кыр аџьабаа ибеит.

Ажурналист, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Терент Ҷаниа - Sputnik Аҧсны
Терент Ҷаниа: аԥсуа литература адунеитә литература иахәҭакуп

Насгьы иара иазгәеиҭеит Уасил Шамон-иԥа еснагь хықәкыс ишыҟаиҵоз, дагьшазнеиз аҟәшақәа реиҿкаара,аԥсуа институт аҿы аԥсышәала акондидаттәи адоқтортәи диссертациақәа рыхьчара алыршара.

"Уасил Аҩӡба ибзоуроуп егьырҭ аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рыҭҵааразы аҟәша аԥҵара, аԥсуа биографиатә жәар аҭыжьра, ақыҭақәа рҿы афольклор материалқәа ранҵара дырҩеигь азыхынҳәра. Илагала дууп аибашьра ашьҭахь урыстәылатәи аинститутқәеи Нхыҵ Кавказтәи аҭҵаарадырратә центрқәеи рыҽрымадараҿы, еицымҩаԥаҳгоз аекспедициақәеи, аконференциақәа реиҿкаараҿы", - иҳәеит Арда Ашәба.

Уасил Аҩӡба ибзоурала Аԥсуаҭҵааратә институти, 20 инареиҳаны Урыстәылатәи Анаукаҭҵааратә Институтқәеи, амузеиқәеи, аҵаратә хеилакқәеи еимадахеит. Уи аусеицура иалҵшәахеит иаҳҳәап амонографиа "Абхазы" аиԥш иҟоу гәыԥҩык еицыртәу аизгақәа хыԥхьаӡара рацәала рҭыжьра.

"Уасил Шамон-иԥа инапы злаку иарбанзаалак аҿы ихатәы гәаанагара имоуп. Азыҟаҵара бзиа змоу алитератураҭҵааҩы, акритик, иҵабыргыҵәҟьаны аԥсуа литератураҿы егьырҭ иреиԥшым ихатәы азнеишьа имоуп. Аинститут аханатәгьы иақәашьын наунагӡа аҭоурых ианхало аҵарауаа дуқәа. Урҭ рус уасхырс иазышьҭан жәлар ркультура, рҭоурых,рбызшәа аихаҳара. Дара рышьҭа дхыланы Уасил Аҩӡбагьы Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгараҿы ҽышәала аус иуит, аҭҵаарадырратә дунеи аҿы иахьагьы шьаҿаӷәӷәала имҩа дықәуп. Иахьанӡа изҭмыжьыц иусумҭақәа зегьы рҭыжьраҿы, иара убас иреиҳаӡоу аҭҵаарадырратә ҩаӡарахь анеираҿы гәык-ԥсык ала аманшәалара изеиӷьасшьоит", - иазгәеиҭеит Ашәба.

Литератураҭҵааҩык иаҳасабала Уасил Шамон-иԥа сара дыздырит аиҳабыратәи аклассқәа рҿы аҵара анысҵоз, — иҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша анаукатә усзуҩы еиҵбы Инал Гыцба.

Джордж Хьюитт (George Hewitt) - британский кавказовед, профессор Школы восточных и африканских исследований Лондонского университета. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Хьиуитт: абызшәа аӡра амҩа ианымларц азы мҩак амоуп - уи аԥсышәала ацәажәара

"Хаҭала даныздыр ахԥатәи акурс аҿы ауп. Усҟан иара азанааҭ ҷыда амаҭәар даҳзаԥхьон. Аҵарауаҩ иҩымҭақәа рыла данудыруа — уи хазуп. Аха блала данубо, ула дхыԥшыланы дануацәажәо, аԥсуа литература агьама ануиркуа- уи зынӡа даҽа усуп. Иара иахьагьы ҭҵаарадырратә наԥхгаҩыс дсымоуп, аспирантура сҭаларцгьы иара иоуп исабжьызгаз. Уасил Шамон-иԥа џьоук реиԥш ахӡыргара илаӡам, иус идыруеит, ҭакԥхықәралагьы инаигӡоит. Ҳарҭ аҿаргьы кыр дҳазҿлымҳауп. Иаҳҳәап џьара цхыраарак уҭаххаргьы иара иус ааныжьны ишилшо ала дуцхраауеит, угәцареикуеит. Хаҭала саргьы насыԥ сымоуп иара иеиԥшу анапхгаҩцәа ахьсымоу".

2008 шықәсазы ашәҟәы "Агазеҭ "Аԥсны" аизгареи ҭҵаарадыррала аҭыжьреи рзы Уасил Аҩӡба ианашьоуп Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Д. Џьынџьалԥҳаи иареи еиқәдыршәеит арҵагатә цхыраагӡа "Алитература атеориа ашьаҭақәа". Еизганы иҭижьхьеит аԥсуа шәҟәыҩҩы, апублицист Мушьни Аҳашба уаанӡа акьыԥхь зымбацыз иҩымҭақәа.

Уасил Шамон-иԥа редакторра рзииухьеит Аԥсуаҭҵааратә институт иҭнажьхьоу аҭҵаарадырратә ҩымҭақәа жәпакгьы. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден 3-тәи аҩаӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0