Ииашаз, узықәгәыӷшаз, иҟәышыз напхгаҩын

© Фото : из архива Екатерины БебияШамил Хәсеин-иԥа Ԥлиа
Шамил Хәсеин-иԥа Ԥлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьатәи анапхгаҩы Шамил Хәсеин-иԥа Ԥлиа иԥсы ҭазҭгьы иахьа ихыҵуазаарын 86 шықәса.

"Еснагь ишәшьыра ҳаҵакын, акагьы дацәшәаӡомызт, адунеи дакәшахьан, аҟазареи аиҿкаареи илан", - аус ицызуаз абас еиԥш дыргәаладыршәоит рнапхгаҩы.

Концерт посвященный сорокалетию АГТРК - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа телерадиоеилахәыра 40 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт мҩаԥысит Аҟәа

Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Шамил Хәсеин-иԥа Ԥлиа хылҵшьҭрала Оҭҳаратәын. Иара аԥсҭазаара еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рыла амҩа данысит. Акыр шықәса Асовет амшынтә флот аӷба акаԥдан ицхырааҩыс дыҟан. Убри аамҭа иаҵанакуеи илитературатә ԥҵамҭақәа рӷьырак, анаҩс аԥсуа литература антологиа ианылаз.

1977 шықәсазы Шамил Хәсеин-иԥа амшын флот иадҳәалаз имаҵзура аҟынтә даныхынҳә, аҳәынҭқарратә телехәаԥшреи арадиои реилак ахантәаҩыс дарҭоит. Иара иоуп амилаҭтә телехәаԥшра раԥхьатәи анапхгаҩыс иамаз. Аусураҿы имаз аҟазшьа аҷыдарақәеи, уаҩык иаҳасаб ала ихы шааирԥшуазеи ртәы дазааҭгылоит аамҭаказы иара аусура иааиԥхьаз, ихаҭыԥуаҩысгьы иҟаз, иахьа ихьыԥшым ателехәаԥшратә канал "Абаза-ТВ" анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Иури Қәҭарба.

"Аԥсуа телехәаԥшра ахыҵхырҭаҿы игылаз, жәохә шықәса еиԥымкрада напхгара азҭоз Шамил Хәсеин- иԥа наунагӡа игәалашәара ԥхаӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит. Раԥхьаӡа акәны Аԥсуа телехәаԥшра амҩа ианысыз раԥхьа дгылоуп Шамил Ԥлиа. Иареи сареи аус еицаҳуан 1983 шықәса инаркны 1993 шықәсанӡа. Аԥсны аҭоурых аҿы иара ишьҭа мыӡуа ианиҵеит", - игәалаиршәоит Иури Қәҭарба.

Амиран Гамгия - Sputnik Аҧсны
Агәхьаагара зцу агәалашәара

Иури Николаи-иԥа иазгәеиҭоит, Шамил Хәсеин-иԥа ибзоураны Аԥсуа телехәаԥшраҿы аусура дшалагаз. Уи уахь дышнеиз раԥхьатәи амш иахьеиԥш игәалашәоит.

"Аԥсуа телехәаԥшра ауадаҿы хәажәкырамза 8 иазкыз аҳәса рымшныҳәа азгәарҭон. Убасҟан, Шамил Хәсеин-иԥа дсыԥхьан снеигеит, аколлектив сыдирдырит, "абри аҷкәын Очамчыратәуп, дыжәдырырц сҭахуп, сара схаҭыԥуаҩыс ихьӡ ҳәоуп", - ҳәа. Ателехәаԥшра аусзуцәа ибзианы срыдыркылеит, убри амш инаркны аусура иацаҳҵеит", - иҳәоит Қәҭарба.

Шамил Хәсеин-иԥа Ԥлиа илаз аиҿкааратә усуреи абаҩхатәреи ирыбзоураны, апрофессионалтә кадрқәа шыҟамызгьы, 1978 шықәсазы илиршеит аԥсышәала ателехәаԥшратә дырраҭара аефир ахь иҭыҵыртә еиԥш аҟаҵара. Убасҟан ауп аԥсыуа ҩнаҭацыԥхьаӡа Аԥсуа телехәаԥшра абжьы ангаз. Хымԥада, ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы уи даҽа иааира дук иаҩызан.

"Аԥсуа интеллегенциа инарылукааша дреиуан, зегь рыла даамысҭашәан, алафҳәара бзиа ибон. Исгәалашәоит иҳазкны ажәеинраалақәа анырыҩуаз Рауль Лашәриеи иареи. Рауль редактор хадас аус иуан усҟан Аԥсуа телехәаԥшраҿы. Шамил Хәсеин-иԥа даара ибз ҵарын", - гәыблыла дигәалаиршәон Шамил Ԥлиа иара аус ицызуаз Иури Қәҭарба.

Эмма Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анцәа иҟынтә аҟазара заҭәашьоу адиктор

Шамил Ԥлиа, Аԥсуа телехәаԥшра иадыз иџьабаа атәы ус ажәала иуызҳәом. Аамҭа уадаҩқәа ирылҵны имариамызт аефиртә ҭыжьымҭақәа реиҿкаара, аԥсышәала аԥсы рхаҵаны иахәҭоу атехникатә мыругақәа рыла адырраҭарақәа реиқәыршәара. Аха, Шамил Ԥлиа уи илимыршар ҟалозма, ихы-иԥы зегьы убри аус иазкын.

"Асовет ҳәынҭқарра ақәҵара анрыдыркыла ашьҭахь, иаразнак иузаартуамызт ателехәаԥшра, акадрқәа ыҟамызт, техникала еиқәыршәамызт. Урҭ зегьы еиқәыршәаны, ауаа адыԥхьаланы, хәыҷы-хәыҷла еиҿикааит. Агәаӷьра злаз уаҩын. Ақырҭқәа ҳалан уеизгьы, азҵаара шьҭырхит Аԥсуа телехәаԥшраҿы ақырҭуа редақциа ҟалароуп ҳәа. Уи Шамил Ҳәсеин-иԥа даҿагыланы дықәԥаҵәҟьон, рыгәҭакы нарыгӡартә еиԥш иҟаимҵеит", - ҳәа азгәеиҭоит Қәҭарба.

1990-тәи ашықәс азы, Шамил Ԥлиа, Қарҭҟа ателеграмма ишьҭит рбиуџьет мап шацәикуа, рхатәымҩала ишцо ала.

Наала Мукба - Sputnik Аҧсны
Наала Мықәԥҳа: аԥсуа бызшәа иҵауланы аҵара алаӷырӡи агәырӷьареи сзацын

"Акомитет абиуџьет абжа Аԥсны иатәын, ателецентр ҳәа иҟаз уи Қарҭаа рнапаҵаҟа иҟан. Аштат абжа шьақәзыргылоз уахьынтә акәын ауалафахәы шроуаз. Нас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә биуџьет ахь ииаҳгеит зегьы, убри инаркны иҳарҿыцит, ҳхарџь ала, излаҳалшоз ала ҳааиуан", - иҳәеит Иури Николаи-иԥа.

Шамил Хәсеин-иԥа аԥсҭазаара ацәқәырԥақәа акыр дкыдырҟьазаргьы, аԥсыуа хаҵак ишиаҭәаз еиԥш ихы ныҟәигон, агәкажьра иааигәа иааигомызт.

"Аҭаацәара бзиа аԥиҵеит. Иԥшәмаԥҳәыс Нина Адамыр-иԥҳа Амаршьани иареи ирааӡеит ҩыџьа ахшара, Нареи, Даури. Нара, Аԥсуа телехәаԥшраҿы аус луан, Даур даара дыҷкәына бзиан, аибашьра анеилга ашьҭахь Чечентәылаҟа дцеит, уинахыс ихабар уаҳа иҟамлаӡеит. Уи даара игәнигон Шамил Хәсеин-иԥа", - иҳәеит Қәҭарба.

Аибашьра анцоз аамҭазы, Шамил Хәсеин-иԥа қәрала дышмаҷмызгьы ҳаибашьцәа рааигәа дгылан. Ҟабардантәи иаауаз Иусуф Гукетлови иареи акамера аашьҭыхны аибашьцәа рахь ицон, ирыҿцәажәон, ианырҵон. Уи атәы зҳәо акадрқәагьы маҷымкәа архив аҿы иҟоуп. Аибашьра анеилга, Шамил Хәсеин-иԥа Аԥсуа телерадиоеилахәыра ахантәаҩра аҭыԥ аанижьит, аҿар амҩа риҭеит. Аха, убри аан изгәакьаз аколлективи иареи реимадара ирӡуамызт, гәаартыла иахьиԥылоз лассы-лассы дырҭаауан.

Ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҟны аразҟы бзиақәа анимоу ыҟоуп. Аԥсуа телехәаԥшраҿы аусура ҳәа даннеи ажурналист Виачеслав Сақаниа, Шамил Ԥлиа инапхгарала акәын аус шизуаз, урҭ амшқәа даҽакы ирыламҩашьо игәалаиршәоит иара.

"Аҟазара инаҷыданы аиҿкааратә ус даара дазҿлымҳан. Еснагь ишәшьыра ҳаҵакын, акагьы дацәшәаӡомызт, адунеи дакәшахьан, ибзиаӡаны идыруан адунеи аҿы имҩаԥысуаз ахҭысқәа, иусура аҟынгьы убри ихы иаирхәеит. Ауаҩы иус даназҟазоу инапаҵаҟа иҟоу зегьы ҳаҭыргьы рықәуп, ахылаԥшра дугьы рымоуп", -абас гәыблыла еиҳаб ду дигәалаиршәоит ажурналист Виачеслав Сақаниа.

Слава Саканиа - Sputnik Аҧсны
"Шәазыхиоума аибашьра?": арратә журналист Слава Сақаниа 60 шықәса ихыҵит

Шамил Ԥлиа аусураҿы иџьбарреи илеишәеи инарҷыданы алафҳәара бзиа ибон, дхәыҷы-дду зегь ҳаҭырла дырзыҟан.

"Шамил Хәсеин-иԥа ихәыҷқәа ақыҭарахь ишьҭызаап аԥсшәа бзианы ирҵап, рыбз бзианы иԥҽып ҳәа. Аха, иара убриаҟара алафҳәара илан, ус иҳәеит ақыҭараҟынтә дхынҳәны данаа: "Аԥсшәа зҵарц ақыҭарахь исышьҭыз схәыҷқәа ранду убриаҟара аурыс бызшәа бзианы илдырҵеит, ашҭа санынҭала урысшәала аҷҷаҳәа дсацәажәо дысԥылеит ҳәа", - илаф ажәабжьқәа игәалаиршәеит Виачеслав Сақаниа.

Шамил Хәсеин-иԥа дыздыруаз, аус ицызуаз изларҳәо ала, дҩыза иашан, узықәгәыӷшаз иҟәышыз напхгаҩын. Иара ихаҭәааз аԥсҭазааратә мҩа данысит, ижәлари иԥсадгьыли рамаҵ аура иазкын ихы-иԥсы зегьы. Шамил Ҳәсеин-иԥа Ԥлиа игәалашәара, ихьӡ, хьтәы нбанла Аԥсны аҭоурых ианхалоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0