Бганба аҳәынҭқарратә бызшәа азакәан азы: Гагра араион аҟны аус ауроуп

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаГагра араионтә Еизара VI-тәи ааԥхьара адепутат Ахра Бганба
Гагра араионтә Еизара VI-тәи ааԥхьара адепутат Ахра Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араионтә Еизараҟны иаԥҵоу, аԥсуа бызшәа аҿиареи, акультуреи, аҭоурыхтә культуратә баҟақәа реиқәырхареи рзы акомиссиа ахантәаҩы, VI-тәи ааԥхьара адепутат Ахра Бганба еиҭеиҳәеит, араион аҟны Аҳәынҭқарратә бызшәа ахархәара азакәан иахьынӡақәшәо атәы.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Гагра араионтә Еизараҟны иаԥҵоуп акомиссиақәа ааба. Урҭ имҩаԥырго рыҩнуҵҟатәи реиԥыларақәа раан ирыхәаԥшуеит ажәлар иаарышьҭуа арзаҳалқәа, анаҩс рышьақәырӷәӷәара азҵаара цәырыргоит адепутатцәа инеиҵыхыу изаамҭанытәиу реилатәарҟны.

Аԥсуа бызшәа аҿиареи, акультуреи, аҭоурыхтә культуратә баҟақәа реиқәырхареи рзы акомиссиа иазԥхьагәанаҭоит, Гагра араион аҵакыраҟны аҭоурыхтә хьӡқәа рырхынҳәра, ақыҭақәа, аҳаблақәа, аӡиасқәа, амҩақәа, ашҭақәа аԥсуа цәа зхоу ахьӡқәа арыҭара, агәалашәаратә баҟақәа рышьақәыргылара уҳәа.

Старший научный сотрудник АбИГИ Игорь Марыхуба - Sputnik Аҧсны
Марыхәба: ақырҭуа ҩырақәа аҵәаӷәа рыхьшьра политикатә акциан

Изгәалашәо рацәаҩуп, Гагра араион иаҵанакуаз аҳабалақәеи, ақыҭақәеи жәпакы ртопонимикатә хьӡқәа рхыхны, ақырҭцәа дара рыхьӡқәа шрырҭаз.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, ҳтәыла раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба идҵала нап аркхеит ҳҭоурыхтә хьӡқәа рырхынҳәра.

"Гантиади ҳәа иҟаз аҳабла иазырхынҳәын ажәытә хьӡы Цандрыԥшь, ҭоурыхла араҟа инхон Цанаа, убас Леселиӡе ԥсахын Гьачрыԥшь ҳәа, жәытәла Гьечаа ахьҭыҵыз ҭыԥын аҟнытә. Бзыԥҭа аҳабла аиланхарҭақәа руак Ипнари ԥсахын Асԥа ҳәа. Убас имаҷымкәа ажәытә хьӡқәа ырхынҳәын, иахьагьы уи аус иацаҳҵоит", - иҳәоит аԥсуа бызшәа аҿиареи, акультуреи, аҭоурыхтә культуратә баҟақәа реиқәырхареи рзы акомиссиа ахантәаҩы Ахра Бганба.

Адепутат иҳәеит иус дуны раԥхьа ишышьҭоу, Гагра араион ақыҭақәеи, аҳаблақәеи рыбжьаларҭақәа рҿы рыхьӡ арбагақәа рышьақәыргылара азҵаара. Цандрыԥшь аҳаблан, аамҭала Цанаа шынхоз, Гьачрыԥшь-Гьечаа шҭыҵыз, зҳәо абаҟақәа рыргылара.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз, Аԥсны Афырхаҵа Геннади Ҷанба ибиуст Цандрыԥшь ашҭаҟны ачаԥара. Ареволиуциатә Хеидкыла "Кьиараз" иазку Бзыԥҭа аҳаблан абаҟа ашьақәыргылара. Амҳаџьыраа ргәалашәара ахьӡала, Гагратәи амшын аԥшаҳәатә парк аҟны астела ақәыргылара.

Людмила Сергьегия - Sputnik Аҧсны
Лиудмила Сергьегьиаԥҳа: "Аидгылара" ҳхақәиҭра иашьаҭахеит

"Даара агәахәара ду ҳнаҭоит, Гагра араионтә Еизара ԥасатәи адепутатцәа, 37-тәи ашықәсқәа раан ҳабдуцәа ахьҭаршьуаз НКВД ахыбра амузеи алхразы ақәҵара ахьрыдыркылаз. Иахьа араҟа аҵакырадгьыл арыцқьара нап аркыуп, иаарласны ишьақәыргылахоит аанда. Абри аус уахи-ҽни иалацәажәоз, иазыҳацҳацуаз араионтә Еизара V-тәи ааԥхьара адепутат Ҭенгьыз Габуниа иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Убас ирацәаҩӡан активла зхы аазырԥшуаз Рудольф Алшәындба, Закан Агрба, Слава Сақаниа, Лиудмила Сергьегьиаԥҳа уҳәа реиԥш иҟаз агәыблыҩцәа", - ҳәа азгәеиҭоит Ахра Бганба.

2017 шықәсазы Гагра ақалақь Саиат-Нова имҩаҟны инхоз гәыԥҩыуаак (аиҳараҩык аԥсуаа), араионтә Еизарахь арзаҳал аарышьҭит рымҩа ахьӡ рыԥсахырц. Дара агәаҳәара рыман Турчанинов ихьӡ ахҵара. Аха аилацәажәарақәа рышьҭахь иазыӡбан, уи ашықәсан иазгәарҭоз аԥсуа шәҟәыҩҩы ду Баграт Шьынқәба шәышықәса ихыҵра аҳаҭыр азы, иара ихьӡ ахҵара.

Иазгәаҭатәуп ари азҵаара аерман милаҭ рыҩнуҵҟа агәынамӡара шцәырнагаз, дара рпоет ихьӡ аанхар рҭахын, аха Саиат-Нова Гагра араион, ҽаџьарагьы ихьӡ ахын, убри аҟнытә рыҽдырҭынчит, иахьа уажәраанӡагьы ажәытә ҭыӡҭыԥ згәашәқәа рҟны инзыжьыз ыҟоуп умҳәозар.

Жители Гагры во время субботника - Sputnik Аҧсны
Гаграа рхатәы мчла рықалақь дырԥшӡоит

Ҳазҭоу ашықәс азы, Аиааира 25 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы, хьӡыда иҟаз Лӡаа ақыҭа амҩақәа руак "Аиааира" ҳәа ахҵан.

Гагра араионтә Еизара адепутат Ахра Бганба иҳәоит, абас еиԥш ахьӡ дуқәа зхыло амҩақәа иныҟәырго аҩыра иашьашәо иҟазароуп ҳәа. Баграт Шьынқәба дуӡӡа, мамзаргьы "Аиааира" ҳәа зху амҩақәа рҭагылазаашьа хьысҳазар ауама?!

Адепутатцәа зҿлымҳара зырҭо зҵаароуп аҭыԥхьӡқәеи, ирылсуа аӡиасқәа рыхьӡқәеи. Иаҳҳәап, Бзыԥ ӡиасуп, асуффикс "ҭа" ацлар Бзыԥҭа ҳәа иҟалоит, аҭыԥ аанарԥшуеит. Убас зхыԥхьаӡара маҷымкәа иԥсахтәу иреиуоуп Ԥсахара ақыҭа ахьӡ, избанзар уи иалсуеит аӡиас Ԥсахара, аҭыԥ аанарԥшратәы иацҵатәуп "ҭа", Ԥсахарҭа ҳәа иҟаларатәы.

Иҳаҩсыз амшқәа рзы, Гагратәи алицеи-интернат ихьӡ ахҵан 37 шықәса уаанӡа директорс иахагылаз Алықьса Мсас-иԥа Кәанџьариа.

Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
Илеишәа џьбаран, аха бзиа даҳбон: Гагратәи алицеи Алықьса Кәанџьариа ихьӡ ахҵоуп

"Аԥсуа хьӡқәа архынҳәра, мамзаргьы ҿыцымҭала ақыҭақәеи, аҳаблақәеи, амҩақәеи рахҵара, даара акразҵазкуа усуп. Аха ҳауаажәлар есқьынагьы уи гәахәарыла ирыдыркылом, избанзар атәылауаҩшәҟәқәа рҟны аҭыӡҭыԥқәа рыриашареи, рыҩнқәеи, руаҭахқәеи рыхьӡала излаҟоу ақьаадқәа рыԥсахра имаҷымкәа ауадаҩрақәа рызцәырнагоит. Уи иацу ахарџь араион Ахадара есқьынагьы ахахьы иазыгаӡом", - ҳәа азгәеиҭоит Ахра Бганба.

Гагра араионтә Еизара адепутатцәеи, араион Ахадареи, ажурналистцәеи, ажәакала аԥсуа бызшәа иазҟазоу гәыԥҩыуаак рыла ишьақәгылоу акомиссиа, Нарҭаа рашҭантәи Гагратәи авокзал аҟынӡа имҩаԥнагаз агәаҭарақәа иаадырԥшит, ақалақь аҟны асасааирҭақәеи, аԥсшьарҭа ҩнқәеи, аресторанқәеи, акрыфарҭақәеи, адәқьанқәеи уҳәа ус зуа жәпакы рыхьӡқәа аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан ишақәымшәо.

Улаԥш иҵамшәар залшом, Гагра ақалақь ажәытә хәҭаҟны игылоу аресторанқәа "Чегевара", "Аль Капоне", аԥсшьарҭа ҩнқәа "Челиускинцев", "AmraPark-Hotel& SPA", "AlexBeachHotel" уҳәа. Урҭ рыԥшәмацәа алархәны, араион Ахадараҟны аизарақәа мҩаԥысхьеит, аха аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан ақәныҟәара иахыццакуам акәымзар.

"Сара изныкымкәа, хаҭала арҭ аобиектқәа рыԥшәмацәа срацәажәахьеит, иҟалахьеит ажәа анеимаҳкуазгьы, аха макьана зегьы лҵшәадоуп. Закәанла ахараԥса ҳазрыдҵом, рахьырхәра ҳалшом, убри акәзаргьы ҟалап хьаас ҳзырымкуа. Избан, иахьа аԥсуа ухатәы бызшәа уадгыл, бзиа иба ҳәа зиаҳәатәу, уи иара данииуа ициироуп, ус акәӡами?! Аурысшәахь ҳаианагеит шаҳҳәоз, ҳара ҳлазырҟәуа, ҳуаап ҳәа ҳзымԥхьаӡо Америкаа рбызшәа ҳалаҽырбо аҟынӡагьы ҳнеит", - иҳәоит адепутат.

Сынтәа, аҵара шықәс ахырқәшараан, Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба напхгара зиҭо, аԥсуа бызшәа аҿиаразы, араионтә Еизара адепутатцәа гәыԥҩык злахәу акомиссиа, раԥхьаӡакәны, Гагра араион ашколқәа рҟны аԥышәарақәа ирҭааит. Азгәаҭарақәа рыла, уи алҵшәа бзиа аиуит.

"Араионтә Еизара адепутат Адамыр Багаҭелиеи сареи ҳалахәын Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны, аиҳабыратәи аклассқәа рҿы имҩаԥысуаз аԥсуа литературеи, Аԥсны аҭоурыхи рзы аԥышәарақәа. Аиашазы уи агәахәара дуӡӡа ҳнаҭеит. Ахәыҷқәа убас рҽазыҟарҵеит, аԥышәара акәым, конференциак иаваҟәыло аҭакқәа ҟарҵон, уи аҩаӡара ҳаракыла иахьымҩаԥысыз зыбзоуроу ашкол адиректор Хана Гәынԥҳа, сыхәҭакахьала аџьшьара лысҭоит", - ҳәа азгәеиҭоит Ахра Бганба.

Хана Гәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Гәынԥҳа: Сыԥсҭазаара рҵаҩыс дамоуп сан

Адепутат 2,5 шықәса раахижьҭеи, аԥсуа бызшәа аҿиареи, акультуреи, аҭоурыхтә культуратә баҟақәа реиқәырхареи рзы акомиссиа хантәаҩра аиҭоижьҭеи, иҳәеит иҟарҵахьо маҷымзаргьы, изхьымӡогьы шырацәоу, уи зыхҟьогьы афинанстә ҭагылазаашьа ауп.

Ахра Бганба Башаран-коллеџь доушьҭымҭоуп. Ҭырқәтәыла, ақалақьқәа Каисери, Есқьишьеҳир иреиҳау аҵараиурҭақәа ҩба дрылгеит. Адунеитә економикеи, Аҳәынҭусбарҭа анапхгараҭареи рзанааҭқәа имоуп.

Ихатәы бызшәеи, аурысшәеи инрываргыланы, ибзианы идыруеит аҭырқәи, англыз бызшәақәеи.

Аҳәаанырцә дыҟанаҵы дрымадан аԥсуа культуратә центрқәа. Изныкымкәа, аиҭагаҩ иаҳасабала Аԥснынтәи инеиуаз аделегациақәа ацхыраара рзааирԥшхьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0