Аԥсуа ҭыԥҳацәа рӡара амацәаз икылуршәартә ипоуп: аӡараҭаршә аҭоурых

© Sputnik / М. Начинкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАжәцәа иалхыз амаҭәақәа зларӡыхуаз агәыр
Ажәцәа иалхыз амаҭәақәа зларӡыхуаз агәыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилаҭ маҭәа ианыԥшуеит иара зтәу ажәлар рҟазара, ргьама, рестетикатә ҭахрақәа. Ажәларқәа рхатәы маҭәа ашьақәгылараҿы ирацәаны афакторқәа анырра ҟарҵоит: иахьынхо агеографиатә еилазаара, рбзазаратә нхашьа, рқьабзқәа, етносла иахьаҵанакуа уҳәа.

 

Sputnik

Аԥсуа жәлар рымаҭәа аелемент хадақәа рышьақәгылара ашьаҭа азқьышықәсақәа ирыларсуп. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, ааигәанӡа еиқәханы иҟан ажәытәӡатәи хыхьтәи амаҭәа – архә рцәа шеибгоу иалхны иҟарҵоз – акәахьча захьӡыз. Ауапагьы аҵанакуеит ажәытәӡатәи хыхьтәи амаҭәақәа рышҟа. Убас ижәытәӡатәиуп аԥсуа ҭыԥҳацәа ҵаҟа иршәырҵоз аӡараҭаршә (корсет - аред.).

© Фото : архивтә фотоАнкьа атыԥҳацәа иршәырҵалоз аӡараҭаршә.
Аԥсуа ҭыԥҳацәа рӡара амацәаз икылуршәартә ипоуп: аӡараҭаршә аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Анкьа атыԥҳацәа иршәырҵалоз аӡараҭаршә.

Раԥхьаӡатәи аҳәса ҵаҟа иршәырҵоз аӡараҭаршәқәа рцәырҵра антикатәи аамҭақәа ирыдҳәалоуп. Ари аӡараҭаршә аҭыԥҳа дҭархханы дакуан, лцәа лжьы иадшәало ирӡахуан. Иара аамҭақәак рзын амҿы иалхны ирӡахуан. Аха еиҳарак арахә рацәа акәын излырхуаз, лымкаала аџьмацәа иалырхуан. Аӡараҭаршә аҩныҵҟа ацаха ҭаршәны ирӡахуан. Иара ирацәаны аҿаҳәагақәа рыла мамзаргьы аҳәынҵәрақәа рыла еибакуан.

Ажәытәаахыс аҭыԥҳацәа аӡараҭаршә рышәҵара Аԥснгьы иалаҵәаны иҟан. Аԥсуа ҭыԥҳа лӡара шаҟа ипоу аҟара пату ақәын. Леинаалашьа, леиҿкаашьа даара иԥшӡахоит ҳәа иԥхьаӡан. Убри азын аҭыԥҳа жәеиза шықәса анылхыҵлакь агәылацәа, азлацәа еизаны иныҳәаны-иныԥхьаны аӡара ҭаршә лшәырҵон. Аҭыԥҳа абри иҭархханы иҟаз амаҭәа аҵаҟа иршәырҵоз аӡараҭаршә лшәын аҭаацәара далалаанӡа. Аҭаацәара даналалакь уи рыԥсахуан еиҳа иҭбааз акы лшәырҵон.

Аҭыԥҳа жәеиза-жәаҩа шықәса анылхыҵуаз лӡара шаҟа ипаз аҟара ипаны иаанхон аӡараҭаршә иабзоураны, уаҳа еизҳаӡомызт. Убри азоуп аԥсуа ҭыԥҳацәа рӡара амацәаз икылуршәартә ипоуп ҳәа зырзырҳәозгьы. Леинаалашьа, леиҿкаашьа арԥшӡон.

Ирымҳәои иажәытәан аҭыԥҳацәагь қәылара ицон ҳәа. Амҩан иканамыжьырц азын ирышьарҵоз аимаа ауп аихац захьӡу. Аихац ажьи иҟаиҵон. Уи аихацқәа аҭаны иҟарҵон амҩа иқәыз аԥҳәызба дканамыжьырц азын ауп урҭ аихацқәа зарҭоз.

Хандан Папба за работой - Sputnik Аҧсны
Араӡны рахәыцқәа рыла иԥо Хандан Папԥҳа лҭоурых

Аҳәсахәыҷқәа амаҭәа аҵаҟа иршәырҵоз аӡараҭаршә еиҳараӡак изызкыз аӡара апареи, агәыҳәԥы аизымҳареи ракәын. Аӡараҭаршә аԥхьа аџьыбақәа арҭон, уаҟа мазарала еиҳа еицҵаз алабыҵә хәыҷқәа ҭарҵон, аҳкәажәцәа иршәырҵоз абаҩ, ма араӡны иалхыз алабыҵәқәа ҭарҵон.

Аӡараҭаршә ацәырҵра ажәытәӡатәи аамҭақәа рахь ишцогьы аԥсуа-адыга жәларқәа рҿы иара еиқәханы иҟан ХХ ашәышықәса актәи азыбжаҟынӡа.

Нас уи рыԥсахит иахьа аҳәса иршәырҵо ҵаҟатәи амаҭәеи амаҟеи. Аӡара арԥшӡаразы, уи аиҿкаашьа аҵшьразын амаҟа рымӷарҵо иалагеит.

Аҵарауаа ишазгәарҭо ала абырзенцәа раԥхьаӡа Аԥсны иаҭаауа ианалагазгьы аӡараҭаршә аԥсуа ҭыԥҳацәа рҿы ахархәара аман. Аха еиҳараӡак иара рылаҵәаны ианыҟаз абжьаратәи ашәышықәсақәа рзоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0